Ԥхьаҟазы…

© Sputnik / Томас Тхайцукархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ӷәӷәахар алшоит ҵарадыррала, аҟазара ҳаракы арҿиарала. Абарҭқәа зегьы хшыҩзышьҭра рзуны, иҟалап иаамҭазар, иҷыдоу ашкол аԥҵара. Уи азы лгәаанагара ҳацеиҩылшеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аԥсны аҩныҵҟа аполитикатә еибаррххарақәа рацәазаргьы, аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟоуп ажәлар зегь еишьхныԥсыланы иззыԥшу ипозитивтәу ахҭысқәа. Аамҭак аԥхьа, лҟазарала ҳтәыла иқәынхо, ауаа лыргәырӷьеит ашәаҳәаратә еицлабра "Ты супер" аҿы аиааира згаз 12 шықәса зхыҵуа Лера Адлеиԥҳа. Уи лиааира ажәлар еидызкыло хҭысны иҟалеит. Абар, уажәы, даацәырҵит уи апроект аҿы акәашаразы аицлабра иалахәыз Леон Қапба.

Валериа Адлеиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ажәлар еидызкыло - Аиааира

Урыстәылатәи ателеканал НТВ аинформациатә хархәага Sputnik абзоурала имҩаԥнаго апроект Аԥсны аӡыргаразы, аҟазара злоу аԥсуа хәыҷқәа рбаҩхатәра аарԥшразы зеиӷьыҟам хҭысуп.

Асовет ҳәынҭқарра ахаан, аԥсуаа ҳ-Республика анҭыҵ аҽӡыргара акыр ирцәыуадаҩын. Усҟантәи асистемаҿы ақырҭуа политика амчра ӷәӷәан, убри аҟынтә, аԥсуа ҟазацәа ацентртә каналқәа рҿы рцәырҵра уарла-шәарлан. 2008 шықәсазы Урыстәыла ҳаназханаҵа ашьҭахь, ҳаизыбзиара иабзоураны, аԥсуа хәыҷқәа адунеи зегь иабо иаҳауа Урыстәылатәи аканалқәа рҿы иқәгыларатәы алшара роуит.

Елеонора Коӷониаԥҳа иҷыдоу ашкол аԥҵара иазкны

Уажәы ҳзыргәырӷьаз Очамчыратәи алицеи-интернат аҵаҩы Леон Қапба ицәырҵра атәы ҳазааҭгылозар, уизгәыдухаратәы, культура ҳаракыла ихы ааирԥшит, икәашашьа, иаԥсшәаҳәашьа уҳәа, аӡбаҩцәагьы, азал аҿы итәазгьы, насгьы Аԥсны ателехәаԥшра иахәаԥшуазгьы аршанхаратәы.

Абарҭқәа зегь иаадырԥшуеит ҳтәылаҿы аҟазара злоу, аҵара шьҭызкаауа ахәыҷқәа шыҟоу. Аха, ишдыру еиԥш, аҭаацәа зегьы ирымам алшара, аҳҭны қалақь ахь иаашьҭны, рхатә харџь ала, рыхшара разыҟаҵара, рӡыргара.

Аԥсны адунеи зегь иадыруа, иамо абзиарақәа раарԥшразы, аџьыԥ дуқәа рықәтәареи, аҵаул чарақәа руреи рыла иузышьақәыргылом. Аԥсны ӷәӷәахар алшоит ҵарадыррала, аҟазара ҳаракы арҿиарала. Абарҭқәа зегьы хшыҩзышьҭра рзуны, иҟалап иаамҭазар, иҷыдоу ашкол аԥҵара. Уи ашкол хықәкыс иамазароуп, апрофильтә ҟазшьа змоу, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа алԥшааны аҵара дырҵара. Иахьа Аԥсны иҟоуп ашкол-интернатқәа ԥшьба, убарҭ руакы ашьаҭала ишьахәхон ҳаԥхьаҟа Апсны иҵәатәышьаҟан иаҵагылаша аҿар рааӡарҭа абжьаратә ҵараиурҭа аиҿкаара.

Уи зеиӷьыҟам мҩахоит, ҳаԥхьаҟатәи аҳәынҭқарра асистема аус азызуша аспециалистцәа рааӡаразы.

Идыру усуп, СССР анеилаҳа ашьҭахь, иҟаз асистема аиқәырхарагьы ҳалымшакәа иҿыцугьы шаҳзаԥымҵаз. Иахьатәи ашколхәыҷқәа рӷьырак, азыҟаҵаҩцәа рахь иныҟәоит, убри абзоуралагьы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭало маҷҩым. Аха, аҭаацәа зегьы рсоциалтә ԥсҭазаара еиԥшым, зегьы ирылшом ашкол анҭыҵ инарҵауланы адыррақәа рыхшара ироурц азы ахә ахшәаара.

Иҷыдоу аҟазара злоу ахәыҷқәа рзы апрофильтә лицеи-интернат ҳзаартыр, зыхшыҩ цҳафыруа, аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа рзы зеиӷьыҟам ҭагылазаашьахоит иҭышәынтәалоу адыррақәа риуразы.

Ус акәымкәа, иахьа ишыҟоу еиԥш, амал ззырҳаз рыхшара амҩа рыманы, анхаҩы иԥа аҟазара иланы, аха алшара имамкәа даанхар алшоит. Уи ҳара иҳацәнарӡуеит абаҩхатәра злоу аспециалистцәа.

Леон Қапба иқәгылара иаҳнарбеит, Аԥсны ишыҟоу атәыла ахьӡ ҭызгаша аҿар, аха изеицәаҳӡарызеи НТВ аканали "Sputnik-и" ыҟамзар, акыр иуадаҩхон Леон икәашара адунеи зегь иабо аӡыргара.

Автори аредакцеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0