Арда Ашәба: аибааӡара аус аҿы аижәлантәқәа рчара аҵакы дууп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиашьара ачара аура Аԥсны ианалагази, Ҭырқәтәыла ишымҩаԥысуеи, ҵакыс иамоуи далацәажәеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, аетнолог Арда Ашәба.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

— Арда Енвер-иԥа, шаҟа ҵуеи Аԥсны аижәлантәқәа рчара аура иалагеижьҭеи?

— Мбатәык ҵӡом Аԥсны аиашьара еидгыланы ачараура аԥшьыргеижьҭеи, еиҳараӡакгьы уи анхацыркыз асовет аамҭазы ауп. Уаанӡагьы аиашьара ааивагыланы еибаныҳәон, аныҳәагатә еицрыман, чарак аҳасабала. Аха хадаратәла уи зыҟарҵоз ажәла дуқәа, абзыԥқәеи абжьуааи реиԥш Аԥсны анҭыҵ инхоз аижәлантәқәагьы еибанарбарц, еибанардырырц азы акәын. Аха еиҵагылоз аҿар реибардырреи реибарбареи адагьы, аиашьара ачара иаман даҽа ҵакыкгьы.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Еигәныҩыз аижәлантәқәа

Уаҟа аижәлантәқәа ирылацәажәон еибагаша-еибамгаша, ацхыраара зырҭаша уҳәа жәлакы еицырзеиԥшыз егьырҭ азҵаарақәагьы. Иҟоуп аиашьара аҟны алабжьара зҭаху, леишәала ихьысҳау. Ақыҭа алцара, џьаракала ахьырхәра уҳәа еснагь аиашьара анапы ианын. Избанзар аижәлантәқәа рҟынтәи аӡәы ихы ишакәым имҩаԥигозар егьырҭ рзынгьы ипатударан. Изқәыӡбоз ауаҩгьы изиабжьоз амзызқәа рацәак имыртоутоукәа иарҳәон, ахырқьиаразы аҿҳәарагьы изԥырҵәон. Уи аамҭа аҽҭагӡара илымшар даҽакалагьы изнеиуан. Абраҟа иҟан аибачҳара, аихаҵгылара. Убарҭқәа ракәын ажәла ахыԥша азҭозгьы. Иҩбахаз, иаҳҳәап ауаҩы ахшара рацәа иманы, ахьара имамкәа, ихәыҷқәа анапы рыцәигхо дыҟазҭгьы, жәхьак ирҭон, ԥарак изеиларыԥсон, аиашьараҿы досу ишрылшоз ала ицхраауан. Аԥсуаа ҳҟны аханатәгьы ахшара рацәа раасҭа еиҳау мал ыҟаӡамызт. Иахьа еиԥш аӡәаӡәа, ҩыџьа-ҩыџьа ракәымкәа жәаҩык, жәаҩаҩык ахшара змаз "Ҳаи, Анцәа иџьшьоуп ҳәа ирықәныҳәон", ус иаԥын. Абиԥарақәа хазы-хазы аныҳәагатәқәа рымазар, уи азыҳәагьы ианеиҭанеиааиуаз ҟалалон. Зыжәла ҭбааны еиуеиԥшым ақыҭақәа рҟны инхоз шықәсык қыҭак аҿы еиқәшәон, ҽааны- даҽа қыҭак аҿы. Ҩ-чарак еиқәдыршәаӡомызт, араҟагьы аиҿкаара ду ыҟан.

— Шәара хаҭала шәалахәхахьоума аиашьара ачара, насгьы шәыжәлантәқәа рыбжьара иара мҩаԥыргома?

Абхазский долгожитель - Sputnik Аҧсны
"Данаҟаи даауеит": Аԥсни Ҭырқәтәылеи еицырдыруа Ашәы Данаҟаи иҭоурыхқәа

— Сара ҩынтә-хынтә сцахьеит Ҭырқәтәыла Ашәаа ҳаиашьара рчарахь. Аԥснынтәи уи ачарахь ицаз Ашәаа хықәкыс иҳаман уатәи Ашәаа ҳажәла адамыӷақәа дырбара (х-дамыӷак еиқәырханы иҳамоуп), ҭоурыхла иахьынтәаауа насгьы иаанаго реилыркаара. Избан акәзар Ҭырқәтәыла инхо ҳаиашьара Аԥсны имҩаԥаҳго аныҳәақәеи аныҳәагатәқәеи рымаӡам, урҭ даҽа абиԥарак, даҽа динк иаҵанакуеит. Убри инаҷыдангьы уаҟа инхо ҳаижәлантәқәа Аԥснынтәи рықәҵра шыҟалаз атәы аӡәыр акы идыруазар аилкаара ҳашьҭан. Иаҳҳәап, ҭырқәтәылатәи Ашәаа раԥхьагыла еиҭеиҳәон Ашәы Данаҟеи ишьҭра шҳакәу, насгьы Аҟарач Бакәыкәи иареи аимак ду шрыбжьаз, нас ишеинышәаз атәы уҳәа. Егьырҭ аижәлантәқәа реиниара еиԥш ҳаргьы хықәкы хадас иҳамоу аибабара, аигәныҩра, аизҳара ауп. Ихьысҳау дыҟазаргьы имӡаӡакәа иеиҳабацәа наидтәаланы иеилдыркаауеит, иаб анапынҵа ирҭоит иҷкәын игхақәа рыриашашьа дақәиршәарц азы. Уи хымԥада. Иҵегьы иҳарҭбаауазар, анкьа ажәлақәа рҿы дыҟан иаамсҭаз, инхаҩыз, насгьы итәыз. Уажәы урҭқәа зегьы азгәарҭаӡом, аха дыҟан аамсҭа, аҳ иҿы анеира-ааира зхы аҭәашьара зылшоз. Дыҟан иразыз, зыламыс цқьаз аамсҭагьы, ахшыҩ змаз анхаҩы димазҵаакәа зусқәа рыӡбара иахымццакуаз.

— Аха ишԥеилкаатәыз иаҳҳәап ахәԥҳара, аибааӡара?

Аԥсуа ҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Ҭауади-аамсҭеи анхаҩыжәлари еизааигәанатәуан: ахәԥҳара аҵас иазкны

— Аамсҭак ихҭылҵ ииашьара иаҵанакуаз иакәӡамызт дзааӡоз, ламысла иӷәӷәаз анхаҩы дииҭон. Избанзар уаҟа ахәыҷы ахылаԥшра ду ирҭон, аҽықәтәара, аԥсшәаҳәашьа, аишәа амҩаԥгашьа, анхашьа-анҵышьа уҳәа зегьы идырҵон. Иара даамсҭан, иаркы-ирцә ҳәа аизарақәа рахь данцоз иҷкәынгьы ажәлар рҟны ахымҩаԥгашьа дақәшәартә еиԥш дааӡатәын. Ус анакәха абригьы ҳахәыԥҳа ҳәа реиашьара ачара аныруаз днарыԥхьон, дыҩнардон. Ачарахь раҳәшьаԥацәагьы неиуан, раншьцәагьы аӡәык-ҩыџьак ицын. Иаҳҳәап ус хьанҭак ыҟаны изоуҳәо идимкылозар, дымчызар — усҟан убырҭ ицқәаз ираҳәаны аус рыӡбон. Аишәачара акәӡамызт иҟаз, заанаҵы иҩналаны иалацәажәон агхақәа раԥыхшьас иҟоу, ишыриашатәу уҳәа. Аибааӡара аус аҿы аиашьара ачара, ҳәарада аҵак дуӡӡа аман.

Ажәабжьқәа зегьы
0