Саим Аҩӡба: ҳбызшәа абеиара - ҳара ҳмал ауп

© Фото : Из личного архива Саима АвидзбаСаим Авидзба
Саим Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахатәы бызшәа аиқәырхара аԥсуаа аӡәыцыԥхьаӡа ҳазегь иаҳуалуп, дасу илшо ҟаиҵалароуп ари аус аҿы, абызшәа алацәажәара раԥхьа инаргыланы - абас игәаанагара ыҟоуп акыршықәса раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иааз, гәацԥыҳәарала абызшәа арҵара знапы алаку ҳџьынџьуаҩ Саим Аҩӡба.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҭырқәтәылантәи акыр шықәса раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иааз Саим Аҩӡба, ихатәы бызшәа бзиа ибоит, игәы азыбылуеит, аҷҷаҳәа дазгәыдуны дцәажәоит. Уимоу, хатәгәаԥхарала изҵарц зҭахугьы идирҵоит.

Амилаҭ милаҭызтәуа, жәларык раҳасаб ала ахеиқәырхара здыруа ажәларқәа зегь раԥхьа иргыланы рбызшәа рыхьчоит, иахӡыӡаауеит. Абызшәа еснагь ашәарҭара ацуп, аха абызшәа ахаҭагьы еснагь ахыхьчара аман. Ишдыру еиԥш, иҟан аамҭақәа ҳхатәы бызшәала ҳцәажәар аныҟамлоз, мчыла ибжьадырӡырц ианашьҭаз. Аха, аԥсцарҭақәа аныҟала, ахархәара аиоуа иалагеит. Аԥсныи уи анҭыҵи инхо аԥсуаа иахьа ҳхатәы бызшәала ҳаицәажәозар, уи аԥхьаҟагьы хымԥада иацҵатәуп. Адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рӡеибафара иаанамхәароуп.

Саим Авидзба - Sputnik Аҧсны
Саим Аҩӡба: абызшәа мыӡырц аҳәынҭқарратә программақәа иҵегьы ирҭбаатәуп

"Аҳәаанырцә инхо аԥсуаа, иахьынхо аҭыԥқәа рҿы изларылшо ала аԥсуа бызшәа рҵарц азы аҽазышәарақәа мҩаԥыргоит. Иаҳҳәап, уажәы Ҭырқәтәылагьы иҟоуп агәыԥқәа, алатын нбан рхы иархәаны, акәзааит, агәыбылра ркааит, нас хәыҷ-хәыҷы аԥсуа нбан ахь ииасны аԥсшәа зҵарц зҭаху", — ҳәа азгәеиҭоит Саим Аҩӡба.

Саим Аҩӡба излаиԥхьаӡо ала, абызшәа арҵаразы, иара убас аҵаразгьы анапҟьарҭа ҳамоуп. Иара хатәгәаԥхарала, хәыда-ԥсада, неилых ҟамҵакәа, агәаҳәара змоу, мышкахьы сааҭк иадымхаргьы ихатә усқәа иҽырхаршәаланы, абызшәа зҵарц зҭаху идирҵоит.

"Издыруа аԥсуа бызшәа схы иархәаны, иззымдыруа аҩышьа, аԥхьашьа дсырҵоит. Шәааи ҳалагап убас, аӡәы — аӡәы иирҵааит, ҽнак сааҭк, сааҭыбжак. Абас еиԥш аԥшьгарақәак еиҿаҳкаап", — иҳәеит Саим Аҩӡба.

Ҳазҭагылоу аамҭазы, мызкы аахыс Саим аԥсуа бызшәа дирҵоит Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иааз ҳџьынџьуаа ҩыџьа. Дара агәаҳәара рыманы иара идҵаалеит аԥсуа бызшәа рҵаразы.

"Уажәазы, ҩыџьа аԥсуаа разыҟаҵара саҿуп. Ҭаифун Акалӡбеи, Беҭиуль Маршьанԥҳаи. Беҭиуль Маршьанԥҳа, уаанӡагьы аҵара даҿын, аха акурсқәа рахь дахьныҟәоз аусура анаанкылаха, даҟәыҵыр акәхеит. Сара хыԥхьаӡара рацәала рырҵара сылымшаргьы, аӡәык-ҩыџьак гәыкала изҭаху рырҵара сылшоит", — иҳәеит ихатәы бызшәа игәы азыблуа Саим Аҩӡба.

Саим Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Саим Аҩӡба: ҳбызшәа аиқәырхара ҳаԥсадгьыл аҿы алацәажәара ԥхашьароушәа збоит

Аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа, абызшәа аганахь ала рҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩуп. Аха, ҳара Аԥсны инхо ҭабуп ҳәа раҳҳәартә еиԥш рхы аадырԥшит. Ашколқәа рымамакәа, аҩыра рымамкәа, дара рхала мацара, ишаԥсыуаау дырны, рбызшәа аиқәырхара иашьҭоуп.

"Шәааи, аинтернет ала акәзаргьы ирылаҳҳәап, ирабжьаҳгап, досу инапаҟынтә иааиуа ҟаиҵарц абызшәа аиқәырхаразы, ахьчаразы. Ииашоуп, уи азы аҳәынҭқарра имҩаԥнаго аусқәа рацәоуп, аха ҩ-напыкала ҳаргьы ҳахаҵгылар ари аус, еиҳагьы алҵшәа аиуеит", — ҳәа агәаанагара имоуп Саим Аҩӡба.

Саим Аҩӡба излазгәаиҭо ала, абызшәа аҵара ақәра иахьыԥшӡам. Изҵарц зҭаху, дхәыҷы-дду иҵоит.

"Абызшәа аҵара ушхәыҷу уалагар ауп зҳәо срықәшаҳаҭуп, аха изҵарц зҭахыҵәҟьоу уи ԥынгылас имам. 50 шықәса дырҭысхьазаргьы, гәыкала изҭаху иҵоит", — иҳәеит Аҩӡба.

Ҳбызшәа абеиара — ҳара ҳмал ауп. Уи азгәарҭахьеит ҳара ҳҵарауаа, ҳбызшәадырыҩцәа. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит ҳжәар иалоу ажәақәа.

"Анбанқәа рызегьы ԥсык-ԥсык рхоуп. Сара ианыдсырҵо, абжьы цқьа иҭыргаанӡа сырҟәаҵӡом. Ибзиангьы ирҵоит, абыжьқәагьы хар амамкәа иҭырго иалагеит. Иҭырго абыжьқәа рыла ажәақәа рхала иҳәаны, рыбжьы ҭаҩны ианазыӡырҩуа иаҳагьы рхы иақәгәыӷуеит, аҵаразы ргәы еиҳагьы иацԥыҳәо иҟалоит", — ҳәа азгәеиҭоит хатәгәаԥхарала аԥсшәа дзырҵо арҵаҩы.

Аԥсуа бызшәа арҵаразы иҟоуп аметодика, иара азнеишьа аформақәа. Аха, хатәгәаԥхаралатәи аус цхыраагӡамзар, ԥырхага анаҭом. Ус еиԥш агәаанагара имоуп ҳзыҿцәажәоз.

"Аԥсуа бжьы ихазароуп. Анбан ашьҭыбжь ахылымҵуеи, зны-зынла ианырзеилымкаалак аҭырқәшәа рымдыруеи, убри абжьы аанызкыло абжьқәа расҳәоит. Убарҭ ргәаласыршәоит, нас еиҳа ирзымариахоит, еилыркаауеит. Излауала издыруа, иззымдыруа иирҵалааит", — абас еиԥш иҟоуп Саим ихшыҩҵак.

Заседание экспертного совета Международного объединения содействия развитию абазино-абхазского этноса Алашара - Sputnik Аҧсны
Чрыгба: шықәсқәак рышьҭахь аԥсуа бызшәа зынӡа иаӡӡаар ҟалоит

Аԥсуа дахьыҟазаалакгьы, анхаҩы инаиркны аинтеллегент иҟынӡа ихәыцра иалазароуп иара милаҭла дшаԥсыуоу, аԥсуа жәлар дшырхылҵшьҭроу, аԥсуа жәла шимоу. Зхы пату ақәызҵо, зхы ҳаҭыр ақәызҵо ауаҩы, иҩны аԥсшәа аҷҷаҳәа иҩныҩуазароуп.

"Ҭырқәтәыла, егьа умҳәан, атәым дгьыл аҟны ишаҳтаху еиԥшҵәҟьа аԥсуа бызшәа аиқәырхара уадаҩуп. Уа инхо аԥсуаа дара-дара анеиқәшәо, ԥсышәала еицәажәозар бзиоуп. Аԥсны егьа абызшәа уҵаргьы, атәым бызшәа еиҳагьы абжьы гоит азы, узацәажәо данумоулак, иуҵазгьы ухашҭуеит", — ҳәа азгәеиҭоит Аҩӡба.

Саим ҳазлацәажәо атемазы имоуп иара ихатә гәаанагара.

"20 шықәса раԥхьатәи абызшәа аҭагылазаашьеи, иахьатәии, хымԥада еиԥшӡам. Сара избоит ашкол ахь ицо, иаауа ахәыҷкәа. Актәи акласс инаркны аԥшьбатәи акласс аҟынӡа ԥсышәала ишцәажәо гәасҭоит. Убри нахыс абжа — урысшәала, абжа — ԥсышәала. Нас, убри нахыс зынӡа ианумаҳауагьы ҟалоит. Аԥсшәа иацәыԥхашьома угәахәуа аҟынӡа аҭагылазаашьа ҟалеит", — иҳәоит Саим Аҩӡба.

Саими сареи ҳаиҿцәажәара хыркәшахеит аҳәынҭқарра ари азҵаараҿы иааннакылаша аҭыԥ алацәажәарала.

"Аҳәынҭқарра амчра амоуп, убри амчра ахархәара еиҳагьы ианаҭароуп абызшәа ахьчареи, аиқәырхареи рус аҟны", — ҳәа агәаанагара имоуп акыр шықәса раахижьҭеи Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәыз Саим Аҩӡба.

Ажәабжьқәа зегьы
0