Ашколи аԥсҭазаареи

© Sputnik / Томас ТхайцукУчебник Анбан
Учебник Анбан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа зегь реиҳа иактуалтәны иқәгылоу, ахатәы бызшәа аҵара азҵаатәы азы лгәаанагара дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аҵарашықәс ҿыц иалагеит. Ашколтә ԥсҭазаара ашьҭыбжьгьы аҳҭны қалақь иаалаҩҩит аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа ашьҭахь. Иахьа зегь реиҳа иактуалтәны иқәгылоу, ахатәы бызшәа аҵара азҵаатәы иаҳҭахы иаҳҭахым хаиҭазхәыцроуп. Аибашьра ааилгазар иаҳҳәоит, ақалақь хәыҷқәа аҳәынҭқарратә бызшәа-аԥсшәа адырраҿы ахьысҳара дуқәа шрымоу.

Ауаажәларратә Палата - Sputnik Аҧсны
Ухыза заҟароу дырны, ушьапы еиҵых

Иаҳҳәоит, аха ахдырра ахьысҳара иахҟьаны, хаҭала аԥсуаа рхәыҷқәа рхатәы бызшәа дмырҵаӡакәа ашколқәа рахь ишнаргац инаргоит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, иаҳбаратәы иҟоуп ақалақьқәа рҿы, еиҳаракгьы, аҳҭнықалақь Аҟәа ашколқәа рахь иааиуа рхыԥхьаӡара ишацло. Сынтәа 1015-ҩык рҟынӡа ыҟоуп, ҵыԥх 900-ҩык ирзынаԥшуан. Хәҭакахьала, иубартәы иҟоуп аизҳара шыҟоу, аха аԥсуа бызшәа апроблема шыҟац иаанхоит.

Аҟәа агәаны иҟоу ашколқәа рҿы класск аҿы 30-ҩык, 40-ҩык ахьтәо ыҟоуп, урҭ рахьынтәи аԥсуа школқәа рахь инарго ахәыҷқәа рӷьырак аԥсшәа хьысҳаны ирдыруеит, мамзаргьы зынӡа ирыздыруам. Арҵаҩы лҿаԥхьа игылоит акыр иуадаҩу азҵаатәы, абызшәа здыруагьы иззымдыруагьы еилартәаны аҵара дырҵара.

Актәи акласс аҿы изхысуа амаҭәарқәа "Анбан", аматематика уҳәа, методикала еиқәыршәоуп абызшәа здыруа ахәыҷқәа рзы. Абызшәа здыруа амаҭәар ирҵареи, абызшәа ахаҭа арҵареи еиуеиԥшым еилкаарақәоуп. Убри аҟынтә, арҵаҩы акласс аҿы итәо ахәыҷқәа зегьы амаҭәар дырҵара аҭыԥан, лхы иаллыршароуп, абызшәагьы дырҵо, амаҭәар ахаҭагьы рызнаго аусура. Ари акыр иудаҩу хықәкуп. Абызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа аԥхьа абызшәа ахаҭа ддырҵароуп иҷыдоу методикала, нас ауп ԥсышәала амаҭәар дырҵара аналшо. Абри апроблема ықәгылоижьҭеи акрааҵуеит, аха макьаназы уи аӡбара алымшац.

Схатә ԥышәа салацәажәозар, сыхшара ашкол ахь ианысышьҭуаз аԥсшәа бзианы ирдыруан, рыклассқәа рҿы 30-ҩык аҵаҩцәа тәазар, аԥсшәа здыруаз 10-ҩык ракәын. Ашкол ианалгоз аԥсшәа ззымдыруаз рҩызцәа рбызшәатә ҩаӡара хьысҳаны ишыҟаз иаанхеит, ииашоуп аҩышьеи аԥхьашьеи рҵеит, аха хатәы бызшәала ицәажәо, алитература шьҭыркаауа изыҟамлеит. Актәи акласс ахь зеиӷьыҟам ала абызшәа здырны инеиз, ашкол ианалгоз ражәаҳәатә культура хьысҳахеит, акласс аҿы итәо рӷьырак ирыздыруамызт аҟынтә, аха зегь акоуп иззымдыруаз раҵкыс рдыррақәа акыр еиҳан. Абри ҳаԥшны иаҳхәозар, издыруеи иззымдыруеи еилартәаны программак ала аҵара дырҵара алҵшәа бзиа ҳнаҭом.

Аҳәынҭқарра азы акыр ихьанҭазаргьы, аԥсуа школ иаднакылозароуп ахатәы бызшәа ибзианы издыруа, иззымдыруа рзы иҷыдоу ашколқәа, мамзаргьы иҷыдоу аклассқәа хаз игоу апрограмма рзаԥҵәаны аҵара дырҵалатәуп. Ус акәымкәа, иахьа ишыҟоу ицалар, издыруа рдыррақәа хьысҳахоит, иззымдыруаз дыбжамҽамны даанхоит. Аибашьра ааилгарзар, аԥсуаа дара-дара еидашшылоит, аҭаацәа рыхшара абызшәа шыддмырҵо азы. Акырынтә иаҳбахьеит, ани аби аԥсшәа рдыруаны, рыхшара рзы аԥсшәа тәым бызшәаны. Абарҭқәа рыдагьы, иахәҭазар ҟалап, иҷыдоу аԥсуа школқәа раартра. Иахьа Аԥсны акыҭақәа рҿы ашколқәа ирҭо аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара акыр еиҵоуп аибашьра ҟалаанӡатәи аҭагылазаашьа иаҿҳарԥшуазар.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ԥхьаҟазы…

Ақыҭақәа рҟынтәи ауаа ақалақьқәа рахь нхара ииасуеит ахныҟәгаразы еиҳа иманшәалоу аусурҭақәа ирышьҭаланы, насгьы, рыхшара аҵара бзиа роурц. Аха, абызшәатә политика аганахьала ҳахәаԥшуазар, ақыҭа ҭацәыцыԥхьаӡа ҳҳәынҭқарратә бызшәа ӷархоит, уи анӷарха, атәыла ҵызшәаауа, бызшәа змам аҳәынҭқарра аҿиарахьы ҳнанагоит. "Зыгра зӡаз иан дагеит" рҳәоит.

Иахьа аԥсуаа ҳҿаԥхьа иқәгылоуп акыр иуадаҩу азҵаатәы-иҟалоума уаҵәы еиқәханы аҳәынҭқарратә бызшәа? Ахдырра анхьысҳау, аҳәынҭқарра ишьҭнахлароуп иџьбароу, закәанла ичаԥоу амҩа.

Азакәан анаҳҳәа, "Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан" еилаганы ауаа чынуаҩцәас ишыҟарҵо збо атәылауаҩ, дагьашьҭалом ихшара абызшәа дырҵара. Ауаҩы дхәыцуеит, рхы иабадырхәо сыхшара абызшәа? Аҳәынҭқарратә институтқәа рҿы, уеизгьы-уеизгьы "абызшәа здыруа аусурҭа ҭыԥқәа рахь шәааи" ҳәа аӡәгьы ааԥхьара ҟаимҵозар, аҭагылазаашьа аҽаԥсахуам.

Ирлас-ырлас ирҳәалоит "абызшәа адырра мацара ахәома" ҳәа. Саҭамыз, аха изыхәшьадда, ахатәы бызшәа здыруа, еиуиеиԥшым азанааҭқәа рыла аҵара змоу ыҟам ҳәа. Аҳәынҭқарратә бызшәа ззымдыркәаны аусурҭа бзиақәа зырҭаз, "ахаҳә еиҟәыржәама" атәыла аргылараҿы? Ҳара иҳабашьуаз, уажәы ҳбызшәа иацәнымхошәа аконцепциақәа ҳадызгало ақырҭкәа ракәзар, рбызшәатә хдырра акыр иҳаракуп, аха аԥсуаа рбызшәа адунеи аныхразы наџьнатә аахыс аус руан ҩ-напыкла. Сталини Бериеи рхаан ирҿиаз аметодикақәа рыбзоурала, ҳашколқәа аркны, ақырҭшәа аладырҵәон Аԥсны.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Госдеп агәаҳәара

Иахьа здунеи зыԥсаххьо анкьа "Аԥснышәҟәы" ахадас иҟаз саб иашьа Ҷыҷыкәа Коӷониа Кәтолтәи ашкол ашҭаҿы аԥсышәала дахьцәажәаз азы дҭырцеит, уи ашьҭахь, иара убри аҩыза аҵаӡӷәы аманы Џьгьардатәи ашколгьы дҭырцахьан. Абас иҟан, аԥсуаа рҭархара хықәкыс измаз ақырҭуа политикцәа русушьа. Ашьҭахь 1992 шықәсазы еибашьрала иҳажәлеит агеноцид ҳадыргарц.

Аиааира ҳгеит уи еиҟарамыз аибашьраҿы аԥсуаа, аха ҳмилаҭтә хдырра амалырҳарахь еиҳа еихеит, абызшәеи аҳәынҭқарреи реиқәырхархь акәымкәа. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҿы иҭахаз апоет Саида Делԥҳа "аӡы дӡааԥшылон", абарҭ ацәаҳәақәа анылыҩуаз:

Еибашьра ашьҭахь иззеибашьуаз рхашҭны

Еицын еибашьра нҵәаны ихынҳәыз….

Автори аредакцеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0