Ҳҳәынҭқарразар, абахҭа ҳамазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивное фото СИЗО Дранда
Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥҟарақәа зегьы инарықәыршәаны аус зуа абахҭа аҳәынҭқарраҿы зда ԥсыхәа ыҟам ак шакәу дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ҳҳәынҭқарразар, абахҭа ҳамазароуп

Иаахҵәаны иаҳҳәозар, иуадаҩуп Аԥсны аԥҟарақәа ирықәшәо абахҭа ҳамоуп ҳәа аҳәара. Аҳәынҭқарра дуқәа рҿы, еиуеиԥшым арежимқәа змоу абахҭақәа дыргылахьеит, ауаҩы иҟаиҵаз ацәгьоура инақәыршәаны, иус анырыӡблак ашьҭахь, изалырхыз арежим ахьыҟоу абахҭахь дрышьҭуеит. Убри аамҭазы, иаҳҳәап Урыстәыла, абаандаҩы дҭакнаҵы, ихымҩаԥгашьа бзиазар, иржеим дырҟәымшәышәуеит, дагьиаргоит еиҳа иџьбарам арежим ахьыҟоу абахҭахь. Уи зыҟарҵо, абахҭа иҭаку аҽыриашаразы агәаҳәара иҭаразы, насгьы ауаҩы абахҭаҿы иуаҩра ицәымӡуа, еиқәирхо иҟазарц азоуп.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Абахҭа ҩ-шәык анҿоу…

Ари зхысҳәаауа, абахҭа ҳәа ҳзышьҭоу аҳәынҭқарра дуқәа рҿы акны иҟам ҳара ҳҿеиԥш. Иахьа Драндатәи абахҭа ҳәа ззаҳҳәо - аамҭала абаандаҩцәа ахьҭаркуаз акәын, рус анырыӡблак егьырҭ абахҭақәа рахь ирышьҭуан. Уи аныҟаз СССР ахаан акәын. Аибашьра ашьҭахь, ацәгьоура џьбара ҟазҵазгьы, уи аҟара ибаргәым згәаӷьызгьы, зегьы Драндатәи абахҭоуп ирзеиԥшу.

Сара ахаан сыҩнамлац, сыблала исымбац ҳбахҭа, аха уажәы-уажә аинформациатә хархәагақәа рҿы ицәырҵуа аматериалқәеи, уа иҭакны иоурыжьхьоу, мамзаргьы урҭ рҭынхацәа еиҭарҳәои ала, аҳәара уадаҩуп, ҳара аԥҟарақәа ирықәшәо аԥсуа бахҭа ҳамоуп ҳәа.

Ажьырныҳәа 18 рзы Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба даҭааит Драндатәи абахҭа, иара дызхагылоу аструктура иҳаланаҳәаз ала, аминистр иазгәеиҭеит азакәан аилагарақәа шыҟоу арежимтә усбарҭа аҩныҵҟа. Убри аҟынтә, рнапынҵақәа рынагӡара аанкылоуп абахҭа ахадеи, арежим иахылаԥшуа аиҳаби.

Судебные принадлежности, молоток и книги, на столе - Sputnik Аҧсны
Драндатәи абахҭа аҟнытә абналара зхароу рус рыӡбеит

Аԥсуа бахҭа аҭагылазаашьа акыр ишыуашәшәыроу ҳнарбоит аамҭа-аамҭала уантәи абаандаҩцәа ахьыбнало. "Гугл" унақәӷәӷәар иунаҭоит "Драндатәи абахҭа аҟынтә абаандаҩцәа бналеит" ҳәа аинформациа маҷымкәа. 2015 шықәсазы абахҭа аҟынтәи дыбналеит ацәгьоура џьбарақәа рзы иҭакыз Латариа. Дыбналеит иаармарианы, уаҩытәҩыса илаԥш дыҵамшәаӡакәа. Аӡәы димеихсит, аӡә димшьит. Абахҭа ашәгәашә ԥықәсларада дынҭыҵны дцеит.

Уаанӡа, 2011 шықәсазы шахала абахҭа 4-тәи аихагылантәи илбааны ицеит ҩыџьа (Лашәриа, Ашәба), иара убас, 2016 шықәсазы абахҭа аҟынтә ибналеит  Аиааира амш ауха ауаҩшьреи, ауаҩӷьычреи рзы иҭакыз Инаԥшьба, Угрехелиӡе, иара убас, 2015 шықәсазы ибналахьаз, нас иааганы иҭаркыз Латариагьы. Абас ҳҿынаҳхар еилкаахоит, аԥсуа бахҭа ашәқәа ыҵарбаҟа ишаркым, агәаҳәара уоур убналарц шулшо.

Абаандаҩцәа бналацыԥхьаӡа, "амилициа аусуҩцәа алахәымкәа ҟалашьа амамызт" ҳәа аофициалтә ҳәамҭақәа шыҟалогьы, уи азы аибашьра ааилгазар хьырхәра џьбарак зауз дҟамлац. Абарҭқәа зышәгәаласыршәо, иахьа иҳамоу абахҭа арежимтә усҳәарҭа аԥҟарақәа ирықәшәом, насгьы, ишақәнагоу еиԥш, дасу иҟаиҵаз ацәгьара иашьашәалоу аҭакра изалхра алшом, зегь бахҭак аҿы иахьеицыҟоу азы.

Аԥсны аҭакра аҿҳәара еиҳа еиҵоуп Урыстәыла аасҭа - Sputnik Аҧсны
Ломиа: Аԥсны аҭакра аҿҳәара еиҳа еиҵоуп Урыстәыла аасҭа

Иахьатәи анормақәа ирықәшәо абахҭа аргылара азҵаатәы ықәгылоижьҭеи акыр ҵуан, аха афинанстә ҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны, уи алыршамызт. Иаҳхысыз ашықәс ԥхынҷқәын 21 рзы Аԥсны аминистрцәа реилазаара азин ҟанаҵеит Гәылрыԥшьтәи араион аҿы абахҭа ҿыц аргыларазы 15 гектар адгьыл азылхра. Ари аргылара алыршахоит Урыстәыла Аԥсны иазыҟанаҵо афинанстә цхыраара абзоурала. Абахҭа ҿыцаҿ 500-ҩык абаандаҩцәа рҭыԥ ҟалоит, насгьы иҭаку аусура иадрыԥхьалартә еиԥш аҭагылазаашьа ҟалоит.

Ари ажәабжь заҳаз асоциалтә ҳақәа рҭааҩцәа рахьтә иззымбатәбарахаз ҟалеит, иҟоуп изыҩуаз "Избан абахҭа? Ашколқәа аремонт рзыҟаҳҵар еиӷьӡами?" ҳәа. Ҳарҭ аԥсуаа акалашәа ҳҟалеит, уаанӡа "абахҭа ргылатәуп" ҳҳәон, уажәы ари апроект Урыстәылатәи ацхыраара абзоурала алыршара аамҭа анааи, ҳазгәышуеит. Аҳәынҭқарра ҳамазар, ашколқәа реиԥш абахҭагьы ҳамазароуп. Абахҭахь ицо ауаҩы дгыгшәыгны дҭымҵырц азы, ауаҩытәиса изинқәа еилазымго аҭагылазаашьа изаԥҵатәуп. Урҭқәа инарҷыданы, абахҭа иҭаку ауаа зегьы ируыз ацәгьарақәа еиԥшым, урҭ зегьы доусы ирнаало арежим рзалхтәуп. Абарҭқәа рыдагьы, абахҭа иҭаку бналашьа имамзароуп, еиуеиԥшым ахылаԥшратә системақәа рыла еиқәыршәазароуп, убри адагьы алеишәеи, азакәан ақәынҟареи рӷәӷәатәуп амилициа аусуҩцәа рганахьала.

Ииашоуп, иуадаҩуп иалкааны абахҭаҿы мацара азакәан хьаҳәа-ԥаҳәада иқәныҟәо аҟалара, азеиԥш ҳәынҭқарратә леишәа аныҟам. Аха, ашықәс ҿыц раԥхьатәи амзазы аминистр Аршба абахҭа ангәеиҭоз иҟаз аилагарақәа угәы кармыжьыр ауама, азакәан ахылаԥшра зуалу рхаҭа азакәан шеиларго анубо. Абахҭа иаҭахуп иџьбароу алеишәа, мамзар, баша хжьарахоит абаандаҩы ирҭаз ахьырхәра ишақәнагоу ихигеит азҳәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0