Ашәаџьҳәареи адышшылареи

© flickr.com / Andrius AleksandravičiusАҽыуаҩ
Аҽыуаҩ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дырзааҭгылоит аԥсуаа рҿы ашәаџьҳәара аҭоурыхи иахьатәи аамҭазы ашәаџьҳәарақәеи адышшыларақәеи ишьҭырхыз аформеи.

Аԥсуаа ршәаџьҳәашьа аҵасқәа

Ашәаџьҳәареи адышшылареи

Сара сахаануп ҽыла ашәаџьҳәаҩ анхаҩы игәашә данаадгылоз аамҭа, иара убасгьы исгәалашәоит алыԥсаа дзауз аҭаацәа еилатәаны шәаџьҳәара зырҭашаз рсиа анеиқәдыршәоз. Шәаџьҳәара зырҭоз рыуацәеи рҭынхацәеи ракәын, хымԥада Аԥсны зегь ирыларҳәомызт. Ақыҭаҿы амашьынақәа аныҟала, ашәаџьҳәаҩ исиа иманы ддәықәлон инапы ианырҵаз аус анагӡаразы.

Элеонора Когония и Марина Барциц во время войны в Гудауте - Sputnik Аҧсны
Аибашьреи аҭынчреи

Исгәалашәоит иара убас, ашәаџьҳәаҩ дыззааз рашҭаҿы аԥсӡы анықәыҩуаз, здунеи зыԥсахыз акыр дгәакьазар. Аԥсӡы заҳаз акыҭауаа еизон, идышшылон, нас ҵәыуара ицоз агәакьацәа ирыцны ицон аԥсра ахьыҟалаз. Абарҭақәа сгәаларшәо сара сзы еилкаауп, аԥсуаа ирҵәыуоз ирҵәыуарҭаз иакәын, ашәаџьҳәаҩгьы дыззыршьҭуаз иԥсыз дызҵәыуарҭаз ракәын.

Аибашьра ианалага, аԥсыҭбарақәа рацәан, ахысбыжьқәа рхыҩуа аибашьцәа гәлымҵәахқәа аныржуаз ыҟан, рҵәыуаха изҵәыуарҭаз ирмоукәа, избан акәзар еибашьран.

Ашәаџьҳәара ателехәаԥшраҿы

Аибашьра ашьҭахь анеиааира злауадаҩыз иаԥшны, аԥсуа телехәаԥшраҿы иаадыртит "Ашәаџьҳәарақәеи адышшыларақәеи" захьӡыз икоммерциатәыз адырраҭара. Алыԥсаа дзауз ааны, алаҳәара ҟарҵон иԥсыз даныржуа, дахьыкҿоу азгәаҭаны. Ашәаџьҳәара инацын адышшыларақәагьы. Ауацәа, агәылацәа, еиуеиԥшым аусхәарҭақәа рхаҭарнакцәа иԥсыз иҭаацәа ишрыдышшыло азы Аԥсны зегь ирыларҳәон, аԥсраҿы инеины аҵәыуара ахаҭыԥан.

Ари аус акыр ацәажәарақәа цәырнаго иалагеит – аԥсра шыҟалаз раҳазар, инеины иҵәыуааит, адышшыларақәа заҭахузеи, ари ҽырбарахеит ҳәа. Ргәаанагара рҳәон аҵарауаа, ҳарҭ ажурналистцәагьы еиуеиԥшым асиужетқәа ҟаҳҵон. Убри аамҭазы ԥыза-министрс иҟаз Сергеи Багаԥшь ақәҵара ҭижьт адышшылара амхзарц. Уи нагӡан, аха иаанхеит ашәаџьҳәара. Урҭ ашәаџьҳәаратә текстқәа ирыцын шәаџьҳәара зуаз иҭынхацәа рыхьӡқәа нароуны. Ҳашнеишнеиуаз урҭ зегь аанкыланы, "ауацәеи аҭынхацәеи адырра ҟарҵоит" мацара ааныжьны здунеи зыԥсахыз ихьӡ, ижәла нацҵаны есыуаха телехәаԥшрала Аԥсны иқәынхоз зегьы абри иазыӡырҩуан, иԥсыз дара дрыуамзаргьы. Ателехәаԥшраҿы аус шызуазгьы, ашәаџьҳәарақәа ианрылагоз иаҿаскуамызт, исызгәакьоу идунеи иԥсахыр ишысзаарыцҳауа здыруан азы.

Анна Сангулия - Sputnik Аҧсны
"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы

Ашәаџьҳәара ахаҭа аефир азырхиара ателехәаԥшра аԥара шаланагалозгьы, аамҭа маҷымкәан иагон, атехникатә ресурсгьы ақәырӡтәын, иара убри адагьы, иааиԥмырҟьаӡакәа иԥсыз ирызку аинформациа аԥхьара инегативтәу агәалаҟароуп ауаҩы инаҭо. Абарҭақәа инарҷыдангьы, ашәаџьҳәара ахә ахшәаатәын, ақыҭақәа рҟынтәи Аҟәа иааны хаҭала ателехәаԥшраҿы анеира злымшоз ма изҭахымыз, аԥсуа телехәаԥшраҿы аус зуаз рдырцәа рнапы ианырҵон ашәаџьҳәара ҟарҵарц. Аԥсы даныржлак, уи ашәаџьҳәара ахә шахшәаатәыз рхашҭуан аҳәара ҟазҵаз, нас ателехәаԥшра аусзуҩцәа руалафахәы анааилак, инахыхны иршәагәышьон.

Ус ишыҟаз ҳаԥсҭазаараҿ амобилтә еимадара бзианы иҿиеит, иара убас, ицәырҵит асоциалтә ҳақәа, еиуеиԥшым ачатқәа рыла аицәажәаразы ажәлар алшара роуит. Ари аҩыза атехнологиа аамҭазы ҽыла ашәаџьҳәаҩ ишьҭрагьы, телехәаԥшрала алаҳәарагьы аҭахымкәа иааҟалеит.

"Ашәаџьҳәарақәеи адышшыларақәеи" шаҟәырхыз

Абарҭқәа азгәаҭаны, 2014 ш. Аԥсуа телехәаԥшра еиҳабыс иамаз Емма Хәаџьааԥҳа егьырҭ аиҳабацәа ирзыҟамҵаз ҟалҵеит, иаанылкылеит ашәаџьҳәарақәа. Уи ҟазҵарц зҭахыз рацәаҩын иара уаанӡагьы, аха ажәлар зышьцылаз анамухлак агәынамӡара шцәырҵуаз рдыруан.

Ателевизор аҿакны иԥсыда иахьа Аԥсны ҳәа есыҽны ашәаџьҳәарақәа рзыԥшра ҵак дук аманы избом, избанзар иузгәакьоу дыԥсыр, иуарҳәароуп, иузгәакьам усгьы дзыуҵәыуарҭоузеи?

Уажәы асоциалтә ҳа Феисбук аҿы иаадыртит "Ашәаџьҳәара" захьӡу адаҟьа. Абраҟа иқәдыргылоит здунеи зыԥсахыз рфотоқәа, даныржуа, дахьыкҿоу нацҵаны. Аинформациа ироуа азмырхакәа, ажәлар уа ахҳәаақәа ҟарҵоит, иԥсыз дзыԥсыз, ихьыз аилкааразы, нас иара уаҟа ирыдышшылоит рҭынхацәа. Абри адаҟьаҿы лассы-лассы иалацәажәоит ателехәаԥшраҿы ҿыц ашәаџьҳәарақәа аадыртырц азы.

Асахьаҭыхҩы Леиуарса Быҭәба иусумҭа Мифы и Легенды Абхазии - Sputnik Аҧсны
Хырԥашьа змам: аџьал аԥсуаа рдунеидкылашьаҿы

Шәхаҵкы, азакәан ҳазыгьежьуазар, ателехәаԥшра уалны иадӡам ашәаџьҳәарақәа реиҿкаара. Иҩбахаз, избан ишәызгәакьоу дыԥсу, дынхоу телевизорла изшәаҳара? Иабацеи аибабара, аигәныҩра? "Верните ашәаџьҳәара на ТВ", - лҽылшьуеит урысшәала асоциалтә даҟьа аҭааҩцәа руаӡәы, даҽаӡәы иҳәоит "ари аҩыза акультура аԥсуаа иаҳтәым, ашәаџьҳәаҩ дрышьҭлааит анкьеиԥш" ҳәа.

Ухы ззукуа аҽузнакуеит

Схәыцуеит, избан абас ашәаџьҳәара ҳаундаз ҳәа ҳазгәаҟуа? Аԥсра уеиҽырбо уалагар, иуеиҽырбоит рымҳәои? Здунеи зыԥсахыз изы ашәаџьҳәаҩ думоузар, иумаҳазар, ус анакәха, уеизгьы-уеизгьы шәеиуацәам, думҵәыуаргьы ауеит. Дуҭынхазар, хымԥада адырра урҭоит.

Аабыкьа сыԥшәмеи сареи Кисловодск ԥсшьара ҳаҟан. Уа ҳшыҟаз иаҳҵәыуарҭаз ԥҳәыс быргк лдунеи лыԥсахит, ахьышәҭҳәа ҳҭынхацәа иаҳзынарыцҳаит аинтернет ахархәарала. Ашьҭахь ҳанааи, ҳцеит ҳрыдышшыларц, иаҳмаҳаӡеит ҳәа ҿыҵгас иҟамҵакәа.

Аԥсны имаҷымкәа ашәҟә бзиақәа ҭыҵуеит, атеатрқәа ицәгьамкәа иҿиоит, имҩаԥыргоит акинофестивальқәа. Нас убарҭ ажәабжь бзиақәа ҳдунеи рзаҳкыр иамоузеи, избан ателевизор аҿакны иԥсыда ҳәа итрагедиатәу аинформациа ҳзазыԥшра?! Ухы ззукуа аҽузнакуеит рҳәоит аԥсуаа.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәар ҟалоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0