Марттәи ажәылараан иҭахаз Валери Берҳам хатәгәаԥхарала еибашьуаз зегьы дреиҵбын

© Sputnik / Сария КварацхелияМемориальные доски погибшим в Мартовском наступлении Руслану Шинкуба, Джамбулу Зарандия, добровольцу из Сирии Джаркасу Гасану и добровольцам из Кабардино-Балкарии Аслану Ажгериеву и Валерию Берхамову.
Мемориальные доски погибшим в Мартовском наступлении Руслану Шинкуба, Джамбулу Зарандия, добровольцу из Сирии Джаркасу Гасану и добровольцам из Кабардино-Балкарии Аслану Ажгериеву и Валерию Берхамову. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Марттәи ажәылараҿы иҭахаз аҟабарда ҷкәын, Леон иорден занашьоу Валери Берҳам 15 шықәса ракәын ихыҵуаз. Арԥыс иҭоурых лгәалалыршәоит аибашьраан Кавказ ажәларқәа рконфедерациа аштаб аҟны аус зуаз аҵарауаҩ Лили Ҳагԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаԥхарала еибашьра иааз дыруаӡәкын 15 шықәса зхыҵуаз арԥыс Валери Берҳам (Берхамов). Валери иижәшаз аӡыхь ахы шыҵнамхыцызгьы акырӡа иҭбааз, убри аан агәаӷьреи афырхаҵареи зцыз аҭоурыхтә мҩа данысит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы Кавказ ажәларқәа рконфедерациа аштаб аҟны аус зуаз, хатәгәаԥхара еибашьуаз хаҭа-хаҭала издыруа, изныкымкәа урҭ рҭаацәарақәа ирҭаахьоу, дара ирызкны анҵамҭақәа зырхиахьоу, ашәҟәқәа ҭзыжьхьоу, Аԥсуаҭҵааратә институт аԥсуа бызшәа аҟәша аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа хаҭала дылдыруан Валери Берҳам. Иахьа уи лара лабжышла дылгәалалыршәоит.

Лили Хагба - Sputnik Аҧсны
Лили Ҳагҧҳа: урҭ ршьа-рда аус ауит, рыуаҩра аус ауит, рааӡара аус ауит

"Валерка Берҳам ҳаиашьаратә республикақәа зегьы рҟынтә хатәгәаԥхарала еибашьра иааз зегьы қәрала дреиҵбаӡан. Раԥхьаӡа сара данызба 1993 шықәса ианартәи ажәылара ашьҭахь ауп. Иааз аҷкәынцәа дрыцны аштаб данааҩнашыла, иоура ыҟан, аха иубаратәы иҟан зынӡа дышқәыԥшӡаз. Еибашьра даазар, нас макьана ашкол далымгац, 19-ҟа шықәса шԥаихымҵыц ҳәа ҳгәы иаанагеит", - ҳәа азгәалҭоит Лили Ҳагԥҳа.

Леон иорден занашьоу Валери Берҳам ҩныҵҟала егьа дбылуазаргьы, ҭеиҭыԥшла ачча зҿықәыхх иҟаз арԥысын. Аибашьра алакҭа иҭаԥшыз арԥыс, аҭынч ԥсҭазаара иамаз агьама закәыз бзианы еиликаауан. Аха, ҳазшаз илахьынҵа иркьаҿӡеит умҳәозар.

"Аштаб аҟны аус ҳацызуаз, сҩыза бзиа Анқәаб Емма Николаи-иԥҳа, лыҷкәынгьы аибашьра далагылан, ахьаақәа лыман. "Абри зынӡа дхәыҷӡоуп, абрахь дзаазеи, иҟаиҵозеи?" - ҳәа хьаас иҟаҵаны еибаҳҳәалон. Иаргььы иаҳҳәеит ихы ихьчарц. "Сара аштаб аҟны сыҟазаауеит, хьаас сҟашәымҵан, еибашьра сыргаӡом", - ҳәа ҳаиҳәеит", - абас лхәыцрақәа лцәыхьанҭахо дҳацәажәон Лили Риза-иԥҳа.

Аԥсуа анацәа рыҷкәынцәа гәакьақәа реиԥш ирыхӡыӡаауан абџьар аашьҭыхны еибашьра идәықәлаз арԥарцәа зегьы. Анцәа иҳәон, еибганы шьҭахьҟа ихынҳәырц азы. Аха аибашьра хлымӡаах иацуп угәы ҿызкаауа ахҭысқәа, хырԥашьа змам аԥсҭбарақәа. Аштаб аҟны лассы-лассы ирбалоз арԥыс Валери Берҳам ихабар џьаргьы иҟамло иалагеит, хьаас ишьҭырхит зегьы.

Мемориальные доски погибшим в Мартовском наступлении Руслану Шинкуба, Джамбулу Зарандия, добровольцу из Сирии Джаркасу Гасану и добровольцам из Кабардино-Балкарии Аслану Ажгериеву и Валерию Берхамову - Sputnik Аҧсны
"Шьараҭын" аибашьцәа рыхьӡынҵақәа Гәымсҭа ацҳаҿы иқәдыргылеит

"Абри убрахь џьара дрыцны дцазар ишԥаҳмаҳарыз ҳәа уамак ала хьаас ишьҭаҳхит. Арахь, иара иҭаацәа зусҭцәоу ҳәа уаҩ дҳаздыруамызт, аамҭагьы ԥыҭк цеит. Муса Шанибовгьы еиликааит Валерка иқәра зынӡа ишмаҷыз, даара хьаас иҟаиҵеит, Сулҭан Сосналиевгьы шьҭахьҟа дышәмышьҭыр ҟалом иҳәеит. Ахәыҷы иҩныҟа дхынҳәит ҳәа ажәабжь ҳаҳаит, ҳаргьы Анцәа иџьшьоуп ҳәа ҳгәы ааҳарҭынчит", - лҳәеит Лили Ҳагԥҳа.

Ус аамҭагьы цеит, Валери аштаб ахь днеиуа ҳәа ихы димырбаӡеит. Аха ашьҭахь излеилкаахаз ала, Марттәи ажәылараҿы, март 17 рзы иҭахаз рхыԥхьаӡараҿы дшыҟаз ажәабжь хлымӡаах аарылаҩит зегьы. Уи акыр ргәы рнархьит Валери дыздыруаз зегьы, иар убри аҽны дҭахоит аҟабарда ҷкәын Аслан Ажьгьеригьы.

Валери Берҳам дшыхәыҷыз иан диԥхеит. Аҩны ихы изыҩнакуамызт, даара игәнигон. Еиликаауан аныда аԥсҭазаара агьама шамамыз. Иҟалап, ихәыҷ хшыҩ ала, аамҭаказы аԥсҭазаара игәы ахшәаны дыҟазаргьы. Валери игәнигоз идунеи хәыҷы шәшьы еиқәаҵәала иҭәын. Аха, уи иалыԥхаауеит еицакра зқәым иара ихы-иҿы лаша.

"1992 шықәсарзы Валерка ажәабатәи акласс аҿы дантәаз, 36 шықәса ракәын илхыҵуаз иан, лгәы бааԥсын, лыԥшәма егьа ҟаиҵазаргьы дизеиқәмырхеит, лыԥсҭазаара далҵит. Ахәыҷы даара хьаас ишьҭихит, аҩныҟагьы ааира игәамԥхо дҟалеит. Иашьцәа еиҵбацәа ҩыџьа ыҟан, иара дреиҳабын, даара игәы иалсит иан лыԥсра", - луанытә дқәыԥсычҳауа дҳацәажәон Лили Риза-иԥҳа.

Ари аҩыза ахҭыс хлымӡаах Лили Ҳагԥҳа еилылкааит Валери данҭаха ашьҭахь жәашықәса раҟара ааҵуаны еиԥш, иара иаб данылыԥшаа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз арԥарцәа ирызкны актәи ашәҟәы аҩра данаҿыз аамҭазы, иара убас аҩбатәи ашәҟәы лнапы аналакызгьы.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Ҩ-ҭоурыхк, ҩ-хьаак: хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа рфырхаҵара атәы

"Акырынтә сишьҭалеит Берҳам иаб дҳаԥшааразы, аха уаҳа даҳзыԥшаауамызт, ихы ҳаиқәиршәом ҳәа сарҳәон. Аха саргьы сааҟәымӡакәа сишьҭан, изулакгьы дсыԥшааит Валерка иаб Мусаби. Иара ихаҭагьы иҳәалоит, "сара сзыԥшааз Лили Ҳагԥҳа лоуп" ҳәа. Изныкымкәа ҳаиқәшәеит, рҭаацәаратә ԥсҭазаара зегьы сзеиҭеиҳәеит", - илгәалалыршәоит Ҳагԥҳа.

Лили Риза-иԥҳа излалҳәо ала, Валери иан лыԥсра изхымго даналага, аҩныҟа аара ицәыуадаҩхеит, дааиргьы ихы изыҩнакуамызт. Ари збоз аб акыр хьаас иҟаиҵеит, даалаган ауадақәа ҭины, даҽа ҭыԥк аҿы анхарҭа ҩны ааихәеит.

"Нальчик амитингқәа ҟарҵон, арантәи аҷкәынцәа ҭахоны ианнаргоз аҭагылазаашьа зеиԥшраз Мусаби ибзианы идыруан, аха ахааназгьы игәы иаанагомызт иҷқәын убри аҩыза дазхәыцып, еибашьра дцап ҳәа. Аб иԥа ихабар аниимба дишьҭалеит, аха дизыԥшаауамызт. Ус, Ашықәс ҽыц аламҭалазы днеит, дахьыҟазгьы нас иеиҳәеит, акыр дилабжьеит. Аха, зегь акоуп дицәыбналеит…" - ҳәа азгәалҭоит Лили Ҳагԥҳа.

Валери Берҳам данҭаха ашьҭахь, иԥсыбаҩ рыманы Нальчикҟа ианца, уа иҭаханы инаргоз рыхьӡала амитингқәа ҟарҵон, убра даннарга аҽноуп аб иԥа аибашьраҿы дышҭахаз анеиликаа.

"Валерка дҭахеит март 17 рзы, апрель 21 рзы 16 шықәса ихыҵуазаарын, аха дахьымӡеит. Ашьҭахь излеилаҳкааз ала, ара ашәҟәы иҽананиҵоз шықәсык даниз ашықәс иагырханы иҟаиҵазаап. Даниз ашықәс 1977 шықәса ҳәа ахьыҟаз, аҵыхәтәантәи ацифра фба ҳәа ириашеит, шықәсык иҵегьы деиҳаушәа идокумент ҟаиҵеит", - дҳацәажәон Ҳагԥҳа.

Зыхшара аизҳаха змаӡакәа анышә иазҭоз аҭаацәа рыгәаӷьра, рычҳара акырӡа иӷәӷәоуп. Ирылдыршеит рхы аиааира, ргәы збаауа, иахьа иҳамоуп ахақәиҭра, аҭынчра.

Кабардинские добровольцы и абхазские ополченцы. Пицунда 1993. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз иԥҳа лгәалашәарақәа: саб сгәазхара дысзымбацызт

"Аб, Аԥснааи аԥсуааи бзиа ишибозгьы, игәы иауамызт иԥа дахьҭахаз аара. Изласылшоз ала сиҳәон: зыҷкәынцәа ҭахаз аҭаацәа уанрылсымбаауа, сгәы снархьуеит, Валерка дыгәхьаазгоит, зегь ҳаԥсы даҳзалымхуа бзиа даҳбон. Аԥсны уалахәданы уҟалар ҳҭахым, Валерка ицәаара ухаҳкаауеит, иара ахааназы хашҭра иқәым ҳәа. Валери иаб Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны дааит Аиааира 20 шықәса анахыҵуаз аныҳәазы, уижьҭеи аҭаацәа анаауа еснагь дрыцны даауеит", - лҳәеит Лили Ҳагԥҳа.

Мусаби Берҳам иԥа иԥсҭазаара зыхҭниҵаз Аԥсны иԥсы аҿҳәароуп. Еснагь дашьҭоуп иԥа ихьӡала акы ахьиаҳара, дыздыруаз иҩызцәа рыԥшаара. Валери Берҳам еиԥш арԥарцәа ахааназы рыхьӡ аҭоурых хьтәы нбанла иазынхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0