Геннади Гыцба: аибашьрагьы шьцылароуп

© Sputnik / Саида ЖибаВетеран ОВНА Геннадий Гицба
Ветеран ОВНА Геннадий Гицба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы зҽеидызкылаз, зыԥсадгьыл ԥхьаҟатәи аԥеиԥш хьаас иҟазҵаз апатриотцәа дыруаӡәкыуп, Бзыԥҭа аҳаблан ииз иааӡаз Геннади Ҭана-иԥа Гыцба.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

Гагра араион ахақәиҭтәра 25 шықәса ахыҵра инамаданы, аветеран иаҳзеиҭеиҳәеит раԥхьаӡа аибашьра хлымӡаах алакҭа дышҭаԥшыз.

"Аибашьра аналагоз нанҳәа 14 аҽны, Пицундатәи асқьалаҟны, Ҭырқәтәылаҟа ицараны иҟаз аӷбақәа абна ақәҵара саҿын. Аидара мҩанызгоз амашьынақәагьы сырзыԥшын. Смашьынаныҟәцаҩцәа раамҭа иахыԥо иҟамлацызт. Уи аҽны лассамҭа рыҟамзаара, ихьанҭаз цәалашәарак снаҭеит. Амҩа санԥшыло сыштәаз, смашьынаныҟәцаҩцәа руаӡәы снаихьԥшит. Сыбжьы иқәсыргаанӡа, аибашьра алагеит ҳәа сықәҿиҭит", — игәалаиршәоит Геннади Гыцба.

Иаразнак, иааиԥыхьашәаз амашьына днақәтәаны, Гена деихеит Бзыԥҭаҟа. Араҟа, ақыҭсовет ажәлар адеизалахьан.

"Аҽныцәҟьа аҽеидкылара ҳалагеит. Бџьарла даара ҳкәадан, измазгьы ачашьыгақәа ракәын" — иҳәоит аветеран.

Адырҩаҽны, Бзыԥҭа еизаз ахацәа дәықәырҵеит Цандрыԥшьҟа. Араҟа, ибџьардаз аԥсуа еибашьцәа рыла шааԥшоз ақырҭуа десант ӡхыҵит.

Ростислав Кетия - Sputnik Аҧсны
Ростислав Кьетиа: Гагра ахақәиҭтәра аибашьцәа агәыӷра ҳнаҭеит

"Ҳаӷацәа бџьарла еиқәных Цандрыԥшь ишӡхыҵуаз ҳбон. Аҭак ахьҳазрымҭоз ҳгәы ԥнажәон, аха иҟаҳҵарызеи, дара зегь рыла иҳаԥыргон. Шәақьқәак зманы иҟаз аԥсуа еибашьцәа хысрақәак ирылагеит, џьоукгьы даҭырхеит. Ҳара ҳган аҿгьы аԥсҭабара ҟалеит. Анаҩс адҵа ҳарҭеит аԥсшьарҭа ҩны "Украинахь" ҳнаскьарц. Ус ԥшьала ақалақь нҳажьыр акәхеит", — ажәабжь иациҵоит Геннади.

Бзыԥҭа ақыҭсовет аҟны еизоз ахацәа, уахи ҽни еилауаҭыруа, иҟаҳҵари ҳәа иԥшын.

"Аибашьра аламҭалаз, саҳәшьаԥа Даур Гыцба, Гәдоуҭа иҟаз Урыстәылатәи архәҭаҟны, аррамаҵура дахысуан. Бзыԥҭаҟа ҳаныхынҳә, иаразнак сишьҭалеит. Архәҭаҟны снеизар, адырра сырҭеит, аԥсуаа ақәланы абџьар шыргаз, убри нахысгьы Даур дшырымбац. Хымԥада издырит, аибашьцәа дышрыцлаз. Иан иласҳәозеи ҳәа сгәы сшыҵхоз Бзыԥҭаҟа сааит. Нанҳәа 18 рзы, ашьыжь, саҳәшьа ақыҭсовет ахь днеит, Даур дшааз слырдырарц. Ҳаиманы аҩныҟа ҳцеит. Даур снаихәаԥшзар, бџьарла деиқәных, ар маҭәа ишәҵаны дгылоуп. Уара макьана уқәра аҵанакуам ҳәа иаҳәаны, имаҭәеи иабџьари имхны еиҭа ақыҭсовет ахь сцеит", — игәалаиршәоит аветеран.

Уи аҽны, Ҷыҷыкәа Мықәба командаҟаҵаҩс дызмаз 33-ҩык рҟынӡа ишьақәгылаз Џьырхәаа ргәыԥ, бџьарла рҽеибыҭаны Бзыԥҭа иааит.

"Аиашазы, ҳашьцәа еиқәных ианаҳба, маҷк ҳгәы шьҭыҵит. Аӷа иқәнагаз аҭак шиаҳҭозгьы агәра ҳго ҳалагеит" — иҳәоит аибашьҩы.

Геннади Гыцба Џьырхәатәи агәыԥ ахь диасит. Аҷкәынцәа рҽеиҩшаны, Ԥсахара ақыҭа алаларҭаҟны, амҩа хадаҿы ахырӷәӷәарҭа аҟаҵара рҽазыршәеит.

"Сара акыршықәса абнанхамҩаҟны аус зуон аҟнытә, издыруан атехника ҷыда змаз. Рызегьы саарылагьежьын, ахырӷәӷәарҭа аргылара иадысԥхьалеит. Ари аус аҿы иџьабаа рацәан Рудольф Алшәындба", — ҳәа азгәеиҭоит Геннади Гыцба.

Ҭемыр Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иаӡрыжәаз ақәыԥшра

Бзыԥҭатәи ахыхьчаратә цәаҳәа Сергеи Дбар дахылаԥшуа даналага, еиҳа аиҿкаара ҟалеит. Аибашьцәа доусы рнапы ианыз адҵақәа нарыгӡо иалагеит. Ишьақәгылеит Мраҭашәаратәи афрон.

"Ԥсахаратәи ахырӷәӷәарҭаҟны ԥшьымш ракәын сахьыҟаз. Анаҩс, гәыԥҩык Риҵатәи аиҩхаа ахьчаразы ҳрышьҭит. Избанзар ақырҭцәа, Нхыҵ-Кавказынтә шьхала иҳацхраарц иаауоз ахатәгәаԥхаҩцәа рымҩа аанкылара иашьҭан. Даҽа жәамш рышьҭахь, раԥхьатәи ҳҭыԥахь ҳаарышьҭуеит", — иажәабжь иациҵоит иара.

Ԥсахаратәи ацәаҳәаҿы аԥсуаа хәҭа-хәҭала рыҽшаны итәан. Дара зегьы хылаԥшра риҭон ачечен командаҟаҵаҩ Шамиль Басаев.

16-ҩык Бзыԥаа рҵеицәа, раԥхьатәи реибашьратә аоперациа - Sputnik Аҧсны
16-ҩык Бзыԥаа рҵеицәа раԥхьатәи реибашьратә аоперациа

"Ԥсахара ҳшыҟаз, Шамиль Басаев адесантцәа ргәыԥ иманы дааит. Уи шьақәгылан Ешыраа рыҷқәынцәа рыла, рыбзоуралагьы иҭархан аӷа итехника хьанҭақәа (БМП) ԥшьба. Даргьы ҳаргьы аевкалиптқәа ҳархаланы, ақырҭцәа ҳрышьклаԥшуан. Зынгьы, аӷацәа рҽахьырԥсахуаз аҩны сылаԥш ақәшәеит, адесант иалаз адырра анрысҭа, иԥыржәеит", — иҳәоит аибашьҩы.

Геннади Гыцба иажәақәа рыла, Мраҭашәаратәи афронт аҟны фырхаҵарыла рхы аадырԥшит агранатаршәгала ихысуаз, 17 шықәса зхыҵуаз "Малыш" ҳәа изышьҭаз Ҭҟәарчалтәи аҷкәыни, Солидат Инал-иԥеи.

"Абарҭ аҷкәынцәа рхала мацара, аибашьыгатә техника хьанҭақәа ҩба ԥыржәеит. Урҭ ргәымшәара збоз зегьы, агәра ргон аиааира ҳара ишаҳгоз", — инаҵшьны иазгәеиҭоит аветеран.

Жьҭаара 2, асааҭ 15 рзы, Геннади Гыцба дызлаз агәыԥ адҵа роуит ажәылара еихарц.

"Гагратәи адәыӷбаанҿасырҭанӡа ҳааиуаны еиԥш, ахәреи акантузиеи соуит. Саашьҭхны Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь сыргеит. Жьҭаара 5 рзы, уантәи сыбналан, Гагра, аԥсшьарҭа ҩны "Украина" аҿаԥхьа сҩызцәа срыхьӡеит. Сергеи Дбар саниба, ҳара ашьыжь ауп ԥхьаҟа ҳанцо ҳәа насаҳәаны, аҩныҟа сишьҭуеит. Адырҩаҽны снеизар, дара Цандрыԥшьҟа ижәылахьан. "Украина" акәша-мыкәша акыр сеимдеит, аха аӡәгьы дсықәымшәеит. Амала сылаԥш иҵашәеит, ааха аманы ишгылаз ҳаибашьцәа ртанк. Машьынак ааԥшааны, Гәдоуҭа слеины, иахәҭаз амаҭәахәқәа ааганы, аус ауртә еиԥш еибысҭеит. Ашьҭахь, имҩасуаз машьынак ала Ԥсоуҟа сцеит. Аҳәааҟны Аԥсны абираҟ ахашәыршәыруа ианызба, сгәы ԥшааит, ԥхьаҟа иаҳԥеиԥзыш ажәыларақәа рҿгьы абас еиԥш аиааира шԥаҳамгари ҳәа сгәыӷуа", — Гагра ахақәиҭтәра амш игәалаиршәоит Геннади.

Уи аҽны, аибашьҩы игәырӷьахәыз ажәабжь инаваргыланы, иаҳаит илахьеиқәҵазгьы. Гагратәи аоперациаҟны дҭахеит иаб иашьа иԥа Леонти Гыцба.

Геннади Ҭана-иԥа далахәын, анаҩстәи Аԥсны аҭарцәразы имҩаԥысуаз ажәыларатә аоперациақәа зегьы.

"Аиааира ду саԥылеит Гал, аха сҩызцәа аӡәырҩы рзеиԥш сара сзгьы аибашьра еилгеит 2008 шықәсазы, Кәыдрытәи аиҩхаа аԥсуаа рнапахьы ианаарга нахыс", — иҳәоит "Агәымшәаразы" амедал занашьоу аибашьра аветеран.

2001 шықәсазы, аибашьраҿы иоуз ахәрақәа ирхырҟьаны иԥсҭазаара далҵоит Геннади ибла ҷыц еиԥш иихьчоз, иара дивагыланы зыԥсадгьыл зыхьчоз иаҳәшьаԥа Даур.

Геннади Гыцба, Гагра араион ахақәиҭтәра 25 шықәса ахыҵра инамаданы, иуаажәлар ирзеиӷьеишьоит рыжәҩахыр еибыҭаны аҭынч ԥсҭазаара еигәырӷьаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0