Саб амҳаџьырра дшагаз

© Foto / Сергей ГабелияМахаджиры. Художник Сергей Габелия
Махаджиры. Художник Сергей Габелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы имаҷым аамҭа еиқәарақәа. Урҭ иреиуоуп XIX ашәышықәсазы рыԥсадгьыл иахыганы Мрагылара ааигәа, аиҳаракгьы Ҭырқәтәылаҟа рахыгара. Аҭоурых аҿы имаҷым аемиграциа ахкқәа. Аха, абри астатиаҟны иалацәажәахоит реиҳа ишьаршәыгоу уи аформа: "амҳаџьырра".

Саида Возба, Sputnik

Амҳаџьырқәа рытрагедиа рыԥсадгьыл аҿы ианыҟазгьы ахы акхьан. Амҳаџьырра ԥшатлакәны ирхысит аубыхцәа, адыгаа, аԥсуаа. Ахҵәацәа аӷбақәа рыла Османтәи аимпериа иаҵанакуаз адгьылқәа рахь ихырҵон. Убасала кавказтәи ахҵәацәа Ҭырқәтәылеиԥш Балкантәи адгьылбжьахеи Мрагылара ааигәеи рҟны иԥсаҟьаны ирылаԥсахеит.

Мемориал в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа иаадыртит амҳаџьырцәа ргәалашәараз абаҟа

Иаҳҭахуп ишәзеиҭаҳҳәарц 79 шықәса зхыҵуа Сардион Қәҭелиа, 1874 шықәса рзы зыԥсадгьыл иахыргаз иаб иҭоурых. Сардион иаб Гаи иԥа изеиҭеиҳәеит атәым жәҩан аҵаҟатәи иҭоурых лаӷырӡыша.

Сардион иажәабжь далагеит Тамшьтәи абжьаратә школ дшалгаз, Асовет ар рҿы аррамаҵзура дшахысуаз рыла.

"1962 шықәса рзы арра схыганы сыҩныҟа сгьыжьит. Аха ара усурҭа анысмоу усҟантәи аамҭазы Баҭым инхоз сашьа иахь сцеит. Аамҭақәак рышьҭахь Урыстәылаҟа аҵара ҳәа сиасит. Сани саби  рықәра акыр инеихьан, рхахәара цәгьан азы аԥшьбатәи акурс ашьҭахь аҩныҟа сгьыжьыр акәхеит. Аҟәатәи амшынтә баӷәазаҿы аусура салагеит. Саб иԥсҭазаара далҵит 111 шықәса данырҭагылаз. Амҳаџьырра ихигахьан.

1874 шықәса рзы иара қәрала акыр дқәыԥшын. 14 шықәса ракәын ихыҵуаз. Дырмит Гәлиа дҳауа ааигәан. Урҭ аамҭак ала еицхырҵеит. Аԥхьа дара нанагеит Трабзон. Ашьҭахь дара рҽеибаркны Баҭымҟа идәықәлеит. Чазмаа, Аграа, Қәҭелиаа, Жьиаа… ирацәан  амҩа еицықәлаз. Саб идунеи иԥсахит 1971 шықәса рзы. Сандугьы ақәра ду нылҵит. 1949  шықәса рзы лыԥсҭазаара далҵит 115 шықәса дшырҭагылаз. Сара усҟан жәабаҟа шықәса ракәын исхыҵуаз", — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Аԥсуа шьха қыҭа Есма- Ҳаным - Sputnik Аҧсны
Есма-Ҳаным ақыҭаҿы игылоу ачамҳаҵла амҳаџьырра аҭоурых иаҿахәҳәагоуп

Аԥсуаа ахьнанагаз рхы рзықәкуамызт. Рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра ргәаҳәон. Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа амҩа иахьынӡақәыз ирацәахеит иԥсыз, амҩа иашәаз. Аҭырқәа ӷба  акапитан Иунус Аҳмед ишәҟәы №288/49 аҿы иазгәеиҭоит Аԥснытәи ишықәигаз 140-ҩык ауааԥсыра, Ҭырқәтәылатәи аҟәараҟынӡа зыԥсы назгаз 35-ҩык рымацара шракәу.

Иара уа иахьнеизгьы еиуеиԥшым ачымазарақәа ҭаацәала, жәлала иқәырго иалагеит. Ашьха ҳауа иашьцылахьаз ауаа аӡбааррақәеи асакарақәеи ирықәындырхон, иагьырзыхгомызт.

Сардион иаб иажәақәа рыла "аҭыԥантәи ауаа ԥсымышьҭыгак рырҭон ауп. Аԥснынтәи дара анахыргоз Ҭырқәтәыла ииуа аҟабҵәҟьа акамбашь ҭауртәар иакуеит, имарымажаҭроуп ҳәа амц рарҳәон уи азы иазыҟаҵаз ауаа. Ҭауади-аамысҭеи ракәзаргьы дара ирыхәаша акәын изышьҭаз, аӡәык-ҩыџьак ракәымзар… Убас аҭауад Таташь Маршьан Николаи III сара сыжәлар сҭиуам, срылахәаахәҭуам ҳәа диҿагылеит, аха усеиԥш зегьы ирзыгәаӷьуамызт".

Баҭым акәзаргьы ҽеира ыҟамызт. Аԥсуа мҳаџьырцәа ррыцҳара иашаҳаҭу аӡәы 1878 шықәсазы иҩуан: "Баҭым уахьнеилак, уахьааилак иубоит амлеи ахьҭеи иркны иҭыгга иныҟәо ауаа – аԥсуа мҳаџьырцәа. Дара ахьықәҵыз адгьылқәа рахь ахынҳәра азин рымамызт. Араҟа акәзар нхарҭа, усурҭа рымамызт, амлеи ахьҭеи иакуан» ҳәа.

Сардион иаб имҳаџьырра аамҭақәа игәаларшәо еиҭеиҳәоит,Трабзонынтәи Баҭымҟа шьапыла амҩа ишықәыз. Трабзони Баҭыми 120 километра рыбжьоуп. Уа иахьнеиз 6 шықәса инхон. Қәҭелиаа рыԥсыжырҭагьы ыҟоуп уа. Сабду Рашьыд, иашьа Раџьаԥ, иаҳзааигәарақәаз уа ижуп.

Аполициаа аԥара рыҭаны Баҭым иалҵырц рыӡбеит. Уахынла, аӡәгьы ианимбашаз ауардынқәа рыла ақалақь иалҵит быжь-ҭаацәарак.

265 километра ирхысны Кәыдры иаԥну ақыҭа Аӡҩыбжьа иааит ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Амҳаџьырра ашьҭа иахьа уажәраанӡагьы Аԥсныи аԥсуааи рҭоурых аҿы имыӡӡакәа ишаныц иануп.

Ажәабжьқәа зегьы
0