"Аҟәа ахьы ҭоуп"

© Sputnik / Томас ТхайцукВид на центральный парк в Сухуме
Вид на центральный парк в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азакәан еилаганы Аҟәа ауаҭахқәа раанкылара имҩаԥысыз, нас уи зыхҟьаз азы лгәаанагара лҳәеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Нанҳәа мза анцәамҭазы 12 ҭаацәара Аҟәа Аҳабла ҿыцаҿ Аргәын имҩаҿы идыргылаз аҩны иҩналан ауадақәа ааныркылеит. Ари аҩны ргылан ззинқәа еилагаз Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рзы. Ажәакала, ауадақәа зҭахыз ҳуааԥсыра иртәымыз иашьҭалеит, азакәан еилаганы рхатә зинқәа рыхьчара рҽазыркит. Уи ҟазҵаз еиуеиԥшым акатегориақәа ирыҵаркуа роуп, еилкаам дара зегь амуниципалтә усбарҭаҿы агәаран иқәгылоу иқәгыламу, Аҟәа нхара ианааз анбыкәу, ауада аиуразы зинқәас ирымоу. Ари зысҳәо, ҳарҭ асоветтә система иааӡаз аԥҟарақәа ҳрызхьаԥшуеит азоуп. Ауадақәа раанкылара Аҟәа аамҭак аԥхьа имҩаԥысхьан, уажәы даҽазныкгьы иаацәырҵит ари азҵаатәы. 

Ҳаџьымба: Аҟәа шәкыла иҭацәу ауадақәа ыҟоуп

Ауада сыхәҭоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо атәылауаҩ хымԥада идырроуп изинқәа рыхьчаразы ахымҩаԥгашьа, зегь раԥхьаӡа иргыланы уи дазхәыцроуп, даҽаӡә иитәу амазара алакьысра шыҟамло. Ауада зҭаху, идырроуп ишыҟоу ауадақәа риуразы аԥҟарақәа, насгьы, иахьа ҳара ҳҳәынҭқарра асоциалтә нхарҭа арыргылара ишаҿым, уи аҩыза алшарақәа шамам. Иџьаҳшьаргьы, ауадақәа раанкылара аус ахьымҩаԥысуа ахҭнықалақь Аҟәа заҵәыкоуп, сара исмаҳац Тҟәарчал ма Очамчыра ауадақәа ааныркылеит ҳәа. Ас иҟоуп избанзар, Аҟәа аусурҭа ҭыԥқәа рыԥшаара еиҳа имариоуп, егьырҭ арегионқәа ирыҿҳарԥшуазар, ус иҟан СССР ахаангьы. Аҟәагьы ахьы ҭоуп рҳәон ауаа, ауаҩы имырҳаз акы данеиԥхыӡуаз. 

Изҭахымда аҳҭнықалақьаҿ анхара, аха Аԥсны ахыи аҵыхәеи инхо зегьы Аҟәа иааны иртәым анхарҭа ҭыԥқәа ааныркыло иалагар лҵшәас иаиуазеи? Иазгәаҭатәуп ишыҟоу, зынхарҭа ҭыԥ уашәшәырахаз, наџьнатә аахыс Аҟәа инхо ауаа, урҭ ирымазароуп альготқәа анхарҭа ҭыԥ аиуразы, иара убас, аибашьра аветеранцәа, аинвалидцәа рахьтә изамам ыҟазар, аҳәынҭқарра иауалуп ацхыраара аҟаҵара. Аха, ус акәымкәа, иацы ақыҭаҟынтә уаб иҩны кажьны, иахьа Аҟәа анхарҭа ҭыԥ сышәҭароуп аҳәара уи азакәанқәеи, ахәынҭқарра алшареи рзымдырроуп иаанго. Ажәкала, иҟазароуп аԥҟарақәа, хатәгәаԥхарала ауадақәа раанкылара ҟамларц азы. 

Ключи в дверном замке - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыц азы аҳамҭа: 30 уада зылшарақәа ԥкыу аҭаацәарақәа рзы

Асовет ҳәынҭқарра акыр иҭышәынтәалаз социалтә ҳәынҭқарроуп хәа иԥхьаӡан, аха иара убысҟангьы ус имариамызт анхарҭа ҭыԥ аиура, Аҟәа амацара акәым, арегионқәа зегь рҿгьы, анхарҭа ҭыԥ алхаразы ауаа шеишықәса агәаран иқәгылан. Агәаран сықәгылан саргьы иқәыԥшу аспециалист лаҳасабала, уи зыршаҳаҭуаз ашәҟәгьы сыман, сыԥшын мышкызны анхарҭа ҭыԥ аҳәынҭқарра исзылнахуазар ҳәа, сыхгьы итамшәацызт аӡә иитәу ааныскылап ҳәа. Аха, аибашьра ашьҭахьтәи атәылауаҩ абас иҟоу акциақәа дрышьцыло далагеит. 

Алшара ыҟазар, хымԥада, ҳтәылауаа зегьы нхарта ҭыԥла еиқәыршәазар мап ацәызкуада? Исазҳәода, иарбан ҳәынҭқарроу хәыда-ԥсада ахьышәҭҳәа ауаҩы ауада изҭо? Ҳара ҳҳәынҭқарра аҵкыс ибеиоу Урыстәылагьы иҟам иахьа амалаҳәа ауадақәа ауааԥысра рыҭара, иҟоуп уи азы альготқәа змоу, егьырахь, Москва, ма Санкт-Петербург реиԥш иҟоу ацентрқәа рҿы иахьа днеины уаҵәы ауада сҭахуп ҳәа ауаҩԥсы аӡә иитәу дыҩналар, амилициа инарыԥхьан даадәылган дрышьҭуеит. Ус акәымкәа, альготқәа змоу залымдарыла иуадақәа имоузар, азакәан ихаҵгылар алшоит. 

Абарҭ ахҭысқәа Аԥсны имҩаԥысуеит, избанзар, аибашьра ашьҭахь еилаҳаит аус зуаз асистема, аҿыц ҳара иҳазмыргылаӡеит. Анкьа ақыҭақәа рҿы иҟаз аколнхарагьы, асовнхарагьы аркуп, аҿар ирымам уаҟа алшара аулафахәы ахьроуша аусурҭа аԥшаара. Напышьашәала аусура ахныҟәгаразы, ахшара аҵара дырҵаразы уамак иманшәалам, насгьы, анкьа ҳанацәеи ҳабацәеи рхаан иҟаз абарақьаҭрагьы маҷхеит, ақыҭаҿ инхаз аҿар махәҿылагьы уамак аусура ахьырҭахым азы. 

За здравие: как Парламент Абхазии ратифицировал соглашение о медстраховании с РФ - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа адгылара рырҭалоит

Уажәы еиҳа иманшәаланы ирыԥхьаӡоит, рабацәа рынхарқәа ааныжьны, ақалақь аҿы 10 ма 15 нызқь ахьроуа анхара. Уи аамҭазы, ас иҟоу акатегориа анхарҭа рымаӡам, ауадақәа қьырала илырхуеит. Ауада ахә ахшәааны, аулафахә маҷ уоуа Аҟәа аҟазаара мариам, уимоу шеишықәса инхогьы еикәагьежьуеит ахныҟәгаразы. 

Нанҳәа 23 рзы аиҳабыра рыҩны аԥхьа ауадақәа ҳашәҭароуп ҳәа акциа мҩаԥыргеит изинымкәа Аҳабла ҿыцаҿ ауадақәа аанызкылаз. Убри ашьҭахь, Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы ицәырҵит апроект, анхарҭа ҭыԥқәа риуразы азин змоу, альготқәа зыхәҭоу еилзырго. Уажәраанӡагьы иҟазар акәын ари аҩыза аԥҟарақәа. Аԥҟара аныҟам, иаазҭаху зегьы, изықәнагогьы, изықәнагамгьы аҳҭны қалақьаҿ даҽа џьоукы иртәу анхарҭа ҭыԥқәа ааныркыло иалагоит. 

Исымоуп даҽа хшыҩҵакыкгьы, араионқәа рҟынтәи Аҟәаҟа аемиграциа ҟамларц азы, аҭыԥаны иҟазароуп ауаа аус ахьыруыша анаплакқәа. Аҳәынҭқарра азхәыцроуп убри еиԥш иҟоу апроектқәа рынагӡара. Ақыҭа иахьазааигәоу аусурҭа ҭыԥ ыҟазар, ауаҩы дыхҵәаны Аҟәа ахьы ҭоу џьшьа дааӡом, иааигәара аусура далагоит. Иара убас, аԥсуа қыҭақәа рҟынтәи ақалақьқәа рахь имҩаԥысуа аемиграциа иарӡуеит иара усгьы иуашәшәыроу ҳбызшәатә политика аҭагылазаашьа. Знык ақыҭаҟынтә ақалақь ахь иааз аԥсуа ҭаацәара, ҳахдырра шыҟоу ала, ишьҭырԥаауеит даҽа бызшәак. Ишыдру еиԥш, анхарҭа ҭыԥ уԥшаар алшоит, аха ахатәы бызшәа знык иануцәыӡ, уи аиҭашьақәыргылара акыр иуадаҩхоит. 

Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Хьрыԥс Џьоупа - Sputnik Аҧсны
Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз жәаҩа ҭаацәара ауаҭахқәа рзылхуп

Абри зыҩуа схаҭагьы, анхарҭа ҭыԥ азҵаара сҭаацәа рзы инагӡаны иӡбым, сыҷкәынцәа ирызҳаит, уажәшьҭа хаз-хазы инурхаратәы иҟоуп, аха сыхгьы иҭамшәац, иаҳҳәап акыр исгәаԥхо Гагра ақалақь аҿы, ма иара сахьынхо Аҟәа, даҽаӡә иитәу анхарҭа сԥацәа рзы аанкылара. Ҳазхәыцуеит, издыруада акредитә система еиҿкаахар, ақыҭаҿ иҳамоу адгьыл аҿы аҩны аргылара, мамзаргьы, ҳҭаацәа зегьы еилаԥсаны анхарҭа ҭыԥ аахәара. Аҳәынҭқара ҳамҭас ауадақәа ҳнаҭо ианыҟало ҳәа ҳаԥшыр, уи лҵшәадахоит. Акоммунизм иахьа џьаргьы иҟам, ҳара ҳзы иабаҟалари…

P.S.: Аибашьра анеилагз иҭацәны инхаз анхарҭа ҭыԥқәа аԥсуа хәынҭқарра ишақәанагаз иахылаԥшызтгьы, уи арезерв акыр шықәса ԥхьаҟа иҳазхон. Ҭәа збаз, ҭәа иҳәхәеит ҳәа, џьоукы жәабала анхарҭа ҭыԥқәа ргеит, урҭ зегь рыхьӡала иҟарҵеит. Уахьынаԥшуа уажәгьы иубоит иҭацәу ауадақәа, аха иҭацәу иаанагаӡом уи аӡәгьы итәым ҳәа. Хыда-гәыда еимырҵәаз анхарҭа ҭыԥқәа ирхылаԥшышаз аусбарҭақәа уи азҵаатәы хырҩа азыруит, уажәы ихыԥҽыгаха ҳҳәынҭқарра аҿаԥхьа ишьҭоуп ауаа нхарҭа ҭыпла реиқәаршәара азҵаатәы. 

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0