Аӡы иҭоу, мамзаргьы ацәҵыхәа аӡы аныҭнаго

© Sputnik / Томас ТхайцукАалӡга аӡиас, Тҟәарчал
Аалӡга аӡиас, Тҟәарчал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡы ажәлар рдырраҿы аҧсҭазаара зхылҿиаауа акоуп. Аҿиара еиҧш уи ацқьарагьы иадҳәалоуп (амагиатә ҽрыцқьара). Иара убри аан, аӡы нырцәи аарцәи еимаздо ҳәааны иҧхьаӡоуп. Аҧсуаа аӡы иадҳәаланы имҩаҧырго ақьабзқәа ганкахьала, иара аҧсабаратә ҟазшьақәа ирыдҳәалоуп (ацқьара, аласра, аҽырхьшәашәара), даҽа ганкахьала – "итәыму" дунеик уагәылазхало роуп.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аӡы асемантикатә ҵакала уахәаҧшуазар, уи ауаҩы изы ишәарҭоу ҭыҧны иаарҧшуп. Убри инамаданы аҧсуаа рдунеихәаҧшышьа иарҿиеит "Аӡы иҭоу" ҳәа хьӡыс измоу аныҳәара. Уи аӡы иахылаҧшхәу Ӡызлан-Ӡаҳкәажә илызкны адагьы, ауаҩы абжьааҧнытәи иӡҭаларагьы иазкуп. Жәлар рымзар ала иара мҩаҧыргоит ҩынтә: шьхацани (ааҧын анҵәамҭеи аҧхын алагамҭеи) шьхалбаани (аҧхын анҵәамҭеи ҭагалан алагамҭеи) рзы. Актәи азкуп – аӡҭалара азин аҟаҵара (аартра), аҩбатәи – уи аамҭа аанкылара (аркра). 

Русалка и инструктор по подводному плаванию Лучиана Фузетти тренируется на островах Тийкуса в Рио-де-Жанейро, Бразилия - Sputnik Аҧсны
Ӡаҳкәажә, ма ахьы ӡаҳкәажә: ӡыӡлан лхаҿсахьа амифқәа рҿы

Ари аамҭа ауаҩы иаҳа лассы-лассы иаарту аӡқәа: аӡыхь, аӡиас, амшын данҭало иатәуп. Убри аҟнытә уи данҭало аӡы иахылаҧшхәу диҳәароуп аӡы ала (ма аӡы аҟынтәи) ҧырхага имоурц азыҳәа. Убри инамаданы имҩаҧыргон абас еиҧш иҟаз аритуал: Аныҳәаҩ, (уи аҧҳәыс "цқьа" лакәзар акәын), ашарҧазы аҭаацәа зегьы лыманы аӡы ахықәахь дцоит. Уи аныҳәаразы акәакәарқәеи ацхаӡҩеи ҟалҵоит лнапала. Аҭаацәа аӡхықәаҿ инартәаны, ачыҭ шкәакәа рҟәаҟәа инықәыршәны, ацәымза кны дныҳәоит: "Ӡызлан-Ӡаҳкәажә, сбыҳәоит, иахьа иҿысхуеит Аӡы иҭоу ҳәа. Алҧха рыҭ! Агәыҧха рыҭ!" ҳәа ҳәаны, акәырмахьц ылхны ираалырхоит. Нас аныҳәаҩ досу икәакәар агьама наирбаны, днеины аӡыршьҭра злацо ала лычуан нҭаргыланы, аӡы нҭаҭәаны, аҭаацәа раҧхьа днагыланы, рышьҭахьҟа имхьаҧшӡакәа аҩныҟа иаауеит. Ари ақьабз анымҩаҧырго уаҩы ибар ҟалаӡом рҳәоит". (инарҭбааны шәахә. С. Л. Зыхәба "Аҧсуа мифологиа"2012.) 

Абасала аныҳәара анымҩаҧыргалак амш инаркны аӡқәа цқьахоит, аӡҭалара ҟалоит, "Аӡы иҭоу" аҟынтәигьы ҧырхага уоуӡом ҳәа иҧхьаӡоуп. 

Шамахамзар ҭаацәарацыҧхьаӡа ари аныҳәара ахьыҟарымҵоз ыҟамызт. Уи ҟарҵон зыҧсаса зманы ашьха ихалоз ахьчацәа рзынгьы хазы: «"ӡы ласны ишцо еиҧш шәшьамхы ласызааит" ҳәа ирықәныҳәон.

Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны
Удырҩатә еиӷьхааит! Ашәарыцареи Ажәеиԥшьааи ирыдҳәалоу згәаҭақәак

"Аӡы иҭоу" аныҳәара, шьоукы изларҳәо ала, ацәаҟәа ацәырҵрагьы иадырҳәалоит. Уажәааноуп иара иаҳа ианубогьы аҧсабараҿы.  Ажәлар рҿы "ацәаҟәа аӡы ажәуеит", "ацәҵыхә аӡы ҭнагеит" рҳәоит. Уи абас еиҧш ианубо аамҭазы, иара убасгьы аӡҭалара ҟалаӡом, уимоу рыҿгьы рыӡәӡәомызт, аӡы рҽацәырыхьчон. Жәлар рҳәамҭақәак ишырҳәо ала, аӡы иҭоу ҳәа иҟоу аныҳәара зыхҟьаз ацәаҟәа ауп. Уи анцәахәы дузыбзиахарц азы иара анцәахәы ахьӡала аҧсаҭатә ҟаҵаны иныҳәон. Аныҳәара мҩаҧызгоз аҳәса ракәын, ахацәа уахь инеиуамызт. Ныҳәаҩцәас иалырхуан хҩык аҳәса цқьақәа: ҟәарылки кәтыки ршьуан, быжьба (ссаны)-быжьба (неиҳаны) кәакәари ачаӷәазали ҟарҵон, абысҭа руан – инаган зегьы ашәымкьаҭ иқәырҵон, быжь-цәашьыкгьы адыркуан. Иныҳәан ианалгалак ашьҭахь быжь-бысҭа ҿахрак иаҳа имаҷқәази, быжь-кәакәар ссаки, ачаӷәазалқәагьы даҽа убасҟак аӡы инарҭон, егьырҭ аныҳәараҿ иҟаз ирфон. Акы рцәынхаргьы уахь аӡы инарҭон "ацәаҟәа анцәахәы иаҳҭныҳәсақәа рхәы" ҳәа. Аҩныҟа акгьы угар ҟаломызт.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа жәлар рамзар

Н.С. Џьанашьиа ишиҩуа ала, ари аныҳәараан ацәашьқәа адыркуан аҧсылманцәагьы. Урҭ аӡахәарқьақьа ҟаҵаны (ихагьежьааны), ацәашьқәа адырҷабланы иаркны аӡы ихырҵон.

"Аӡы иҭоу" иазку аныҳәара акыр ишжәытәӡоу, аҵакгьы шыҵаулоу убоит. Аҩынтәраан уи аныҳәара мҩаҧыргоит абыржәааны, нанҳәамза анҵәамҭазы. Ари аамҭазы ҧсыцәгьарас иҟоу зегьы – Ӡызлан, аҩсҭаа, агызмал, аџьныш уҳәа ианцәырҵуа ауп, аӡқәа "ҟьашьуеит" ҳәа азырҳәоит, убри аҟынтәи уаҳа аӡы уҭалар ҟалаӡом.  Аиҳаракгьы уи ашыкьымҭоуп Нанҳәа аныҳәа аухазы. Ари амш азы аӡҭалара (иаарту аӡы) мап ацәктәуп.

Аӡҭалара аамҭа аркраан аныҳәаҩ аҧхьа дышныҳәаз еиҧш деиҭаныҳәоит: аӡы злацо ала акәакәарқәа нҭаҧсаны, "Аӡы иҭоу" ахәы аҳҭоит ҳәа. Нас имхьаҧшкәа рыҩныҟа ицоит ҳаҧхьа уажәаанынӡа аӡҭаларазы "Аӡы иҭоу" ахьӡала ҿыц азин аадыртаанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0