Сыԥхыӡ шлабҿабахаз

© Sputnik / Саида ЖибаСыԥхыӡ шлабҿабахаз
Сыԥхыӡ шлабҿабахаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Қьефқьен- ҳауаажәлар атәым дгьыл аҟны раԥхьатәи ршьаҿақәа ахьеихыргаз аҭыԥ аҿы, ухаҿы иузаамго, иԥсабаратәым ахәыцрақәа зызцәырҵыз Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа лҭаацәара рҭоурых дазааҭгылоит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Жәабаҟа шықәса ракәын исхыҵуаз. Ҭаацәала, ӷбала ныҟәара ҳцон. Сани саби сашьеиҵби рҭыԥқәа ааныркылан, амшын аԥшаҳәахьы иԥшуан. Сара, сласба хәыҷы Дамшә сҩыҵаркны, аӷба ақьышә аҟны игылаз сҩызцәа хәыҷқәа рахь сцеит.

Ахәмарра зыхҭашәаз Дамшә аӡәаӡәала иаҳгәыҭԥалон.

Ус амшын агәаҟны, аӷба аҿы анаанарҳәуаз аламҭалаз, сласба гаӡа, ашьапқәа ирықәҟьан, ацәқәырԥа илалахәаша ицеит.

Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит ақьафурҭа Сылашара - Sputnik Аҧсны
Иит аибадырреи агәыбылреи: "Сылашареи" сареи Сҭампыл ҳшеиқәшәаз

— Даамшә ҳәа арҵәааҳәа сыбжьы сыргеит, сцәырҳангьы сааԥшит…

Аиашазы, ари ԥхыӡ ҿаасҭахеит сара, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи бзиа избоз ахәыҷы сзы. Убри ашьҭахь, акыр шықәса инеиԥынкыланы, Дамшә аҭахара сыԥхыӡ аҟны лассы-лассы ицәырҵуан….

Уажәааигәа саби сареи ашьшәыраҟны ҳтәаны ҳцәажәон.

Сҟәардә аҵаҟа итәаз, атәым шьҭыбжьқәак заҳауаз ҳла, уажәы-уажәы ишуан. Иансзымчҳа, "Дамшә уаангыл" ҳәа сыбжьы ҭыганы саҵаҟьеит. Саб дааԥышәарччан, "ибгәалашәо, уи Дамшә амшала, шаҟантәи бцәырҳаны бааԥшхьаз. Иара ԥхыӡлеи лабҿабеи избыдхалеи", — ҳәагьы дахлафааит.

Аки аки еихҳәаауа, аҭоурыхтә хҭысқәа рҟынӡа ҳнеит.

Саб Владимир Жьиба, иабду иаб амҳаџьырра ашықәсқәа раан, иԥшәма ԥҳәыси, ҩыџьа иԥацәеи иԥҳаи наидкыланы Ҭырқәтәылаҟа дахган.

Рыԥсадгьыл изахцаз атәы, саб излаидыруа 114 шықәса нызҵыз иабду иашьа Пас иҟнытә ауп.

"Сара сабду Ҭапагә 34 шықәса ракәын ихыҵуаз амалуаа данҭадырхоз, сихаанызтгьы, иҭысҵаашаз рацәахон", — иҳәеит саб игәы иаланы.

Амшын Еиқәа ааихҵәаны, егьи аган аҟны иӡхыгаз саб ишьҭра ирылан гәыԥҩык аԥсуааи ачерқьесцәеи. Хышықәса ааҵуаны, реиланхарҭаҟны ҭырқәак, Кавказ иатәыз аҭыԥҳа изакәым длызныҟәан, аԥсуааи ачерқьесцәеи ршьа руит. Уи ашьҭахь, уаҟа ааныгалашьа змамыз, рҽазыршәеит рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра.

Ус ӷбала аидара мҩанызгоз бырзен хәаахәҭҩык иацәажәан, аԥҳәызба илхырҟьаны иҭадырхаз аҭырқәа иҩны идәылыргахьаз хмакәанк ахьы наиҭаны, Аԥсныҟа ихынҳәит.

"Сабду иаҳәшьазаҵә усҟан 16 шықәса лхыҵуан. Бара беиԥш аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи бзиа илбон. Ҭырқәтәыла иахьынхоз, ласбак рыднагалан, илааӡеит. Аԥсныҟа иандәықәла, илыманы даарц лҭаххеит, аха аӷба иҭарымҵаӡеит, "амалагьы аҿкы чымазара гәароуп, бызҿу закәуи" — ҳәа илыҵаҟьеит, лара дышҵәыуоз, иара шыӷзуаз инеиԥырҵит. Аҟәараҟнытә алымҳацәқәа ақәԥсаны, блала днаскьанагеит еиҭымхаз ала. Баныхәыҷыз, ани "аԥхыӡ ҿаасҭа" аныббоз, шаҟантәи исгәалашәахьаз бдыроу уи ахҭыс. Акы иазҳәазар ҳәа сшәаны, бысныҳәахьан", — иҳәеит саб.

Дамшә "аҭоурых" аамҭа иалаӡыз џьысшьуан, аха саб иажәабжь, ҩаԥхьа схәыҷра шықәсқәа рахь схьанарԥшит.

Сабду ишьҭра, амҳаџьырра ишахнагази, рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра шрылшази атәы зҳәо астатиа, аинформациатә маҵзура "Спутник Аԥсны" аҟны искьыԥхьхьан. Аха "Дамшә" аӡбахә сгәы ишҭазгьы, сацәыԥхашьан изӡеит.

2017 шықәсазы, сҩыза ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳа сасра дылзааит 27 шықәса раԥхьа, Ҭырқәтәыла, Адаԥазар дцаны илԥшааз лыжәлантә-лаҳәшьа Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа (Ҷықьԥҳа). Саргьы ҳџьынџьуаҩ слабадырар сҭаххан, срызцеит. Зхызҿы зхаччоз, ауаҩы лаша, иаразнак сгәы дҭалеит.

Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа: ҳахьыҟазаалакгьы, аԥсуара ҳарӡӡом

Иуџьаль Аԥсны лыҟазаара иалагӡаны, иаҳхаҳгеит иссирыз аамҭа.

Аԥсшьара инаваргыланы, лыԥсадгьыл аҭоурых нарҵауланы илазҳәашаз амузеиқәеи, архитектуратә баҟақәеи, аҭыԥ ԥшӡарақәеи рахь ҳныҟәеит.

Ҭырқәтәылаҟа лцара аамҭа анааи, абзиараз ҳәа аибыҳәара, лаӷырӡыда иуадаҩхеит.

Иуџьаль есыҽны ҭеллеи интернетлеи ҳаҽлымаҳдоит. Ажәабжь ҿыцқәа еибаҳхәоит.

Уамак ҵуам, пату еиқәызҵо аиҩызцәа, ажурналистцәа Лиудмила Сергьегьиаԥҳаи, Зарина Коӷониеи сареи Ҭырқәтәыла инхо Ҷықьаа рҟнытә ҳхынҳәижьҭеи. Урҭ ҳашрыдыркылаз атәы аҩра салагар, шәҟәыкгьы исызҭамгӡар ҟалап.

Дара ргәы аԥхарра ҳара есқьынагьы иҳазҵаауеит.

Уахык, Иуџьали сареи ҳшеицәажәоз, "аԥсуаа Ҭырқәтәылаҟа ианахыргоз, иахьӡхыҵуаз аҭыԥ ббар бҭахӡами" лҳәеит.

Уи сазхьаауеижьҭеи акрааҵуан азы, иаразнак сақәшаҳаҭхеит.

Адырҩаҽны, Иуџьаль лашьа Оқан ҳиманы иҿынеихеит, есышықәса, лаҵарамза 21 аҽны, амҳаџьыраа ргәалашәара амш ахьазгәарҭо, Қьефқьен ҳәа изышьҭоу, Амшын Еиқәа иаԥну аиланхарҭахь.

Уахь ҳнеиаанӡа, ҳамҩахыҵит Ҟараач ақыҭахь, амлеи, ахьҭеи ачымазара бааԥси ирхырҟьаны атәым дгьыл аҟны инҵәаз ҳџьынџьуаа рыԥсыжырҭахь.

Сҩыза Лиудмила Сергьегьиаԥҳа, аҭыԥантәи абыргцәа излалзеиҭарҳәахьаз ала, 1500-ҩык аԥсуаа абраҟа анышә иамадоуп, реиҳаракгьы ахәыҷқәа роуп.

Ҳалаӷырӡқәа ҳазнымкыло, ари аҭыԥ ааныжьра ҳцәыуадаҩхеит.

Ҭырқәтәыла аџьықәреи шылалҵаз - Sputnik Аҧсны
Афара саауеит: Ҭырқәтәыла аԥсуа џьықәреи шылаҳҵаз

Зарина Коӷониа, аԥсуаа рыԥыжырҭаҟнытә лнапы иакуаз маҿак анышә, ақьаад иаалалҳәан, лџьаба инҭалҵеит. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз, 27 шықәса зхыҵуаз лаҳәшьа гәакьа Ирина Сыҷынааԥҳа лнышәынҭра агәы иқәылԥсарц азы.

"Зыԥсадгьыл згәазхара иззымбаз, уахь рыԥсқәа еиқәшәааит" наҳәаны.

Анаҩс, ҳанкыдгылеит даҽа ԥсыжырҭак аҿы. Араҟа еиҳарак аҭырқәцәа рнышәынҭрақәа ракәын иубоз, аԥсуаа ртәқәа анышә иаҵәаххьан. Ашәышықәсқәа иргәылсны еиқәхеит, ичаԥаны иҟаз, ақәцәан ахылаԥарч зхаргылаз абаҟақәа ҩба. Изҵанакуа сзеилкаауам, аха руакы акраамҭа сзадҵомызт, уажәы-уажәы снапы ахьысшьуан.

Ус, ҳалабжышқәа ҳҿықәыҳәҳә, Амшын Еиқәа аԥшаҳәахьы ҳалбааит.

Абар Қьефқьен, абар ҳауаажәлар атәым дгьыл аҟны раԥхьатәи ршьаҿақәа ахьеихыргаз аҭыԥ, абар сабду иабду иҭоурых.

Амашьына санааҭыҵ, исоуз ацәаныррақәа сгәеисыбжь дырццакит, аҳауа сзымхо салагеит.

Сҩызцәа сырцәыԥхашьан, "амшын аҟнытә иасуа аԥша хьшәашәа сылаӷырӡқәа ааргеит", — сҳәарц сҽазысконы еиԥш, даргьы рыблақәа ацәаакыра хылеит.

Абри аҭыԥ аҟнеиԥш, сыԥсадгьыли, схатәы бызшәеи, сыжәлари рахь исымоу ҵҩа змам абзиабара џьаргьы имааԥшыцызт.

Зыԥсшьара еилаҳгаз аҭыԥантәи аԥсыӡкыҩцәа ҳаимдашьа анырба, "шәаԥсыуаазар ҟалап" ҳәа ҭырқәшәала рыбжьы ҳақәдыргеит.

Иуџьали Оқани рхы дырҵысит.

"Ҳара ҳабацәа рҟнытә иҳаҳахьеит, аурыс-аҭырқәа еибашьраан, Кавказаа хырҵәаны арахь ишааргоз. Зынгьы быжьӷбак, аҟәаранӡа изымааикәа, иӡааҟәрылеит. Иақәтәаз реиҳараҩык аӡы иагеит, амч змаз иӡсны иааит, аха ахьҭеи, амлеи, ачымазареи ириааиз маҷхеит. 30 шықәса раахыс, амшын аҟәара акырӡа инаскьеит. Амш анбзиоу, амра ашәахәақәа амшын ианхыҷҷало, асқьала уқәгыланы уԥшыр, аӡы аҵаҟа урҭ аӷбақәа рыхәҭақәа убоит", — еицқәаз ҳзы иҿыцыз аҭоурыхтә хҭыс иалацәажәеит, зус ныжьны иҳадгылаз ауаа.

Анаҩс, Иуџьали Оқани ҳнаргеит, аԥсуаа раԥхьаӡа ҽԥхьакырҭас ирымаз аҳаԥахьы.

Агәыӷра ахьҿыцәааз, ҳажәлар агәаҟра абла иахьҭаԥшыз ахаҳә чаԥа гәыла уазыӡырҩыр иахьагьы иҭыҩуеит ахәыҷы ҵәаабжьи, анацәа рмыҭкәмеи, ахацәа ргәынқьбжьи. Уажәы-уажәы исықәҭәоз, ахаҳәқәа ирылжжоз аӡкәарақәа, лаӷырӡызшәа сгәы иабон. Хәминуҭк еиҳаны, аҳаԥаҟны аангылара сцәыуадаҩхеит, сыхьҭшьуа адәахьы сындәылҵит. Агәаҟра аамҭазы, Қьефқьен аԥшаҳәаҟны сабду иабду инижьыз ашьҭа, амшын иаӡәӡәахьеит, аха иара сгәаҟны наӡаӡа ишәахсҭаны инхалоит.

Ахәылбыҽха, аҩныҟа ацара ҳҽазаҳкит. Ҳмашьына сазааигәахоны еиԥш, сашьҭахьҟа ихьанҭаз аԥсыԥлагаҩагара саҳаит. Сааҳәит, аха акыр шықәса шьҭахьҟа…

Абар саԥхьа иахьгылаз, уажәшьҭа иажәхьаз, зызлакгьы аш хылахьаз, жәашықәсала сыԥхыӡ иалаз, амшын исцәагахьаз слаӷра Дамшә.

Аха, мап, мап, схы иҭалаз закәуи, уи Аԥсноуп иахьыҟалаз.

Исгәалашәеит! Араҟа, бзиа илбоз ала нлыжьыр акәхеит сабду иаҳәшьа ду. Абас ухаҿы иузаамго, иԥсабаратәым ахәыцрақәа сышрылаз, аҭырқәа ԥсыӡкыҩ ила даԥхьеит…

"Абзиараз Дамшә!", — ҳәагьы сгәы иааҭысҳәааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0