Инҵәама аепоха "Месси-Роналду"?

© РИА Новости . Алексей ФилипповЛука Модрич
Лука Модрич - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеиаҿы зегь реиҳа азҿлымҳара ду змоу аспорт хкы - ашьапылампыл - аҭоурых аҟны иналукааша ҩыџьа аеҵәахәқәа Мессии Роналдуи репоха Модрич иааирала ихыркәшахома? Абри атәы далацәажәоит Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik
Адунеи аҟны иреиӷьу ашьапылампыл асҩы иалкаара аҵыхәтәантәи ажәашықәсазы Мессии Роналдуи ршьапылампылтә еиԥхныҩларақәа рыла ибеиан. Ари аспорт хкы абзиабаҩцәагьы шьцыларак иаҳзаҩызахеит арҭ ахәмарҩцәа рҟазара ҳаракы ҿырԥшызаҵәқәас иԥхьаӡаны ҳааҟәымҵӡакәа реиҿырԥшра, руа еиӷьны ихәмаруа аимакра. Иара ахьтәы мпыл ахаҭа акәзаргьы жәашықәса раахыс дара ҩыџьа рылымкаа даҽаӡәы итәхара агәаԥхомызт, аамҭа-аамҭала иаԥсоу акандидатцәа шцәырҵуазгьы. Аха сынтәа иреиҳау хаҭалатәи аԥхьахә агьама аҽеиҭанакит. Даԥшааит аԥшәма ҿыц. Уи иакәхеит Мадридтәи "Реал" ахьчаҩбжа Лука Модрич. Ампыл ҵыԥхтәи аԥшәма Криштиану Роналду 2-тәи аҭыԥ ааникылеит. Лео Месси — 5-тәи.

Звезда Реала из Мадрида и капитан сборной Криштиану Роналду. - Sputnik Аҧсны
Роналду иҭаиршәхьоу ампылқәа рыла арекорд шьақәиргылеит

Ашьапылампыл знысыз иарбан ҭоурыхтә аамҭазаалак иаман ахатәы фырхацәа. Сгәанала, ахәмарҩцәа ӷәӷәақәа рҟазара алҵшәа азҭоз урҭ досу ирымаз абаҩхатәра амацара акәӡам. Аамҭа аҭахрақәа рҽақәыршәарагьы ароль ӷәӷәа нанагӡоит. Иахьатәи ашьапылампыл аҭахрақәа ртәы ҳҳәозар ахәмарҩцәа зыда ԥсыхәа рымам акоуп цәеижьла аӷәӷәара, аура ду амазаара. Иаҳҳәап, аура змам ажәылаҩ хыла амба ампыл аҭаршәраҿы дхьысҳауп. Иара убас ахьчаҩгьы дкьаҿзар иаасҭа аура змоу атәым жәылаҩцәа хыла ахәмарраҿы иаԥыргоит. Насгьы ашьапылампыл асҩы цәеижьла дкәадазар ҳаамҭазтәи ахәмарра аласра изычҳаӡом, лассы дыхәжәоит. Убри аҟнытә ахәмарҩцәа рыԥсҭазаара абжа астадионаҿы ирхыргоит, егьи азбжак – аспортзал аҟны. Абас иџьбароуп ари аспорт хкы азакәанқәа. Акы улҵыр уҭахызар, абақ-абақҳәа ампыл асра адагьы умаашьакәа абҩарҵәыра уҽазкы!..

Лука Модрич  - Sputnik Аҧсны
Лука Модрич ашықәс азы иреиӷьу ашьапылампыласыҩ ҳәа далкаауп

Ҳазҭысыз амзар шықәсазы иреиӷьхаз ахәмарҩы, ахорват Лука Модрич хыхь сызлацәажәоз ашьапылампыл аҭахрақәа инагӡаны дрықәымшәозаргьы ҟалоит, иоура кьаҿ иахҟьаны. Аха ишырҳәо еиԥш, ахьгьы маҷуп, аха хәба ицоит. Махәҿыла, лшарала иара аӡәы диҵахо убаӡом, аҽазыҟаҵара бзиаӡа имоуп. Егьырҭ иреиԥшым, ихала изҷыдароу иара ибаҩхатәра иабзоураны, ари ахьчаҩбжа ашьапылампылтә дәаҿы ахәмарра бзиаӡа аарԥшра илшоит. Модрич ампыл аус шадиуло, 30-40 метра иҩызцәа ампыл шырзынаишьҭуа, икоманда ажәылара анымҩақәиҵо "адиспетчер" идҵақәа шынаигӡо ибжьаратәу ахәаԥшҩы дыхнамхырц залшаӡом. Убри аангьы ашьапылампыл аҟны Модрич истиль иашьашәало ахәмарҩцәа рацәаҩӡам. Схахьы иааиуеит, иаҳҳәап каталониатәи "Барселона" ихәмаруаз ахьчаҩбжацәа Иниестеи Хавии. Модрич иеиԥш арҭ ахәмарҩцәагьы ампылқәа рацәаӡаны иҭадыршәуамызт, аха акоманда аиааираҿы дара рлагала хадаратәын. Аха арҭ ахәмарҩы дуӡӡақәагьы ирылымшаӡеит Лука илиршаз, ирмоуӡеит ахьтәы мпыл. Ирықәнагазу, ирықәнагамзу — уи даҽа усуп.

Лионель Месси и его золотые мячи - Sputnik Аҧсны
Месси амилаҭтә команда аанижьуеит

Аха, исҳәеит ҳәа, Леонель Месси амацәыс еиԥш ахьчаҩцәа анеилаиргьежьуаз, Криштиану Роналду уи диҵамхаӡакәа уаҩы ихаҿы изаамго алҵшәақәа анааирԥшуаз аамҭазы егьырҭ ахәмарҩцәа риеҵәахәқәа убла ишабоз иҭаауан. 2008 шықәсазы Криштиану ахьтәы мпыл данаԥсаха иалагеит жәашықәса еиԥҟьарак змамыз, ашьапылампыл зеиԥш азымдыруа аҭоурых ҷыда. Анаҩс Месси инеиқәырццакны ԥшьынтә зегьы реиӷьхара илшеит. Роналдугьы даҵахомызт. Иара аргентинатәи агени дихьӡарц игәы ианҭеикыз уи шилшоз агәрагара уадаҩын, аха 2017 шықәсазы арҭ ахәмарҩцәа ахьтәы мпылқәа рыла 5:5 ҳәа еиҭахеит. Издыруада уажәазы еиԥҟьахаз ари аҭоурых ҳаԥхьаҟагьы анагӡара аиур…

Хаҭала саргьы аиҿагылара "Месси-Роналду" макьана инымҵәарц зҭаху ашьапылампыл абзиабаҩцәа среиуоуп. Аханатәгьы сара Криштиану ихәмаршьа зегьы иреиӷьасшьон. Убри аҟнытә иахьагьы туринтәи "Иувентус" аныхәмаруа снапы ахала уи азырбо аканалахь иианагоит. Аха уи иаанагаӡом уажәшьҭарнахыс "Иувентус" садгылаҩуп ҳәа. Ҳәарада, мап.

Иҵабыргыҵәҟьаны, Леонель Месси ашьапылампыл аҭоурых зеиԥш азымдыруа иҷыдоу ахәмарҩы шиакәу азхасҵоит. Роналду Мадридтәи "Реал" акомандаҿы даныхәмаруаз ель-классико ахәаԥшра хаҭала сара сзы акыр иаԥсан. Избанзар ари ахәмарра баша ҩ-командак реиҿагылара еиԥшмызт, ҩыџьа иреиӷьу ахәмарҩцәа хаҭалатәи реиҿагыларагьы азеиԥш градус кыр амца аҵанаҵон. Ахьтәы мпыл азы аиԥхныҩлара аҟнеиԥш ель-классикогьы иаман ахаан иҟамыз, уажәшьҭангьы иҟамло аҷыда ҟазшьа, азхьаԥшра ӷәӷәаӡа. Уажәшьҭа "Барселонеи" "Реали" анеицыхәмаруа арҭ рҩыџьагьы рҟынтәи адәаҟны иаҳбо Месси иоуп. Аха зегьакоуп, арҭ ахәмарҩцәа хаҭалатәи реиҿагылара аҵыхәа ԥҵәоуп ҳәа аҳәара кыр изаацәоуп. Амца аамҭаказы иааихсыӷьыргьы еиҳагьы ижжаӡа еицралоит. Аепоха "Месси-Роналду" аҵыхәтәантәи ажәа амҳәаӡац.

Ажәабжьқәа зегьы
0