Наала Мықәԥҳа: аԥсуа бызшәа иҵауланы аҵара алаӷырӡи агәырӷьареи сзацын

© Фото : Сырма АшубаНаала Мукба
Наала Мукба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 27 - аԥсуа бызшәа иамшны иԥхьаӡоуп. Иахьа ишәыдаагалоит хра злоу ауаажәларра-политикатә зҵаарақәа ирызкны аԥсуа цәа зыҟәну, аԥсышәала ицәажәо адырраҭарақәа ҟазҵо, иагьымҩаԥызго аԥсуа телехәаԥшра ажурналист қәыԥш Наала Мықәԥҳа лыҿцәажәара. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа.

- Наала, бара Аԥсуа телехәаԥшраҿы аԥсышәала адырраҭара хатәрақәа еиҿызкаауа быруаӡәкуп. Аха, аусура бнеиаанӡа аԥсышәала быҩӡомызт, аԥсуа бызшәа еилыбкаауазаргьы, ахархәара бзаҭомызт. Ишԥабықәҿиеи уи апроблема ариашара?

— Иазгәасҭарц сҭахуп сара Лыхны ақыҭаҿы сышиз, абызшәа здыруаз аԥсуа ҭаацәараҿы. Аԥсышәалагьы урысшәалагьы ҳцәажәон аҩнаҭаҿы. Бамборатәи аурыс школ салгеит, Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭа сҭан. Уи салганы Аԥсныҟа санаа, сзаанаҭ ала аусура салагарц сыӡбеит. Аԥсуа телехәаԥшраҿы журналистк лаҳасаб ала схы ԥысшәарц сҭаххеит.

Аминистрцәа реилазаара ахыбра - Sputnik Аҧсны
Ачынуаа ахәынҭқарратә бызшәа дырҵаразы аԥҟара рыдыркылеит аиҳабыраҿ

- Ателехәаԥшратә усура банагәылаԥш, бхы ибзазҳәама аԥсшәа здыруа аӡә соуп ҳәа, адырраҭарақәа реиҿкаара сылсыршоит ҳәа?

— Аиаша шәасҳәап, абрахь саанӡа аӡә дсазҵаар аԥсшәа бдыруама ҳәа, "ааи" ҳәа аҭак исҭарц сылшон. Аха, уи шҵабыргымыз схаҭа агәра згеит анаҩс. Аԥсуа телехәаԥшраҿы аԥсуа бызшәа ада акагь уаҳаӡомызт. Арахь усура иааиз ауаҩы аԥсуа бызшәа нҭырҳәцааны идыруазар акәын. Усҟан аԥсуа телерадиоеилахәыра ахантәаҩыс иамаз Гәырам Артиом-иԥа Амқәаб, ҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп.

- Илша шԥабныри?

— Иара сҿаԥхьа абас еиԥш иҟаз азҵаара ықәиргылеит: "Аԥсуа бызшәала аҩра баналагалак, аусура бҳадаҳкылоит" ҳәа. Уи сара сарҵәыуеит, иҟалап усҟан иажәақәа иашамкәа исыдыскылазар. Уажәы саназхәыцуа усҟантәи аҭагылазаашьа, хымԥада ишиашаз агәра згеит.

- Наала, нас аԥсышәала анҵамҭақәа рыҩра шԥабылбыршеи, аамҭа рацәаны ибцәагама уи иадҳәалаз аҵаратә процесс?

— Ацәажәара цәгьамкәа издыруан, аха ажәақәа зегьы схы исзархәаӡомызт. Ус зҵаарақәак сҽырзыҟаҵаны иқәсыргылар сылшон, аха инеиҵыхыз аматериалқәа рыҟаҵара сылшаӡомызт. Ажәар схы иасырхәон, схы сымҩахакәа сҽазыҟасҵон, сгәаҟуан. Аха, агәра згеит, иуҭаххар абызшәа уҵарц шулшо.

Ада Кварчелия - Sputnik Аҧсны
Кәарҷелиаԥҳа: ҳапроектқәа рҳәаақәа ҭбаауп, шьаҭасгьы ирымоу абызшәа арҿиароуп

- Аԥышәара шаҟа аамҭа бахысуааз?

— Жәымзы ус баша сныҟәон аусурахь ҳәа. Изныкымкәа сгәы иҭаскхьан иаансыжьып ҳәа, аха уи сара сзаанаҭ акәын, бзиа избон, ус акажьрагьы сзымариамызт. Иазгәасҭарц сҭахуп, узну амҩаҿы иувагылоу, иуцхраауа ауаа ануԥыло — еиӷьу шыҟам. Гәырам Артиом-иԥа ирџьбараны дҳацәажәозаргьы, убри аан уеиликаауан, амҩа иаша уқәиҵон. Заҟантә хаҭала дсыдтәаланы сазыҟаиҵоз, абызшәа инаҷыданы ажурналистика аганахь ала адыррақәа маҷымкәа исиҭеит.

- Аԥсуа телехәаԥшраҿы раԥхьа иарбан анҵамҭақәоу бнапы иҵыбхыз?

— Ажәабжьқәа рыла салагеит, урысшәалагьы иҟасҵон, нас хәыҷы-хәыҷла аԥсышәалагьы рыҟаҵара салагеит. Ус, атематика ашҟа сиаргеит. Уа аԥсышәала мцара адырраҭарақәа рымҩаԥгара сыдырцало иалагеит.

- Иарбан дырраҭарақәоу?

— Раԥхьатәи сдырраҭара иахьӡын "Хра злоу". Уахь иаасыԥхьоз ауаагьы ирҿысҵаауан абызшәа, аҽазыҟаҵаразгьы аамҭа сыман, азҵаарақәа сырхион, аматериал еизызгон. Уигьы сара сзы ицхыраагӡан абызшәа аҵараҿы. Уажәы, хымԥада, еиҳа исзымариоуп адырраҭарақәа реиҿкаара. Иҟоуп саныԥхашьогьы, сара сеиҳа абызшәа здыруа ауаа ансықәшәо. Исзымдыруа ахарҭәаара сашьҭоуп еснагь. Ҳазҭоу ашықәс азы ихыркәшахоит уажәы имҩаԥызго адырраҭара "Ахаҭарнак". Аԥсуа телехәаԥшраҿы аус уны, абызшәа узымдыруазар иашаӡам.

Саим Авидзба - Sputnik Аҧсны
Саим Аҩӡба: абызшәа мыӡырц аҳәынҭқарратә программақәа иҵегьы ирҭбаатәуп

- Апроект ҿыцқәа рымҩаԥгара азгәаҭаны ибымоума?

— Ааи. Ҩ-бызшәак рыла имҩаԥызгаларц сҭахуп анаҩстәи адырраҭара ҿыц. Анаркоманиа атема иазкхоит. Аԥсуа бызшәа ззымдыруа, атәым милаҭ иҳаланхо рзы аинформациа урысшәалагьы иҟаҵатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аха, даргьы еилыркаароуп Аԥсны ишынхо, иаҳҳәап, Урыстәыла ҳанхозар, аурыс бызшәа ҳзымдыруа ҳзынхаӡом. Даргьы хәыҷы-хәыҷла аԥсуа бызшәа рҵароуп, атәылауаҩ ишәҟәы рымазар, ара инхар рҭахызар, ари ҳаԥсадгьыл ауп ҳәа ирыԥхьаӡозар, пату ақәырҵар ауп аԥсуа бызшәа.

- Шаҟа шықәса ҵуеи Аԥсуа телехәаԥшраҿы аус буеижьҭеи?

— 2006 шықәса рзы аусура ҳәа раԥхьаӡа акәны сааит. Хәышықәса аусура аансыжьыр акәхеит сҭаацәаратә мзызқәа ирхырҟьаны, ахәыҷқәа рааӡара саҿуп. Анаҩс схынҳәит ҩаԥхьа, уижьҭеи инеиԥынкыланы аус зуеит. Схәыҷқәа аԥсуа школ ахь иҳашьҭит. Аԥсшәа иҵегьы еиӷьны ирдыруазарц сҭахуп. Адәахьы иандәылҵлак урысшәала ацәажәарахь иагоит, уи апроблема зеиԥш проблемоуп, иӡбатәуп.

Нарҭ Ҭлыша - Sputnik Аҧсны
Нарҭ Ҭлыша: сара ҩ-бџьарк сымоуп, акы – абызшәа, аҩбатәи - ақьабз

- Бара бхатә ҿырԥшала агәра бгеит, ҳарҭгьы агәра ҳбыргеит аԥсуа бызшәа иуҭаххар ишуҵо, ухгьы ишауырхәо. Ари азҵаара аганахь ала, абызшәа ззымдыруа ирабжьыбгои?

— Аҭахра инаҷыданы ахархәара амазароуп. Сара сҭоурых ҳалацәажәозар, еиҭасҳәахуеит, Аԥсуа телехәаԥшраҿы аԥсшәа ада ԥсыхәа сымаӡамызт, исҵар акәхеит. Убригьы стимулуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Абызшәазы азакәан ҳамоуп, уи бзиоуп, аха иқәныҟәатәуп. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа хымԥада абызшәа рдыруазар ауп. Аҳәынҭқарратә ҩаӡара аҟынӡа инаганы ахылаԥшра амазароуп. Аҵара иалгаз абызшәа рзымдыруа аусура џьаргьы изаламгар, ирымҵар ԥсыхәа роуӡом, ирҵоит. Апатриотизм мацарала абызшәа ҳзеиқәырхаӡом.

- Наала, бара бҭаацәаратә ԥсҭазаареи бусуреи қәҿиарала еилабыгӡоит. Ишԥабыцааиуеи, маӡас иаҵои?

— Аусуреи анреи реилагӡара цәгьаӡам. Ишахәҭоу еиԥш аамҭа еихыушар, зегьы урыхьӡоит. Абызшәагьы иуҭаххар иуҵоит, узлаго уусқәа зегьы гәацԥыҳәарала ианынаугӡо, алҵшәа ҟамларц залшом. Сгәы иахәоит даара, аҵыхәтәантәи аамҭазы абызшәа ахәыҷқәа рҭаацәа иддырҵо иахьалагаз, иахьахыҽхәо. Анацәа ирзымдыруазаргьы, рыхшара иддырҵарц рҽазыршәоит. Абри тенденциа бзиоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Иҟан аамҭак, аԥсшәа здыруа ақыҭауаа роуп ҳәа ианалацәажәоз, ианацәыԥхашьоз аԥсышәала ацәажәара, уи абариер ҳахысит ҳәа исыԥхьаӡоит. Абызшәа аганахь ала амҩа иаша ҳақәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥхьаҟагьы сусура аԥсуа цәа аҟәнызар, аԥсуа шьаҭа амазар сҭахуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0