Марина Жьиԥҳа: ашәа аныҟам, саргьы сыҟам

© Фото : из личного архива Марины ЖибаМарина Жиба
Марина Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мгәыӡырхәа ақыҭан, ахшара рацәа иахьрызҳауаз, Ладикәа Жьибеи Арда Ласариаԥҳаи рыҩнаҭаҟны есқьынагьы ашәа хаа ҩныҩуан. Аколнхареи, аҭаацәа рныҟәгареи еилазгӡоз ани аби, хҩы рԥацәеи, ԥшьык рыԥҳацәеи ишыхәыҷӡаз аџьа абзиабара анаҩс, ирыларааӡеит аҟазарагьы.

 Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Асовет аамҭақәа раан, уахи ҽни, рҭаацәа ирывагыланы аколнхара иазааԥсон ақыҭа хәыҷқәагьы. Ашкол аҟнытә ианааилак, иаразнак рыдҵақәа ааҟаҵаны, аҭаҭын арыԥхра итәон, аамҭа иахыԥар абыӷьқәа канӡон аҟнытә, аҵх агәы еиҩнашаанӡа аус утәын. Жьиаа рҭаацәараҟны, аџьабаа зцыз аҭаҭын арыԥхра иус лахҿыххеит, хәыҷи-дуи ршьа-рда иалаз аҟазара иабзоураны.

© Фото : из личного архива Марины ЖибаМарина Жиба
Марина Жиба - Sputnik Аҧсны
Марина Жиба

"Аҭаҭын арыԥхра ҳантәоз, ҳазегьы ашәа еицаҳҳәон, уи ҳусгьы арццакуан. Иҟалалон, асасцәа ҳҭаз џьшьа, ҳгәылацәагьы анымҩахыҵлоз. Маҷк иансызҳа, акәты ҭины, хәмааҭк ҳәа аурыс жәлар рмузыкатә инструмент "балалаика" аасхәеит. Уи нахыс, шәаҳәарадеи, кәашарадеи ҽнакгьы иаҳмырхәлацызт", — илгәалалыршәоит аҭаацәара ду аҟны изызҳаз Марина Жьиԥҳа.

Аҟармаҵыс абжьы зхаз аҭыԥҳа, Леонид Уанаҿа напхгара зиҭоз Мгәыӡырхәатәи ашколтә хор аҟны ахкы нагӡаҩсгьы дыҟан.

Марина Ладиқәа-иԥҳа Жьиԥҳа абжьаратә школ даналга дҭалоит Аҟәатәи аҵара лашаратә ҵараиурҭа, ахореографиатә ҟәша. Ахшара зегь рҟнытә, амузыка професионалла иазнеирц зыӡбаз лара заҵәык лоуп.

Зыԥсҭазаара шәаҳәарада схаҿы иззамгоз Марина, лҭаацәаратә ҭагылазаашьа иахырҟьаны, аҵара ашьҭахь, акыр шықәса амузыкахь дхьаԥшыртә еиԥш иҟамлеит.

Чичба Алексей Чантович и Баграт Ахматович Багателия - Sputnik Аҧсны
Гагра дыргәаладыршәеит Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа

1980 шықәсазы, 25 шықәса зхыҵуаз Марина Жьиԥҳа, Гагра ақалақьтә дәқьан ду аҟны акассир-гәаҭаҩыс аусура далагоит. Убраҟа, машәыршақә акомпозитор, адирижиор, усҟантәи аамҭазы Аԥсны зҽаԥсазтәхьаз артист Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа лыбжьы иаҳаны, дызхагылаз ашәаҳәаратә ансамбль "Афырҭын" ахь ааԥхьара лиҭоит.

"Уи аҽны акраахәаҩцәа зынӡа имаҷын. Агәҿыӷь ҳагеит, ашәак ҳзыбҳәар аамҭагьы ирласны ицарын лҳәеит, уи аԥхьаҟагьы изныкымкәа сашәаҳәара заҳахьаз адәқьан аиҳабы Зоиа Чамагәуаԥҳа. Саргьы хара сымхәыцкәа "Шьышь наани" аацәырызгеит. Убасҟан, сашәа аҵыхәанӡа инасыгӡаанӡа, ашә дылагыланы дӡырҩуазаарын ҳкомпозитор ду Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа", — лҳәоит ашәаҳәаҩ.

Уи акәхеит, ахәылбыҽха 19 сааҭ рзы, Марина Жьиԥҳа акультура аҩнаҟны лыбжьы иазыӡырҩны, "Афырҭын" аколлектив дахыԥхьаӡалахоит.

Мышқәак ааҵуаны, Гагратәи ашәаҳәацәеи акәашацәеи артистка ҿыц дынрыхәҭакны, аконцерттә программа рыманы Қарҭҟа ицоит. Убри нахыс Марина Жьиԥҳа илзылашеит ҿыцәаара зқәым аеҵәа.

"Иахьеиԥш исгәалашәоит, раԥхьаӡакәны асцена ду ахь санцәырҵ сгәы шыхыҭ-хыҭуаз. Абас еиԥш ҭыԥк аҟны ажәлар еизаны срыламԥшыцазт. Азнык азы сшьапқәа сыҵаҟәалон, аха нас сгәы сырӷәӷәон. Зегьы ибзианы ишәгәалашәоит ақырҭцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа зеиԥшраз, агәшәара сшымаз шаҟа идсмырбарыз. Иара убысҟангьы ҳаԥсуа шәақәа анынаҳагӡоз аӡәы инапы еиниимҟьеит, ҳрепертуар иалаз ақырҭуа шәақәа анаацәыраагоз, рнапеинҟьабжь еихсыӷьуамызт. Иагьараан, "қырҭшәала инашәыгӡо ашәақәа рҵакы ишәзеилкаауа, мамазаргьы баша ажәақәа ҿырҳәала ишәҵоу" ҳәагьы иҳазҵаахьан", — еиҭалҳәоит артистка.

Марина Жьиԥҳа "Афырҭын" анаҩс ахкы налыгӡон, Аԥсни Қырҭтәылеи зҽаԥсазтәыз артистка, еицырдыруа ашәаҳәаҩы Зоиа Аншԥҳа напхгара зылҭоз ачамгәыр арҳәаҩцәа рансамбль "Ԥсоу" аҟны.

"Асовет аамҭақәа раан, аколнхарақәа анышәҭуаз, зхы шьҭымхкәа крызуаз аџьауаа рзы аконцертқәа мҩаԥаагон. Усҟан ажәлар еилых рымамызт. Зегьы пату еицрықәын. Ҳаргьы асцена дуқәа инрываргыланы, аказармақәеи адәҳәыԥшқәеи рҟны ҳақәгылон", — ҳәа азгәалҭоит Марина Жьиԥҳа.

Гагра акультура аҩнаҟны, Зоиа Аншԥҳа иаԥылҵоит Марина Жьиԥҳаи лареи рдует. Зоиа агитара алырҳәон, Марина дшәаҳәон.

Роза Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Чамагәуаԥҳа: Оҭар Хәынҵариа жәлар рмузыка аиқәырхара хьаас иман

"Зоиа Константин-иԥҳаи сареи еицанаҳҵеит ашәақәа фба. Ҳгәы ҳҽанӡамкәа ажәлар ирылаҵәеит, бзиа еицырбо иҟалеит "Ҳаи, шьыри, сукәыхшандаз", "Гагра", "Дубозар џьаракыр" захьӡу ашәақәа", — лҳәоит артистка.

1983 шықәсазы, Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа Бзыԥҭа аҳаблан еиҿикаауеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи, аџьа аветеранцәеи рыла ишьақәгылаз абыргцәа рансамбль "Кьараз". Марина Жьиԥҳа ари аколлектив ахь ахкы анагӡаразы илоуз ааԥхьара гәахәарыла илыдылкылоит.

1990 шықәсазы, Гагратәи ашәаҳәаратәи акәашаратәи коллективқәа еидызкылоз ансамбль "Афырҭын", Америка, Ниу-Иорк инхоз ҳџьынџьуаҩ Иҳиа Казанба ааԥхьара риҭоит.

42-ҩык аԥсуа артистцәа мызкы иалагӡаны ақалақьқәа жәпакы рҟны аконцертқәа мҩаԥыргоит. Уахь имҩахыҵуеит, егьырҭ атәылақәа рҟнытә ҷыдала иаауаз жәла-жәлала ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәагьы.

© Фото : из личного архива Марины ЖибаМарина Жиба
Марина Жиба - Sputnik Аҧсны
Марина Жиба

"Иҳиа Казанба ибзоурала, ҳконцертқәа ирҭаауаз ахәаԥшцәа зегьы иршәын "Афырҭын 1990" ҳәа изныз амаика ҟаԥшьқәа. Азалқәа уаала иҭәын. Исгәалашәоит "Шьышь наани" анынасыгӡоз, ажәақәа шырзеилымкаауазгьы, ажәлар ашәа нҵәаанӡа игыланы, рылаӷырӡ рҿықәыҳәҳә ишыӡырҩуаз. Зынгьы ахәаԥшцәа дрылҵны асценахь дгәынқьуа дхалеит ԥҳәызбак. Лнапқәа сыкәыршаны акраамҭа соулыжьуамызт. Анаҩс еилкаахеит, лара Германиа инхоз, ҷыдала ҳконцерт иахәаԥшырц иааз ҳџьынџьуаҩ, Маршьанԥҳа ҳәа зыжәлаз, шлакәыз. Убасҟан, салабгәалашәалап ҳәа афотоаппарат ҳамҭас исылҭеит", — Америкатәи агострольқәа дрылацәажәоит Марина Жьиԥҳа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, ҳажәлар ргәы зырӷәӷәоз, ргәы зырӷьоз ашәақәа, ансамбль "Кьараз" иалахәыз аҳәса, Баграт Багаҭелиа инапхгарала ҳаруаа рзы ақәгыларақәа мҩаԥыргон Афон.

"Изныкымкәа Ешыра ахырхарҭахь амҩа ҳақәлахьан, аха аӷа ихымца ҳаунашьҭуамызт. Баграт Аҳмаҭ-иԥа ҳаԥсҭазаара ашәарҭара иҭаимыргыларц азы, ҳаибашьцәа рзы, Афон ақәгыларақәа мҩаԥааго ҳалагеит", — аибашьра аамҭа лгәалалыршәоит артистка.

Жәлар рашәаҳәара иазҟазоу Марина Ладиқәа-иԥҳа ҩышықәса ахкы налыгӡон Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Назырбеи Ебжьноу напхгара зиҭо Пицундатәи ансамбль "Абааҭа" аҟынгьы.

Убри аамҭа иалагӡаны, аколлектив ҩынтә ааԥхьара аиухьан Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рҟнытә.

"Ахаан сгәы иҭыҵуам, зыԥсадгьыли зхатәы бызшәеи ирҟәыҭхоу ҳашьцәа ҳашрыдыркылаз. Ҳажәлар ахьыӡхыргоз Қьефқьен амшын аԥшаҳәеи, амлеи, ахьҭеи, ачымазара бааԥси ирзымиааиз, усҟантәи аамҭа хьанҭақәа раан зыԥсҭазаара иалҵыз хәыҷи дуи рыԥсыжырҭақәеи ҳанырҭаа, схаҭа иснырит ирхыргаз ахьаа. Уи сыԥсы ҭанаҵы сыбла ихгылазаауеит. Абарҭқәа зегьы баны, даара иуадаҩын асценаҟны ақәгылара. Убасҟангьы "Шьышь наани" шаҟаҩы ргәы ԥнажәаз аҳәара уадаҩуп. Сара сакәзаргьы, ашәа сшашьцылахьазгьы, раԥхьаӡа акәны инасыгӡозшәа ацәаныррақәа соуит", — Ҭырқәтәыла лыҟазаара лгәалашәоит ашәаҳәаҩ.

Уасил Арухаа - Sputnik Аҧсны
Анапҟаза Уасил Арухаа: ҳаԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа дмырӡыр сҭахуп

2009 шықәсазы, Марина Ладиқәа-иԥҳа Жьиԥҳа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка" ҳәа ҳтәыла анапхгара ахьӡ ҳаракы лаҭәаршьоит.

2016 шықәсазы, Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика Ахада Рашид Темрезов Аԥсны иҟазаара иалагӡаны, Марина Жьиԥҳа лашәаҳәара аниаҳа, мызкы иалагӡаны, Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика зҽаԥсазтәыз артистка ҳәа аҳәынҭқарратә ҳамҭа ланаишьоит.

"Асасцәа дахьқәа Гагра араион ианаҭаауа, сареи, амырзаканрҳәаҩы Роман Жьибеи, адаул асҩы Мануел Джагаеви ааԥхьарақәа ҳарҭоит. Убас иҟаз аиԥылараҟны ауп, Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика Ахада Рашид Темрезов сыбжьы ахьиаҳазгьы. Иара дыхнахит адыга бызшәала инасыгӡоз ашәа "Синана". Уамашәа ибаны дсыдҵаало далагеит", — алаф ахҳәаауа, ахҭыс далацәажәоит ашәаҳәаҩ.

Сынтәа иҵит 38 шықәса, Марина Жьиԥҳа лыԥсҭазаара аҟазара иадылҳәалеижьҭеи.

© Фото : из личного архива Марины ЖибаМарина Жиба
Марина Жиба - Sputnik Аҧсны
Марина Жиба

"Баграт Багаҭелиа ибзоурала, професионалла аҟазарахь сшьаҿа еихызгеит. 35 шықәса еиԥымҟьарада ахкы насыгӡоит сыԥсҭазаара зыҿҳәароу, Гаграа ҳҟазара иагарахаз, иахәышҭаарахаз афольклортә ансамбль "Кьараз" аҟны. Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиеи, Аԥсни зҽаԥсазтәыз артистка Зоиа Аншԥҳаи адунеи рыԥсаххьеит, аха дара рышьаҭа агәыҵә ҳарӡуам. Агәыӷрагьы аасырԥшуеит, ҳара аиҳабацәа ҳаамышьҭахьгьы, жәлар рашәақәеи рмузыкеи еихаҳаны, ԥхьаҟа изгаша абиԥара ҿыц еиҵагылап ҳәа", — азгәалҭоит Аԥсни, Ҟарачы-Черқьесски ареспубликақәа зҽаԥсазтәыз артистка Марина Жьиԥҳа.

Аҟазара знапы алаку абиԥара еиҳабы ахьынӡаҳамоу, ҳкультура акырӡа ибеиазаауеит. Агәыӷра ҳамоуп, дара рус иацызҵашагьы, аҟыбаҩ злоу аҿар ҳаԥсадгьыл иазгылап ҳәа.

© Фото : из личного архива Марины ЖибаМарина Жиба
Марина Жиба - Sputnik Аҧсны
Марина Жиба

Ажәабжьқәа зегьы
0