Арыцҳашьара илан, ауаҩы изы иԥсы ҭихуан: аибашьҩы Ҭемыр Џьалаӷониа иҭоурых

© Фото : из личного архива семьи Джалагониа"Агәымшәаразы амедал" занашьоу, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Ҭемыр Џьалаӷониа
Агәымшәаразы амедал занашьоу, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Ҭемыр Џьалаӷониа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Агәымшәаразы амедал" занашьоу, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Ҭемыр Џьалаӷониа ифырхаҵаратә хҭысқәа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аамҭа иахаҿарбагоу аибашьра ахҭысқәа, агәалашәарақәа, иахьатәи ҳҭоурых злашьақәгылоу азгәаҭақәа, ҳаибашьцәа рфырхаҵарақәа, абарҭқәа еизҳауа абиԥарақәа рҟынӡа ишиашоу анагара ҳарҭ зегь иаҳуалԥшьоуп.

Омар Акшба - Sputnik Аҧсны
Аби аԥеи рыԥсадгьыл рыхьчон

Фырхаҵак ихаҿсахьала иҟоуп аԥсуаа зегьы ргәаӷь анааԥшуа. Жәытәаахыс ҳабацәа урҭ рабацәа ззықәԥоз рыԥсадгьыл хәыҷ аиқәырхаразы ҭоурыхла иаҳдыруеит. Аха, иҟоуп хымԥада лабҿаба ҳазхаанугьы. Уи ҳаԥсҭазаара зегьы цәаҳәа еиқәаҵәала иагәылсуа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу ашықәсқәа роуп. Ааи, хашҭра зқәым урҭ амш хьанҭақәа, ҳадгьыл зырхыџхыџуаз еихсыӷьра зқәымыз артҟәацгабыжьқәа, хырԥашьа змамыз аԥсҭбарақәа. Ус шаҟа хкы…

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Џьгьарда ақыҭа саб иҩнраҿы сыҟан. Ашкол аҵаҩцәа зегьы реиԥш, саргьы сгәы хыҭхыҭуа ашкол аҭалара сазыԥшын, ажәабатәи акласс ахь сиасуан. Игәхьаазгоз сҩызцәа рбара, аԥсшьара мшқәа ирылагӡаны иаҳзеибымҳәацыз ҳажәабжь хәычқәа рцынхәрас, ҳабла иабараны иҟазаарын аибашьра иаҳзаанагаз ахамышҭыхә. Азныказы иааҳалҩыз ажәабжь хлымӡаах "аибашьра иалагеит" — ҳәа, ахаҵара уадаҩын. Аамҭа цацыԥхьаӡа, иҳамчыз, агәра ҳамгар ҳабацоз… Ирацәоуп аҳәатәы, схәыцрақәа сеимаркуеит, ирацәоуп ақьаад ианысҵаша ахҭысқәа. Урҭ рахьтә уажә сҽазысшәап, егьа ихьаазаргьы еибашьҩык иҭоурых аӡыргара.

© Фото : из личного архива семьи Джалагониа"Агәымшәаразы амедал" занашьоу, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Ҭемыр Џьалаӷониа
Агәымшәаразы амедал занашьоу, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Ҭемыр Џьалаӷониа - Sputnik Аҧсны
"Агәымшәаразы амедал" занашьоу, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Ҭемыр Џьалаӷониа

Ааи, иҟан ҩнаҭак аҟынтә аишьцәа еибашьра ианеиццоз. Убарҭ ируаӡәкуп Резо Џьалаӷониеи Заира Лацәышԥҳаи рҭаацәа. Дара ԥшьҩык ахшара рааӡеит. Руаӡәк дшыхәыҷыз илыхьыз ачымазара иахҟьаны лыԥсҭазаара далҵит. Иаанхаз хҩык рыхшара нап рыдкыланы, ишахәҭаз еиԥш иреиҳау аҵарақәа ддырҵеит.

Згәыӷреи зԥеиԥш лашеи здырҳәалоз рыхшара рахьтә, ргәы иаанагозма ҩаԥхьа руаӡәк дрыԥхоит ҳәа. Аха, ус рылахь ианын, Анцәа ирзааигаз рхы андраалар акәхеит, насгьы Аԥсадгьыл аныхьчатәха рыхшара излархыбаарыз?! Зыӡбахә сымоу аҭаацәа аибашьра ҟалаанӡа Кәҭол ақыҭа инхон. Аибашьраҿы рыҩны абомба ақәҳан ианарбга, ихҵәаны Уарчаҟа ииасыр акәхеит. Џьалаӷониаа рҭаацәа сара схәыҷаахыс издыруеит.

Аҟәа ақалақь Анацәа рхеидкыла ахаҭарнакцәа Аҷандара ақыҭа ҳџьынџьуаа Зиуари Заури анышә иахьамадаз аҭыԥ иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Ан лхьаа: ҳџьынџьуаа Зиуари Заури анышә иахьамадаз аҭыԥ иаҭааит

Ақыҭаҿы сахьынхо аандоуп иҳабжьоу рыԥҳеиҳаб Фатима аҩнра ҳәа дахьрымоу, Лагәлаа дырҭацоуп. Ишырҳәо еиԥш, жәлак еицаҳхымзаргьы, Лагәлааи ҳареи ҳҿаҵа еиҩшаны еицаҳфоит, ҭаацәак реиԥш ҳаҟоуп.

Сара, Фатима лҟынтә лассы-лассы исаҳауан лыԥсы еиԥш бзиа илбоз лашьцәа еиҵбацәа Ҭемыри Мазлоуи рыӡбахә. Иахьеиԥш сыбла ихгылоуп, аибашьра аамҭазы урҭ рзы шаҟа дыгәжәажәоз, лҩеишьцәа ргәырҩа шаҟа даргәаҭеиуаз, аибашьра адәаҟынтә еибганы ихынҳәуоу изыхнымҳәуоу анылзымдыруаз аамҭазы. Зашьцәа еибашьуаз аеҳәшьа лҟазшьа бзиа иабзоураны, лхьаа лынмырԥшкәа, дызланагалаз аҭаацәа рҿаԥхьа ҭацара луан, хҩык лхәыҷыԥшқақәа лааӡон.

Ус, аибашьра ашыкьымҭазы Ҭемыр ихьӡала иааҳалаҩит ажәабжь хлымӡаах. Сахьынхо аҳаблаҿы, еизынхаз агәылацәа ҳмаҷҩын. Ақыҭақәа зегьы реиԥш, ҳара ҳқыҭагьы ахҭыԥ иадмыргар ҟалозма? Аҩны ҳшыҟаз агәашә абжьы геит. Ҳандәылыԥшызар, ҳгәыла ԥҳәыск дыццакыццакуа ашҭ а дааҭалеит. "Фатима лашьа рыуа дарбану жәдыруама, абааԥсы" — ҳәа ҿаалҭит. Усҟан иҟалахьаз ҳәа акагь ҳмаҳацызт, арахь Ҭемыр иҩызцәеи иареи амина иашьхьазаап… Ҵәахышьа змамыз ажәабжь хлымӡаах зегьы иаарылаҩит…

© Фото : из личного архива семьи Джалагониа"Агәымшәаразы амедал" занашьоу, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Ҭемыр Џьалаӷониа
Агәымшәаразы амедал занашьоу, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Ҭемыр Џьалаӷониа - Sputnik Аҧсны
"Агәымшәаразы амедал" занашьоу, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Ҭемыр Џьалаӷониа

Уижьҭеи иҵит акыр шықәса. 25 шықәса рнаҩс, Фатима лахь аҳәара ҟасҵеит, лашьа иӡбахә ала дсацәажәарц, дызнысыз еибашьратә мҩа ахьӡала ажәабжьқәа сзеиҭалҳәарц. Издыруан, лгәы шыԥшаауаз, аиҭаҳәара шылцәыуадаҩхоз, аха дақәшаҳаҭхеит. Иаразнак лашьа иӡбахә ала ҳаицәажәара ахы акыр лгәы лыхьыр ҳәа сшәан, лҭаацәа рыӡбахә ала ҳналагеит.

"Сара саб Резо Леуа-иԥа Џьалаӷониа дмашьынаныҟәцаҩын, Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз аҽыбӷаҟаза ҳәа ахьӡ даԥсахахьан. Сан, Лацәышба Заира Нестор-иԥҳа, диплом ҟаԥшьыла аинститут даналга анаҩс, 50 шықәса инарзынаԥшуа Кәтолтәи абжьаратә школ аҿы аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аус луит", — ацәажәара хацлыркит Фатима.

Султан Сосналиев - Sputnik Аҧсны
Аиааира агара ус имариаӡам: Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев игәаларшәара

Ииашаҵәҟьаны, Џьалаӷониаа рҭаацәа, аԥсыуак ишиаҭәо ала рхы ныҟәыргоит. Рыхшара, хымԥада ҳаԥсуара аҵасқәа рыларааӡеит. Апатуеиқәҵара, аизыӡырҩра, аԥсадгьыл агәыбылра, агәыҳалалра-арҭ аҟазшьақәа зегьы ари аҭаацәараҿы аҳра руан.

"Аибашьраҿы иҭахаз сашьеиҵбы Ҭемыр, Кәтолтәи абжьаратә школ даналга, Аҟәатәи аиндустриалтә техникум уахынлатәи аҟәша дҭалеит, ҽынла аус иуан Ни ЕПИТ ҳәа изышьҭоу амаамынқәа рпитомник аҿы. Иара дхәыҷаахыс арыцҳашьара илан, ауаҩы изы иԥсы ҭихуан, зегьы дҳаҵҳаҵо дрышьҭан, ицәаҩа бзиан, зегьы дырзааигәан", — хәыцра шәкы деимаркуа дҳацәажәон аветеран иаҳәшьа.

Ҭемыр арра-маҵзура дахысуан Украина, Запорожие ақалақь аҿы. Аус ахьиуази, аҵара ахьиҵози рҟынтәи ицыз аҟазшьарба иабзоураны, икомандир дидикылоит машьынала дныҟәигаларц. Аҽхәаԥхьыӡқәа рацәаны иара ихьӡала ҳаниҳаби ирзаауан. Урҭ рнылахьан агазеҭқәа: "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия". Ҭемыр хьыӡла-ԥшала арра маҵзура хыркәшаны данаа, иациҵеит иҵара, латәарадатәи аҟәшахьы ииаганы, аусура далагеит Кындыӷтәи аԥсаатә ааӡарҭаҿы машьынаныҟәцаҩыс. Ҭемыр даара аҽыбӷаҟазара злаз ҷкәынан, аҽы даласазшәа акәын деинааланы аҽы дшақәтәоз. Очамчыра араиони Кәтол ақыҭеи рыхьӡала имаҷымкәа аԥхьахәқәа игахьан.

1989 шықәса, ԥхынгәымза 15-16 рзы имҩаԥысуаз аидысларақәа дрылахәын. Аԥсуа гвардиа анеиҿыркаауаз раԥхьа уи иалалақәаз дыруаӡәкын.

"Аибашьра ианалага, Ҭемыр Кәтол дыҟан, усҟан иара 23 шықәса ихыҵуан. Иҳаиҵбу ҳашьа Мазлоу (Ҭамел) 19 шықәса ракәын ихыҵуаз. Аҩыџьагьы ԥшрак ҟамҵакәа, Кәтол еиҿыркааз агәыԥ "Дельфин" иалалеит", — илгәалалыршәоит аишьцәа раҳәшьазаҵә Фатима Џьалаӷониаԥҳа.

Ииашаҵәҟьаны, Ҭемыр аангылашьа змамыз иакәын, иҩызцәа рҿы дыгәрагаҩын, амца даҩызан, ихы зқәикыз аҵыхәтәанӡа инаигӡон.

"Исгәалашәоит, еимгеимцарак ҟаланы ҳанеибабоз ииҳәоз иажәақәа: "Атрасса гәхьаазгоит" — ҳәа. Аха, уахь анылара ҟаломызт, избанзар аӷа инапаҿы иҟан. Уи аҭарцәра анылара иара дахьахьымӡаз схы ахызбаауеит. Ус еиԥш иҩызцәеи иареи шаҟа хкы ирхьымӡазеи?", — лылаӷырӡқәа лгәаҵа иҭаԥсо дҳацәажәон Фатима.

Махмуд Кушьба - Sputnik Аҧсны
Маҳмуд Қәышьба: ажәыларақәа рахь ҳанцоз ҳалахь еиқәны амҩа ҳақәломызт

Ҭемыр деибашьуан Мрагыларатәи афронт аҿы: Ҭоумышь, Тамшь, Ануаа рхәы, Лабра, Кындыӷ. Агәыԥ "Дельфин" аҟынтәи диасуеит "Катран" ашҟа. Еиҳа иахьшәарҭаз ажәыларақәа, аҭыԥқәа рҿы дыҟан. Ҩынтә ахәра иоухьан, илымҳа иамаҳауа иҟалахьан, аха ахәышәтәырҭахь дцомызт.

Хәажәкырамза 1 азы акәын. Ҭемыр иҩызцәеи иареи Лабра ахақәиҭтәразы ицоз архәҭа иалан. Уи аҽны ҳаибашьцәа ирылшеит ари ақыҭа аҭарцәра, аӷацәа маҷҩымкәа рҭархара. Ҭемыргьы убраҟа иҿахҵәеит еибашьратә мҩа…

"Ихәыҷраахыс бзиа иибоз иҩыза бзиа Даур Қәҭарба, Бондо Бебиа, Заур Қәаранӡиа, иара, ахәышәтәырҭахь ишыргоз, изларгоз атрактор амина аҵаԥжәан, рыԥшьҩыкгьы иаразнак еицҭахеит", — егьа илцәыуадаҩзаргьы лашьа иҭахара, дҳацәажәон Фатима.

Хәажәкырамза 1-2 рзы ақырҭқәа рҳаирпланқәа ақыҭақәа абомбақәа рыларыжьуан. Убас еиԥш, Кәтолгьы. Џьалаӷониаа ирыхьыз агәаҟра ирзеицәахеит аԥсра заҳаны иаауаз ауаа акрыхьыр ҳәа иахьшәоз, аха разҟны еиқәхеит.

"Ус хымчыбжьа ааҵуаны, икаҳаз абомба сҭаацәа рынхара зегьы ықәнагеит, дара насыԥны акгьы рмыхьит. Аха, аибашьра ашьҭахь, ҿыц анхара ашьақәыргылара рылымшеит, даҽа қыҭак ахь ииасыр акәхеит", — лгәы иаланы илҳәон Фатима.

Ҭемыр Џьалаӷониа, аибашьраҿы иҭахаз иқыҭа ҷкәынцәа зегьы реиԥш, анышә дамадоуп Кәтол.

Даара игәыҭшьаагоу хҭысуп, Ҭемыр иҭахара анаҩс, иҭаацәа зықәшәаз ахҭыс. Уи ус лабҿаба абара акәым, азыӡырҩра гәаӷьыуацәоуп.

Ефкан Цыба - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи аԥсҭбара: Ефқан Цыба игәалашәара

"Ҭемыр амина иҿнахыз изшьапык аԥшаара уадаҩхеит. Иара данҭаха ашьҭахь, хымз рнаҩс, саби сашьеиҵби изшьапык ԥшааны анышә дахьамадаз инаганы иржит", — абра иҿахҵәеит Фатима лашьа изкны иаҳзеиҭалҳәоз ажәабжь. Иацылҵашаз шыҟазгьы, иуадаҩын анаҩстәи ацәажәара.

Абас иҿахҵәеит аибашьҩы, ақәрахьымӡа, "Агәымшәараз амедал" занашьоу Ҭемыр Џьалаӷониа иԥсҭазаара. Аԥсуаа зегьы реиԥш, Аиааира абара дазгәышьуан, аха илахьынҵамхеит.

Ҩыџьа аишьцәа Ҭемыри Мазлоуи раҳәшьеиҳаб Фатима илҭахуп лашьцәеи, лыуаажәлари ззықәԥоз ҳаԥсадгьыл аҿы уаҳа аибашьра ҟамларц, изызҳауа ахәыҷқәа еснагь рыжәҩан цқьазарц. Лгәы ааиқәылҳәалан лара аҵыхәтәаны абас еиԥш азгәалҭеит:

"Иҭахаз рыԥсаҭа лашазааит, ргәалашәара еснагь иҳацзааит. Шьала иааргаз Аиааира нагӡазааит! Илашааит, ишәҭлааит, икакаҷлааит ҳ-Аԥсынра!"

Фатима лани лаби иахьа ргәы рыладууп изызҳауа рмаҭацәа. Рыҷкәын ихы зқәиҵаз рыԥсадгьыл аҿы ахьхьа — џьџьаҳәа рыԥсҭазаара ахьымҩасуа. Мазлоу, ҩыџьа аҭыԥҳацәа драбуп, ахԥатәи ахшара иира дазыԥшуп. Фатима лакәзар, хҩык ахшара дрануп, уажәшьҭа дагьандууп. Ирзеиӷьасшьоит арҭ аҭаацәара ԥшӡа агәабзиара, аизҳара, еснагь агәалаҟара бзиа. Уаҳа ҳадгьыл аҿы аибашьра ҟамлааит. Агәырӷьа жәабжьқәа рацәахааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0