Акандидатцәа рзы аԥышәара, ма абызшәатә культура аҩаӡара

© Foto / Элеонора Когония Алхратә комиссиа хадаҿы алингвистикатә комиссиа
Алхратә комиссиа хадаҿы алингвистикатә комиссиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 12 рзы Алхратә комиссиа хадаҿы имҩаԥган аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа 5-ҩык алингвистикатә комиссиа рахыжьра. Уи иалахәыз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа акандидатцәа рбызшәатә культура ахьынӡанеиуа еилылкаауан. Ишәыдаагалоит иҳазлырхиаз аматериал.

Ҩынтәуп ҳҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа Алхратә комиссиа хадаҿы аҳәынҭқарратә бызшәазы аԥышәара ахьырҭиуа салахәуижьҭеи. 2014 ш. акандидатцәа зегьы ҽнак ирҭиуазҭгьы, сынтәа иӡбан арзаҳал алазҵаз акандидат аԥышәара иахыжьра аҵыхәахь имырхакәа амҩаԥгара. 

Ахыԥҽыга - Sputnik Аҧсны
Ухы иазууа, уаӷа иузиуӡом, ма ахада ихаҭыԥуаҩ аԥсшәа зидмырҭиуа

Сара сызлахәыз аԥышәара мҩаԥысуан ԥхынгәы 12 рзы. Уаанӡа алингвистикатә комиссиаҿы аԥышәара иахысхьан Асҭамыр Какалиа, Алмас Џьапуа, Шамиль Аӡынба, аха уи сара салахәымызт.

Аккредитациа ансоу ашьҭахь, исыӡбеит сынтәатәи аԥышәарақәа рҟазшьа гәасҭарц, насгьы акандидатцәа рбызшәатә культура ахьынӡанеиуа аилкаарагьы акыр сазҿлымҳан.

Ахәаша, амчыбжь анҵәамҭазы аԥышәара рҭиуан хә-ҩык апрезидентрахь акандидатцәа: Асҭамыр Ҭарба, Олег Аршба, Алхас Кәыҵниа, Артур Анқәаб, Асҭамыр Оҭырба. Аԥышәарақәа рыдыркылон аҵаруаа: Шоҭа Арсҭаа, Алексеи Касланӡиа, Диана Џьынџьалԥҳа, Арда Ашәба, Баҭал Хагәышь.

© Foto / Элеонора Когония Алингвистикатә комиссиа алахәыла Диана Џьынџьалԥҳа акандидатцәа атекст дырзаԥхьоит.
Акандидатцәа рзы аԥышәара, ма абызшәатә культура аҩаӡара - Sputnik Аҧсны
Алингвистикатә комиссиа алахәыла Диана Џьынџьалԥҳа акандидатцәа атекст дырзаԥхьоит.

Сара сзы акандидатцәа аԥсуа бызшәазы аԥышәара дырҭира ҭоурыхтә хҭысуп, избанзар ҳҳәынҭқарра абызшәатә политика акыр ахьысҳарақәа аныԥшуеит, уи аныӡ, иӡуеит аԥсуа дунеихәаԥшышьа. Аҵәалаҵаҩцәа асоциалтә ҳақәа рҿы "неугодных срежут" шырҳәозгьы, иазгәасҭарц сҭахуп, акомиссиа ахаҭарнакцәа еилкааны акандидатцәа ишырзеиҭарҳәоз аԥышәара аԥҟарақәа. Аилыркаа аус мҩаԥигон академик Шоҭа Арсҭаа. Аԥҟарақәа инарықәыршәаны, раԥхьаӡа акандидат ԥсышәала инысымҩа еиҭеиҳәароуп, мамзаргьы абызшәа ахы иақәиҭны ишидыруа шьақәзырӷәӷәо ԥсҭазааратә хҭыск.

Ҵәыџьба алхрақәа рзы: аҩнуҵҟатәи аҭахра алрымхлар, сзин схы иасырхәалоит>>

Анаҩсан, акандидат аконвертқәа ирҭаҵаны иқәыз ашәҟәқәа рҟынтә руакы алхны, иарбанзаалак адаҟьа аартны, атекст даԥхьар акәын. Убри ашьҭахь, дзыԥхьаз еиҭеиҳәон.

© Foto / Элеонора Когония Аԥсуа бызшәа адырразы аԥышәаразы аматериалқәа зҭоу аконвертқәа.
Акандидатцәа рзы аԥышәара, ма абызшәатә культура аҩаӡара - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәа адырразы аԥышәаразы аматериалқәа зҭоу аконвертқәа.

Абарҭқәа рыдагьы, акомиссиа алахәылацәа акандидат ирҭон аполитика иазкыз азҵаарақәа ибызшәа аҩаӡара аҭҵааразы. Анаҩсан акәын аҩыратә ԥышәара анымҩаԥыргоз. Акандидатцәа иалырхуаз ашәҟәаҟынтәи атекст даԥхьон Диана Џьынџьалԥҳа. Аҩыратә ԥышәара ашьҭахь ауп акомиссиа алкаа аныҟарҵоз.

Коӷониаԥҳа лымҩаду - Sputnik Аҧсны
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Дамениеи Ҳагбеи амилаҭтә алхрақәа рҷыдара иазкны

Сызлахәыз аԥышәара ахҳәаа азызуазар, игәоуҭаратәы иҟан аԥышәаразы иааиз шхәыдамыз абызшәа адырраҿы. Хымԥада, аӡәы еиҳа иажәаҳәатә культура еиҳауп, даҽаӡәы маҷк дхьысҳазар ҟалоит, аха, иааидкыланы иаҳҳәозар, азакәан иахыԥаны ацара згәы иҭаз дсымбеит, уимоу, иҟоуп абзиа аганахь иџьасшьаз акандидатцәагьы.

Аԥышәара актәи ахәҭа атәы ҳҳәозар, Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа ҿырҳәалатәи ахәҭаҿы урҭ зегьы ибзианы рхы аадырԥшит. Атекст аԥхьара ҳазааҭгылозар, хымԥада, игәоуҭоит аполитикцәа аԥсуа кьыԥхь еиҳа имаҷны рыҽшадырцало, аха, ус акәзаргьы, уамак сгәы еихьызшьуаз рыдсымбалеит.

© Foto / Элеонора Когония Аԥсуа бызшәазы аԥышәара зҭиуа акандидат.
Акандидатцәа рзы аԥышәара, ма абызшәатә культура аҩаӡара - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәазы аԥышәара зҭиуа акандидат.

Акандидатцәа рыхәҩыкгьы аԥсышәала аполитика алацәажәара рылшоит, игәаӷьны русураҿы рхы иадырхәалар.

Нанба алхрақәа ирызкны: ҳара ҳауп ҳхы иаԥырхагоу>>

Атекст аиҭаҳәараҿгьы ари аҽны аԥышәара зҭиуаз уадаҩра дук рымамызт. Дара рҩыратә усумҭақәа сара изласымбаз ала, уи ахәҭа ахҳәаа азура сцәыуадаҩуп.

Аԥышәара иалагеит асааҭ 12 рзы, ахыркәшамҭахь инеит 16 сааҭ шыҟаз. Аԥышәара иахысуаз акандидатцәа ирыдгалан аԥсуа классикцәа Д. Гәлиа, Б. Шьынқәба, М. Лакрба рҩымҭақәа.

Алхратә комиссиаҿы избаз, исаҳаз ашьҭахь, исҳәарц сылшоит ишыҟоу ҳәынҭқарратә бызшәала аус зурц зылшо аполитикцәа, аха, рыцҳарас иҟоу, алхрақәа рышьҭахь, абызшәатә политика аганахь агәхашҭра ҟалоит, уи иахҟьаны, ҳчынуаа реизарақәа зегьы мҩаԥысуеит иҳәынҭқарратәым бызшәала.

Алхратә комиссиа хадаҿы ахадарахьы акандидатразы ашәҟәы рыҽҭаргалар алшоит ԥхынгәы 15 рҟыӡа. Даҽа кандидатк дҟамлар, иаҳҳәар ҳалшоит, апрезидентрахь акандидатцәа алингвистикатә комиссиа иахысит ҳәа.

Сгәы еихьызшьуа атәы сҳәозар, Жәлар Реизара адепутатцәа "Ахада иалхрақәа рзы" азакәан алагала ахьыҟарымҵаз азы, ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат аҳәынҭқарратә бызшәазы аԥышәара иҭиӡом.

Ажәабжьқәа зегьы
0