Григолиа: абџьар сырҭарц азы, амшынтә флот салан ҳәа амц сҳәар акәхеит

© Sputnik / Саида ЖибаВетеран ОВНА Арзаабеи Григолиа
Ветеран ОВНА Арзаабеи Григолиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, хамеигӡара ҟамҵакәа, жәла-жәлала аԥсуаа рыҷкәынцәа рџьынџь аиқәырхаразы игылеит.

Азнык азы, ахаҿы аагара уадаҩын, абас еиԥш, аӷа хәымга гәҽанҵарада аҭынч уаа дрыжәлоит ҳәа. Ашәарыцага шәақьлеи, махәҿылеи мацара ҳаибашьцәа, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа раԥхьатәи аҿагылара рырҭеит.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы, ахәашаҽны, Арзаабеи Кәынҵал-иԥа Григолиа, Гагра иусура хырқәшаны, аԥсшьарамшқәа рзы иқыҭахь Џьырхәаҟа дцеит.

Ихьанҭаз аусуратә мчыбжьы изааннажьыз ааԥсара ихигон, иҩны, ашьашәыраҿы дтәаны.

"Аԥсашьарамшқәа раан, ақыҭаҟны еиқәлацәаз аиҩызцәа ҳаиқәшәон, уарашк ҳнаҿыхәуа ажәабжьқәа еибаҳҳәалон. Уи аҽны, ҳқыҭсовет аиҳабы Лиова Кьетиа сгәашә даадгылеит, уаанӡа сасра данааилоз еиԥш, ихы-иҿы ихаччомызт, уамашәагьы избеит. Сиԥылоит ҳәа сҿаасхоны еиԥш, аибашьра алагеит ҳәа ибжьы сықәиргеит. Азнык азы сшанхеит, сшьапқәа сыҵаҟәало иалагеит", — игәалаиршәоит аибашьра аветеран Арзаабеи Григолиа.

Ақыҭсовет аиҳабы, ҭаацәацыԥхьаӡа ргәы рҽаниҵеит аибашьра шалагаз. Ахацәа иаразнак рҽеизыргеит, аха абџьар змаз ҳәа дыҟамызт, аӡәык-ҩыџьак шәарыцага шәақьқәак наргеит.

Ветеран ОВНА Геннадий Гицба - Sputnik Аҧсны
Геннади Гыцба: аибашьрагьы шьцылароуп

"Џьырхәаа ҳҽеибаркны Гәдоуҭаҟа ҳцеит. Араҟа, аԥсшьарҭа ҩны "Черноморец" аҿаԥхьа ажәлар еизаны игылан. Абџьар ршоит ҳәагьы иаарылаҩҩит. Анаҩс, амшынтә десант аиҿкаара ишалагаз саҳаит. Уи агәыԥ саларҵар абџьар сырҭоит аасгәахәын, амшынтә флот аҟны арра маҵура сахысуан сҳәеит. Ус ҳдесантгьы шьақәгылеит, ауаа ныҟәара имҩанызгоз ӷба хәыҷык ҳарҭеит, Еныкь ҷкәынак икомандаҟаҵарала, Гәдоуҭа амшынтә ҳәаа ахьчаразы", — иҳәоит Арзаабеи Григолиа.

Анаҩс, Арзаабеи диасуеит Ҷыҷыкәа Мықәба дызхагылаз, 33-ҩык аибашьцәа рыла ишьақәгылаз Џьырхәатәи агәыԥ ахь. Бџьарла еиқәыршәаз аҷкәынцәа Бзыԥҭаҟа рхы дырхеит.

Араҟа ироуз адҵала, рҽеиҭныԥсахло, Ԥсахаратәи ахыхьчаратә цәаҳәа ашьақәыргылара иалагеит, ишьҭырхуан аҭӡы, иржуан аҭабиақәа.

"Ԥсахаратәи афронт ацәаҳәа хылаԥшра аиҭон ачечен командаҟаҵаҩ Шамиль Басаев. Агәыԥқәа зегьы дырхысны, ажәылара иахьынӡазыҟаҵоу ҭиҵаауан. Ҽнак, ҳара ҳахьтәаз данааи, метракынӡа ижыз ҳҭабиақәа аниба, гәыбӷан ҳаиҭеит. Ҳгәы ҳҽаниҵеит аамҭакы ашьҭахь агәаҭара шымҩаԥиго, ишахәҭоу еиԥш ашәага-зага аҭаны имбар, ахара шҳадиҵо. Шамиль амҩа бжа днеиаанӡа, убас ҭабиак ҳжит, ауарҳалқәа ҭаршәны, ҳшьаҵақәа ҳашьны ҳҭаларатәы", — алаф ахҳәаауа игәалаиршәоит аибашьҩы.

Ԥсахаратәи ацәаҳәаҟны аԥсуаа рган аҿы аԥсҭбареи ахәрақәеи ҟалеит.

"Араҟа аӷацәа дҭадырхеит Сириантәи, хатәгәаԥхарала зџьынџьдгьыл ахьчаразы иааз Зеуар Чычба, сыла ишабоз ахәрақәа роуит Џьырхәаа рыҷкәынцәа аӡәырҩы. Сара ҳгәыԥ азы ӡрыжәтәк аазгап ҳәа сахьҭыҵаз, Анцәа имчала сеиқәхеит, ақырҭуа ԥшыхәҩы искыз абаллон ауп ихы зықәшәаз",  — ҳәа иажәабжь иациҵоит аибашьҩы.

Ветеран ОВНА Вахтанг Дбар - Sputnik Аҧсны
Вахтанг Дбар: аибашьра алагеит анырҳәа, агәра сзымгеит

Гагра араион ахақәиҭтәраан ахәра иоуоит Џьырхәаа ргәыԥ акомандаҟаҵаҩ Ҷыҷыкәа Мықәбагьы.

Арзаабеи Григолиа, ақалақь аҭарцәразы аоперациа ианалагоз аамҭазы, аҽеиҭныԥсахлара дақәшәеит.

"Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь, ишьақәгылеит аԥсуа ар, иаԥҵахо иалагеит абатальонқәа. Ус Џьырхәаа ргәыԥ сшалаз аибашьра нсырҵәеит. Шрома исоуз ахәра иахырҟьаны маҷк сышьҭахеит, аха сҩызцәа сышԥархьымӡоз. 1996 шықәсанӡа сырратә уалԥшьақәа насыгӡон Аԥсни Қырҭәылеи рҳәааҟны", — иҳәоит аибашьра аветеран, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Арзаабеи Григолиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0