Владимир Агрба Анатоли Хьециа изкны: илахьынҵа ааигәан, аха игәыӷра харан

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Агрба
Владимир Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауаҩ нага, абызшәаҭҵааҩы, алексиколог, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III-тәи аҩаӡара занашьаз Анатоли Хьециа иԥсы ҭазҭгьы, иахьа 75 шықәса ихыҵуан. Игәалашәара аҳаҭыразы ишәыдаагалоит уи даара ибзианы дыздыруаз, иахьа гәыблыла дызгәалазыршәо аҵарауаҩ Владимир Агрба иҿцәажәара.

Сырма Ашәԥҳа,  Sputnik

- Иуадаҩуп хымԥада иузааигәоу ауаҩы иаамҭаӡамкәа иԥсҭазаара даналҵуа ажәа ихҳәаара. Акыршықәса раахыс Анатоли Хьециеи шәареи аусура инаҷыданы аиҩызара шәеиднакылон. Шәгәалашәараҿы дышԥанхеи?

— Анатоли иԥсы сакәыхшоуп, дшыҷкәынӡаз иԥсҭазаара далҵит. Толиа дҵарауаҩ дуҵәҟьан, даԥсыуа ҵарауаҩ дуун. Аспирантура далганы ҳинститут аҿы данааи, аусура даналага, проблемас имаз, дбызшәаҭҵааҩымзи иара, газеҭума, журналума, аԥсышәала иҭыҵуа ашәҟәқәа роума, зегьы дрыԥхьаны, ажәа ҿыцқәа аԥсшәа иаланагалоз ҭиҵаауан. Шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа убри даҿын, даҽа уск ыҟаӡамызт иара изы. Ашьҭахьы, ашәарыцарақәа ирызкны астатиа дуӡӡа ҟаиҵеит, урыс ҵарауаҩыки иареи ашәҟәы еицыҭрыжьит. Дызлагоз гәык-ԥсык ала, ихы-иԥсы ақәҵан иҟаиҵон. Нас далагеит ачашәара иазкны, атерминқәа иамоу, аныҟәгашьа шыҟоу уҳәа аҭҵаарақәа. Уи ашьҭахь аԥсуа лабашьа иазкны астатиа ду иҩит, амонографиа иаԥсоуп иара. Убас иҭҵааратә усумҭақәа рацәаӡоуп.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 90 шықәса ахыҵит

- Еиҳарак иҭиҵаауаз иарбаныз? Аҭҵаарадырра аус ганрацәала азнеира аҭахуп, ишԥаицааиуаз инапы злакыз аус?

— Иара алексиографиа акәын еиҳарак дызҿыз ҳәа ауп ишыздыруа. Аҟыбаҩгьы иман, англыз бызшәа бзиаӡаны идыруан, дҵарауаҩ иашан. Нас иара иҽкажьны аус иуан. Москва аспирантура санҭаз, Демшиц ҳәа дыҟан ҵарауаҩ дук, литератураҭҵааҩын, 37-тәи ашықәс азгьы дҭаркын акыраамҭа дҭакын, абри алекциа даҳзаԥхьеит аспирантцәа. Алекциа абас ахьӡын "Аҭҵаарадырраҿы атекстқәеи аҭҵаамҭақәеи аус шрыдулатәу" ҳәа. "Адиссертациа аныжәыҩуа, ишәҭахызар агәҭаҟынтә, мамзаргьы аҵыхәаҟынтә шәалага, аплан ишьақәыргыланы ишәымоу еиҳа ишышәзымариоу нап ашәыркы", — иҳәон. Аҭҵаарадырра, хымԥада, аҟыбаҩгьы аҭахуп, иара убас аџьаусгьы аҭахуп. Аџьа акультура анилааӡоу ауаҩы, убри бзиа ианибалак имч зқәымхо егьыҟаӡам. Уи иара илан.

- Уаҩык иаҳасабала, ҩызак иаҳасабала шәара шәхызхуаз иарбан ҟазшьа ҷыдарақәаз илаз?

— Анатоли убриаҟара аџьа акультура илан, убриаҟарагьы аҟыбаҩ иман, даара дуаҩы лашан. Акоридор данаабжьалалак? аччара даналагалак, ҳкоридор зегьы лашон, иара шиакәыз ҳдыруан. Бзиа даҳбон цәгьала.

Село Ачандара. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аекспедициа мҩаԥнагоит

Иԥшәма Лили Ҳагԥҳа дҵарауаҩ дууп, илылшоз зегьы ҟалҵеит? ак игылмырхеит, аха иара агәыхь шьҭихит даныҷкәыназ аахыс. Акырынтә деиқәлырхеит, иахәҭаз амедицинатә хылаԥшра иман, аха иԥсынҵры кьаҿхеит. Иҟаиҵаз ҟәнаҳшьаӡом, уи зегьы хьуп аԥсуа бызшәа аҭҵаараҿы, иааизакны иҭужьур — томқәак ҟалоит, аха иҟаиҵараны иҟаз еиҳагьы еиҳан, аҟаҵаха имаӡеит, убри цәгьала игәнаҳгоит иҩызцәа зегьы.

- Анатоли дызлыҵыз аҭаацәара хьӡи-ԥшеи змаз уаан. Сара излаpдыруаз ала, иаб дыԥхьарцарҳәаҩын, ус аума?

— Иан д-Адлеиԥҳан, саргьы санду д-Адлеиԥҳан азы, аиуара ҳамоуп ҳәа ҳаԥхьаӡон, ажьрацәара пату ақәаҳҵар ами, убри аганахь ала ауаҩытәыҩса ишиимбара пату иқәысҵон, бзиа дызбон, иаргьы пату сықәиҵон. Иаб Џьота Хьециа данхәыҷыз аахыс аԥхьарца арҳәареи, аҿарпын арҳәареи бзиаӡаны идыруан, ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рацәаны идыруан аҟынтә, 50-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуа фольклортә материалқәа анызҵоз ирацәаҩны иҿцәажәахьан. Иара аҟыбаҩ ду змаз ԥхьарцарҳәаҩын. Амузыка аганахь алагьы илымҳа ибзиаӡаны иаҳауан, пату иман, нхаҩ бзиан, хшара гәарҭак ихылҵит, иааӡеит. Иԥшәма д-Адлеиԥҳан, Ҷлоутәын. Иара Калдахәаратәын, Толиагьы Калдахәара деизҳаит, аха абжьаратә школ дахьалгаз ианшьцәа рҿы Ҷлоу ауп.

- Анатолии шәареи шәеибадырра шԥаҟалеи?

Владимир Агрба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Владимир Агрба: Емма Кьылба дымҧсӡеит, уи лыдунеи лыҧсахит

Сара аспирантура салганы санаа, Аҟәа аинститут аҿы аусура саналага, иара аинститут ибзианы иалгаз ҳәа, дцан, ақыҭаҿы аус иуан, даарган аспирантурахь дрышьҭит, аспирантура далган дааит. Убас еиԥш иалагеит иааигәаны ҳаибадырра. Изхысҳәаауа, дҵарауаҩ дуун, иуы уашьуамызт, иҳәа уашьуамызт. Иҟазшьа ԥшӡан, ихаан. Игәаҟынтә иаауаз аччаԥшь ихы-иҿы иқәын, адунеи азна дуаҩы разын, дааздыруаз дызгәамԥхоз уаҩ дыҟамызт, убриаҟара иҟазшьа бзиан, иахьагьы сылаӷырӡ сыкәаашоит иӡбахә анысҳәо. Дҳаԥхеит, аха дзакәытә уаҩузеи иҳаԥхаз, дзыԥсоу цқьа еилаҳкаанӡа дҳацәцеит. Ауаҩы данугхалак ауп иануныруа, иԥсы анҭазгьы бзиа даҳбон, ҳаиҩызцәан, ҳхәы еиҩшаны иаҳфон, пату еиқәаҳҵон, улахь уџьымшь ыҟоуп ҳәа аӡәгьы еибаҳҳәомызт. Убас дыҟан иара, узизгәааӡомызт, убриаҟара дразын, убриаҟара дуаҩын, убриаҟара Анцәа дигәарԥханы иишаз иакәын. Иара дызҿыз иус бзиаӡаны идыруан, ихы-иԥсы ақәиҵон, рызегьы ҭҵаауп инарҵауланы.

- Иҭҵааратә усумҭақәа зегьы еидызкыло ашәҟәқәа рҭыжьра нап аркума, мамзаргьы аԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоума?

— Иҩымҭақәа зегьы еизакны иҭыжьӡам, иҭыжьугьы рацәоуп аха. Аԥсуаҭҵааратә институт ахахьы иагар бзиоуп иусумҭақәа рҭыжьра. Иара иҭынха дууп, ихатәроуп, аҭҵаарадырра аганахь ала даара еиҿкааны иҟаҵоу усумҭақәоуп.

- Анатоли Хьециа аҭаацәара ԥшӡа аԥиҵахьан. Иааигәаны иҳаилшәыркаарц ҳшәыҳәоит.

АБИГИ - Sputnik Аҧсны
Виачеслав Бганбеи Емма Кьылҧҳаи ргәаларшәара аҳаҭыраз аконференциа мҩаԥган

— Иԥшәмаԥҳәыс Ҳагԥҳа Лили, Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы абызшәа аҟәша деиҳабуп, афилологиатә наукақәа дырдокторуп. Ҩыџьа ахшара рымоуп, рыԥҳа аҭаацәара далалахьеит, даара дхәыҷы бзиоуп, аспирантура далгахьеит, ахшара лымоуп. Рԥа дыҟоуп Абзагә, ақыҭанхамҩатә институт аҿы аус иуеит. Иԥагьы иԥҳагьы ахь-ҩежьқәа роуп, рани раби рышьҭа ихылеит аҭҵаарадырра аус аганахь ала.

- Дзыхьӡаз рацәоуп, аха дызхьымӡаз еиҳауп ҳәа азгәашәҭеит шәцәажәараҿы. Абри ахшыҩҵак амҽхак шәырҭбаар сҭахын.

— Анатоли Хьециа игәалашәара лаша еснагь исыцуп, сара уажәшьҭа 83 шықәса схыҵуеит, аҩызцәагьы рацәаҩны исымоуп, иԥсхьоу ыҟоуп, зыԥсы ҭоу ыҟоуп. Иԥсхьоу реиқәыԥхьаӡара салагар: Ваниа Саӡба, Вова Дарсалиа, Артур Аншба, Виачеслав Бганба… Виачеслав дҵарауаҩ дуун, дызхьымӡаз рацәоуп, иқәра иркьаҿит иара инапала. Уи уаҩышьала, ҟазшьала Толиеи иареи ахьеиԥшқәаз ыҟан, рҩыџьагь дуқәан. Владислав Арӡынба сҩыза гәакьа иакәын. Иареи сареи Москва аспирантура ҳаицҭан, ҳанааи ара аинститут аҿы аус ҳуан. Сара саасҭа жәашықәса деиҵбын. Убриаҟара иааӡаз ҷкәынан, мышкы иаԥхьа еиҳабыз иаԥхьа диасӡомызт. Ҳара Славик ҳәа иаҳҳәон, аҭаацәара бзиа далиааит. Иани иаби уаа аамысҭашәақәан, рыҩны снеихьан, стәахьан-сгылахьан, ухы здуныҳәалоз уаан, иаргьы убас дыҟан. Уигьы иԥсынҵры кьаҿхеит, иԥсадгьыл ихы ақәиҵеит… Аԥсны еиқәзырхаз иара иоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра ҿыц еиҭашьақәзыргылаз иара иоуп. Убри иҩызцәа ракәын Виачеслав Бганбагьы, Анатоли Хьециагьы. Инагаз уаан. Аԥшӡара мацара акәӡам адунеи еиқәзырхо, агәыӷроуп адунеи еиқәзырхо, ихароу агәыӷра.

© Sputnik Фото предоставлено Мариной БарцицАнатоли Хьециеи Лили Ҳагҧҳаи
Анатоли Хьециеи Лили Ҳагҧҳаи - Sputnik Аҧсны
Анатоли Хьециеи Лили Ҳагҧҳаи

Алахьынҵа ааигәоуп, Толиараа рлахьынҵа ааигәан, аха ргәыӷра харан, ргәыӷра ауп ирылшазгьы рылзыршаз, даара иҵарауаа дуқәан, иҳахьӡырҳәагақәаны иаанхеит. Имԥсуа уаҩ дыҟаӡам, аха аԥсрақәа зегьы еиԥшӡам. Иԥсыҵәҟьоу дыҟоуп, зыдунеи зыԥсахыз дыҟоуп. Ҳгәы ҳзырхьуа, рыԥсынҵры кьаҿхеит акәымзар, иаҳзынрыжьыз хәы амаӡам.

- Ражәеи руси еимаздоз, иуаа хатәрақәаны иҟазҵоз аҷыдара мзызс иамаз?

— Сҩызцәа зыхьӡ зҳәақәаз зегьы, зыхьӡ сымҳәақәазгьы убрахь иналаҵаны, зыдунеи зыԥсаххьоу рыԥсы сакәыхшоуп, убарҭ рхы инаркны ршьапаҟынӡа аԥсуарала иааӡан, аԥсуарала ихатәран, аԥсуарала инаган. Иахьа рыхьӡи рыжәлеи еидкыланы иаҳҳәозар, еиҳараҩык аԥсуа қыҭа иааӡаз ракәын. Аԥсуа қыҭаҿы акәын иахьыҟаз аԥсуара, аԥсуа қыҭоуп ҳара ҳаиқәзырхаз иахьа уажәраанӡа. Абарҭ рызегьы раԥсуароуп изырдууз, дара рдуралагьы аԥсуара духеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0