Даур Инаҧшьба: ари атрагедиа иазкны адырраҭара аҟаҵара гəаӷьыуацəоуп

© Фото : Даур ИнапшбаДаур Инапшба
Даур Инапшба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҧхынҷкəынмза 14, 1992шықәса рзы Тҟəарчалынтəи Гəдоуҭаҟа ахҵəацəа згоз авертолиот Гəылрыҧшь араион Лаҭа ақыҭан иҭархан. Ари ахҭыс хлымӡаах хамшҭыхəны иаанхоит ҳҭоурых адаҟьақəа рҿы, уи зыблала избаз ахаан ргәы иҭыҵуам.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Урыстəылатəи арбџьарымчқəа иртəыз авертолиотқəа ҩба, уи аҽны Тҟəарчалынтəи иҵҧрааит, аха ақырҭқəа иҭдырҟьаз ахы руак ҭанархоит. Лаҭатəи атрагедиа ҳауаажəлар ргəаҵҕа ҿнаҵəеит, имҕьаӡо хəраны рыҧсҭазаара ианхалеит. Игəаҕьыуацəоуп, аиашазы, ари ахҭыс алацəажəара, уи зыла иабаз ахааназы рыбла ихыҵуам…

Аҧсуа телехəаҧшра ажурналист Даур Инаҧшьба уи аҽны Гəдоуҭа дыҟан. Ари атема алацəажəара даара ишыицәыуадаҩызгьы, игәалашәарақəа ҳацеиҩишеит.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Лаҭатәи арыцҳара иалыԥсааз ргәалашәараз ауснагӡатәқәа рымҩаԥгашьа еиҭакхоит

"Уи аҽны зегь ҳазыҧшын Тҟəарчалынтəи иаараны иҟаз авертолиотқəа ҩба. Ҳара иаҳдыруан урҭ ишааргоз ахəыҷқəеи, абыргцəеи, аҳəсеи, иара убас згəы бааҧсызи. Иаҳдыруан ианаамҭаз авертолиотқəа Тҟəарчалынтəи ишыҧрыз. Аха, ианраамҭаз Гəдоуҭа имтəаӡеит. Анаҩс ауп руак Гəдоуҭа иантəа", — ҳəа азгəеиҭоит Даур Инаҧшьба.

Ус еилкаахеит ауааҧсыра зҭаз авертолиотқəа руак, Лаҭа ақыҭа ианахыҧраауаз аракета ала еихсны ишкарыжьыз, аҳауа ишалаз амца шакыз, иҭаз зегьы рыҧсҭазаара ишалҵыз.

"Иҟалаз шыҟалаз здыруаз рхыҧхьаӡара маҷҩын. Иныҵыҩ-ааҵыҩны ираҳауан, аха иҟалаҵəҟьаз уаҩы издырӡомызт. Зегьы агəыҕра рыман зҭынхацəа, зыуацəа авертолиотқəа иааргоз, "иарбан рыуоу изҭаз?" ҳəа. Адырҩаҽны ашьыжьымҭан асиақəа кыдырҵеит Гəдоуҭа ақалақь анапхгара ахьыҟаз актəи аихагыла аҟны", — иҳəоит ажурналист.

Асиақəа зегь неины иахəаҧшуан. Даур Инаҧшьба излазгəеиҭо ала, уи асахьа аиҭаҳəарагьы даара игəыҭшьаагоуп.

"Рыуацəа рҭынхацəа рыхьӡқəа рыжəлақəа анырбалак, рыҧсы маҷханы икаҳауан. Уара дутəуп, сара дыстəуп ҳəа акəмызт ишыҟаз, зегьы хьаала ирыдыркылон, авертолиот зыуацəа ҭазгьы, иҭамызгьы, дарбанызаалакгьы ари ажəабжь заҳаз", — игəалаиршəоит ахҭыс лабҿаба иалахəыз ажурналист.

Авертолиот анкаҳа ашьҭахь иаразнак аҧсыбаҩқəа ралгара азин ҟарымҵаӡеит ақырҭқəа. Анаҩс, имҩаҧысыз аицəажəарақəа ирылҵшəаны иалыршахеит аҧсыбаҩқəа зегьы вертолиотла Гəдоуҭа Бамборатəи аҳаиртə баҕəаза ашҟа раагара.

"Телехəаҧшралагьы ижəбахьеит, ижəдыруеит уи асахьа, ианаадырт авертолиот, ахацəа реиҧш аҳəсагьы ыҟан амедецинатə еиҳəшьцəа, рыҭгара ианалага, згəы маҷыз уаҟа иҧсы илышəшəон, рыҧсқəа маҷхон. Ухаҿы иузаамгоз аҩыза ула иабон. Избанзар, ахəыҷқəа, адуқəа, зцəазтəымыз аҳəса, амца иалаблыз ауаҩы дшыҟоу еилкаауп, аҳəара уадаҩуп…" — дҳацəажəон Даур Инаҧшьба.

Аҧсыбаҩқəа зегьы Гəдоуҭатəи ахəышəтəырҭахь иганы аус рыдулатəын, ишахəҭаз еиҧш рҭыҧ иқəҵаны анышə иамадатəын.

"Амедицинатə еиҳəшьцəа роума, ахацəа аҳақьымцəа роума, асанитарцəа роума, ауа-аҭахы инеиз роума, даараӡа ргəы акыр ачҳаит. Уи збаз, изаҳаз, ари аҩыза атрагедиатə хҭыс ахааназы аӡəгьы игəы иҭыҵраны иҟаӡам", — иҳəеит Инаҧшьба.

Инна Хашба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳашԥҳа: Лаҭа иҭахаз ахәыҷқәа рыҵәаабжь сарҿыхоит

Даур Инаҧшьба излаиҳəо ала, ари ахҭыс ала адырраҭарақəа рыҟаҵара акырӡа иуадаҩуп. Аибашьра анеилга, Енвер Арџьениа иҟаиҵеит авертолиот иҭаблыз ирызкыз адырраҭара.

"Даара игəыҭшьааган. Ауа-аҭахы, ажəлар рхьаа, Енвер илиршеит ауаа рылаҿы анагара, ргəаҿы анагара. Аҧсыбаҩқəа анышə ианамардоз Гəдоуҭа ақалақь аҟны ахьҭа ыҟан, ақəабаа-сабаа ауан. Уи зыла иамбаз "иан лымгəарҭа дҭоуп" рҳəон. Аҧсыбаҩқəа анышə ианамардоз аҽны уа дыҟан Владислав Арӡынба, Сократ Џьынџьал, ҳаруаа апозициақəа рҿы иҟамыз, аҭынхацəа. Уа иҟаз ажəлар, уа икаҭəаз алаҕырӡ ус еиҭаҳəашьа узаҭом", — ҳəа азгəеиҭоит ажурналист.

Лаҭатəи атрагедиа иазкны Даур Инаҧшьба изныкымкəа иҟаиҵахьеит адырраҭарақəа, арепортажқəа. Ари атрагедиа алацəажəара акəым, ауаа рызнагара даараӡа иуадаҩуп ҳəа азыиҧхьаӡоит иара.

"Усҟан иҟалаз атрагедиа ус иаарласны, унадыххыланы аҟаҵара уадаҩуп. Аус злоу, ари ахлымӡаах — ҧхынҷкəынмза 14, 1992 шықәсазы ақырҭқəа иҟарҵаз агыгшəыгра ахааназы аҧсы зхоу аӡəы ихашҭраны дыҟам. Сара сыҧсы ҭанаҵы сыблаҿы ихгылоуп Кəасҭа Гьерхьелиа Лаҭа иҭахаз рыҧсыбаҩқəа анышə ианарҭоз дара ирызкны дзыҧхьааз ажəеинраала", — иҳəоит ажурналист Даур Инаҧшьба.

Уи аҽны иҵəыуон аҧсабара, иҵəыуон бла зызҭаз зегьы, ари хлымӡааахын.

Ажәабжьқәа зегьы
0