Ҿык аицҭацәажәара, аха тәым бызшәала

CC0 / / Микрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Игәыԥҵәагоу, сааҭла инымҵәо, аки-аки еиԥшны аиԥыларақәа рымҩаԥгашьеи, ҳара урҭ ҳашрызнеиуеи, ахатәы бызшәа аԥыжәара амҭара азҵаареи дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik
Уахьынаԥшлакгьы, аҵыхәтәантәи аамҭазы имодахаз "апресс-конференциақәа", ма "ахәылԥазқәа" рҿы есааира џьоукы еиԥылоит-еиԥырҵуеит, иааҟәымҵӡакәа акы ықәырҵоит-иқәырхуеит, хымԥада излацәажәатәу азҵаарақәа нҵәаӡом. Инеимда-ааимдо ҵыхәаԥҵәара змам ажәахәқәа ҟазҵо "аораторцәа" еиҳа ажәа ҟәазқәа зҳәо ҳәа еисаны иҟазшәа сгәы иабоит зны-зынла.

Сгәанала, џьоукы ажәа арҟәазраҿы адагьы аамҭа аиҵҳәараҿгьы ҳаицлабуеит, уи аангьы хәы змаӡам уи аамҭа даҽаӡәы ишицәаҳӡо еилымкааӡакәа. Сара сзы "аамҭа аицәӷьычра" ада, даҽакала еилыркаашьа рымаӡам "модак" аҳасабала ишьҭаҳкааз еиуеиԥшым ахәылԥазқәеи аиԥыларақәеи реиҿкаашьа аформақәа. Сгәанала, ари "амода" ҳаилазаара доуҳала иарчмазаҩуеит, избан акәзар иарада даҽакы ҳмаабуа ҳахьыԥшнатәхьеит.

Хаџьараҭ Ҳашымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьараҭ Ҳашымба: ажәлар рдоуҳатә культураҿы ихадароу акоуп абызшәа

Иаазгоит ҿырԥштәык. Ауаҩ хатәра изку ахәылԥаз. Азал дырҭәит аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, аҳәынҭқаруаа. Акәакьахьшәа, имааит рымҳәарц азы игҿагылоуп адеканатаа "нб-қәа" рыла иршәаны иаарышьҭыз астудентцәагьы. Аӡәи-аӡәи еимда-ааимдо атрибунахь ҳнеины абри ауаҩ заҟа дхазыноу, "ихьӡ наунагӡа аҭоурых ишазынхо" , "иара изку ахәылԥаз ахьымҩаԥысуа амилаҭ зегьы рзы аумаӡа шаҵанакуа" уҳәа, досу ҳхатәы гәаанагара ҳҳәо џьшьаны, иҳазгәамҭаӡакәа ҳаззегьы уи "аӡәы" ихымԥсаар ада ԥсыхәа змам ҿык аицҭацәажәара ҳналагоит. Убри алагьы аганахьала ари ахҭыс иахәаԥшуа ауаҩы имазеины иаҳҭоит ахәылԥаз "зхароу" изкны ихаҿы ишьақәгылаша агәаанагара. Даҽакала иуҳәозар "иҟаҟаны иҿы иҭаҳҵоит", албаадара ауп изынхо.

Хаҭала сара схы иақәысҵоит абас "иҟаҟаны" аинформациа ансырҭо. Схала азхәыцра сыхшыҩ азымхошәа, избан даҽаӡәы сара сзы алкаақәа зыҟаиҵара? Агәра зысгари шьақәырӷәӷәарак ацымкәа аӡәы ииҳәаз ажәақәа? Сара исҭахӡам ауаҩы дшыбзиоу инеимда-ааимдо шәҩык иансарҳәо, аӡәы заҵәык идамзаргьы иааигааит зыӡбахә имоу ауаҩы дызлабзиоу ҳәа игәы иззаанаго ҿырԥштәык. Убри заҵәыкгьы азхоит. Анаҩс сара схала исыӡбап, уи ауаҩ аџьшьара дахьынӡаԥсоу, дахьынӡаԥсам.

Маҷк аофициалтә ҩаӡара иагырханы ҳаилазааратә ԥсҭазаара аиҿкаашьа ҳазааҭгылап. Араҟа еилыкка иубарҭоуп аҳәаанырцәтәи апроектқәа ҳара ҳмилаҭ хәыцшьа аҳәаақәа ишырҭамӡогьы, мчыла ирҭаҳцаларц ҳшаҿу. Аӡәы игәы иалсырц акәым изысҳәо, аха хыхь зыӡбахә сымаз ахатә гәаанагара даҽаӡәы ихьнырҳалара саламгакәа, даҽа ҿырԥштәык ацхыраарала сыхшыҩзцара сырҵабыргыр сҭахуп.

"Ақьачақьцәеи алафҳәаҩцәеи рыклуб"… Уаҳа назҭахым арлахҿыхратә хәмарра. Ааигәа сахәаԥшит аԥсуа қьачақьцәа реицлабра. Уеизгьы-уеизгьы сгәы сырҿлахҿыхыр сҭахызар, ателехәаԥшыга наҿаскыр ҷыдала алаф иазку аурыс аканалқәа маҷхума. Сара аԥсуа лафҳәаҩцәа срыхәаԥшырц зысҭаххаз – аԥсышәала аԥсуа лаф саҳарц, аԥсуа ԥсҭазаашьа асатиратә блала исбарц азоуп. Аха араҟа исаҳаз аԥсшәа уи аҭагылазаашьа иахҟьаны ихыжжуаз сычҳара еиԥш имаҷхеит. Ҳара ҳбызшәа аума алаф ззымҳәо, аԥуаа ҳаума алаф хны изҿам ?  Ҳхатә идеиақәа аԥсышәала ҳзырзымхәыцыртә, аԥсуала иҳазцәырымгартә иарбан рыцҳароу иҳахьыз?

Бреин-ринг Очамчыра амҩаԥысра - Sputnik Аҧсны
Ҩ қалақьк "рдерби" : аицлабра "Бреин-ринг" Очамчыра имҩаԥысит

Иахьа абарҭ азҵаарақәа зегьы ирзаҳхәыцит аҽыҵгақәа зегьы рҽыҵга: "аԥсышәала зегьы ирзеилкааӡом, аиҳараҩык рзинқәа еилаҳамгарц еицаҳзеиԥшу абызшәа ҳәалатәуп". Сгәанала, ишьақәгылаз абызшәатә ҭагылазаашьа уадаҩ арҽеира ҳахьацәаашьо ауп ари аҩыза алкаа "мазеи" ҳазҽалаҳагӡо. Зыхьӡ аҳәара ԥшӡам "акы" уакьымсыр афҩгьы гарым ҳәа рымҳәои гәахәара дула зегьы зҿаҳҵаауа аурысқәа. Ҳакьымслап нас, ас хара ҳазцозар, ара ҳаҟами. Уаанӡа тәым бызшәала ҳаицәажәалап, тәым бызшәала алаф еибаҳҳәалап, тәым бызшәала ҳаҩлап, ҳаԥхьалап , ҳхәыцлап. Избан акәзар ус еиҳа имариоуп, ус зегьы еилыркаауеит, ус иԥхашьараӡам, ус афыҩгьы гаӡом. Азамана.

Зынӡаск акультуратә ԥсҭазаара уацкламԥшуазаргьы, иуҭахы-иуҭахым  улаԥш рықәшәоит иахьа хкы рацәала иҳадыргало ашәаҳәаратә, акәашаратә еицлабрақәа, "Иарбан?Иаба?Ианба?" еиԥш иҟоу аинтеллектуалтә хәмаррақәа, аҵарааӡаратә еиԥыларақәа жәпакы. Урҭ рыхкқәа рацәоуп, еиуеиԥшым ақәратә категориақәагьы рымоуп. Аҿар ииашаны рааӡаразы уаҳа назҭахым азнеишьа. Хәарҭала аамҭагага бзиа. Аха араҟагьы иҟоуп "аха": арҭ аусмҩаԥгатәқәа "ршьыҵәраҿы" шамахамзар акгьы ҿыц ихәыцӡам, аԥсуа хшыҩқәа ракәӡам урҭ зыӡбаз. Ари ихиоу материалуп, шьоукы ҳара ҳаԥхьа ирызцәырҵхьаз идеиоуп. Убри азоуп ахьӡ ҿыц аҭаны, агәаҭа цәгьам-бзиам инацәы-аацәны иҳадыргало "апроектқәа" акгьы зҳарымҳәо. Инагӡаны ҳхаҭа иаҳзеилымкаауазаргьы, убри азоуп урҭ лассы-лассы ҳара ҳзы изыинтересым.

Иаазгоит даҽа ҿырԥштәыкгьы. Ашколқәра иаҵанакуа ахәыҷқәа злахәу ашәаҳәаратә еицлабра. Концертк бжьамыжь иахәаԥшуа ауаҩы ибарҭоуп - ахәыҷқәа ирҳәо ашәақәа рыбжеиҳарак ма иоурысшәоуп, ма еиҳагьы итәым бызшәоуп. Анцәа иџьшьоуп, макьана қырҭшәала ҳшәаҳәаӡом, аха уи акәым уажәы аус злоу. Аиашазы аԥсуа шәақәагьы иналак-ҩалакны иуаҳауеит. Иҟалаз уи ауп: аҳәаанырцәтәи ашәақәа рзы "минусовка" ҳәа изышьҭоу ажәа зҵам амузыка аԥшаара еиҳа имариоуп, зхы иақәиҭу ахархәараҿы иҟоуп. Аԥсуа "минусовкақәа" ус аламала иузымԥшаауазаап, ашәа зтәу уиацәажәаны, зынӡагьы имаҷым аҟәрышь ахшәааны амузыка ааухәар акәзаап. Ҳәарада, аицлабра аиҿкааҩцәа рзы иуадаҩхоит ашәацыԥхьаӡа 20-40 нызқь азоужьра. Аҩбатәи аԥынгыла -  ԥахьа зыӡбахә ҳамаз аҽыҵгақәа рҽыҵга: "зегьы еилыркаарц азы – зегьы ирдыруа абызшәала". Абасала ахәыҷтәы естрадаҿгьы, амзызқәа аки-аки еицыланы "уараида-сиуараида" еиԥш иҟоу аԥсуа вокалтә хаҭара еиҳа-еиҳа асцена иқәырцозшәа збоит аҳәаанырцәтәи "Крид-Халибраа". Ҳәарада, зехьынџьара уи ада даҽак ҳамам, насгьы маҷк адунеи адыррагьы хәарҭам сҳәар акәым исҭаху. Аха ҳара иҳацәтәыму "апоп-культура" иахьатәи ҳаԥсҭазаашьаҿы аҭыԥ ӷәӷәа шамоугьы, уи еиҳа иаҳзымариоуп ҳәа азыԥхьаӡаны аԥыжәара шаҳҭогьы зеицәаҳӡари?

Ахәыҷра иазышәаҳәо амузыкант

Арҭ реиԥш азҵаара "ҵарқәа" уанрылацәажәо ирацәоуп иуҳәарц иуҭаххо, аха урҭ зегьы зныкыс "рыртытра" хьанҭацәахап сгәахәуеит. Аха хәҭа-хәҭала сызхьысқәаз рҟнытә иҟаҵазар ахәҭоуп алкаа. Зегьакоуп, алаф ҳҳәозар – аԥсуа лаф, ҳшәаҳәозар – аԥсуа шәақәа, ҳаицәажәозар – аԥсышәала. Абарҭ зегьы еиҳа "иаармарианы", апафос ада,  хә-минуҭк рышьҭахь ацара уҭахымхо. Ус еиҳа еиӷьуп. Еиҳа ииашоуп.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0