Алмасхан Барцыц: Пицундатәи ахәшәтәырҭа иԥшьоу мчык амоуп

© Sputnik / Саида ЖибаАлмасхан Барцыц
Алмасхан Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсҭазаараҟны, ауаҩы дзықәшәо аҭагылазаашьақәа ирхылҿиаауа рацәоуп. Иҟалоит идунеихәаԥшышьа шьаҭанкыла ианаԥсахуа, иара убас илахьынҵа. Зхәыҷра шықәсқәа раан еиуеиԥшым азанааҭқәа ирызхьаԥшуаз, аха хықәкыла иалзымхыцыз Алмасхан Барцыц иаҳзеиҭеиҳәеит, иаԥхьаҟа дышҳақьымхоз агәра изыргаз аҭагылазаашьа атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Алмасхан Едуард-иԥа Барцыц изҳауан аҭаацәара ду аҟны. Аԥсуаа ражәа ишалоу "анцәа ишиҳәара" иҟан, ан, аб, ҩыџьа аԥҳацәа, аԥа еиқәгәырӷьо. Аха, аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа, Барцыцаа рыҩнаҭа иаалырҟьаны арыцҳара аанагеит. Иԥсҭазаара далҵуеит аб. Убри нахыс, хҩык ахәыҷқәа ран, занааҭла ирҵаҩыз Ирина Габуниаԥҳа лыхшара рааӡареи, аҵара дырҵареи рҟны аҭакԥхықәра ду лыдлеит. Аамҭа излаҳнарбаз ала, зеиӷьыҟамкәа илылшеит. Мрамзеи Алмасхани ҳақьымцәахеит, Мактина диуристхеит.

Мадина Ажиба - Sputnik Аҧсны
Мадина Ажьиԥҳа: аԥҳәыс лзы, арҵаҩы изанааҭ аасҭа иманшәало ыҟам

Апсихологцәа ишьақәдыргылахьеит, ахәыҷы игәынкылара хашҭра шамам. Убригьы, Алмасхан изанааҭ алхраҿы ашьҭа ннажьит.

"Ҳаб иаалырҟьаны адунеи аниԥсах, сара хышықәса ракәын исхыҵуаз, аха еилыскаауан, уаҳа ҳара ҳахь дшымгьежьуаз. Уи даара игәнызгон, сгәырҩон. Исгәалашәоит, сызҳацыԥхьаӡа, шаҟантәы схаҿы иааиуаз "сдуны, сҳақьымны сыҟазҭгьы, саб деиқәсырхон" ҳәа. Убас, ԥшьала ари азанааҭ сазхьаԥшуа салагеит сшыхәыҷыз инаркны", — иҳәоит Алмасхан Барцыц.

Зынгьы, ахәыҷы амҩа шеиҩиҵәоз, ила шааԥшуаз аласба амашьына иаҵаҳаит. Алмасхан дацхраарц иаразнак ишьҭихит, аха иамаз ахәра ӷәӷәа аԥсҭазаареи иареи еимаҭәамызт. Ус инапаҟны аԥсы ахыҵит. Акраамҭа ахәыҷы илымҳа иҭыҩуаз аласба аҵәаабжьы, ҩаԥхьа аҳақьымрахь дымҩақәнаҵеит.

"Ҳҭаацәараҟны, аҳақьым изанааҭ алылххьан саҳәшьеиҳаб Мрамза. Ашкол сахьынӡаҭаз, аинтерес кны саԥхьон лхы иалырхәоз амедицинатә литература. Убасҟан агәра згацәҟьеит, аҳақьымрахь исшыхоз", — ҳәа ҳаилиркааит иара.

Алмасхан Барцыц Пицундатәи абжьаратә школ №1 аҟнытә диасуеит Башаран коллеџь ахь. Аиҳабыратәи аклассқәа рҟны даннеи, дҭалоит Нальчиктәи абжьаратә школ №5, уи дагьалгоит. Ҟабарда-Балкариатәи Аҳәынҭқарратә Университет, амедицинатә факультет қәҿиарала далгоит, азеиԥш хирургиа азанааҭ иманы. Анаҩс аинтернатура дахысуеит Нальчиктәи ареспубликатә аклиникатә хәшәтәырҭаҟны. Уи ашьҭахь дҭалоит орденатура, Ҟабарда-Балкариа агәабзиарахьчара аминистрра дрышьҭуеит Сечинов ихьӡ зху, Москватәи амедицинатә Академиа, Франштеин иклиникахь. Аҳақьым-уролог изанааҭ иоуны, ҩышықәса Нальчиктәи ақалақьтә поликлиника №7 аҟны аус уны, аԥышәа рҳаны, Москва аспирантура аҭаларазы ааԥхьара шимазгьы, дхынҳәуеит Аԥсныҟа.

"Аҵара сҵонаҵы, изныкымкәа Гагратәи ацентртә араионтә хәшәтәырҭаҟны апрактика сахысуан. Усҟан ахирургиа аҟәша аиҳабыс Виачеслав Аргәын иакәын иҟаз. Аԥҟарақәа анымҩаԥигоз, цхырааҩсгьы сиргылон. Есқьынагьы исывагылан, сԥышәа еиздырҳауан амедеиҳәшьцәа Гәыльнара Барцыцԥҳа, Мзиа Хышԥҳа, аҳақьым-хирургцәа Владимир Манукиан, Савели Серитиди. Саԥхьаҟа, аратәи апрактика акырӡа исыхәеит. Аҵарахь ҳаннеиуаз, еилкаахон, сҩызцәа сара сеиԥш аҭагылазаашьа шрымамыз. Урыстәылатәи аҳақьымцәа астудентцәа аус рыдуларазы аамҭа рыцәмаҷуп", — еиҭеиҳәоит аҳақьым.

Алмасхан Барцыц иԥсадгьыл ахь данаа, ааԥхьарақәа иуоит Гагратәии, Ареспубликатәии хәшәтәырҭақәа рахь. Аха иара иӡбеит, акыр шықәса ихьгәхьааигоз, игәы ззыбылуаз иҭаацәа рааигәара дыҟазарц, убри аҟнытә, аусура далагоит Пицундатәи ақалақьтә хәшәтәырҭаҿы.

Хана Гәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Гәынԥҳа: Сыԥсҭазаара рҵаҩыс дамоуп сан

"Пицунда иқалақь хәыҷуп, аха аҭоурых ду амоуп. Иара ахәшәтәырҭа ахыбра акәзаргьы шәышықәса ирҭысхьеит, уаанӡа араҟа аберцәа крыфарҭас ирыман. Насгьы, сара ибзианы еилыскаауан, есааира аҭыԥантәи ахәшәтәырҭа аспециалистцәа азымхо иалагар, ахԥша шацәыӡоз. Убри аҟнытә, сҿырԥштәы ала, еиҵагыло аҳақьымцәа ҿарацәа идсырбарц сҭаххеит, уқалақь гәакьа, ууажәлар урыдгылар, еиқәурхаша, ԥхьаҟа иугаша шыҟало. Аусура саннеи, аҳақьым хада Зинаида Џьакониаԥҳаи аколлективи гәаартыла исԥылеит, ахәшәтәырҭа аҭыӡқәагьы иԥшьоу мчык сырҭеит", — ҳәа азгәеиҭоит Алмасхан.

Пицундатәи ахәшәтәырҭаҟны аҳақьым-уролог дыҟамызт, аха аилазаара иахәаԥшны, ахарҭәаарақәа аларгалоит. 2015 шықәсазы, Алмасхан Барцыц, ахәшәтәырҭа аҳақьым хадас дахагылоит. Алмасхан Пицундатәи ахәшәтәырҭаҟны аусура даналага нахыс, аҳақьымра инаваргыланы, аҭоурыхҭҵаарагьы иҽазикит. Иара еидикылоит Пицундатәи ахәшәтәырҭа иазку архив. 1941 шықәса инаркны, ҳақьым хадацәас иамаз рсиа шьақәиргылахьеит, реизгара даҿуп ажәытә сахьақәа.

© Фото : из личного архиваПицундатәи ахәшәтәырҭа
Пицундатәи ахәшәтәырҭа - Sputnik Аҧсны
Пицундатәи ахәшәтәырҭа

1980-тәи ашықәсқәа раан, Пицундатәи ахәшәтәырҭаҟны иаартын ахшараиурҭа, ахирургиа, атерапиа аҟәшақәа, астационар. Иахьа, араҟа аус ауеит ҽынлатәи астационар, иццаку амедицинатә цхыраара.

"Пицундатәи ахәшәтәырҭа аҭыԥантәи ауаажәлари, аԥхынтәи аамҭазы иаҳзаауа асасцәа рҿаԥхьеи аҭакԥхықәра дуӡӡа амоуп. Иҟалалоит ԥсшьарамшыдагьы, аколлектив аусура ианҭыҵуа", — инаҵишьит Алмасхан.

Мери Чанба - Sputnik Аҧсны
Мери Ҷанԥҳа: сыԥсҭазаара абжеиҳан, Гагратәи аҟазаратә школ иазыскит

Пицундатәи ахәшәтәырҭаҟны аус руоит ацуҭатә терапевтцәа ҩыџьа, аҳақьым-хирург, аҳақьым-уролог, ахәыҷтәы ҳақьым, аԥхынтәи аамҭазы аҳәса рҳақьым, иццаку амедицинатә цхырааразы аҳақьым, алаборант, афельдшерцәа хҩык, амедеиҳәшьцәа ԥшьҩык, иаартуп афизиокабинет.

Алмасхан Барцыц ҷыдала ҳаҭыр рықәиҵоит 50 шықәса инареиҳаны, ахәшәтәырҭаҿы аус зуо, Галина Анохина-Канџьариа, Лидиа Харина, Антонина Кухтина. Иҭабуп ҳәа реиҳәоит, аамҭа хьанҭақәа ирцәымшәакәа, уимоу ириааины, иахьа уажәраанӡа руалԥшьақәа ахьынарыгӡо.

© Sputnik Cаида ЖьиԥҳаПицундатәи ахәшәтәырҭа аусзуҩцәа
Пицундатәи ахәшәтәырҭа аусзуҩцәа - Sputnik Аҧсны
Пицундатәи ахәшәтәырҭа аусзуҩцәа

Ахәшәтәырҭа аҭагылазаашьа атәы уҳәозар, жәашықәса раԥхьа араҟа имҩаԥгаз адәахьтәи ремонт, ажәхьеит. 2016 шықәсазы, Пицундатәи акурорттә еилазаара аиҳабыс иҟаз Даур Кәырмазиа иааирԥшыз ацхыраарала ҩ-кабинеҭк рҟны аремонт ҟаҵан. Иахьазы иԥсахтәны иҟоуп ахыб, аԥенџьырқәа, аҩнуҵҟа акәзаргьы акапилатә ремонт аҭахыуп.

© Sputnik / Саида ЖибаПицундатәи ахәшәтәырҭа
Пицундатәи ахәшәтәырҭа - Sputnik Аҧсны
Пицундатәи ахәшәтәырҭа

Абарҭқәа зегьы, иара убас иуаажәлар ргәабзиареи, рсоциалтә ԥсҭазаара аиӷьтәреи дрызхәыцны, 2016 шықәсазы, Алмасхан Барцыц, Гагра араионтә Еизара адепутатрахь икандидатура ықәиргылоит, алхыҩцәа рыгәрагарагьы даԥсахоит. Хантәаҩысгьы дахагылоит асоциалтә политикеи агәабзиарахьчареи рзы акомиссиа.

"Сара хықәкыс исымоуп, Гагра араион амедицина аҩаӡара ашьҭхра, ақыҭатә ФАПқәеи, амбулаториақәеи ишақәнагоу еиԥш русура аиҿкаара, ахшара рацәа змоуи, зфинанстә ҭагылазаашьа кәадоуи аҭаацәарақәа рхылаԥшра", — иҳәоит иара.

© Sputnik / Саида ЖибаПицундатәи ахәшәтәырҭа
Пицундатәи ахәшәтәырҭа - Sputnik Аҧсны
Пицундатәи ахәшәтәырҭа

Алмасхан Барцыц дзышьҭоу аус хадақәа иреиуоуп, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рзы изинҷыдоу аԥҭека Гагра аартра.

Алмасхан Едурад-иԥа Барцыц 36 шықәса роуп ихыҵуа, аха иара имоу аҵареи, аԥышәеи ирыбзоураны, Аԥсны иреиӷьу аҳақьымҵәа рыгәҭа дургылар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0