Шьаҿак ԥхьаҟа

© Sputnik 7 новелл
7 новелл - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "7-Новеллак" азы, шьаҿак ԥхьаҟа аԥсуа культура ашьҭыхразы ҳәа азаҳҳәар ҟалоит, ҳәа лгәаанагара ыҟоуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Акультура амилаҭ зырӷьацо, иӡырызго хырхарҭоуп. Атәылаҿы, аекономика ҳаракны, акультура хьысҳаны ҟалашьа амам, аҩбагьы еибакапануа иҟазароуп. Акультура арҿиара аекономика иадҳәалоуп, аха убри адагьы иазгәаҭатәуп, хықәкыла- аҟазара- Анцәа иҟынтәи иаауа разҟны ишыҟоу. Аҟазара ҳаракы иаҭахуп афинанстә цхыраара, ишырҳәо еиԥш, аҟазара злам усгьы ихы дахәоит, изло роуп аҵгәара зҭахыу, еиҳаркгьы акапитализм аҳра анауа аамҭазы.

Акиностудиа Аԥсуа фильм анапхгаҩы Виачеслав Аблоҭиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аблоҭиа Миха Лакрба иновеллақәа ирызкны: ахшыҩрҵара еиҳауп, адраматургиа аасҭа

Асовет ҳәынҭқарра ахаан, СССР ахьынӡанаӡааӡоз акино аҿиара аҳәынҭқарра анапаҵаҟа иҟан, иаԥҵан аҳәынҭқарратә киноиндустриа. Усҟантәи аамҭазы, еиҳаракгьы, аҳәаанырцәтәи, урыстәылатәи арежиссиорцәа иҭырхуан Аԥсны иазкыз адокументалтә фильмқәа, насгьы, ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ирылхны асахьаркыратә фильмқәагьы аԥызҵоз дара ракәын. Автономтә Аԥсны Қырҭәыла анапаҵаҟа иҟан аҟынтә, иамымызт алшара ахатә кино арҿиаразы, аспециалистцәа аҵарахьы рышьҭрагьы иуадаҩыз усын.

Исҳәарц сылшоит, аԥсуа кино арҿиара иалагаз, уи азы иҷыдоу аҵара змаз Виачеслав Аблоҭиа иоуп ҳәа. Арежиссиор, асценарист, актиор Аблоҭиа ибзоураны иҭыҵит "Сувенир", "Аҽыхәа еиӷьума?", "Напыхьараџь" уҳәа, аԥсуа кинематограф ашьаҭа зырҿиоз аусумҭақәа.

Аибашьра ашьҭахь, акино ахырхарҭа аангыланы иҟан, ииашоуп, арежиссиорцәа Амиран Гамгиа, Михаил Мархолиа рҽазыршәон ателехәаԥшратә фильм маҷқәа раԥҵара, аха акино ҳәа ҳзышьҭоу аҿиара амамызт. Зегь реиҳа аԥышәа змаз Аблоҭиа иакәзар, алшара аҟамзаара иахҟьаны, акино-дублиаж ашҟа диасит, иара ибзоурала аԥсышәала рыԥсы рхалеит амультфильмқәеи, аҳәаанырцәтәи акиносахьақәеи.

Аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа раамҭазы акино-факультетқәа рҭаларазы аԥышәара ҟазҵо иалагаз аҿар цәырҵит, аӡәымкәа, ҩыџьамкәа ироуит апрофессионалтә зыҟаҵара урыстәылатәи аҟазаратә ҵараиурҭақәа рҿы. Арежиссиорцәа қәыԥшцәа рҵара хыркәшаны ианаауаз аԥсуа хәаԥшцәа ирыдыргало иалагеит рдипломтә усумҭақәа, ҿырԥштәыс иаагозар, Наур Гармелиа ифильм "Мост" апремиера қәҿиарала имҩаԥысит, иара убас, Инар Нарманиа иҳадигалеит "Там Миша лежит" захьӡыз иҭыхымҭа.

Ажәакала, акино ахы ыҵнахуа иалагеит, уи хымԥада, агәахәара унамҭарцгьы залшом. Уажә аабыкьа РУСДРАМ ахыбраҿы имҩаԥсыит, аԥсуа кинорежиссиорцәа қәыԥшцәа русумҭақәа рӡыргара. Ақәыԥшцәа рнаҩсан, "7-Новеллак" захьӡу Миха Лакрба иҩымҭақәа рыла еиҿкааз акино альманах далахәын аҟаза Виачеслав Аблоҭиагьы. Атеатр иаҭааз ахәаԥшцәа ирыдгалан еицырдыруа Лакрба иновеллақәа рыла иаԥҵо зметраж маҷу акиноқәа быжьба.

Аиашазы, исҳәарц сылшоит, ари зеиӷьыҟам ныҳәан ҳәа, аполитикатә еибаррххарақәа рыла ишьақәгыло ҳаԥсҭазаара ҳаԥшны иаҳҳәозар. Арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа иусумҭа "Абабыц" ҳазааҭгылозар, иара ишиҳәаз еиԥш, иҭихит асоветтә классика атрадициақәа ирышьашәало ҟазшьала, иара убри алагьы иаҳирбеит, усҟантәи атрадициақәа иахьагьы аԥхьагылара роурц шалшо. "Абабыц" иахәаԥшуа игәеимҭарц залшом, ари акино знапы иҵызхыз аԥышәеи, аҟазареи злоу шиакәу. Аблоҭиа ифильм, аԥсуа цәаҩа ахыуп, аԥсуа ҟазшьагьы амоуп. Акыр хшыҩзышьҭра аҭаны иалыԥшаауп арольқәа назыгӡо актиорцәа.

Аԥсуа режиссиор қәыԥшцәа. - Sputnik Аҧсны
Миха Лакрба ифырхацәа аекран аҟны идырбахоит

Иааидкыланы, иаҳдырбаз акиноқәа зегьы, ахәаԥшҩы напеинҟьарыла идикылаз усумҭақәоуп, аха иҟоуп, иалкааны зыӡбахә сҳәарц сҭахыу арежиссиор қәыԥш Инар Нарманиа ифильм "Сара исыхьӡуп Махаз". Ари афильм зегь реиҳа икьаҿыз, аха зегь реиҳа инагӡаз усумҭан, егьырҭ арежиссиор қәыԥшцәа иҳадыргалаз иаҿҳарԥшуазар. Нарманиа ифильм иҵаулоу, сахьала иҩычоу акино ҳәа азаҳҳәар ауеит. Арежиссиор қәыԥш ифырхаҵа хада Махаз-Инал Инаԥҳа аиталиан киноқәа иргәылҵыз, аиумори, аҵаулареи змоу хаҿсахьаны даарԥшуп. Нарманиа раԥхьатәи идипломтә усумҭа иаҿырԥшны, уажәтәи икино ҳахцәажәозар, акыр ихарҭәаауп, акыргьы изҳаит аҟаза қәыԥш. Ақәыԥшра, абзиабара, ацқьара ирсимволоуп уҳәар ауеит Нарманиа икино. Афильм абжьы ахаҵашьа, излаҩычо амузыкеи, акадртә ԥшаарақәеи рыла, арежиссиор акино Анцәахәы дизылыԥханы дшыҟо умҩашьо иубоит.

Анаҩсан, иалыскаарц сылшоит, акино ҟазара аблақәа рыла ҳцәажәозар, Наур Гармелиа икино "Аишьцәа", ииашоуп, ахәаԥшҩы изыннажьыр ауеит ихырқәшам аусумҭа аҟазшьа. Гармелиа раԥхьатәи ифильм зегь рыла инагӡаз сахьазҭгьы, араҟа иубоит макьана аус зыдулатәу шыҟоу. Ус акәзаргьы, арежиссиор қәыԥш иусумҭа иунарбоит, ари ҭызхыз акино ахь имҩа шхоу, удыршанхоит уи икино сахьақәа, насгьы, ахҭысқәа иахьатәи аамҭахьы ииаган иахьыҟеиҵаз ииашоу мҩаны ишыҟоугьы гәоуҭоит.

Иааидкыланы, ахәаԥшцәа идырбаз ановеллақәа быжьба, ҟазшьалеи, нагӡашьалеи, ҩаӡаралеи еиԥшымызт, аха азеиԥш хәшьара раҳҭозар иаҳбоит, аԥсуа кино аҿиара аԥеиԥш шамо. Акино цәыргара иалахәыз егьырҭ арежиссиорцәа: Илона Хәарҵкиа ("Аруԥаԥ"), Џьано Ҵурҵумиа ("Асас"), Дауҭ Логәуа ("Ианқәнагаӡамыз"), Ҭемыр Кәакәасқьыр ("Аб") уанрыхәаԥшуа иубоит, арежиссиорцәа еиҵаҩҩы рыҟалара, алҵшәа аиур шалшо.

Хымԥада, дасу зегьы гьамак, гьамк рымоуп, сара иалыскааит еиҳа сгәы иақәшәаз асахьақәа, егьырҭ ахәаԥшцәагьы иҟарҵеит рхатә лкаақәа. Ахәаԥшцәа аԥхьагылара арҭеит Кәакәасқьыр ифильм "Аб", уи автор алшара инаҭоит акино ҿыц аҭыхразы. Абри апроект адгылара азызуз амобилтә еимадара "Амобаил" аус ду арҿиеит сҳәарц сылшоит, акино арбара иацыз аныҳәеи агәалаҟазаареи санрызхәыцуа.

Ныҳәан аиашазы, знык ала быжь-кинок рӡыргара. Сгәы иаанагоит, ҳаԥхьаҟа, ҳтәыла анҭыҵ иӡыраҳго акиноқәа цәырҵыр алшоит ҳәа. Акино бзиа, изурбалак, иахьыдурабалак ирыдыркылоит, иамоу аҩаӡара адунеитәи философиала еиҿкаазар.

Апроект "7-Новеллак" азы, шьаҿак ԥхьаҟа аԥсуа культура ашьҭыхразы ҳәа азаҳҳәар ҟалоит.

Хымԥада, сара иалыскааз акиноқәа аиааира ахьырзымгаз сгәы еихьнашьызаргьы, агьама гьамоуп, атеатр иаҭааз ахәаԥшцәа реиҳараҩык иргәаԥхаз рыбжьы арҭеит, аус зло — акино аҿиаразы аграпара алгоуп.

Автори аредакциеи ргәаанагара еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0