Итәан ирымбаз, дгылан ихы дирбон

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПразднование 90-летия театра им. Маяковского
Празднование 90-летия театра им. Маяковского - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зыԥсы шҭоу изхагыло аусҳәарҭа рыхьӡ ахырҵарц зҭаху рзы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ҳазҭоу ашықәс февраль 6 рзы, Аҟәа ақалақьтә еизараҿы иахәаԥшуан схы здыруаны Аԥсны зеиԥш сымбац, алаламбатә ҟазшьа змоу ашәҟәы, хықәкыла ахьӡ ҳҳәозар- иуль 2 2016 ш. Аҟәатәи амузыкатә — ҟазаратә школ азеиԥш еизараҿы ирыдыркылаз ааԥхьара. Уи ашәҟәы уажә ааигәа инашьҭын Аҟәа ақалақь ахадарахьы. Аԥҟарақәа инарықәыршәаны, ақалақь администрациа уи ақалақьтә еизарахь инарышьҭит.

Ҳаԥсҭазаараҿы иҟамлахьо акгьы ыҟам, аха ари аҩыза ашәҟәы аабыкьа аӡбахә ҳмаҳацызт.

Зрительный зал в кинотеатре - Sputnik Аҧсны
Агәҭаны аиара…

Ақалақь еизарахь инеиз аҳәара абас еиԥ иҟоуп: "Аҟәатәи аҟазаратә-музыкатә школ ихьӡ ахҵазарц иахьа уи директорс иамоу Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәхьоу, Д. Гәлиа ипремиа алауреат Тото Аџьапуа". Ашәҟәы иацуп, ҳаҭыр зқәу аҟаза Тото Аџьапуа инысымҩа, хаҭала иара ари ашкол иџьабаа ду шацу атәы аазырԥшуа ахшыҩҵак. Ииашаны, ари амакра уадаҩуп, Аџьапуа Аԥсны еицырдыруа уаҩуп, илшахьогьы маҷым, аха Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәа ари азы бжьыҭирала ақәҵара рыдыркылазтгьы, шәазхәыц инеишьҭаргыланы шаҟа рзаҳал Аԥсны аиҳабыра рахь инеираны иҟаз?!

Насыԥны, Аҟәатәи ақалақьтә еизараҿы 25-ҩык адепутатцәа рахьтә ари азҵаатәы иадгылаз 11-ҩык роуп, убри алагьы Тото Аџьапуа Аҟәатәи аҟазаратә-музыкатә школ ихьӡ ахҵара мап ацәкуп. 2016 ш ашкол аҿы имҩаԥгаз азеиԥш еизара апротокол аҵаҟа рнапы ануп акомпозитор В. Ҷкадуа, С. Паншина, Л. Губина уҳәа жәпаҩык Тото Аџьапуа инапаҵаҟа аус зуа арҵаҩцәа, иара убас, аҭаацәа ирхыԥхьаӡало аекологиазы акомитет аиҳабы С. Ҷыҭанаа, Т. Альбатова.

Ақалақьтә еизараҿы, ари ашәҟәы еицырдыруа аиурист Ҭамаз Қецба дадгылоит ҳәа шҳәазгьы, анапынҵақәа ҭҵаауа саналага, игәасҭеит аҭаацәа рхаҭарнак Ҭамаз Қецба уи иԥшәмаԥҳәыс Леила Ҭаниеи иареи рыхьӡқәа шанугьы, рнапынҵа шацым. Рнапы аным иара убас, зыжәла ану акомпозитор О. Ферзба, ашкол апрофсоиуз аиҳабы М. Чавриди. Анцәа иҟынтә, иҟазаап ари аҩыза апрецендент ҳкылнагар ахьалшо еилызкаауа. Иԥхашьаны знапы аҵазҩыз иҟалап анаҩс уи иацу ахҟьаԥҟьақәа хшыҩзышьҭра арымҭозаргьы, насгьы имариоума ашкол аиҳабы мап ицәкра?!

Елеонора Коӷониаԥҳа: Итәан ирымбаз, дгылан ихы дирбон

Ишыжәдыруа еиԥш, Апсны имаҷҩым аҟазаратә хәышҭаарақәа, арҵаратә усҳәарҭақәа, урҭ рахьтә иҟоуп аџьабаа збахьоу анапхгаҩцәа. Хымԥада, ари аҩыза аҿырԥштәы ҟалар, зыԥсы шҭоу изхагыло аусҳәарҭа рыхьӡ ахырҵарц зҭаххо маҷҩхарым. Ари иаанахәар алшоит ҳорденқәа ршашьа ацәаҩа. Иахьа ҳара ҳзызхәыцша аҳәынҭқарра ганрацәала аргылароуп, насгьы еилаҳкаауазароуп ари аҩыза ашәҟәқәа рыҩра аԥсуара ҳәа ҳазхыҽхәо акыр ишацәыхароу.

Ҳара иҳаздыруам акомпозитор Тото Аџьапуа ари азҵаатәы азы ипозициа шыҟоу, иара изымдыркәа иҟаларымызт инапаҵаҟа аус зуа ауаа, ииубилеи азы аҳамҭа изыҟарҵарц аизара мҩаԥганы анапынҵақәа шеизыргоз. Усҟан имаҳазаргьы, февраль 6 рзы Аҟәатәи ақалақьтә депутатцәа иара дызхагыло амузыкатә школ ихьӡ ахҵара мап шацәыркыз аинформациатә хархәагақәа рҟынтәи илымҳа иҭамскәа иҟаларымызт. Ахы ду беиа абара бзиазар акәхап, аха усгьы, ари аҩыза ацәырҵра ҳкультура иахьынӡахәо аҳәара уадаҩуп.

Ҳатрадициақәа ҳрызхьаԥшуазар, анкьа ауаҩы маҵурак идыргалозар, инеины иҳәон "уаҳзааԥса, мап ҳцәыумкын" ҳәа. Уажәтәи аамҭа ҳазааҭгылозар, итәан ирымбаз, дгылан ихы дирбон ҳәа, аҭыԥ зҭаху рхала ауаа азыркуеит, атәыла анапхгара рахь ацҳаражәҳәаҩцәа рышьҭуеит, убри аамҭазы изҳәо аҭыԥ аныҟәгара рылшоу ирылымшоу иазхәыцуа маҷҩуп. Уажәы ҳазлацәажәо- ауаҩы иара иԥсы шҭоу дызхагыло аусҳәарҭа ихьӡ ахҵара ҳазааҭгылозар, иахьада исмаҳац Аԥсны абри аҩыза ҟалахьаны.

Кресло. - Sputnik Аҧсны
Ҩ-шьагәыҭк змоу аҟәардә

Ҳтәылаҿы акультуреи, аекономикеи, аполитикеи рҿы зҽалызкаахьо ауаа рдунеи анырыԥсахлак ашьҭахь, иахәҭаны ирыԥхьаӡозар рыхьӡ наунагӡартәуеит. Аиаша аахтны иаҳҳәозар, унапаҵаҟа иҟоу ауаа ашкол ухьӡ ахырҵарц аизара анымҩаԥырго, иԥхашьароуп, ас иҟалом ҳәа аҳәара ахаҭыԥан, анапынҵақәа еизганы анапхгара рахь ашәҟәы адәықәҵара, Аԥсуара захьӡу акодекс иаднакылом.

Абас еиԥш иҟоу аԥшьгара иԥхашьаны знапы аҵазыҩуагьы реилкаара акыр иуадаҩуп. Ҳаицәыԥхашьаны аиаша аибыҳәара ахьҳалымшо, ҳҳәынҭқарра аргылараҿы акыр иаҳԥырхагоуп. Ҳкультура ҵәатәышьаҟас иаҵагылаз Д. Гәлиа, Б. Шьынқәба, И. Коӷониа уҳәа, рдунеи анырԥсах ашьҭахьоуп рыхьӡқәа еиуиеиԥшым акультуратә, аҵаратә хәышҭаарақәа ианырхырҵаз.

Доусы ихы бзиа ибоит, аха абра еиқәсыԥхьаӡ рхыҳәҳәара шымариам адырра уадаҩымзар ҟалап.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0