Маиа Чыкәбарԥҳа: сара сыԥсҭазаара - школуп

© Foto / Маиа Чыкәбарԥҳа лхатә архив аҟнытә45 шықәса еиԥмырҟьаӡакәа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны аус зуа Маиа Чыкәбарԥҳа
45 шықәса еиԥмырҟьаӡакәа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны аус зуа Маиа Чыкәбарԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
45 шықәса еиԥмырҟьаӡакәа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны, аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩыс аус зуа, 350-ҩык инарзынаԥшуа, аҩышьеи аԥхьашьеи зырҵаны аиҳабыратәи аклассқәа рахь ахәыҷқәа зышьҭхьоу, "Ахьӡ-аԥша" аорден III-тәи аҩаӡара занашьоу Маиа Анатоли-иԥҳа Чыкәбарԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит ари азанааҭ амҩа ду дшанылаз атәы.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Маиа Чыкәбарԥҳа Блабырхәатәи абжьаратә школ даналгала, ҩышықәса Бзыԥҭа аҳабла Абнааглыхратә нхамҩа иатәыз ахәыҷбаҳчаҟны аус уны дҭалоит Максим Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт, афилологиатә факультет, латәарадатәи аҟәша. Аҩбатәи акурс ахь даниаслак Закан Алықьса-иԥа Агрба дызхагылаз Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 ахь рҵаҩыс даарышьҭуеит, иагьлырҭоит аԥшьбатәи акласс.

© Foto / Маиа Чыкәбарԥҳа лхатә архив аҟнытә45 шықәса еиԥмырҟьаӡакәа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны аус зуа Маиа Чыкәбарԥҳа
Маиа Чыкәбарԥҳа: сара сыԥсҭазаара - школуп - Sputnik Аҧсны
45 шықәса еиԥмырҟьаӡакәа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны аус зуа Маиа Чыкәбарԥҳа

"Ашколтә ԥсҭазаарахь агәыбылра сзыркыз сырҵаҩы Замира Маҳаид-иԥҳа Чыкәбарԥҳа лоуп. Лара лурокқәа раамышьҭахь, даҽа занааҭк узазхәыцуамызт, убриаҟара аҵаҩцәа дырзааигәан, рыԥсихологиа еилылкаауан, дрывагылан. Исгәалашәоит, ашкол ашьҭахь аҩны санааиуазгьы, сыдҵақәа аныҟасҵалак, сҩызцәа ааизганы аурок мҩаԥаагозшәа ахәмарра ҳалагон, хымԥада сара сырҵаҩын. Абас сыԥсҭазаара зегьы ашкол иадҳәалахеит. Раԥхьатәи аԥышәа ахәыҷбаҳчаҟны исырҳаит, анаҩс арҵаҩратә шьаҿақәа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 ахь еихызгеит", - еиҭалҳәоит Маиа Анатоли-иԥҳа.

Валерий Орчукба - Sputnik Аҧсны
Ажурналист: арҵаҩра иахьагьы сгәы азыбылуеит

Арҵаҩра-ари баша занааҭӡам, уи аҭакԥхықәра дуӡӡа ацуп. Ахәыҷы аԥсҭазаараҿы ишьақәгылараҿы ароль ду назыгӡо лоуп.

45 шықәса рыла, Маиа Анатоли-иԥҳа аиҵбыратәи аклассқәа рҟынтә иоулыжьхьеит 11 класс, хыԥхьаӡарала иугозар 350-ҩык ахәыҷқәа. Аиҳабыратәи аклассқәа рырҵаҩцәа, изныкымкәа Маиа Чыкәбарԥҳа аџьшьара лырҭахьеит, абас еиԥш ааӡареи, адырреи змоу ахәыҷқәа лнапы иахьыҵҵуа азы.

Иазгәоумҭарц залшом, аиҵбыратәи акласс арҵаҩы, раԥхьа иргыланы еиҵагыло абиԥараҿа ишрылалааӡо ахатәы бызшәеи, аԥсадгьыли рахь абзиабара.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Маиа Чыкәбарԥҳа лоушьҭымҭацәа "шәабиԥазаҵәуп, шәымцан" ҳәа анралҳәоз, "шәара уи аума иаҳшәырҵоз" ҳәа лаҭаркон.

Валентина Ҳалбад арҵаҩы изанааҭ иазкны: хадара злоу уус ушазыҟоу ауп

"Соушьҭымҭацәа зегьы схатә хшара реиԥш бзиа избоит, срыхӡыӡаауеит. Аибашьра аналага, хымԥада аԥсадгьыл хьчатәын, аха сгәы сҭаҵәыуон ихәыҷны исааӡаз арԥрацәа амцашыра иахьалагылоз. Сыбжара сымнахит сҵаҩцәа Алхас Гәылариеи, Адгәыр Бениеи, Расим Ԥсардиеи анҭаха. Уи ахьаа иахьагьы исыцуп", - лҳәоит арҵаҩы.

Мадина Ажиба - Sputnik Аҧсны
Мадина Ажьиԥҳа: аԥҳәыс лзы, арҵаҩы изанааҭ аасҭа иманшәало ыҟам

Иазгәаҭатәуп, Маиа Чыкәбарԥҳа иахьа лыкласс ихьӡ шаху, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз лҵаҩы, ан лԥазаҵә Алхас Гәылариа. Еиҵагыло аҿаргьы, хамеигӡарала зыԥсадгьыл зыхьчоз арԥарцәа рҿырԥштәы ала илааӡоит.

Маиа Анатоли-иԥҳа аурокқәа рҟны еиҳарак ахатәы бызшәа хшыҩзышьҭра алҭоит. Ахәыҷқәа уи ала ахәыцшьа длырҵоит.

"Изааӡари, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аԥсуа бызшәа ахархәара ацәмаҷхеит аҭаацәараҟны. Актәи акласс ахь иаарго ахәыҷқәа рахьтә, иҟоуп зынӡа хатәыбызшәала ацәажәашьагьы ззымдыруа. "Арҵаҩы ишьыга" ҳәа сашьҭоуп сара ари аҭагылазаашьа. Шәара шәазхәыц закәытә џьабаау иацу аԥсуа нбанақәа рҳәарацәҟьа зцәыуадаҩу ахәыҷқәа аԥсуа алфавит, аҩышьа, аԥхьашьа, ахәыцшьа дырҵара. Арҭ раԥхьаҟа ахҭҳәаа, аиҭаҳәа зыҩуа роуп", - инаҵылшьит Маиа Чыкәбарԥҳа.

Касланӡиа: арҵаҩы изанааҭ ада ҽакы алсхуамызт, аԥсҭазаара мҩа ҿыц санылозҭгьы

Арҵаҩы ахәыҷқәа рхатәы бызшәа ахьырзымҳәо лгәы лнархьуеит, аха еиҳагьы итрагедианы илыԥхьаӡоит ранацәеи рабацәеи иахьырзымдыруа. "Баша ашкол ахь дсышьҭуама, уи арҵаҩы илуалԥшьоуп" рҳәоит џьоукы-џьоукы аҭаацәа, уи аамҭазы дара иазхәыцӡом ашьаҭа аҩнынтәи ишалаго.

Маиа Анатоли-иԥҳа лхы-лыԥсы ашкол аҿы ауп иахьыҟоу. Лара илылшои, зны-зынла илылымшои лылагӡаны лҵаҩцәа рҩызцәа иреицәамхарц, уимоу аԥхьагылара зларгаша аусқәа дрышьҭоуп.

"Сахыҽхәаны исҳәарц сылшоит, ашкол аҿы имҩаԥысуазаалакгьы, ныҳәоума, гәалашәаратә хәылԥазума, еицлаброума, схәыҷқәа аԥыжәара ишашьцылахьоу. Дареи, сареи ҳамч еибыҭаны, иҳахәаԥшуа зегьы ргәы ҳахәартә, аамҭакы ҳаӡбахә рҳәалартә еиԥш ҳхы ааҳарԥшуеит", - еиҭалҳәоит лара.

Лорена Ԥаӷәааԥҳа: арҵаҩра рҿиарала уаназнеи – ганкахьала ижурналистикахоит

Маиа Анатоли-иԥҳа аурокқәа рҟны даара дыџьбароуп, акласс аҟны амҵ ԥыруазар иуаҳауеит. Егьи абжьара ани, андуи лроль налыгӡоит, ахәыҷқәа даара бзиа дырбоит, лыла ихԥшылоит, ажәада деилыркаауеит. Иара убри ауп изыбзоуроу, аҵараҿи, ашколтә ԥсҭазаареи рҿи иаадырԥшуа алҵшәа шьахәқәа.

Аӡбахә сымҳәар ауам, есыҽнытәи лусуратә план. Уи адаҟьақәа аартуа, уагәылаԥшуеит шәҭыла ирхиоу, исахьарку нбанла ихарҭәаау аҵарадырра адунеи. Иара убри мацарагьы иаҳәоит, арҵаҩы лус шлыԥсҭазаароу.

© Foto / Маиа Чыкәбарԥҳа лхатә архив аҟнытә45 шықәса еиԥмырҟьаӡакәа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны аус зуа Маиа Чыкәбарԥҳа
Маиа Чыкәбарԥҳа: сара сыԥсҭазаара - школуп - Sputnik Аҧсны
45 шықәса еиԥмырҟьаӡакәа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны аус зуа Маиа Чыкәбарԥҳа

Маиа Чыкәбарԥҳа аԥсшьара аамҭақәа ирылагӡаны, ахәыҷқәа ныҟәара илгоит, ирҭаауеит Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа, убас Урыстәыла ақалақьқәа. Ари традициан аибашьра ҟалаанӡагьы.

Џьара-џьара ақыҭашколқәа ахьарку инамаданы, Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 ахь, Гәдоуҭа араионынтә иаауа ахәыҷқәа рацәоуп, аиҳарак Калдахәареи, Блабырхәеи, Бармышьи рҟнытә. Абри аҭагылазаашьа еилкааны, хырхарҭак иатәу ахәыҷқәа класск иақәшәаратәы иҟарҵеит, еимҩалацәоу аҭаацәа ргареи раагареи рзымариахап ҳәа.

Батал Хагуш - Sputnik Аҧсны
Арадио
Хагәышь: ахәыҷқәа рхатәы бызшәала ицәажәарцаз, аинформациа роуроуп аԥсышәала

Маиа Анатоли-иԥҳа сынтәа лгәы иҭан ашкол ааныжьра. Аха Гагра араион аҵара аҟәшеи, арҵаҩратә еилазаареи, аҭаацәеи иҟарҵаз аҳәарала дақәшаҳаҭхеит актәи акласс адкылара.

"Сара уажәшьҭа сықәрагьы маҷӡам ҳәа исԥхьаӡоит, 64 шықәса схыҵуеит. Убри аҟнытә, "уахьынӡабзиоу ацашьа уҽақәыршә" ҳәа аԥсуаа ражәа иалаҵаны ишырҳәо еиԥш, аҩны саанханы, сынтәа актәи акласс ахь ицо смоҭа сҽизыскырц иақәыскит. Аха ганрацәала иаадырԥшыз аҳәара мап сзацәымкит, убри аҟнытә сақәшаҳаҭхеит аҵыхәтәантәи акласс адкылара", - ҳәа азгәалҭоит арҵаҩы.

Маиа Анатоли-иԥҳа иахәҭаны иазылԥхьаӡоит, актәи акласс ахь иаарго ахәыҷы данрыдыркыло иҿцәажәара. Ҳбызшәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу ала, арҵаҩы заанаҵы идыруазароуп иԥеиԥшу, иарбан уадаҩрақәоу изыԥшу.

"Ииашоуп, аамҭа ԥхьаҟа ицеит. Иахьатәи ахәыҷқәа 20-30 шықәса раԥхьа иҟаз ирҿурԥшозар акырӡа ираԥыргоит рыхшыҩ ашәышьала, аха ааӡараҿы мап. Убас саҿагылоит аинтернет. Ауаа имарианы аинформациа аԥшаашьа рҵан, ахәыцра иаҟәыҵуа иалагеит. - ҳәа агәынамӡара аалырԥшуеит лара.

Иахьатәи асиала Маиа Чыкәбарԥҳа лыкласс ахь иааираны иҟоуп 18-ҩык ахәыҷқәа. Арҵаҩы илымоу адыррала, урҭ рахьтә аӡәык-ҩыџьак рыда ахатәы бызшәа рызҳәаӡом. Ҩаԥхьа ари апроблема аԥыхреи, ахәыҷқәа иахәҭоу адыррақәа арыҭареи лҟәаҟәа иқәлеит ауаҩы иԥсҭазаараҿы аҭыԥ ду аанызкыло арҵаҩы, ан, анду.

Мери Чанба - Sputnik Аҧсны
Мери Ҷанԥҳа: сыԥсҭазаара абжеиҳан, Гагратәи аҟазаратә школ иазыскит

Сынтәатәи аушьҭымҭацәа Маиа Анатоли-иԥҳа мҩамш ҳәа раҳәо аиҳабыратәи аклассқәа рахь илшьҭит дрыхьҵәыуо. "Шәажәа хьыла иԥысҟоит" ҳәа уцәажәара ибжьало, ахьыбҿар егьараан ари ашкол ахьӡ ҭыргалап, аха ҳара иаҳдыруаз, уи шьаҭас ишаҵоу раԥхьатәи рырҵаҩы ирылҭаз ааӡара ҳаракы.

Маиа Анатоли-иԥҳа Чыкәбарԥҳа еиҵагыло абиԥараҿа рҵареи, рааӡареи рҿы ллагала ду азы, 2010 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь инапы зҵеиҩыз аусԥҟа инақәыршәаны иланашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден III-тәи аҩаӡара. Иара убас лааԥсара ахә шьоуп Аԥсны аҵареи анаукеи рминистрреи, Гагра араион аҵара аҟәшеи, ашкол анапхгареи рҟнытә.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0