Омар Сангәылиа: ҳҿажәкуан, еихсыӷьра ҳамамкәа аа-саҭк ахысра ҳаҿын

© Фото : Сырма АшубаОмар Сангулиа
Омар Сангулиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра ахҭысқәа, уи иацу агәалашәарақәа, аԥсра абла иҭаԥшуаз ҳаибашьцәа ргәымшәара, лакәҵас иахьа ҳхаҿы иааиуа рфырхаҵарақәа рыӡбахә, абарҭқәа зегьы аибашьратә мҩа ианысыз ауаа рҳәамҭала ҳҽазаҳшәоит шәара шәҟынӡа анагара. Ари ҭоурыхуп, аамҭа цацыԥхьаӡа аџыр еиԥш иӷәӷәоу гәалашәароуп, аамҭа иахаҿырбагоуп.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Омар Нури-иԥа Сангәылиа, шьҭрала Џьгьардатәуп. Иахьа дынхоит Аҟәа, аресторан "Дем" еиҳабыс дамоуп. Ари ауаҩ сара хаҭала дсыздыруамызт, аха иӡбахәқәа маҷымкәа исаҳахьан еибашьҩык иаҳасаб ала. Насгьы, ҷыдала аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора аусура аганахь ала сахьрымадоу иабзоураны, издыруан Ҭырқәтәылатәи аԥсуааи иареи гәыԥк аҿы ишеибашьуаз. Ихьшәаны акәзаргьы иалыршахеит ҳаибадырра. Иҭел аномер сҩыза Ҭемыр Логәуа ила исыԥшаан, сизасит. Схы еиҭасҳәеит, сызусҭаз иасҳәеит. Акы еиԥшымкәа сиҳәеит аибашьра иадҳәаланы сызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵарц. Аиаша шәасҳәап, азныказы дақәшаҳаҭымхаӡеит. Ус ирҟазшьазар акәхап аибашьцәаҵәҟьа. Избанзар, ас еиԥш аҭагылазаашьа изныкымкәа сақәшәахьеит. Аҵыхәтәаны ҳаизааибагеит, сгәы дасыр иҭахымхеит.

Омар Акшба - Sputnik Аҧсны
Аби аԥеи рыԥсадгьыл рыхьчон

Адырҩаҽны, асааҭ 12 рзы иусуратә ҭыԥ аҿы ҳаиқәшәеит. Аиҿцәажәарахь ҳаиасаанӡа, иааигәаны ҳаибадырит. Саргьы сызлаџьгьардатәыз ала, еицаҳдыруаз ауаагьы рыӡбахә ҳалацәажәеит. Уимоу, излеилкаахаз ала, Омар иандугьы д-Ашәԥҳазаарын, дсыжәлантәхеит. Машәырны ари аԥсҭазаараҿы акагь ҟамлозар акәхап. Уи шџьасшьоз, иҭел аҿы ицәырганы исирбеит Ашәы Данаҟаи ҳәа иахьа ихьӡыртәны зыӡбахә рҳәо ауаҩы ифотосахьа — Данаҟаи ҩыџьа иаҳәшьцәа дрыгәҭылакны дахьтәоу. Уи иахылҿиааз ҳазлацәажәаз ахҭысқәа, хымԥада, ирацәан… Ишырҳәо еиԥш, ахы умҳәакәа аҵыхәагьы узҳәом. Абас иҟалеит аибашьҩы Омар Сангәылиеи сареи ҳаибадырра.

Иара ҳаиҿцәажәара хациркыр иҭаххеит мрагыларатәи афронт аҿы имҩаԥгаз ԥхынгәымзатәи ажәылара ала. Ҳәарада, аинтерес ду аҵаны сизыӡырҩуан.

- Ҳаҭыр зқәу Омар, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит хаиҿцәажәара ахьалыршахаз. Шәара шәгәаҳәара наҳагӡоит, ажәа шәаҳҭоит. Ишԥамҩаԥысуаз нас ԥхынгәымзазы Тамшь зхы акыз ажәылара? Ишԥеиҿкаахеи ари аҩыза агәаӷьра зцыз аԥшьгара?

— Адесант аиҿкаара хәыҷк ицәгьан. Избанзар, мрагыларатәи афронт аҿы аҭагылазаашьа уадаҩын. Гәдоуҭа аштаб хадаҿы, Владислав Арӡынба адҵа ҟаиҵеит Аҟәа иқәтәаз ақырҭқәа ацхыраара рмоурц азы рымҩа еихҵәатәуп ҳәа, насгьы Тамшь амҩаду аҟны иақәкны иҟан. Сара усҟан мраҭашәаратәи афронт аҿы сыҟан.

- Иарбан гәыԥыз шәара шәызлаз?

— Шамил Басаев игәыԥ салан, актәи арота командаҟаҵаҩыс сыҟан. Ҳгәыԥ иалан ачеченцәа рацәаҩны, Ҭырқәтәылантәи иааз ҳашьцәа, аҭыԥантәи аԥсуаа уҳәа. Мрагыларатәи афронт ахь ҳандәықәлоз 125-ҩык ҳаҟан. Ус, Заур Зарандиа, Владислав Григори-иԥа иҿы днеин еиҿикааит адесант. Гәдауҭа араион Миуссера ақыҭа хгәыԥкны ҳаизеит. Актәи аинтернационалтә баталион, 120-ҩык аказакцәа ҩгәыԥкны иҟан, Иури ҳәа дыҟан атаман, уажәы Ростов азааигәара дыҟоуп, уатәын иара. Аԥсназы иџьабаақәа рацәан, ҳаиҩызцәан, иџьабаақәа азгәаҭазар бзиан. Нас, "Худои" ҳәа иарҳәон аҷкәын, машәырла абра Гагра дҭахеит, убригь игәыԥ ыҟан. Аԥснытәи чқәынак, Тамшь ашкол анаҳгоз, раԥхьа иҭахаз иара игәыԥ далан, идокументқәа сара соуп иҭызгаз иџьыба, Аҟармаратәын. Ахԥатәи агәыԥ, Очамчыраа рыҷкәынцәа, Гагра "Кабарце" ихәны ишьҭақәаз ракәын, аҽыхәышәтәра ианалга, игәжәажәон ргәы былуан, рраион ахь иаарц рҭахын. Уи аҩыза аҭагылазаашьа анроу, 60-ҩык рҟынӡа аҷкәынцәа рҽааизырган иааит. Миуссера ҳаҟан абарҭ зегьы мчыбжьык рҟынӡа.

- Хыԥхьаӡарала шаҟаҩ рҟынӡа шәнаӡодаз?

Адокументалтә фильм "Мрагыларатәи афронт" аӡыргара мҩаԥысит

— 300-ҩык рҟынӡа ҳаҟан, аха аара зылшаз 287-ҩык роуп, ақьаадқәа ус еиҿкаан. Ҩӷбак ыҟан. Агәыӷра ҳарҭеит акы атехника ақәгылоит аград ҳәа изышьҭоу, аҩбатәи аибашьцәа ҳәа. Ус иӡбан, амшын ҳалаланы ҳцо, Тамшь ҳаӡхыҵуа, ҩҳарипланк аурысқәа ртәы ҳрыхьчо, иҳавагыланы ицо. Аха, уигьы залыршамхеит. Ҳхала ахәылбыҽх асааҭ 6 реиԥш ҳдәықәлеит Миуссерантәи. Тамшь, Турбаза ҳәа иахьашьҭоу ҳаӡхыҵраны ҳаҟан. Ҳшаауаз ҳбаржа руак амотор бжьысын, егьи ҳбаржа ианҟьан абжьыцәгьа ахылҵит, абжьы духеит. Очамчыра араион зегьы иахыҵәеит ашырԥазы, зегьы ааҳарԥшит. Амшын ҳашхыз иҳаихсуа иалагеит, аха аӷбақәа ныҟәызцоз агәымшәара аадырԥшын ҳнаӡараны ҳахьыҟаз аҭыԥ ахь акәымкәа, хԥаҟа километра ахьыбжьаз, Тамшьи Кындыӷи рыбжьара Ҷашьа ҳәа иҟоу аӡиас амшын иахьалало ҳаӡхыҵит. Аӡхыҵра даара ицәгьахеит, аӡмах ҳҭанагалеи, ҳҭанакит. Арахь аџьаԥҳаны иҳамази, ҳтехника иҟази албаагара уадаҩхеит. Аха, ҳалҵын аихамҩахь ҳҿынаҳхеит.

- Мрагыларатәи афронт аҿы иҟаз аибашьцәа рыҽшәымардартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟазма?

— Аихамҩаҿы, Очамчыра араион мрагыларатәи афронт аҟынтәи аҷкәынцәа: Заза Занҭариа, Аслан Камкьиа, Џыџ Чагәаа, Џьгьардаа, Кәтолаа, Тамшьаа рыҷкәынцәа зегьы ҳԥылеит. Ҳаибадырны ҳҿынаҳхеит. Тамшь ашырԥазы, асаҭ 6 реиԥш аӡхыҵра ҳалашеит, асааҭ 7 рзы аихамҩа еихаҳҵәахьан. Ҳаигәныҩит аҷкәынцәеи ҳареи. Тамшь, ақырҭқәа рықәцара ҳалагеит. Аиҿахысра ҟалеит, ақырҭқәа рганхь ала аԥсцәа рацәаҩхеит. Иаҳԥылаанӡагьы иршьқәаз рацәан, 100-ҩык раҟара шьны амҩаду ианыжьлан. Раԥхьа ҳахьнеиз Занҭариа Ваниа ҳәа дыҟан, убри иҩнаҭаҿоуп, аишьцәа Занҭариаа рыҩнахьы. Ашкол аҿы ақырҭқәа шыҩнатәаз анеилаҳкаа уахь ҳҿынаҳхеит. Алхас Иури-иԥа Аргәын огнемиот ҳәа абџьар иикыз агәыдиҵеит ашкол, амца акит, абжьы ӷәӷәахеит. Ақырҭқәа убра иҩнахеит аснаиперцәа. Аҟармаратәи аҷкәын аказакцәа ирыланы иршьыз ҳәа сызҿыз, убрантә ауп ишиеихсыз. Ашкол ҳазааигәахо ҳалагеит, дара ҩныҟьҟьаны ицеит, ҳара ҳнапаҿы иааҳгеит уи ашкол. Уантә ҳаиҭагьежьит Занҭариаа ргәараҭахь. Ануаа рхәы аҟынтәи ақырҭқәа рҽырӷәӷәаны итәан, амчқәа уахьынтә иаҳгәыдырҵеит, атанкқәа рыла ҳаихсра иалагеит, зынӡа иааигәан 100-ҟа метра ракәын ибжьаз. Ақырҭқәа рыбжьы ҳмаҳаит, аха Украинантәи дара ирыцхраауаз ԥыҭҩык дара ртәала ҳаршәара иалагеит "шәықәҵны шәца" — ҳәа. "Ҳара ҳаԥсадгьыл аҿы ҳаҟоуп" — ҳәа, ҳаргьы дара рыршәара ҳалагеит. Аиҿахысра ӷәӷәа цон, ԥыҭҩык ҳацәҭахеит. Даара ҳгәы далоуп Ибрагим ҳәа аҷкәын, иара дингәышын, 17 шықәса ихыҵуан. Аснариад аныԥжәа ихы ихнахит, аԥсышьа цәгьа иоуит. Ҳанеилга ашьҭахьгьы даҳзалымгаӡеит, ҳҭагылазаашьа цәгьан, ҳхьаҵыр акәхеит. Саргьы ахәра соуит, ҩымз рышьҭахь сшьапы сықәгыло саналага, дҳаԥшааит, Тҟәарчал астадион авараҿы аҳаирпланқәа ахьтәалоз ааигәара анышә даҳтеит. Иаҳдыруан иҭынхацәа аӡә дшаауаз ишьҭаланы…

Ԥсахара ишьақәыргылоу БРДМ аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ԥсахара ишьақәыргылоу амашьына "БРДМ" аҭоурых

Ҳбаталион ӷәӷәан, уақәгәыӷыртә иҟан. Аӡба ҳакит, аԥсшьаха ҳмоуа аасаҭк рҟынӡа ҳааҟәымҵӡакәа ахысра ҳаҿын. Аԥсцәа рацәахеит, хәыҷык ахьаҵрагьы ҳақәшәеит. Амра аҭашәара иалагеит, Кәтолааа аҷкәынцәа ааит, Џыџ Чагәаа иасҳәеит ҳрыԥсахырц, уаҳа шҳалымшоз, нас ашьжьымҭан ҳаиҭашаауаз. Ҳрыԥсахит Кәтолаа. Ҳарҭ Кәтолҟа хкамазк рыла ҳаргеит, гыруак инаҿы ҳаангылт. Ҳаԥсы ҳшьеит, ҳаԥсцәа, ҳахәцәа амҩа ианықәаҳҵа, нас Заур Зарандиа адҵа ҳаиҭеит хәҩык рҟынӡа Ануаа рхәы ҳхаланы аԥшыхәра мҩаԥаҳгарц. Уахь ҳхалеит, шьоукы ҳбақәеит, аха ҳаԥсы ӡаны ҳхы цәырҳамгаӡеит. Избанзар, ауха ақәылара ҳҭахын, аԥшыхәра мҩаԥгатәын. Ирацәаҩны итәаз рҟынтәи ԥыҭҩык роуп иаанхан иҟаз, егьырҭ амҩаду ахь илбааит. Ануаа рхәы ҳахьхалаз, Владимир Ануа иҩны ҳавсны ҳцеит, ақырҭқәа тәан. Уантәи ҳгьежьны, ҳадҵа ҟаҵаны ҳшааиуаз аснариадқәа ҳбеит, уи дефицитын, иҟаӡамызт. Беслн Блабба ахаҵара ааирԥшит, 22 снариад иҟәаҟәа иқәҵаны, ҳара ҳаԥсы ҳшьонаҵы, абас ашьшьышьшьыҳәа иааигеит Кәтол шыҟаз. Нас, Ануаа рхәаҟынтәи Чаарқыҭ ҳааит. Ҳгьежьны ҳанааи, Заур Чанҭа-иԥа ус ҳаиҳәоит: "Аҷкәынцәа рҽеизырган Барганџьиаа рхәы ашҟа ицеит, ашәарҭара ҟалеит, Цагера аган аҟынтәи ақырҭқәа дәықәлараны иҟоуп"-ҳәа. Ари уажәшьҭа жәымшуп ҳаӡхыҵижьҭеи. Атрактор слақәтәан слеизар, ҳара ҳтәқәа зегьы аҷкәынцәа аҭабиақәа ҟаҵаны иҭатәоуп.

Амаамынқәа рпитомникқәа рҿы, аанда иавакны, ажрақәа ҟаҵаны аҭабиақәа ирҭатәан. Нас саргьы срыхьӡеит, апулемиот скын пкм ҳәа изышьҭоу. Амҩа аминақәа ыҵцарҵеит ҳаҷкәынцәа. Ҩбаҟа сааҭ рышьҭахь ақырҭқәа дәықәлеит. Хәыҷык ишәарҭахеит. Избанзар, амшын баӷәазаҿы аурысқәа аӷбақәа рызгылан, иаҳгәыдырҵо иалагеит аснариадқәа. РБУ ҳәа иҟоуп даараӡа иснариад дууп, аӡы иҵаланы, аӡаҵаҟатәи анышь ҳәа изышьҭоу зырбго хкуп, атрактор иажызшәа иҟанаҵон ажрақәа. Аминамиотқәа рыла Цагерантәи идәықәырҵеит, иҳаихсуа иалагеит.

- Уи аидыслараҿы ҳара ҳганахь ала ирацәазма аԥсҭбарақәа?

— Иҟоуп иашьыз, иахәыз, саргьы снарылаҵаны. Ари ԥхынгәы 10 рзы акәын, ашьыжь ҳалагеит ажәылара, шьыбжьон ауп ахьаҵра аныҟала, уаҳа ҳалымшеит. Аршьаҟауаа ақырҭқәа ҳҿалеит. Урҭқәа сара исымбаӡеит, избанзар раԥхьа иҭҟьоз аснариадқәа рҟынтәи ахәра соуит. БМП ала Џьгьарда иҟаз ахәышәтәырҭатә пункт ахь сыргеит, уа ацхыраара сырҭеит. Арахь иаанхаз аҷкәынцәа рылоуп ишыздыруаз иҟалаз ахҭысқәа. Џьгьарда аоперациа сзыҟарҵеит, ахәылбыҽха "аибашьцәа рымҩа" ҳәа изышьҭаз Арасаӡыхь, Аџьамԥазра, Гәыԥ ала, амашьына Урал ала ҳшыргоз сааԥшит, ахәшә исырҭаз убасҟан ауп саналҵ. Заур Зарандиа сывара дтәан, иаргьы ахәра иман, ихәда хәын. Аҷкәынцәа ахәцәа 20 —ҩык рҟынӡа акузов иақәтәан, Тҟәарчалынӡа ҳланагеит. Уа аоперациақәа еиҭасзыҟрҵеит. Санааԥш, сан рыцҳа сшьапаҿы дтәан. Убра сара сзы аибашьра еилгеит, ԥхынгәы 10 рзы…

- Аиааира аӡбахә абашәаҳаи, ахәышәтәырҭаҿы шәышьҭазма, мамзаргьы?

— Ҩымзи 20 мши сышьҭан. Сзыргылазгьы аҽны Леониа Аршба иоуп. Мраҭашәаратәи афронт аҟынтәи Кәыдры ацҳа еихызҵәаз дрылагыланы дааит, шьхамҩала еихҵәаны Тҟәарчал дҩеит. Аиааира амш иазааигәахо иалагеит. Аҟәа ақалақь ахы иақәиҭтәын, ус анакәха уажәшьҭа цәыббра 28рзы акәын. Зегьы ҳдәылыҟьҟьеит, аԥсуаа рфронтқәа рҽеидыркылеит Кәыдры ацҳаҿы. Гәырӷьара духеит, ныҳәара духеит ҳара ҳзы. Саргьы алабақәа кны сныҟәон. Тракторк ҳақәтәан Очамчранӡа ҳнанагеит, Егры ҳцоит ҳәа ҳаӡбеит ахәцәа, аха ҳзымцеит иҳалымшеит уаҳа. Уантәи ҳгьежьны ҳшаауаз, сашьцәа сҭынхацәа сықәшәан, "уахьынӡа ацара шәылшом, ҳара ҳтәқәа аҳәааҟынӡа инеин иқәгьежьаауа ахысра иаҿуп, шәгьежьы"- рҳәеит. Ҳгьежьны Тҟәарчал ҳааит. Адырҩаҽны аҩныҟа сцеит, сан рыцҳа дысԥылеит. Абас, аибашьраҿы иаҳгаз Аиааира саԥылеит хаҭала ахәышәтәырҭаҿы.

- Иахьа ихамоу аҭынч ԥсҭазааразы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Шәышԥазыҟоу ҳазҭагылоу аамҭа, зеиӷьашьарақәас ишәымои?

— Аибашьра еилгеит, аха ԥхыӡла иаҳбоит ахҭысқәа зегьы. Аныҳәақәа Аԥсны ианазгәарҭо, гәырӷьароуп. Изымбаз дақәгәырӷьоит, аха ҳара маҷк лаӷырӡыла ҳаԥылоит абри. Иаҳгәалашәо рацәоуп, иҳацәҭахаз ҳаибашьцәа, ҳашьцәа зегьы Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо рыбаҩқәа амадоуп. Даараӡа ихьанҭоуп аҳәара, аха иуҳәароуп.

Аԥсуа жәлар еснагь Аиааирақәа рзеиӷьасшьоит. Аибашьраҿы агәымшәара аадырԥшит, рыԥсадгьыл ахьчараз рхы иамеигӡеит. Зқьышықәсала ҳабацәа, ҳабдуцәа ирыхьчаз, егьа џьабаа ҳбаргьы еиқәырхатәуп. Аԥсуа нахьхьи аахыс итәуп ари адгьыл, уи шьала икәабоуп. Ашәарҭара Анцәа иҟаумҵан. Аԥсадгьыл ахьчара аԥхьатәи усуп. Ҳбызшәа, ҳҵас, ҳаԥсуара ҳмырӡроуп. Аиҳабыра ҳарзыӡырҩыроуп, аимак-аиҿак ҟаҳамҵароуп, уи ԥхашьароуп, ҳхәыцроуп. Сгәы иаанагоит, аԥсуа жәлар зҭагылоу аамҭа уадаҩ иҭысны, еибашьрала мацара акәымкәа, Аиааирақәа рацәаны ишырԥеиԥшу. Ҳазшаз Аԥсны дахылаԥшуеит. Уи ауп иахьа уажәраанӡагьы ҳаазго. Ҳамч егьа имаҷзаргьы, аӡәк еиԥш ҳаныҟала, иаҳиааиуа аӡәгьы дыҟаӡам! Аԥсынҵры ду шәымазааит аԥсуаа зегьы шәахьыҟазаалак. Ҳҽеидаҳкылароуп, ҳаԥсадгьыл аҿы ҳаҿиароуп, уаҳа ԥсыхәа ҳамаӡам.

Ажәабжьқәа зегьы
0