Аршԥҳа: абызшəа аиқəырхара ҳҭахызароуп, насгьы финансла адгылара амазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТамила Аршба
Тамила Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳəынҭқарратə бызшəатə политиказы Аҧсны аҳəынҭқарратə еилакы ахантəаҩы ихаҭыҧуаҩ Тамила Аршҧҳа лыҿцəажəара Sputnik иазлырхеит Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Аҳəынҭқарратə бызшəатə политиказы Аҧсны аҳəынҭқарратə еилакы аусура ианалага инаркны иарбан уснагӡатəқəоу хадаратәла аҿаҧхьа иқəгылоу?

— Аилак анаҧҵаха актəи амшқəа инадыркны ҳазхəыцуа ҳалагеит аилак аҿы имҩаҧысуа аусқəа зныҧшуа асаит аҧҵара. Асаит ҩымз рыла ишьақəҳаргылеит аспециалистцəа адыҧхьаланы. Хымҧада, уи ахықәкы анагӡара иаҿуп ҳәа сгәы иаанагоит, абызшәа аиқәырхара, арҿиара иазку, зеиҧшла иуҳәозар, Аилак аусура аныҧшуеит, изҭаху дҭалоит, ибоит, даҧхьоит, ихы иаирхəоит.

- Асаит злашьақəгылоу иарбан ҟəшақəоу?

Ада Кварчелия - Sputnik Аҧсны
Кәарҷелиаԥҳа: ҳапроектқәа рҳәаақәа ҭбаауп, шьаҭасгьы ирымоу абызшәа арҿиароуп

— Аҟəшақəа рахьтə ихадоуп ҳәа сгәы иаангоит "Ҳара ҳапроектқəа" захьӡу, абра уаҩы ибартә иҟоуп аилак аҧшьгарала иаҧҵоу апроектқəа зегьы. Иара убас, иҟоуп абызшəа арҵара иазку ахырхарҭа. Абри аҟəшаҿы иҭоуп абызшəа арҵаразы аус зуа арҵаҩцəа рхы иадырхəаша аматериалқəа, арҵага шəҟəқəа, ацхыраагӡатə шəҟəқəа, алабҿабатə хархəагақəа, авидео, аудио материал. Иҟоуп аҧсуа бызшəа, аҧсуа бызшəа аҭоурых иазку аматериалқəа маҷымкəа. Иҟоуп адиаспора иазку аҟəша. Уи Аҧсны анҭыҵ инхо ҳџьынџьуаа рбызшәа аиқәырхара иазкуп, хәы змам материалуп абри аганахьала, хаҭала дара злахәу апроект-ара адиаспора ахаҭарнакцәа, ацәажәаҩцәа, ажәа бзианы изҿоу еиуеиҧшым атемақəа рыла рцəажəарақәа еидкылоуп. Иҟоуп ахəыҷқəа ирызку аҟəша. Ари аҟəшаҿы ахәыҷӡақәа шықәсык зхыҵуа инадыркны ахбыџқәа рҟынӡа рбызшәа аиқәырхара, абызшәа ззымдыруа дырҵара, рбызшәа арыцқьара уҳәа иацхраауа аматериал иеизакхоит. Иахьа ахәыҷӡақәа рзы ара дарбанзаалак изҭаху дахәаҧшыр илшоит, ихиҩылаар илшоит 20 инареиҳаны адублиаж зызу амультфильмқәа, убарҭ рыҩныҵҟа иҟоуп аҧсуа мультфильмқәа хәба. Абри аус аҿы ацхыаара ҳарҭоит Џьамбул Жорданиеи, Асҭамыр Кәыҵниеи. Ахәыҷқәа дара бзиа ирбо, еиҳа изхәаҧшуа амультфильмқәа алкааны ианеиҭаҳгоз, хықәкыс иҳаман урҭ рхатәы бызшәала иахьахәаҧшуа анаҩсангьы, рдырра аизырҳара, ииашаны ахымҩаҧгашьа рылааӡара иацхраауа рыдгалара.

Батал Хагуш - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳагәышь аҳәынҭқарратә бызшәа иазкны: уадацыԥхьаӡа иҩныҩуазароуп

Убри аҟнытә ааӡаратə ҵакгьы амоуп уҳәар ауеит ари апроект. Асҭамыр Кəыҵниа иаҧиҵаз аҧсуа мультфильмқəа тема-темала иеихшаны, аҧсшәеибыҳәашьа, аиҳаби аиҵби реизыҟазаашьа, аиҩызцәа рыбжьара аҳаҭыреиқәҵара, асас идкылашьа уҳәа реиҧш иҟоу аелементқәа алагаланы иаҧҵоуп. Амультфильмқəа инарываргыланы абри аҟәшаҿы иҭоуп макьана ирацәамзаргьы, ахəыҷқəа амедиа аҧҵамҭақәа азҿлымҳара ду шрырҭо ҳасаб азуны амедиа аҧҵамҭақәа, урҭ есааира ихарҭәаахоит апроектқәа ҿыцқәа рыла. Убарҭ рыҩныҵҟа иҟалоит абжьы зхоу алакәқәа, ахәыҷқәа рзы ахәмаррақәа. Арҭ апроектқәа ирыцҵаны аусура мҩаҧысуеит. Убас Џьамбул Жьорданиа ашықәс нҵәаанӡа дахьӡоит ҳәа ҳгәы иаанагоит, "Абжьы зхоу аҧсуа шьҭыбжьқәа" захьӡу ипроект. Ари апроект дара ахәыҷкәа алархәны имҩаҧысуеит. Иара убас адгылара аҳҭеит Асҭамыр Кәыҵниа еиҳа инеиҵыху ипроект — аҧсуа мультфильм "Абраскьыл". Ахәыҷқәа ирызкуп иааиуа ашықәс азы иазгәаҭоу апроект ду — ҳбиуџьет аҟны иарбоуп иааиҧмырҟьаӡакәа ахәыҷқәа аҧсышәала амультфильқәа дырбаразы ахәыҷқәа рзы аканал. Абри ахырхарҭала ҳусураҿы зҿлымҳара аҭатәуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит ашколқəранӡатəи аусбарҭақәа рыҟны арҵара-ааӡара ус знапы алаку рзы аметодикатə цхыраагӡақəа. Лассы иҭыҵраны иҟоуп ахəыҷбаҳчақəа рзы аҧышəа бзиа змоу ааӡаҩцəа рконспектқəа рыла иҭыжьхо ацхыраагӡа. Иааиуа ашықәс азтәи ҳусмҩаҧгатәқәа рыҩныҵҟа иҟоуп ахәыҷбаҳчақәа рыҟны аныҳəақəа раанеиҧш, абжьааҧнытəи русураан ааӡаҩцəа рхы иадырхəаша ацхыраагӡа — ажəабжьқəа, алакəқəа, ажəеинраалақəа, асценариақəа, ахəмаррақəа уҳəа еидызкыло аҭыжьымҭа. Абра ҳәарада аҧышəа змоу ааӡаҩцəа рдырра ҳхы иаҳархəоит, даргьы адҳаҧхьалоит.

Нурбей Ломия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ломиа абызшәатә политиказы акомитет аусура иазкны: зегьы асаит аҿы иаарԥшуп

Абасала, шықəсык зхыҵуа ахəыҷы инаиркны ақəратə категориақəа зегьы абызшəа аҵараҿы, рбызшəа аиқəырхараҿы ирыгу-ирыбзоу, зыда ҧсыхəа ыҟам ҭҵаауа, иҟаҵатəу, иазырхиатəу аматериалқəа азгəаҭо ҳаауеит. Ашкол атəы ҳҳəозар, ашкол ахь ицаз ахəыҷы, ҷыдала, иаҧсыуам ашколқәа рыҟны абызшəа ирҵараҿы иҟоу аҭагылазаашьа аилкаара иазкын уажəааигəа имҩаҧаҳгаз аиҧылара. Иааҳаҧхьеит Аҟəа ақалақь ҿы иаҧсыуам ашколқəа рҿы аус зуа арҵаҩцəа. Ҳаиҧылараҿы ҳарзыӡырҩит уадаҩрақəас ирымоу, зегьы еицҿакны абызшəа арҵараҿы ацхыраара шырҭаху атәы рҳәеит. Иазгәарҭеит абызшəа зладдырҵо арҵага шәҟәқәа рҿыцтəуп, ирҽеитəуп ҳәа. Аамҭа цоит, аҧсахрақəа аҭахуп, арҽеирақəа аҭахуп. Убри аҟынтə ари ихадароу ҳапроектқəа ируакуп ҳəа исыҧхьаӡоит. Абызшəа аҵара ианалаго аҩбатəи акласс инаркны ашколқəа рҿы рхы иадырхəо арҵага шəҟəқəа рырҽеира хықəкыс иҟаҵаны, арҵагашəҟəы аҧҵаразы аусуратə гəыҧ аҧаҳҵеит, аусурагьы иалагеит. Арҵага шəҟəқəа инарываргыланы, сынтәа иазгәаҭоуп "Аҧсуа бызшәеи арҵаҩи" зыхьӡу аҧышәеимдара иазку апроект. Абри апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, сынтəатəи аҵарашықəс аҩнуҵҟа иалкааны иҭыххоит иреиҕьу аурокқəа, урҭ зегьы ҳсаит иҭаҳҵоит, изҭаху дахәаҧшыртә аҭагылазаашьа изаҧҵахоит. Убри анаҩс иреиҕьу аурокқəа ҳамҭала иалкаахоит.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Рауль Ҳаџьымба: бызшәада аҳәынҭқарра зышьақәгылом

- Абызшəа аҭагылазаашьа аҽаҧсахма, иеиҕьхама, иеицәахама, иаҳҳәап аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟала. Шәара шәышҧахәаҧшуеи?

— Абызшəа иадҳəалоу апроблема шыҟоу Аҧсны иқəынхо иззымдыруа уаҩ дыҟам. Ачымазаҩ иҩызоуп ҳара ҳбызшəа, ахəышəтəра зҭаху зҵаароуп. Хымҧада, Аилак аҿы иаҳарбаз арҭ ахырхарҭақəа, абызшəа арҵара — ахəыҷқəа рҿоума, адуқəа рҿоума, абра ҷыдала сазааҭгыланы исымҳәаӡеит, имаҷымкәа ажәарқәа, аилыркаагақәа разырхиара ҳшаҿу, иҭҳажьхьоугьы ыҟоуп, ҳәарада, иара убас аиҭагара аус аума, зегьы абызшәатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра иазкуп. Убри аан, даараӡа акраҵанакуеит ауаажəларра рыхдыррала абызшəа апроблема аӡбараҿы. Еиҳаракгьы аҭаацəарақəа рҿы, аҳəынҭқарратə усбарҭақəа рҿы, абызшəа здыруеит усгьы, сзалацəажəари ҳəа, мамзаргьы исымҵар изласҧырхагои ҳәа акәымкәа. Ҳаламцəажəар, ҳхы иаҳмырхəар, идаҳмырҵар, аҭаацəарақəа рҿоума, ашкол аҿоума, ахəыҷбаҳчақəа рҿоума ҭакҧхықəрала ҳаназымнеи, иахьа иара уашəшəыраны излаҟоу ала, хымҧада, иҳампыҵышша ицар ауеит. Аҵыхәтәан, ҳаицәажәара агәыҕра узҭо ажәақәа рыла ихҳаркәшар сҭахуп. Уаҩы игəы иахəаратəы иҟоуп уахьынаҧш-ааҧшуа, ақалақь аҩныҵҟа аҭаацəара қəыҧшқəа абызшəа зҿлымҳара арҭо иахьалагаз, ҧаса аасҭа еиҳа ргəы азыблуа ишалагаз убартə иҟоуп. Аҧсуаа зегьы ҭакҧхықəрас иҳаду, аҿар рыҩнуҵҟагьы ишалагаз убартə иҟоуп, Иҟалап уи аҧхьаҟа ахəыҷы иаҳмырҵар, ҧынгылас иоуеит ҳәа ҳəа иахəаҧшуазар. Иага ус акəзаргьы, исымҵар исҧырхагахоит ҳəа иазхəыцуазаргьы, ари азҵарра аӡбара иацхраауеит хымҧада.

- Аиҳабыратə усбарҭақəа ацхыраара абанӡарышəҭои?

— Сынтəа ирхианы ҳалгеит, лассы асаит иҭаҳҵараны ҳаҟоуп аҳəынҭқарратə усбарҭақəа рҿы аусмҩаҧгаразы аилыркаага. Аусбарҭақəа рҿы рхы иадырхəо адокументқəа аҧсшəахь еиҭаҳгеит, урҭ рқәырҧшқəа аилыркаага иагəылалеит. Ҳсаит аҟынтəи, усбарҭацыҧхьаӡа аҟны дасу ииҭаху ихы иаирхəоит.

- Иҿыцу шәыпроектқəа ирылышәкаауеи?

Тали Джопуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҭали Џьапуаԥҳа: аԥара аныҟамла - абызшәатә политиказы аилак апроектқәа аангылоит

— Сынтəа апроект дуқəа нап рылаҳкит. 2019-тəи ашықəс азы иаҳарбеит "Адунеи тв" захьӡу апроект – хыхь зыӡбахә сҳәаз, ахәыҷқәа рзы аканал. Апроект дууп, ахəгьы маҷӡам. Иҟаҳҵалакгьы, убри хымҧада иаҭахуп ҳəа иҧхьаӡаны ҽаантәи ҳбиуџьет иалаҳҵеит. Ҳара аиҭагараҿы ҳрыцхраауеит, иара убас амультфильмқəа ралхраҿы. Абас ҳаицəажəеит апроект авторцәеи ҳареи, аҷкəынцəа ишрылшо агəра ҳгоит. Аҳәынҭқарратә бызшәа аиқəырхараҿы иалшо рацəоуп Аҧсуа театр. Атеатр адиректори ҳареи ҳаицəажəара ашьҭахь, ҳазааит аклассикатә аҧҵамҭа дук ала аспектакль ақəыргылараҿы ацхыраара рыҭара. Уи ахьӡ макьана имаӡоуп.

- Шəара шəусура ахырхарҭақəа еилкаауп, аха аҭагылазаашьа шəхы иархəаны аҧсуа бызшəа аиқəырхаразы ауаажəларра рганахьала иҟаҵатəуп ҳəа шəгəы иаанагои, ишəҳəарц ишəылшои?

— Ауаажəларра рганахьала исҳәарц исҭаху, адунеи аҿы иарбан бызшəазаалак апроблема ахьыҟаз иӡбан ауаажəларра рыхдырра ахьыҳаракыз. Апатриотизм ажəа маҷк игəыҧҵəагахеит, аха амилаҭтə хдырра ыҟазароуп, ҳмилаҭ абри апроблема иацу аҭакҧхықəра дуӡӡа дырны, ҳмилаҭ, ҳҳəынҭқарра реиқəырхаразы уи инанагӡо ароль ахьынӡаҟоу еилкааны иазымнеир, аҳəынҭқарратə усбарҭақəа рымацара ари азҵаара рзыӡбаӡом. Аҳəынҭқарра аганахьалагьы абри апроблема аӡбараҿы иақәнагоу афинанстə цхыраара ыҟазароуп. Абас наҟ-ааҟ иеимадазароуп, ихеибарҭәаауазароуп абри аус аҿы ауаажәларреи аҳәынҭқарреи. Даҽакала иаҳҳәозар, акы-абызшəа аиқəырхара ҳҭахызароуп, ҩба-финансла адгылара амазароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0