Атеатртә хынҭа-ҩынҭара, мамзаргьы аӡә аҳра ирҭон, аха изнацәкьыск ала мап икуан

© SputnikАбхазский драмтеатр
Абхазский драмтеатр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы иҟоу аконфликт аҭоурыхи, атеатр адиректор ҿыц иаҭара ихацнаркыз ацәажәарақәеи дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Атеатртә хынҭа-ҩынҭара, мамзаргьы аӡә аҳра ирҭон, аха изнацәкьыск ала мап икуан

Аԥсуа театртә хынҭа-ҩынҭара дырҩагьых ахы ыҵнахит. Атеатр аҭоурых ҳагәылаԥшуазар, аамҭа-аамҭала ицәырҵуан аҭыӡшәақәа, иҟан Нелли Ешба леиԥш иҟаз уи аҵыхәала атеатр анаанзыжьхьазгьы. Аԥсуа театр аҿы иусура дамырххьан арежиссиор Дмитри Кәартаа, атеатр аанрыжьхьан еиуеиԥшымыз арҿиаҩцәа. Ари аҩыза зыхҭысхьоу атеатрқәа маҷым, урҭқәа ирылҵшәаны атеатрқәа рҽаныршогьы ыҟоуп. Аха, инеиԥынкыланы ҭыӡшәала иҭәу абас еиԥш даҽа театркгьы аԥшаара уадаҩуп. 

Зрители - Sputnik Аҧсны
Атеатр алакҭа иҭамԥшыц

Сара хаҭала ибзианы исгәалашәо, сыблала избахьоу атәы сазааҭгылозар, аԥсуа театр аҵыхәтәантәи ахынҭа-ҩынҭара цәырҵит бжьаратәла иаҳҳәозар аибашьра иалагаанӡа. 1980-тәи ашықәсқәа рзы арежиссиор Валери Ақаҩба усҟантәи аамҭазы иҿыцу ихырхарҭақәа иманы атеатр даланагалеит. Усҟан имодан иара аус ицура, испектакль "Зыхшыҩ зызрыцҳароу" А. Грибоедов, "Брисбентәи аемигрант" Ж. Шехаде иаҭаауаз ахәаԥшцәа маҷҩымызт. Ииашаҵәҟьаны, усҟантәи аамҭазы атеатр аҩныҵҟа ицоз арҿиараҿы интеллектла иара зегьы дырхыҳәҳәон, иднаԥхьалоз рацәаҩхеит, еиҳаркгьы абжьаратәи абиԥара иаҵанкуаз актиорцәа. Усҟан сара сызлаз актиорцәа ргәыԥ ҿыц атеатртә институт иалганы атеатр иаалагылеит. 

Ишыҟаз акәымкәа, арежиссиор Ақаҩба инапы злакыз аспектакльқәа рықәыргылара аҽҭагӡара ицәыуадаҩхан, игәы азыҳәо далагеит атеатр напхагара аҭара. Ажәа шәасыршьуам, идгылаҩцәеи иареи еиҿыркааит асахьаркыратә напхгаҩыс дҟалартә. Атеатраҿ аҭыӡшәа ахы ыҵнахуа иалагеит, арежиссиор хада иара игәыԥ рыда егьырҭ актиорцәа хырҩа рзиуа даналага. Атеатр аанрыжьит арежиссиорцәа Михаил Мархолиа, Нодар Мықәба, атеатр акорифеицәа рыстатус лаҟәуа иалагеит, ажәакала мҽхакы ҭбаала ахынҭа-ҩынҭара ахы ыҵнахит. Усҟан атеатр директорс даман СССР Жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа. Атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Ақаҩба идгылоз агәра диргеит, иара атеатр адиректор иҭыԥ анимоу, С. Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа театр шыҵабго азы. Ус анакәха, инагӡатәын аҩбатәи аплан. 

Атеатр Ду, Москва - Sputnik Аҧсны
Атеатри аԥсҭазаареи

1990-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуааи ақырҭқәеи реиҿагылара ианасакьаҳәымҭаз, ҳтеатр Нхыҵ-Кавказҟа гастроль ҳасабла ицараны иҟан. Ианцоз аҽны, Ақаҩба идгылаз актиорцәа ОБКОМ абоикот азыҟарҵеит Шәарах Ԥачалиа даамшәымхыкәа џьаргьы ҳцом ҳәа. Атеатр аԥхьа ихианы игылан актиорцәа згоз автобус ду, аха амитинг ҟазҵоз Ақаҩба идгылацәа адәахьы игылаз рчемоданқәа ҵаргәас иҟаҵны аультиматум ҟарҵеит. Усҟан акультура аминистрс дыҟн иахьа иполитику Ныгәзар Ашәба. Шәарах Абзагә-иԥа иусура даамырхын, Ақаҩба адиректоррагьы, асахьаркыратә напхгарагьы иаҿа инанырҵан рымҩахь ицеит. Ажәакала, аԥсуа театр Ақаҩба идгылаҩцәеи иареи рнапахьы иааргеит. Иара убри аамҭазы атеатр аҳкәажә ззырҳәоз Жәлар рартистка Еҭери Коӷониаԥҳа атеатр даҭахым ҳәа лусура дамырхит. 

Ус аибашьра ҟалеит. Аибашьра адырҩаҽныҵәҟьагьы идәықәлеит амхрақәа. Аԥсуа театр аҭоурых аҿы иҟамлацызт асҟаҩык аҟазара злаз ауаа русура иамырхуа, уи арепрессиа иаҵанкит Шьалуа Гыцба, Софа Агәмаа, Алексеи, Заиара Ермоловаа, Амиран Ҭаниа, Сергеи Сақаниа уҳәа атеатр арепертуар иаҵагыларц зылшоз актиорцәа. 1993 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа Аԥсны х-ҩык апрезидентцәа рҽырыԥсахит, акырынтә ицәырган ари азҵаатәы, акырынтә икьыԥхьын атеатр анапхагаҩы Ақаҩба административтә еилагарақәа иҟаиҵоз, иҟамыз-ианымыз ауаа ҭаҩны аулафахәы иахьиҭаху ишигоз, аха уаҳа умԥсит, кьыс имаӡамкәа, гәата-бӷата аус иуан, атеатр идәылицаз рахьтә жәларык рдунеи рыԥсахит, инхаз ргәы ԥжәо адәы иаван. 

Абхазский государственный драматический театр им. Самсона Чанба - Sputnik Аҧсны
Игьежьыз алабаҟәуа

Уи азымхо, атеатр аҩныҵҟа ицәырҵит аҭыӡшәа ҿыц. Атеатр анапхгаҩы дгылаҩцәас имаз рҽеиҩыршеит, уаанӡа ихьӡ ҳәаны аӡы зымжәуаз играқәа рбо иалагеит, еицырдыруа актиорцәа Роман Сабуа, Виачеслав Арӡынба, Сырбеи Сангәлиа аусура иамихырц цәгьа имбеит, аха усҟан Акультура аминистрс иҟаз Бадра Гәынба актиорцәа иргьежьит атеатр ахь. Аиашазы, ари аҩыза ԥхыӡ иубаргьы агәра угарымызт, инеиԥынкыланы 20-25 шықәса иара игәра ганы аус ицызуаз, егьырҭ актиорцәа дуқәа русра ианамырхуаз ҿызымҭуаз, хьаҳәа-ԥаҳәада игәра згози иареи ахҟа рыбжьалоит ҳәа.  Абри аамҭазы атеар аҿы лҟазара ԥылшәон арежиссиор қәыԥш Мадина Аргәын. Хымԥада, уи зхала мацара аҟазаара бзиа избо Ақаҩба изы иԥырхаган. Мадина аус длыруа далагеит иара идицаз актиорцәа.

2014 шықәса Валери Бганба апрезидент инапынҵақәа анынаигӡоз аамҭазы, адәахьы иҟаз актиорцәа ари азҵаатәы шьҭырхит. Ауаҩы иџьеишьаргьы, иаԥҵан Аԥсны аҿар ртеатр, Ақаҩба идиректорра аҟынтәи ихы дақәиҭтәын, сахьаркыратә напхгаҩыс дааныжьны. Амала, административтә еилагарақәа рзы, улахь-уџьымшь ҳәа аӡәгьы акгьы иеимҳәеит. Атеатр дарҭеит адиректор ҿыц Адгәыр Џьениа. Аиашазы, аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсуа театр ахәаԥшҩы даднагало иалагеит, арежиссиор Аргәын лыспектакльқәа "Аԥынҵатәыҩақәа" Е. Ионеско, "Бернарда Альба лыҩны" Г. Лорка – асахьаркыратә ҩаӡара бзиа шрымоу гәазҭаз ахәаԥшцәа лыбзырӡы рҳәо иалагеит. Аха атеатр аҩныҵҟа ҭынчрамызт. Адиректорра змырхыз, атеатр афинансқәа ирҟәыҭхаахаз арежиссиор, асахьаркыратә напхгаҩы Ақаҩба, атеатр арепертуар иалихит испектакльқәа, актиорцәа рӷьырак аҩны иштәоу аулафахәы роуа, иара ихаҭа иакәзаргьы аусурахь дмааиуа иҟалеит. 

Аԥсуа драматә театр - Sputnik Аҧсны
Атеатри аменеџьменти

Амала, ҽнак зны, Ақаҩба дымҵаа-дымԥшаа итруппа иманы Нхыҵ-Кавказҟа афестивальқәа рахь дцеит, адирекциеи Акультура аминистрреи хьаас имкыкәа. Дааит иара аԥхьахәқәа иманы, аха аилагара иҟаиҵаз азы, аҳәынҭқарра анапхгара рҟынтәи вба имоукәа даанхеит. Абри аҩыза ахьыҟало азкәанқәа аус ахьырымуа аҳәынҭқарраҿ ауп, асовет тәылаҿы умҵаакәа атруппа уманы уцар, наунагӡа атеатр ашә узадыркуан. 

Иазгәаҭатәуп, ҩы-шықәсаҟа раԥхьа Аԥсны ахылаԥшратә палата атеатр аҿы агәаҭарақәа шымҩаԥыргоз, уаҟа дара иалыркааит миллионк мааҭ рҟынӡа аԥара иахәҭамкәа ишныхыз. Ашәҟәы рышьҭит Акультура аминистррахь, аха уаҳа умԥсит, уаанӡатәи адиректор уигьы ианарыжьит. Абас аамҭа цон. 

Уажәы иун 8 рзы иҳаларҳәеит Аԥсны Жәлар рартист, адирижиор Нодар Ҷанба аԥсуа театр директор хадас дарҭеит ҳәа, аха атеатр аколлектив аҿы ари здызымкылаз ҟалеит, уи ишаҿагыло азы рыбжьы дыргеит, абрифинг мҩаԥыргеит Ақаҩба иқәимыргылоз актиорцәа ирхаҭарнаку. Хәҭакахьаала еилыскаауеит урҭ гәырҩас ирымоу. Дара ирдыруеит, Ақаҩба иҟаиҵахьаз аилагарақәа рзы аӡәгьы дшахьимырхәуа, азакәан араҟагьы ишымчыдахо, аха директор хадас Нодар Ҷанба иҟаҵара ариаҟара аҿагылара аҭахымызт, избанзар атеатр – ари аҳәынҭқара иатәу еиҿкаароуп, уи азин амоуп аиҭакрақәа рыҟаҵара. Ахҳәаа асҭом ақәгыларақәа рҿы излацәажәоз, аха дарбанызаалак идырроуп иҳәынҭқарратәу ахыбра, аиҿкаара иара ишитәым, иара дызқәиҭу ихатә мал мацара шакәу. 

Урыстәыла аҵара зҵо астудентцәа - Sputnik Аҧсны
Аӡәы лыҵкы арахәыц ацәылӡон

Уи азмырхо, ицәырҵит ацәажәара РУСДРАМ қәҿиарала аус ахьауа инадҳәаланы. Аҩызцәа, шәаргьы ишәымоуп атеатр, абиуџьет, аисра шәаҟәыҵны аус шәула, ахәаԥшҩы аҭыӡшәа ахьыҟоу анеиразы агәаҳәара иоуам. Сара сгәанала, иҟоу аҭагылазаашьаҿы Нодар Ҷанба атеатр ахь инеира аҭыӡшәа алхра иашам, избанзар, иара аԥышәа ду змоу, акоррупциа ахьӡ зхымлац, амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара иахаҭарнаку, аҳәаанырцә аусуразгьы аԥышәа змоу уаҩуп. Сара сыԥшҩым, исыздыруам Аԥсуа театр адиректор ҿыц уа иҟоу ауадаҩрақәа дыриааины, атеатр ԥхьаҟа агара илшо, илымшо, аха усгьы, агәыӷра сымоуп илшарашәа. Зегь реиҳа агәра згоит, аҟаза Нодар Ҷанба атеатр ацәӷьычра дшаламго, иахьатәи аамҭазы уигьы акыр иаԥсоуп. 

Аӡә аҳра ирҭон, изнацәкьыск ала мап икуан рҳәеит. Иахьатәи аҭагылазаашьазы ари иҭышәныртәалагоу ӡбамҭоуп. Абарҭқәа срыԥшны, аԥсуа театр аколлектив ирзеиӷьасшьоит ренергиа аҟазара аганахь ирышьҭырц. Аԥсуа театр авараҿы игылоу РУСДРАМ шәеиндаҭларц азы, иаҭахуп асценаҿтәи ахынҭа-ҩынҭара, аменеџьмент бзиа. 

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0