Валери Бигәаа: ацуныҳәа - аамҭа аныҳәоуп, рашәара бзиа ианыҵслак имҩаԥыргоит

© Sputnik / Сария КварацхелияПразднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш
Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит ацуныҳәара иазкны аҭоурых ҵарадыррақәа рдоктор, ААУ апрофессор, Аԥсуа ҭҵааратә институт аҵарауаҩ хатәра Валери Бигәаа иҿцәажәара.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәарақәа ируакуп ацуныҳәа. Ишԥамҩаԥыргоз ацуныҳәа аԥсуаа, иарбан ҷыдарақәоу иамоу ари аныҳәа, иарбан ԥҟарақәоу изықәныҟәатәу?

— Ацуныҳәа егьырҭ аныҳәақәа излареиԥшым, ҭаацәаратә ныҳәаӡам, ажәлантәқәа ирныҳәаӡам. Ацeныҳәара ауаажәларратә ҵакы амоуп. Ари аныҳәара иаҵагыло ацуҭа иаланхо ауаа роуп.

- Изахьӡузеи ацуҭа, ҵакыс иамоузеи?

— Ажәа "ацу" — амца аҟынтә иаауеит, ацуҭа — уи амца еимыздо ауаа, аигәылацәа роуп. Иаҵанакуазар ҟаолит 10-ҭӡык, 20-ҭӡы уҳәа иҵегьы инареиҳаны. Ажәытәӡа ус амца унадыххыланы иуоуӡомызт. Амца ус аиура мариазҭгьы, "ҳаи, умца ыцәааит" — ҳәа иҟоу аԥсуа шәира аҩыза ҟалаӡомызт. Умца ацәеит, уаргьы уԥсит ауп иаанаго. Амца, акы — рԥхаган, фатәыҟаҵаган, ҩба — ихыхьчаган, иабџьарын. Агыгшәыгқәа рҟынтәи ауаҩы ихы алаихьчон, амца ааигәара иааиӡом агыгшәыг. Аԥсуаа амца акультгьы ҳамоуп. Амца ахаҭа Анцәа илбааишьҭит ҳәа иԥхьаӡоуп, ифцырҟьоуп. Афцырҟьа ҳәа иашьҭоуп амца. Ус анакәха, абри ацуҭа иатәу ауаа роуп, изтәу ажәлар роуп. Ацу ҳәа ҳара ҳазҿу амца, ацу аҟны инхеит. Амцаҿы —м- мапкратә елементуп. Анбан —м- алҳаршәар, аца ауп инхо. Ицоу закәи? Уи амца ауп. Ацу ахьӡ, иаҳҳәап уажә ишаҳҳәоҵәҟьа иҟаӡам, аха иҟоуп ҳаттаа, ажәытә, урҭ зыԥсахыз хеттаа ҳәа изышьҭоу. Ҳаттааи, хеттааи акакәӡам. Убарҭ рҟны еиқәхеит, цуни ҳәа иашьҭан. Амацәыси адыди рынцәахә иакәын. Ара афы шаҳҳәо еиԥш. Абарҭ абас еидҳәалоуп.

Валери Бигәаа ацуныҳәара иазкны ииҳәаз шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

- Ацуныҳәа анымҩаԥырго иарбан аамҭоу?

— Ацуныҳәа аныҟарҵо рашәара бзиа ианыҵслак ауп. Ақәа ауама, амра ԥхоума, ишырҳәо еиԥш, асы ауама, ацуныҳәара ҟарҵон. Аамҭа акәын изтәыз, аамҭа рныҳәон. Ақәа анахәҭоу иару, амра анаҭаху ирԥха, аиакәым ҟамлааит, аибашьра ҟамлааит рҳәо иалагеит аҵыхәтәаны. Аамҭа ныҳәоуп ари, аамҭа рныҳәоит.

- Изымҵаныҳәозеи нас?

— Изымҵаныҳәо амацәыси адыди рынцәахә иоуп. Ииашоуп, Анцәа иӡбахә рҳәоит, аха ажәытә, абри Анцәа ҳәа ҳара ҳзышьҭаз ажәҩангьы данцәахәын, адыдгьы амацәысгьы дрынцәахәын. Ҩ-функциак иман. Иара аамҭала изықәшәо рашәара бзиа ианаҵслак ауп имҳәеи аԥсуа, ус анакәха, иара зықәшәо абри аԥхынтәи амра аангыламҭа ҳәа ыҟоуп, убри амш азоуп, рашәарамза 22 ауп изықәшәо. Абри акәша-мыкәша ауп ианыҟарҵо. Ари ҭҵаарадырратә еилкаароуп.

Абиԥарала еиқәырханы иаагоу ацаныҳәа - Sputnik Аҧсны
Ажәытә ҵасқәа иреиуоу ацуныҳәа иахьагьы еиқәырхоуп

- Ацуныҳәа иатәу аишәа шԥархиатәу?

Ацуныҳәараҟны ашьтәы ыҟоуп. Ажәқәа ирыцымныҟәац ацә ықәдыргылоит, аџьмашьтәа ршьыргьы ҟалоит, аха уи ацуҭа зеиԥшроу еиԥш. Уи зегь раасҭа ихадоу акоуп, изыхныҳәо. Ҩба, ахәажәқәа ҟарҵоит, акәакәарқәа ҳәа изышьҭоу. Уажәы ашә агәыламҵаӡакәа иҟарҵаӡом, аха ажәытә иагәыларымҵозаргьы ҟалон. Аха, уи иахьа иҳазҳәо уаҩ дыҟаӡам, издыруаз ауаа ԥсхьеит. Икәымпылны иҟарҵар ҟалоит, амра асахьа аҭаны иҟарҵар ҟалоит. Ацуныҳәарахь аџьыкаҵәҟьа наргаӡомызт. Аџьыка шкәакәа акәын инаргоз. Избанзар, уи жәытә-натә аахысгьы аԥсуаа ирыман. Насгьы иара ахә дуун, уи аҵкыс зыхә дууз тауарк ыҟаӡамызт ажәытә. Аџьыкарҵәаҵәа ҳәа ҳзышьҭоу уамак ахыҵӡом. 18-тәи, 19-тәи ашәышықәса ианалагоз аламҭалазы акәзар ҟалоит ианцәырҵыз. Уигьы зцәырҵыз аџьыкахыш армараразы ауп. Апырпыл анарҭалак, амарҭхәқәа зегьы аналарҵалак аџьыка армарон. Ажәытә ауаа рыԥсы ҭины Керчынтәи иааргон. Ахәыҷы иабду дыԥсхьазар, ианду длазҵаар: "сабду дабаҟоу?" — ҳәа, "џьыкаагара дцеит" — лҳәон. Ус анакәха, џьыкаагара ицоз рахьтә, иҟан зыԥсы ҭаны аҩныҟа ихнымҳәуазгьы.

- Ацуныҳәа ақыҭақәа зегьы рҿы ишымҩаԥырго еиԥшума?

— Мап, еиԥшӡам. Иаҳҳәап, уажә Ҭхьынеи Џьгьардеи ишымҩаԥырго еиԥшӡам. Аха, зегь ирыцку, абаҩ ҳәа иҟоуп, акульт ахаҭа — абаҩ акоуп. Ацуныҳәара ҟалаанӡа мчыбжьык, ҩымчыбжьа шыбжьоу, Ацуныҳәара ҟаҳҵап ҳәа, ацуҭа иалоу абыргцәа еизаны иҿарҭоит. "Анцәа ухьышьаргәыҵа ҳакәыхшоуп, Ацуныҳәара ҟаҳҵоит абри амш аҽны!" — ҳәа.

- Ацуныҳәара амаҵ зуа рҽырыԥсахуама?

— Ааи, есышықәса рҽырыԥсахуеит. Уи амарҭхәқәа еидызгало, ашьтәы аазго, аҩы аазго зҳәазеиԥш ҳәа. Зегьы рмарҭхәқәа еиларыԥсароуп.

- Аҩы адугалар ҟалома?

Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
Аҷандараа ацуныҳәа мҩаԥыргеит

— Хымԥада, аҩы аԥсуа итәуп. Аҩы еиқәаҵәа ҳәа изышьҭоу, Анцәа ирыжәтә ауп. Насгьы, Анцәа ишьа иадыркылоит.

- Аныҳәаҩ дызусҭада?

— Аныҳәаҩ, зықәра ыҟоу ахаҵа цқьа ззырҳәо иоуп. Зегь реиҳа ииашоуп ҳәа иԥхьаӡоуп хыхь ишәу шкәакәазар. Иԥаҵа сазароуп, иҽыкәабан дыҟазароуп, насгьы гра имамзароуп, игәы разызароуп, ашәира иламзароуп.

- Ацуныҳәарахь хәыҷгьы-дугьы, ҳәсеи-хацәеи зегь неир ҟалома?

— Ажәытә аҳәса неиӡомызт. Аҳәса неиргьы, афатә ҟарҵон, инықәҵангьы ицон. Аамҭа аҽамыԥсахуеи, ауаагьы рҽырыԥсахуеит, ахдыррагьы аҽаԥсахуеит. Сара ақыҭақәа рҟны снеихьеит, избахьеит. Аҳәса хазы итәоит, ахацәа хазы итәоит.

- Афатә знырҵоз ачысмаҭәа рхы иадырхәозма?

Обрядовый праздник Ацуныхуа в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
Аҧсны ақыҭақәа рҟны Ацуныҳәа мҩаҧыргоит

— Убри абзыԥқәа рҟны еиҳа еиқәхеит, асаанқәа ирнырҵаӡом акагьы. Икәацума, ибысҭоума зегьы, аишәақәа еиҵыхны иҟаҵаны, хыхь ақьаад шкәакәа нықәҵаны, аишәа иқәырҵоит. Изланыҳәо акәакәари, мамзар ачашәи роуп. Абысҭа ныҳәагатәӡам, ус иадыргалоит аҟара ауп.

- Аныҳәаҩ иныҳәаԥхьыӡ злашьақәгылоу, Анцәа дызлаиашьапкуа, ихы иаирхәо ажәақәа иарбан?

— "Уа, Анцәа, зхьышьаргәыҵа сакәыхшоу, Анцәа ду! Абзыԥқәа, "Хыхь иҟоу" ҳәа ауп ишырҳәо, уи жәытәӡа аахыс иаауеит. Абра, иахьа, ацу иаҵанакуа зегьы, хәыҷла-дула ҳаизаны ҳаҟоуп, ушьапаҿы ҳгылоуп, ҳуашьапкуеит, ҳуҳәоит, ақәаура анаҭаху — ақәа аруы, амра аныԥхаша — амра рԥха, амашәыр ҟаумҵан, зегьы ҳаибга-ҳаизҩыда есышықәса абра ҳшузаалац еиԥш ҳаузаауа Анцәа ҳҟаҵа, сынтәаҵкыс еиӷьны ҳауԥылоит!" — ҳәа абас иарҳәоит.

Ашәа рҳәар ҟалоит, амала имырҳауҳаукәа, икәашар ҟалоит. Избанзар, ари ныҳәоуп, Анцәа иҳәоит, Анцәа игәы ҟарҵоит. Ишырҳәо еиԥш, Анцәа игәы гәызианханы, дырзылбааԥшуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0