Лорка илахьынҵа зԥеиԥшыз: Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса ҵит

Анапаҵаҩра
Иналукааша аԥсуа поет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса ҵит.

Бадраҟ Аҩӡба, Spuntik

Арҿиаҩ ду имҩа

Таиф Аџьба диит хәажәкыра 11, 1939 шықәсазы Аҷандара ақыҭан. Жәа-класстәи ашкол иқыҭаҿ даналга аррамаҵура дахысуан. 1962 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт (атәым бызшәақәа рыҟәша). Акьыԥхь аҿы дцәырҵит иара убри ашықәсан: ажурнал "Алашара" №4 ианылеит апоет иажәеинраала "Сыԥсадгьыл", убри инаркны иара имҩа ылигеит аԥхьаҩ ишҟа.

Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны
Згәыхәтәы иахьырмыгӡаз апоет

Таиф Аџьба раԥхьатәи ирҿиамҭақәа реизга "Ажәеинраалақәа" ҭыҵит 1968 шықәсазы. Апоет ибзианы дыздыруаз, пату иқәызҵоз аҵарауаа дыруаӡәкуп Владимир Агрба. "60-тәи ашықәсқәа рзы сара Москва аспирантура сҭан, аха агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" соуан. 70-тәи ашықәсқәа рзы саныхынҳә, иара Аҟәа аус иуан, ажәеинраалақәа ркьыԥхьра далагахьан, аҟыбаҩ ҷыда шимаз мҩашьо иҟаз аӡә шиакәыз мҩашьо иҟан", - иҳәеит иара.

Владимир Агрба иажәақәа рыла, Таиф Аџьба иҟазшьа ҷыдақәа рахь иаҵанакуан ауаҩы изааигәара. "Таиф ацәажәара даналага нахыс угәы иаанагон абри ауаҩ акала дысзыҟандаз уҳәо, убриаҟара дуаҩы ҟәымшәышәын, иажәа ииҳәоз ҟәандан, уи ипоезиагьы иара иҟазшьа аныԥшуа иҟоуп", - азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

Таиф Аџьба ХХ-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжаз игылаз апоет ҿарацәа, аԥсуа поезиа еихазҳаз Рушьбеи Смыр, Геннади Аламиа, Владимир Ахьиба уҳәа рыгәҭа дгылоуп, ихатә ҟазшьа, ихатә бызшәа иманы.

"Иара иажәеинраала уанаԥхьалак иаразнакы иудыруеит Таиф ишитәу, уи иаанаго убри ауп, ари аҟыбаҩ ду иман, ихатәы бызшәа иман ҳәа ауп", - иҳәеит иара.

Апоет ирҿиарахьы Владимир Агрба дхьазырԥшыз Кьыршьал Чачхалиа иоуп.

"Кьыршьал Чачхалиа убас дыҟан, аҿар иреиуоу ҷкәынак жәеинраалак иадымзаргьы иԥшӡаҟәаҟәараӡа иҩыр, убри игәы иахәон. Са сибеит иара зны, ажурнал "Алашара" Таиф Аџьба иажәеинраалақәа ануп уи аԥсуа поезиа еихазҳаша аӡә иоуп ҳәа. Саԥхьарц исеиҳәеит, саԥхьеит уи ашьҭахь иареи сареи ҳаибадырит", - ациҵеит иара.

© Foto / из личного архива семьи АджбаТаиф Аџьба арыӷьарахьала актәи
Лорка илахьынҵа зԥеиԥшыз: Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Таиф Аџьба арыӷьарахьала актәи

Таиф Аџьба инапы иҵыҵит хыԥхьаӡарала имаҷымкәа ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Апоет уи адагьы инапы алакын аиҭагара аус. Иара аԥсшәахь еиҭеигеит адунеитә литература аклассикцәа: Александр Пушкин, Михаил Лермонтов, Генрих Геине, Александр Блок уҳәа рырҿиамҭақәа.

Бзиа ирбо апоет

Таиф Аџьба ирҿиара ҷыдара хадас иамоуп ажәлар иахьрылаҵәаз, хәыҷгьы-дугьы бзиа ибаны ҿырҳәала иахьырҳәо. Апоет Анатоли Лагәлаа дхәыҷаахыс Таиф Аџьба иажәеинраалақәа дрыԥхьоит, ҿырҳәала иидыруа рхыԥхьаӡара рацәоуп.

Радио студия Sputnik Абхазия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба Таиф Аџьба изкны: зыламыси зажәеи рыла зхатә баҟа зчаԥаз

"Иареи сареи зегь раԥхьаӡа ҳаибабеит Аҟәа, иҩуа аҿар Аԥснызегьтәи рсеминар аҿы. Убри нахыс ишыҟалаз сыздыруам аха, сажәеинраалақәа рахь дхьаԥшит. Нас сара ауниверситет саналга ашьҭахь, салагеит ажурнал "Алашара" аҿы аусура. Иареи сареи ҳашәқәа еиҿаԥшуа аус аауан, сара "Алашара" апроза аҟәша аредакторс, иара Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аконсультантс", - иҳәеит иара.

Убри нахыс арҿиаҩцәа еизааигәахеит, Анатоли Лагәлаа иахьа уажәраанӡа иҵәахны имоуп, иажәеинраалақәа реизга "Агәҭыха" иазкны Таиф Аџьба ииҩыз арецензиа.

"Сара соуп зегь раԥхьаӡа иара иажәабжьқәа знапы иҵхны ажурнал "Алашара" ианызҵаз", - азгәеиҭеит уи.

Анатоли Лагәлаа дызлахәаԥшуа ала, Дырмит Гәлиеи, Иуа Коӷониеи, Баграт Шьынқәбеи рыҩаӡараҿы апоезиатә цҳа бжьазҵаз иоуп Таиф. "Таиф Аџьба ипоезиа даара сзызҿлымҳау, исзааигәоу, сахьцалак исыцу поезиоуп, аиҳараӡакгьы уи илирикатә жәеинраалақәа", - ациҵеит иара.

Уи иазгәеиҭеит хышықәса раԥхьа ажурнал "Алашара" аредакциаҿы ишаԥҵаз Таиф Аџьба ихьӡ зху аҿари ахәыҷқәеи ирызку аҩымҭақәа рзы апремиа.

"Рацәак иԥшӡамзаргьы, Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа сара салауреатуп, сажәабжьқәа реизга "Ардәына" азыҳәан исоуит", - иҳәеит Лагәлаа.

Вручение наград премии имени Таифа Аджба - Sputnik Аҧсны
Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа анашьара мҩаԥысит

"Таиф Аџьба зегь раԥхьа иргыланы иҵаулоу, ифилософиатәу жәеинраалақәоуп ииҩуаз, урҭ реидара зегьы аҵыхәтәантәи ацәаҳәақәа рҿоуп иахьыҟоу", - ациҵеит иара.

Уи иазгәеиҭеи аԥсуа поезиаҿы Таиф Аџьба алагала ду шынижьыз, абиԥара еиҳабы рахь инархоу ажәеинраалақәеи, ахәыҷқәа ирызку аԥҵамҭақәеи рыла, иҳәеит уи.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра апоет илахьынҵа аӡбеит. Аҟәа ампыҵахалаҩцәа рнапаҿы ишыҟазгьы Таиф Аџьба иҭаацәеи иареи рыҩны иахыҵны имцеит. Жьҭаара жәба аҽны апоет ақырҭуа гвардиауаа иҩны ддәылганы хабарда ддырӡит. Ишьақәырӷәӷам аиформациа ала, уи акыр дыргәаҟны дҭархан. Апоет ибаҩ иахьа уажәраанӡагьы иԥшаам.

"Ақырҭуа фашистцәа алахшақәа даҳцәырфеит акәымзар иҵегь иҟаиҵашаз ыҟан. Аиспан фашистцәа Гарсиа Лорка ипоезиа ианазымиааи дыршьит, Таифгьы Лорка илахьынҵа илахьынҵахеит, аха уи ипоезиа иазымиааит, ишыҟац инхоит", - иҳәеит Владимир Агрба.

Аҟәа ақалақь аӷацәа ирымпыҵахаланы ианыҟаз Таиф Аџьба амшынҵа иҩуан. Уаҟа автор еиҭеиҳәоит ақырҭцәа игыгшәыгыз рхымҩаԥгашьеи, ақалақь иалаханы ауааԥсыра рҭагылазаашьеи атәы. Амшынҵа хазы шәҟәны иҭыҵит "Бзиала ҳзырша" ҳәа ахьӡ аманы.

2013 шықәсазы Акультура аминистрра аӡбарала иаԥҵан Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа.

Аргәынԥҳа: Таиф Аџьба ипоезиа иснарҵо рацәоуп>>

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат Таиф Аџьба ирҿиара акыр азҿлымҳара амоуп аԥхьаҩцәеи аҭҵааҩцәеи рыбжьара. Уи иажәеинраалақәа ашколтә программа иалагалоуп, имаҷымкәа ашәақәа рылырххьеит. Ахәыҷтәы литература ирбеиеит ԥсра зқәым арҿиамҭақәа рыла, ахәыҷқәа ҿырҳәала ирҳәо ажәеинраалақәа раӷьырак Таиф итәқәа роуп. Таиф Аџьба ииашаҵәҟьаны Жәлар рпоетуп, уи ахьӡ официалла ишихҵамгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0