Сырҵаҩ ду

© Фото : предоставлено семьей Евдокии ГогуаЕвдокия Николаевна Гогуа
Евдокия Николаевна Гогуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дарбанызаалак иԥсҭазаараҿы димоуп, аӡәгьы илеимҵо, иреиӷьу аҟазшьақәеи адыррақәеи зҿиҵааз арҵаҩы. Аурыс бызшәеи алитературеи рмаҭәар иаԥхьоз Евдокиа Николаи-иԥҳа Гәогәуаԥҳа лџьабаа атәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

1969-1981 шықәсқәа рзы аҵара сҵон сқыҭа гәакьа агәаны игылоу Иуа Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратә школ аҿы. Уаҟа аус руан зеиӷьыҟамыз, здырра ҳаркыз арҵаҩцәа, аха иахьа арҵаҩцәа рымш аназгәарҭо, далкааны лыӡбахә сҳәарц сҭахуп, класс напхагаҩыс исымаз, аурыс бызшәеи алитературеи рмаҭәар иаҳзаԥхьоз Евдокиа Николаи-иԥҳа Гәогәуаԥҳа.

Дзеиԥшрааз сара сырҵаҩы?

Евдокиа Николаи-иԥҳа, иаҳлырҵоз амаҭәар ианаҷыданы ааӡара аус аамҭа ду ақәлырӡуан. Знымзар –зны исгәалашәом аҵаҩы ихәшьара ларҟәны, мамзаргьы, иҳаркны иқәлыргыло. Исҳәар сылшоит, лара ахәшьара 5 ақәыргылара зцәыуадаҩыз рҵаҩын ҳәа, избанзар, лус ҭакԥхықәрала дазнеиуан. Николаи-иԥҳа дагьыџьбаран, дагьҟәымшәышәын, ларгьы дтәамызт, лҵаҩцәагьы тәамҩахә рылҭомызт.

© Фото : предоставлено семьей Евдокии ГогуаЕвдокиа Николаи-иԥҳа Гәогәуаԥҳа
Евдокиа Николаи-иԥҳа Гәогәуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Евдокиа Николаи-иԥҳа Гәогәуаԥҳа

Евдокиа Николаи-иԥҳа ирлас-ырласны имҩаԥылгон иаарту аурокқәа, хшыҩзышьҭра алҭон ҳазхысуаз ашәҟәыҩҩы иҩымҭа инагӡаны ҳаԥхьоу ҳамыԥхьоу аилкаара. Иаартыз аурокқәа рҿы, ахархәара рылҭон афотосахьақәа апроектор ахархәарала, иара убас, аудио нҵамҭақәа. Уи адагьы, ҳалгон акино ахь, ҳазхысыз аҩымҭа ду аекранизациа шазыруз ҳлырбарц.

Елеонора Коӷониаԥҳа: "Сырҵаҩ ду"

Арҵаҩ лаҳасабала, хшыҩзышьҭра алҭон ажәаҳәатә культура, акыр дацклаԥшуан исахьаркны аԥхьара. Исгәалашәоит А. Чехов "Хамелион" ҳанахысуаз, ҩыџьа-ҩыџьала адиалогқәа ҳшалырԥхьоз, уи ала лара иалылкаауан актиортә ҟазара злоу аҵаҩцәа. Гәогәуаԥҳа хаз-хазы дрыҿцәажәон аӡӷабцәеи аҷкәынцәеи, урҭ амилаҭтә культура иашьашәалоу ахымҩаԥгашьа амаӡақәа рзаалыртуан. Усҟантәи аамҭазы ахыҭҳәааҩра акыр игәцаркны ирыман, ҳара ҳарҵаҩы иҳалҭон алшара аҩымҭа иазкны ҳхатә хәыцрақәеи, ҳдунеихәаԥшышьеи раарԥшра. Абри акыр аҵанакуеит сара сыпсҭазараҿы.

Учебник Анбан - Sputnik Аҧсны
Ашколи аԥсҭазаареи

Сырҵаҩ лыбзоурала, акритикцәа ирыҩуа адагьы, ахатә знеишьа шаҭаху еилсыргеит. Сырҵаҩы, амаҭәар аҵаҩцәа дырҵара анаҩсан, илыман иссирӡоу, иахьа уарла-шәарла иуԥыло аҟазшьакәа. Зегь раԥхьаӡа иргыланы аусура гәыкала азнеира. Евдокиа Гәогәуаԥҳа аурок дагханы дыҩнало, ԥсрак-бзарак ахь сцоит ҳәа ашкол дамҵуа ҟамлацызт. Лара дырҵаҩын, убри акәын бираҟҵас ишьҭыхны иныҟәылгозгьы. Зны заҵәык исгәалашәоит, аурок аамҭа анааи Николаи-иԥҳа акласс ахь дмааиӡеит.

Ари ҳзымбатәбарахеит лҵаҩцәа, машәырк лыхьит ҳәа, Кәтол агәы иалганы игоу амҩаду ала, дахьынхоз Чаарқыҭ ҳәа иахьашьҭоу аганахь ҳҿынаҳхеит ҳаиманы. Ҳақәлеит шьапыла амҩа, илыхьыз еилаҳкаарц. Ԥыҭк ҳнеихьан еиԥш, машьынак аангылеит, уа иҭатәаз руаӡәы дааҭыҵын иҳаиҳәеит ҳарҵаҩы лгәы бзиамкәа дшышьҭоу… Зны заҵәык дагхеит. Убри ада исгәалашәом ҳарҵаҩы дычмазаҩны, ма даҽа мзызк аманы ашкол ахь дмаауа. Лара лыџьбарара ҳара ҳааӡон. Хԥа соур сан длыԥхьон, уимоу, ԥшьба соургьы илаҭәалшьомызт "иҵегь былшоит" лҳәон.

© Фото : предоставлено семьей Евдокии ГогуаЕвдокиа Николаи-иԥҳа Гәогәуаԥҳа
Евдокиа Николаи-иԥҳа Гәогәуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Евдокиа Николаи-иԥҳа Гәогәуаԥҳа

Сагьлыцәшәон, сагьылцәыԥхашьон, убри аҟынтә, лгәы ҟасҵарцаз, аԥсшьара мшқәа раан А. Пушкин ироман "Евгени Онегин" абжеиҳара ҿырҳәала иҵаны сааит. Лара лзы уи жәҩангәашәԥхьаран. Ахьышәҭҳәа арҵаҩцәа руадаҿы дцаны директорс иҳамаз Пантик Табаӷәуа инеиркны, ашкол арҵаҩцәа зегь ирзеиҭалҳәеит. Саргьы сгәы иахәаны, иҵегьы сҽышьҭысхырц сҭахын.

Уи лыбзоурала исоуз аԥышәа акыр исыхәеит иреиҳау аҵараиурҭа санҭала ашьҭахь. Евдокиа Николаи-иԥҳа лыџьбарара иацын агәыҭбаара.

Ҽнак зны аҵарашықәс алагамҭаз аклассӷәы ҿыц аахәаны иаҳзыкнарҳаит. Аурок ашьҭахь акласс аҿы ҳаанхеит ԥыҭҩык. Аклассӷәы аҿы аҷкәынцәа руаӡәы иамханҵеит ицензуратәымшәа иҟаз ажәак. Аӷәы ҿыцын азы, уи ажәа ашьҭа аныззала иаанхеит. Адырҩаҽны "агильотина шаҳзыԥшыз" ҳдыруан, аха иаҳзанымхит аҵәаӷәашьҭа. Дааит лара ашьыжь. Имҩаԥылгеит аизара. Еилылкааит иҟаз, аха ашкол адиректор иахь илмырзеит, илшәит аӷәы аӡәгьы имырбаӡакәа.

© Фото : предоставлено семьей Евдокии ГогуаЕвдокиа Николаи-иԥҳа Гәогәуаԥҳа
Евдокиа Николаи-иԥҳа Гәогәуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Евдокиа Николаи-иԥҳа Гәогәуаԥҳа

Иҟалап, лара уажәшьҭа 80 шықәса ирҭагыло ари ахҭыс лхашҭхьазар, аха схаҿы иҟоуп иахьагьы агәыҭбаара иасимволны. Арҵаҩы аҵаҩы димеиканроуп ҳәа илыԥхьаӡон азоуп, ҳара дҳақәымчны, аха аиҳабыра рахь изылмырзаз иҟалаз. Ашкол ашьҭахь атеатртә институт санҭала, еснагь исныруан Евдокиа Николаи-иԥҳа лхыԥша.

— Ақалақь школ аҿы аума аҵара ахьышәҵоз?— дҵаауан аурыс литеартура ҳазҭоз алектор. Уи агәрагара лцәыуадаҩын, ақыҭа школ иалгаз, ақалақь хәыҷқәа инареиӷьынгьы аурыс литеартура ахьышьҭыркаауаз.

Схы сазҵаауеит илҿысҵаазеи сырҵаҩы Евдокиа Николаи-иԥҳа?

Аҭак ҟасҵарц сылшоит абас: алитература абзиабара, аусура агымхара, ҭакԥхықәрала азнеира, иахьа иҟаҵатәу уаҵәахьы ахымгара.

Зџьабаазы "Ахьӡа-аԥша" lll-тәи аҩаӡара занашьоу Евдокиа Гәогәуаԥҳа лнысымҩа ҭбаауп, аус лухьеит Гәыԥтәи, Тҟәарчалтәи, Аҟәатәи абжьаратәи школқәа рҿы, аха лырҵаҩратә ԥсҭазаара аӷьырак зегь Кәтолтәи абжьаратә школ аҿоуп иахьылхылгаз.

40 шықәса инарзынаԥшуа уи ашкол амхурсҭа дҭан, ԥхьатәара дцеит 2009 шықәса рзы. Лнысымҩа ахҳәаа азуа, иџьоушьаргьы уеит "Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа апрофессоналтә хьӡы лара далыхәдааны ҟалашьас иамаз. Арҵаҩ ду изы уи баргәым, аха усгьы, аганахь изынхозеи абас абаҩхатәра злоу ауаа?!

Евдокиа Николаи-иԥҳа илыдысныҳәалоит арҵаҩ имш. Шьардаамҭа дҳагымхааит.

Автори аредакцеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0