Днаӡеит Берлинынӡа: аибашьра аветеран Даҭа Ҭарба аҭҟәараҟнытә иҽшиӡаз аҭоурых

© Sputnik / Андрей Бабушкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБерлин. Вид на Рейхстаг. Архивное фото.
Берлин. Вид на Рейхстаг. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалиааз аҭоурыхтә хҭысқәа ҵҩа рымам. Урҭ рызкыуп ҳтәылауаагьы. Мгәыӡырхәа ақыҭа иалҵыз, анемец фашистцәа иҭҟәаны иргаз Асовет еибашьцәа иреиуаз Даҭа Ҭарба, аӷацәа дышрыцәцаз атәы еиҭеиҳәеит, уи ахҭыс машәыршақә изаҳаз Владимир Жьиба.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Мгәыӡырхәа ақыҭан, "Ахьтәы ҟәара" захьӡыз акурорттә комплекс аӡбахә змаҳац дыҟамызт Асовет Еидгыла атәылақәа рҟны. Аамҭала, арахь иаахьан зықьҩыла ауаа. Есышықәса, аԥхын аламҭалазы аԥсшьарҭатә обектқәа рыҩнуҵҟа аремонттә усурақәа мҩаԥыргон. Аусзуҩцәа ааргон Аԥсны араионқәа рҟнытә. Убас, Афонтәи усзуҩык, Азаҭ захьӡыз ерманык, аҭыԥантәи аҷкәын диазҵааит, Мгәыӡырхәа инхо Даҭа Ҭарба дидыруама ҳәа.

Антип Асабуа (слева) - Sputnik Аҧсны
Аԥҳа лымширазы аҳамҭа - Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алахәыла Антип Асабуа иҭоурых

"Хымԥада, қыҭак ҳаицатәуп", ҳәа аҭак ҟазҵаз, "сара сацкьыс уи аӡәгьы ибзианы диздыруам, ҳара ҳаицеибашьуан, аҭҟәарагьы ҳаицақәшәеит", — ҳәа иаиҳәазаап абырг.

Ус ажәабжь аиҭаҳәара далагеит. 50 шықәса раахыс, ари аҭоурых зхамшҭыз, усҟан иҷкәынаны Азаҭ изыӡырҩуаз Владмир Жьиба, иахьа ҳара иаҳзеиҭаиҳәеит дзыршанхаз, Даҭа Ҭарба аҭҟәараҟнытә иҽӡаны дышцаз атәы.

"Азаҭ иажәақәа рыла, Даҭагьы иаргьы аҭҟәара иақәшәеит Польша, аӡиас Буг азааигәара. Иахьҭакыз аконцлагерь аҟны, ҽнак часак акәын ирырҭоз. Абаандаҩцәа рымч рылшәшәахьан, аха анемеццәа, аҳаиуанқәа реиԥш иҵакны ирыман, аус ддыруан" — аибашьра аветеран иажәабжь дазааҭгылоит Владимир Жьиба.

Аконцлагерь аҟны иҭакыз Даҭа Ҭарба, Азаҭ ус иаиҳәазаап, араҟа уаҳа аангылара шыҟамло, аӷацәа иҭадырхаанӡа, дара рымч рымкәкәаны рхала ишынҵәо. Убри аҟнытә, абналара шаҭахыу. Азаҭ азнык азы дақәшаҳаҭхеит, аха аамҭа анааи изымгәаӷьит.

"Даҭа иалихыз амш аҽны, аҭҟәаҩцәа ҩаԥхьа аус ддыруан. Агәаргәалеиқәа ирынҵаны аԥслымӡ дырҳәазон. Ахылаԥшыҩцәа зынӡагьы абаандаҩцәа аицәажәаха рырҭомызт. Аха аиҩызцәа аидара рыманы ианааивалоз аамҭазы, Даҭа уабаржәы аӡы ҳалаԥалоит, ҳҽаҳӡоит ҳәа ибжьы ныҵакны диҿахәыҭхәыҭит. Аха Азаҭ имчқәа цахьан, зыҭбаара дууз аӡиас Буг дызмырыр ҳәа дшәеит. Ус анакәха, сумҭиин, сара сдәықәлеит иҳәеит аԥсуа еибашьҩы" — ажәабжь иациҵоит Владимир.

Азаҭ дызҵаз аидара ааныжьха имоукәа, ахысыбжьқәа рҿаархеит. Иаразнакгьы еиликааит, Даҭа дышбналаз. Анемеццәа иааихмырсыӷькәа аӡиас иалахысуан. Аамҭакы ашьҭахь иԥышәаррччо, ари дҭаҳархеит ҳәа ргәы иаанагеит. Минуҭқәак рышьҭахь, аӡиас агәҭаны Даҭа ихы дааҩахан, аҳауа лбааданы деиҭахәыҵалеит. Ҩаԥхьа ахысра хацаркхеит.

Азиз Агрба - Sputnik Аҧсны
Ашықәсқәа ирылыхәхәа аибашьҩы иӡбахә ааҩит

"Анемеццәеи аҭҟәаҩцәеи шԥшуаз, Даҭа аӡиас егьи аган аҟны дырит. Аӷацәа еиҭа еихсуа иалагеит, ахқәа уаанӡа инеиуамызт акәымзар. Зыԥсы зманы иӡхыҵыз аибашьҩы, аӡиас ари аган аҟны инхаз ибзианы дырбарҭан. Иара даалаган, имаҭәақәа амра иаҭаны ирбеит. Иԥсы анишьа, иҽааилаиҳәан, анемеццәа рахь дааҳәны икьаҿ бираҟҵас иршәыршәыруа идирбан, абна дылалеит. Аӷацәа уахь цашьа рымамызт, Асовет партизанцәа ирыцәшәон аҟнытә", — Азаҭ иҩыза дышбналаз атәы иҳәоит Владимир Жьиба.

Анаҩс, Даҭа Ҭарба апартизанцәа дрыхәҭакны деибашьуан, днаӡеит Берлинынӡа. Ианашьоуп амедалқәеи, аорденқәеи рацәаӡаны. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашьҭахь Азаҭи Даҭеи зны заҵәык ауп ианеибаба.

Ауаҩы дызқәымшәо акагь ыҟам рҳәоит. Аибашьра Ду ашьҭахь, Даҭа Ҭарба ус бааԥсык иахҟьаны 26 шықәса абна дылан.Игәабзиара аныуашәшәырха, абрагь иҩны дааин, ихы иагәыдҵаны иҽишьуеит.

Даҭа Ҭарба аҭҟәараҟнытә дышбналаз атәы, аамҭала Аԥсны измаҳац дыҟамызт. Иара зегь акоуп ижәлар рзы дфырхаҵаны даанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0