Диана Ладариаԥҳа: ишыхәмаруа ауп ахәыҷқәа аԥсшәа шырҵо

© Sputnik / Саида ЖибаДиана Ладариа
Диана Ладариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аамҭакы ахәыҷбаҳчаҟны аус уны, ахатәы бызшәа еиҵагыло абиԥара алацәажәара шырцәыуадаҩыз баны, аԥсышәала арҿиаратә хәмаррақәа реиқәыршәара нап азаркыз Гагра ақалақь инхо Диана Ладариаԥҳа еиҭалҳәеит, урҭ рыҟаҵашьа шылҵази, ирылҵыз ахәарҭареи ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Иахьа гәыԥҩык аҿар ишыҟарҵо еиԥш, Диана Ладариаԥҳа арҿиаратә хәмаррақәа реиқәыршәашьа ҭылҵааит аинтернет аҟны. Уи азы иаҭахыу акомпиутер ибзиаӡаны ахархәара ауп. Аԥсҭазаара ахалоит, ақьаад ахь ииаганы, еилԥхаауа ацәа ахаҵаны аҷабга анаурклагь.

Аза Шамԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ахатәы бызшәа агьама амч ӷәӷәоуп

"Аԥсышәала ишьақәсыргыло арҿиаратә хәмаррақәа иреиуоуп алфавит. Ақьаад аҟны иануп ажәақәа, хыхьла ирыдҷаблоуп иаанаго зҳәо асахьақәа, мамзаргьы ажәақәа рҟны иуԥыло анбанқәа. Иаҳҳәап "а" зну аҷабга уаахар, аҵаҟа иануп ажәа амра, мамзар уи асахьа. Арҿиаратә хәмаррақәа рҟны иуԥылоит еиуеиԥшым ажәақәа. Урҭ иреиуоуп ауҭраҭых, ашәыр, аԥстәқәа, аԥсаатәқәа, афатә, аԥштәқәа уҳәа аазырԥшуа, иара убас аԥхьаӡацқәа. Раԥхьатәи алфавит аиқәыршәара мчыбжьык садхалеит. Иалԥшаатәын асахьақәа, ирнааланы анбанқәа арбатәын. Иахьа зегьы еибыҭаны акомпиутер иҭагалоуп аҟнытә, уиаҟара аџьабаа збаӡом", — ҳәа ҳаиллыркааит арҵагатә наплыхқәа рҟаза.

Диана Ладариаԥҳа афилолог изанааҭ шлымамгьы, агха амҭакәа арҿиаратә хәмаррақәа шьақәлыргылоит.

"Сара ибзианы еилыскаауеит, арҭ арҵагатә хәмаррақәа грамматикала ииашаны ишышьақәыргылатәу, ажәақәа агха шрыҭатәым, ақәыӷәӷәарақәа шықәыргылатәу. Убри аҟнытә схы иасырҳәоит Аԥсны аҵара аминистрра 2014 шықәсазы ишьақәнарӷәӷәаз Д. Шамбеи, А. Ажьибеи, А. Шьынқәбеи аус здырулаз Аԥсуа бызшәа арҵага шәҟәы", — лҳәеит Диана.

Аԥсшәа згәы азыбылуа, абиԥара ҿыц рхатәы бызшәа рҵандаз ҳәа ихәыцуа Диана лхаҭа ҩыџьа ахшара лааӡоит. Раԥхьанатәгьы, дара рзоуп ари арҵагатә цхыраагӡа аиқәыршәара дшашьҭалазгьы.

"Ахәыҷқәа рандуи сареи арҿиаратә хәмаррақәа рзымҩаԥаагоит. Уи акырӡа ишрыхәо агәра анызга ауп, ауаажәларгьы ирыдызгало саналага. Исырмазеихьаз, еиуеиԥшым ажәақәа рыла ишьақәгылаз аусумҭа иазкны авиденҵамҭа инстаграм ахархәагаҟны сдаҟьаҿы иҭазгалеит. Иаразнакгьы аҭаацәа аинтерес рызцәырнагеит", — ҳәа азгәалҭоит аиқәыршәаҩ.

Русско-абхазский словарь. - Sputnik Аҧсны
Ажәар ахархәара қьарс иалоу

Диана Ладариаԥҳа хымз роуп иҵуа арҵагатә цхыраагӡа шьақәлыргыло далагеижьҭеи. Аха ари аамҭа иалагӡаны, ажәлар ирылалырҵәахьоу алфавитқәа рыхкқәа зқьы еиҳауп.

"Есыҽны, аԥсуа ҭаацәарақәа сыдҵаалоит. Иҟоуп шықәсык зхымҵхьоу асабицәа рзгьы иҿазҵо. Уажәааигәа, алфавит зыхәҳаз ан исзаалыцҳаит лхәыҷы ихатәы бызшәала раԥхьатәи ажәақәа рҳәара дшалагаз. Уи хымԥада сгәы иахәеит. Унапы злаку аус алҵшәақәа анубо, ажәлар иҭабуп ҳәа ануарҳәо еиӷьу иҟоузеи", — инаҵылшьит Диана.

Арҵагатә хархәагақәа рҟны, ахәыҷқәа иргәаԥхоит аԥшшәы рацәа змоу, аҷабга иарку асахьақәа. Ан лызҵаарақәа рҭак ҟаҵо, ишыхәмаруа ауп рхатәы бызшәагьы шырҵо.

"Асабицәагьы бзиа ирбоит ақьаад иарку аҷабга рнапала амхра. Иаҳҳәап, иабаҟоу ала ҳәа уиазҵаар, алфавит ахкы зеиԥшроу еиԥш, иаразнак ала асахьа, мамзаргьы анбан "л" зну аҷабга даахоит. Иара убас, аҷабага ахатә ус мҩаԥнагоит, уи шьҭахьла ииашаны иаҭатәуп аҟнытә, илаԥш ахҵаны, ихшыҩ азишьҭуеит. Ахәыҷқәа иргәаԥхоит аҷабга анамырхуа иахылҵуа ашьҭыбжьгьы. Знык ари арҵагатә хәмарра аинтерес рызцәырнагар, рхалагьы уадырԥхьало иалагоит", — ҳәа ҳаиллыркааит Диана Ладариаԥҳа.

© Sputnik / Саида ЖибаДиана Ладариа
Диана Ладариа - Sputnik Аҧсны
Диана Ладариа

Анапҟаза лусумҭақәа доусы ифинанстә ҭагылазаашьа иақәшәоит. Арҿиаратә хәмаррақәа рыбзоурала, ахәыҷы ашкол дҭалаанӡа, раԥхьа иргыланы ихатәы бызшәала ацәажәашьа иҵоит, уи моу анбанқәеи, аԥхьаӡашьеи.

Диана Ладариаԥҳа лыхшара ԥхьаҟатәи рыԥсҭазаара дазхәыцны, аԥсуа ан ишлаԥу еиԥш, аԥсшәа аҭагылазаашьа баны, излалымчыз лхала лҽазылшәеит ахатәы бызшәа еиқәырханы ԥхьаҟа агара, ахәыҷқәа агәыбылра рылааӡара.

Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥш знапы иану анацәа роуп. Дара шаҟа иҟәышны рхы мҩаԥырго еиԥш ауп ишыҟало, аԥсадгьыл иаҵагыло абиԥара ҿыцгьы.

Диана Ладариаԥҳа лҿырԥштәы иаҳнарбоит ҳхатәы бызшәеи, ҳаԥсадгьыли есқьынагьы ԥхьаҟа изгаша апатриотцәа шазгылало, ауадаҩрақәа ириааины ҳмилаҭ ахаҿра шдмырӡо.

© Sputnik / Саида ЖибаДиана Ладариа
Диана Ладариа - Sputnik Аҧсны
Диана Ладариа
Ажәабжьқәа зегьы
0