Амҟәыба есқьынагьы аӡы аанагом…

CC0 / / Лампочка
Лампочка  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 20 инаркны излагаз афымцалашара арцәарақәа ирыдҳәалоу ахәыцрақәа Sputnik Аԥсны аԥхьаҩцәа ирыцеиҩылшоит аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Елеонора Коӷониаԥҳа: амҟәыба есқьынагьы аӡы аанагом

Ааԥын ааира уажәшьҭа ижьазар аҵыхәа ҳкыртә ҳаҟоуп шаҳҳәоз акәымкәа, иааҳаларҳәеит лашарала ҳаиԥҟьо ҳшалаго атәы. Есыҽны асааҭ 11 инаркны 14 рҟынӡа иаҿыхуп економиада ҳхы иаҳархәо алашара. Амҟәыба есқьынагьы аӡы аанагом шырҳәо еиԥш, "Амшынеиқәафымцамч" иааҳаланаҳәеит ЕгрыГЕС аӡы азымхара иахҟьаны, амч шмаҷхаз, убри аҟынтә аамҭала иԥку аграфик ҳаураны ҳшыҟоу.

Ари иаруалыуашеит алашара ахә зшәогьы изымшәогьы. Аибашьра ааилгазар, ари азҵаатәы ҵарны ишықәгылоугьы, хәыда-ԥсада зхы иазырхәо ахә ахызшәаауа рхарџь ала рылашарақәа каххаа иаркны инхоит. Бжьаратәла иаҳҳәозар, ҳтәыла иқәынхо ауааԥсыра рахьтә 61% афымца ахә ахыршәааӡом, 39% роуп азакәан инықәныҟәаны уи аԥара ахҭнызҵо, 2018 шықәса арбагақәа реихшьаалақәа рыла.

Медицина - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ахәышәтәырҭақәа реиҳарак афымца арцәара иазыхиан

Аиуристә хаҿқәа ҳарзааҭгылозар, иаҳхысыз ашықәс азы 90% уал рықәым. Аха иҟоуп 25 миллион рҟынӡа ауал зқәу абизнес ду зырҵәиуа аусҳәарҭақәа. Урҭ рылашара ырҭаслымуп иҳамоу аинформациа ала. Аԥара ду дырҳар рҭахуп, уи аамҭазы алашара хәыда-ԥсада аныхра иазгәышьуеит. Абасала, ҳара иаҳҭахуп ҳалашара каҷҷаларц, аха ахә ахшәаара уамак аҽазҵәылхра ҳашьҭам. Абри апроблема алацәажәараан, иарцәаҩуп иазгәазҭо "ауаа раагарҭа маҷуп, уи ауп изыхҟьо" ҳәа азгәазҭо. Аха, ари аҩыза агәаанагара еснагь ииашам, избанзар алаша ахә ахшәааразы саннеиуа, уа итәоу аоператорцәа излазгәарҭо ала, афымца ахә еиԥмырҟьаӡакәа иахызшәаауа рыбжьара атәанчаҩцәа рацәаҩуп, иара убас, зсоциалтә ԥсҭазаара уамак иҳаракым егьырҭ акатегориақәа нацҵаны.

Ҳахьынаԥшааԥшуа иаҳбарҭоуп, алашара ахә ахшәаара зҭахым рыбжьара, аҵыхәтәантәи амодельқәа ирыҵаркуа амобилтә ҭелқәа ӷьазӷьазуа изкугьы шыҟоу. Аҭел аԥара ҭоумҵар, амобилтә оператор ахьышәҭҳәа иааникылоит аимадара. Аха алашара ҩнаҭацыԥхьаӡа аҿыхразы макьана ҳҳәынҭқара мыругала еиҿкаам. Ахдырра акәзар, аибашьра ашьҭахь илаҟәит, ауаҩы ихы иаирхәо алашара ашәара шихәҭоу агәынкылара зҭахым еиҳахеит.

Алашара ахә ахшәаараҿы ахьысҳара аныԥшуеит иара убас иҳәынҭқарратәу аусҳәарҭа "Аӡыканал", избанзар, алашара еиԥш аӡгьы ахә ахызымшәаауа рацәаҩхеит. Уазхәыцыр, аӡы ахә рымшәозар ауааԥсыра, шәашьас иамоузеи уи аусҳәарҭа алашара ахә?!

Возгорание в 10-ой школе - Sputnik Аҧсны
Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи афымца арцәара ишазыҟаҵоу далацәажәеит

Асааҭ 11 инаркны 14-нӡа лашарада аус ззымуа ауаа адәахьы идәылнагеит, асоциалтә ҳақәа ирҭагьежьуазгьы адунеи инықәыԥшит. Ирацәаҩуп згәы намӡо, уи атәы рыҩуеит Феисбук адаҟьаҿы, амала дсымбеит, "алашаразы ауал сықәуп" зҳәоз аӡәгьы. Инеибеиԥшны зегь цәҳауеит, игәрымуеит мшынҵас.

Акы заҵәык, иҟалап аграфик уамак иманшәаламзар, избанзар, ашьыжь усура инеиз ауаҩы, 11-нӡа дзыхьӡо маҷуп, еиӷьзар ҟаларын, шьыжьы инаркны асааҭ акынӡа иаҿыхзар. Ус акәзаргьы, алашара ахә ахызымшәаауа рганахь ҳҳы рханы иаҳҳәозар, амҟәыба есқьынагьы аӡы шаанамго рдырроуп. Ауаҩы ача анааихәо ахә ишәарц шиуалу еиԥш, алашарагьы ахә ахшәаалатәуп.

Аха азакәан ақәымныҟәара бзиа избо рганахь аҳәынҭқарра иџьбароу аԥҟарақәа ахәыцроуп, иаҳҳәап, 15 шықәса алашара ахә зымшәац Аԥсны аҳәаа ахысра азин имамкәа дынҭадыргылар, исмартфон ҭины, дгәырӷьаҵәоуп ахә шишәо. Аџьбарара алеишәа шьақәнаргылоит, аҳәынҭқарра амаа зку ирзыгәаӷьыр…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0