"Супермен" духазыршҭуа: Абраскьыл акомикс аҟынтә амультфильмнӡа анаӡара шилшаз

© Foto / предоставлено Айнаром ЧитанаваАшәаҳәаҩ, амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа "Абрыскьыл ифырхаҵара" захьӡу амультфильм аҭыхра даҿуп.
Ашәаҳәаҩ, амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа Абрыскьыл ифырхаҵара захьӡу амультфильм аҭыхра даҿуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа "Абрыскьыл ифырхаҵара" захьӡу амультфильм аҭыхра даҿуп. Акомиксқәа рҟынтәи амультфильм аҟынӡа анаӡара шыҟалаз, аԥсуа мультфильмқәа рҭыхра зыуадаҩу, насгьы Аԥсны амультипликаторцәа рыстудиа заҭаху изеиҭеиҳәеит Sputnik акорреспондент.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Ҳаамҭазы ахәыҷтәы аудиториа азҿлымҳаразы ецлабуеит "Пиксар", "Диснеи" уҳәа реиԥш иҟоу, адунеитә мультфильм аалыҵ амаа зку "адоумбеиқәа" жәпакы. Амультфильмгьы, ҳәара аҭахума, акиносахьа еиԥш аҟәрышь ду еикәзыршо бизнесуп 21-тәи ашәышықәсазы. Убри аҟнытә иара иахылҿиаауеит, ателехәаԥшратә дунеи аҳәаақәа рҟны еиԥш, уи анҭыҵгьы, ганрацәалатәи аицлабра. Уи арҵабыргуеит, хазы игоу мультфильмк еиҳа иаларҵәахарц азы, иалоу афырхацәа рыкьанџьақәа аныҭрыжьуа.

Амультфильм "Рапунцель" аԥсышәала ицәажәеит

Аԥсуа хәыҷқәагьы рықәра иаҵанакуа амультсахьақәа ирылхәыдоуп ҳазҳәаӡом: иҟоуп здублиаж ҟаҵоу аҳәаанырцәтәи аҭыхымҭақәа. Иаҳҳәап, аҵыхәтәантәи аамҭазы "Шрек", "Маугли", "Рапунцель" реиԥш иҟоу, аԥсышәала ирцәажәоу амультфильмқәа, ахәаԥшҩы қәыԥшцәа рзы мацара акәымкәа, адуцәа рзгьы иклассикахеит. Аха урҭ қәҿиарала ахәаԥшҩы ишидикылазгьы, зегьакоуп, аԥсуа ҭыжьымҭақәа иаҳзырхыԥхьаӡалаӡом.

Шықәсык ҵуеит ашәаҳәаҩ, амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа аицәажәарақәа злоу, "Абрыскьыл ифырхаҵара" захьӡу раԥхьаӡатәи аԥсуа мультфильм аҭыхра инапы алакуижьҭеи. Иара убас Асҭамыр дызласахьаҭыхҩу ала дравторуп акымкәа аԥсуа лакәқәа шьаҭас измоу акомиксқәагьы. Иара иажәақәа рыла, даныхәыҷыз аахыз дызхәаԥшуаз амультфильмқәа рҟны иибоз ахаҿсахьақәа рҭыхра дазгаган. Ахәыҷраҿы ииз азҿлымҳара иабзоуроуп ҳәа иԥхьаӡоит, анаҩсгьы ари аус ацҵара дахьаҿу.

"Аибашьра ҟалаанӡатәи абиԥара ҳхәыҷраҿы иҟаӡамызт амобилтә еимадара, аинтернет. Аха авидео магнитофон ала амультфильм ахәаԥшра алшара анҳаууаз, исбоз ахаҿсахьақәа гәынкыланы ақьаад аҟны иҭысхуа салагеит. 1990-тәи ашықәсқәа рзы ауп ианысбаз раԥхьатәи акомиксқәагьы. Убри аахысгьы мышкы зны схатәы комикс ҭсыжьуеит ҳәа сгәы иҭакны исыман. Уи аамҭагьы ааины иансыдгыла, акомиксқәа рҟны ақыҭа ԥсҭазаашьа, аԥсуара акәама-ҵамарақәа уҳәа, ҳмилаҭтә ҟазшьақәа раарԥшра ауп хықәкы хадас ишьҭысхыз", - еиҭеиҳәоит Кәыҵниа.

Асахьа аԥсы шахаҵатәу мамзаргьы аԥсуа акцент змоу анимациа

Асҭамыр раԥхьаӡатәи ихатәы комикс, "Абрыскьыл ифырхаҵара" ҳәа хьӡыс иаҭаны 2009 шықәсазы иҭижьит. Ажурнал ҭыжьын аԥсуа бызшәа арҿиаразы Аҳәынҭқарратә фонд ацхыраарала. Иахьатәи аамҭазы зҭыхра даҿу амультфильмгьы шьаҭас иазыҟалаз иара уи аусумҭа ауп.

Асҭамыр иажәақәа рыла, акомикс аиқәыршәара иҷыдоу азнеишьа злаҭаху ала, иацуп ирацәаны ауадаҩрақәагьы. Аха иара ари аус ҭакԥхықәрала дазнеит, аҭыжьра дахымыццакӡеит. "Абрыскьыл ифырхаҵарақәа" раԥхьатәи иусумҭа злакәыз ала аус адиулон ҩбаҟа шықәса. Уи ашьҭахь ашәаҳәаҩ иҭижьит даҽа аԥсуа фырхаҵак иӡбахә зҳәо аҩбатәи акомиксгьы, "Наԥҳа Кьагәа" ҳәа хьӡыс иаҭаны. Иахьатәи аамҭазы иара иҭыхны иазирхиахьеит даҽа ҩ-усумҭак, аха афинанстә еиҵахарақәа ирхырҟьаны урҭ макьанагьы иҭыжьымкәа иаанхоит.

Амультипликатор иазгәеиҭеит амультфильм аус адулара даналага, еиҳагьы ауадаҩрақәеи аԥынгылақәеи шцәырҵыз. Избан акәзар ари аусумҭа ауаҩы ибла иабо адагьы, иаҳауа амузыка аҵазароуп. Уи азы ари апроект дадыԥхьалан акомпозитор. Абжьы арежиссиорс апроект аус адиулоит Џьамбул Жорданиа. Амультфильм иалоу афырхацәа рыбжьқәа рхарҵеит Ҭемыр Аршба, Бабасик Шьакаиа, Михаил Ҵкуа. Лассы ари агәыԥ дацлараны дыҟоуп Ерик Миқаагьы.

Асҭамыр иҭижьхьо акомиксқәа реиԥш аус здиуло амультфильмгьы хадаратәла ҩ-хықәкык рымоуп. Актәи – аԥхьан ҳазлацәажәаз амилаҭтә хаҭара аарԥшра. Аха уи инаваргыланы, арҭ апроектқәа ирцәыӡӡом ахәыҷқәа еиҳа изызҿлымҳау, бзиа ирбо арлахҿыхратә ҟазшьагьы. Асҭамыр, хыԥхьаӡара рацәала амультфильм "иагәылаиҵаз" иҵару аԥсуа лаф, ахәыҷқәа реиԥш адуцәагьы ргәы иақәшәап ҳәа дгәыӷуеит.

Шьапхырҟьаҟьараа - Sputnik Аҧсны
Џьамбул Жорданиа и-Шьапхырҟьаҟьараа: "милаҭла" иаԥсыуоу акьанџьатә театр шҭырхуа

"Иахьатәи аамҭазы хра злоу изакәызаалак акы аҟаҵара улшар, иаҭахуп уи аӡыргара, ауаа дырдырра. Адунеи аҟны иҭырхуа амультфильм ду ҿырԥштәыс иааҳгаргьы, ҳара иаҳбарҭоуп уи иазоужьу аҟәрышь абжа аӡыргара ишахҭнырҵо. Избан акәзар даҽакалагьы аларҵәара аиураны иҟаӡам. Ҳара ҳаилазаара атәы ҳҳәозар, даараӡа имаҷҩуп аԥсуа комиксқәа збахьоу моу, дара шҳамоугьы здыруа ауаа рхыԥхьаӡара. Аха убри аамҭазгьы, знык акомикс знапы иакыз аҭаацәа, шамахамзар зегьы даара ргәы иақәшәоит, ахәыҷқәагьы бзиа ишырбаз сзаарыцҳауеит. Уигьы кырӡа сгәы шьҭызхуа фактуп", - иазгәеиҭеит амультипликатор.

Асҭамыр Кәыҵниа ихала иоуп "3D" аформат ала Аԥсны амультипликациа знапы алаку. Иара иажәақәа рыла ихымԥадатәиу атехникатә дыррақәа реиҳарак ихала ирҳаит. Иара убас анимациа аганахьала ирацәоуп ирҿиҵааз аҳәаанырцәтәи иҩызцәагьы.

"Зегь акоуп, ауаа иагьа умҩақәарҵаргьы, ухала ухы иадууло аус ауп зегьы ирыцку. Амультфильм ҭухырц азы, иреиҵахаз хәба-фба программа рыла аусушьа удыруазароуп. Уи зегьы аҵара иақәырӡтәуп аамҭа рацәаӡаны. Аҵара анаҩс, аҭыхра еиҳагьы аамҭа аҭахуп. Сзашьҭои ҳәа уазымнеикәа амультфильм анҭухуа, бжьаратәла иугозар, минуҭк аҭыхра мызкы аҟара уадхалоит. Ажәакала, ачҳара ду зҭаху усуп", - еиҭеиҳәоит иара.

Кәыҵниа акомиксқәа рыҟаҵара инапы алаикижьҭеи жәашықәса иреиҳауп, аха еиҿҳарԥшуазар, уажәааигәоуп амультипликациахь даниасыз. Иара, ҳаԥхьаҟа ари ахырхарҭа ала аус зуша аҿар еиҵазааӡо студиак аартра алыршахап ҳәа дгәыӷуеит. Избан акәзар, ахәыҷқәа ииашаны рааӡараҿы аԥсуа цәа зхоу амультфильмқәа алагала ду аҟаҵара рылшоит ҳәа агәаанагара имоуп.

Аха иахьазы амультипликатор хықәкы хадас имоуп амультфильм "Абрыскьыл ифырхаҵарақәа" аҵыхәанӡа аус адулара. Шықәсык аахыс инапы злаку апроект, даҽа шықәсык аҩныҵҟа ахәаԥшцәа ирыдгалахап ҳәа агәыӷра имоуп. Амультфильм иартәо аамҭа 17-18 минуҭ инаӡоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0