Иуадаҩзаргьы, ак сашәҳәар сҭахуп: Рушьбеи Смыр изку гәҭахәыцрақәак

© Foto / предоставлено Алиной Жиба Рушьбеи Смыр
Рушьбеи Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым ашәышықәсақәа рзы алитератураҿгьы, егьырҭ аԥсҭазааратә хырхарҭақәа рҟнеиԥш, аамҭа ицәырнагоит афырхацәа, зыжәлар рҭоурых аҟны наунагӡа зышьҭамҭа аныжьра злахьынҵахо. Убарҭ дреиуахеит Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

"Ихьшәашәоуп, уажә схәыцрақәа хьшәашәоуп…"

Маҷк еизаданы иҳәахаргьы, Дырмит Гәлиа "аҽы ԥсыр – адәы аҭынхоит, ауаҩы дыԥсыр – ажәа иҭынхоит" ҳәа ианиҵахьаз ацәаҳәақәа Рушьбеи Смыр ихаҭара заманалаҵәҟьа ианаалоит, ҳәарада.

Насыԥла, иаҳхысыз ашәышықәсазы иҟан урҭ реиԥш амилаҭтә фырхацәа. Иҟан ажәа азҟазацәа, ахшыҩҵак аԥсы ахазҵоз, жәларык зегьы бзиа еицырбартә уи ажәа адоуҳамч агәылаҵәахра зылшоз. Имҳәеи, нас, хыхь зыхшыҩҵак аазгаз Дырмит Гәлиа ажәлар рыбзиабара ҟьаланы иааӡом ҳәа…

Абҳазоу: Рушьбеи Смыр иԥсҭазаара иалҵра цәыӡ дууп ҳаԥсадгьыли ҳажәлари рзы>>

Иҟьаланы, машәыршақә имааӡеит апоет Рушьбеи Смыр ибзиабарагьы. Епоха дуӡӡак иахаҭарнаку ари апоет дызлиааз аамҭа агәеисыбжь бзиаӡаны иныруан, иҳәон уи ахьааи агәҭыхеи рҿахәы даҽакы иуцәаламҩашьо, апоет Вахтанг Аԥҳазоу ишазгәеиҭаз еиԥш, "еҵәаҵас иҳалыҷҷаауа" поезиатә ажәала.

Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиера мҩаԥысит

Апоет иԥсадгьыл ахь, иуаажәлар рахь имаз абзиабара есааира ишьақәирӷәӷәон ицәаҳәақәа рыла мацара акәымкәа, зӡеибафара далагылаз иуаажәларратә усура алагьы. 1977-79, 1989-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа раан аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иахаҭарнакыз, имҩақәызҵоз дреиуан Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа Смыргьы.

Даҽа ганкахьала, Аԥсны алахьынҵаӡбара аамҭа анааи, зыжәлар рхьаа иааигәаӡаны изныруаз апоет иажәа мҳәаӡакәа наԥшҩык иеиԥш аганахь дызгылозма? Ҳәара аҭахума, ауаажәларратә ус иаҭныԥсахлатәхеит арҿиаҩы ишықәсқәа зыркьаҿыз агәабзиара. Аха зус аҵыхәтәанӡа иазиашаз арҿиаҩы ари аҩыза ахәгьы дақәшаҳаҭхеит.

"Ԥыхьа еиԥш ашәак сарԥхаӡом…"

Рушьбеи Смыр ирҿиара ахыҵхырҭақәа игәаларшәо, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, апоет Мушьни Лашәриа иазгәеиҭеит ажәлар ирылиааз апоет ибаҩхатәра аханатәгьы еижьарада ишцәырҵыз, ишамаз ахатәы мҩа.

"Рушьбеи Смыр данқәыԥшӡаз, алитератураҿы раԥхьатәи ишьаҿақәа анеихигоз инаркынгьы иубарҭахахьан ажәлар ражәа, ажәлар рпоетика дшазааигәаз. Дызлиааз иуаажәлар рлахьынҵа, рхьаа, ргәыҵхақәа рызхәыцра иазкыз ипоезиа иахьагьы уаҵәгьы аԥсуа литература иалԥшаахны иаанхоит. Зегь зымчу илаиҵаз агәыбылра ҷыда апоезиа аҿеиԥш, ауаажәларратә ус аҿгьы заманала иааирԥшит. Уаҩԥсык иаҳасабала иԥсадгьыл иадибалаз аџьабаа шьардаӡоуп. Ҳара иаҳуалуп уи аԥсахара, ихьӡ акамыршәра, ипоезиа қәнагала ахә ашьара", - иҳәеит Лашәриа.

Инна Ҳашԥҳа: Рушьбеи Смыр иажәеинраалақәа абызшәа абеира аадырԥшуеит>>

Рушьбеи Смыр дышьханыҟәан, ибзианы идыруан ашьха аҵасқәа. Кырынтә аныҟәарақәа рахь иццахьаз ауаа дыргәаладыршәоит угәы змырҿыӷьуаз, иажәабжьҳәаҩыз, ашьхараҿы зыда ԥсыхәа ыҟам абжьгарақәа узҭоз уаҩны. Ашьхатәыла арҿиара заманала ианаало ҭыԥуп. Убри акәхап Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа аҳаракыра еиҳагьы дазааигәазтәуаз, еснагь уахь изихозгьы.

Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат Рушьбеи Смыр - Sputnik Аҧсны
Саанхарымашь ҩаԥхьа абас: Рушьбеи Смыр иԥсҭазаара ацыԥҵәахақәа

"Маӡа ииз ҳәа дҟалаӡом, маӡа иԥсыз ҳәа дубаӡом"

Ауаажәларратә усура, ашьхақәа рыбзиабара, ҵыхәаԥҵәарада амилаҭ рлахьынҵа азхәыцра: абарҭ зегьы ишьақәдыргылон апоет Рушьбеи Смыр ихаҭара. Иара иажәеинраалақәа рҿы хыԥхьаӡара рацәала иуԥылоит аепитетқәа, аметафорақәа, аиҿырԥшрақәа, асимволизм.

Апоет ирҿиамҭақәа зегьы иааџьоушьартә инеибеиԥшны ҩаӡара ҳаракыла иҩуп, еиӷьу-еицәоу алхра уадаҩуп. Аха иагьа ус иҟазаргьы, ажәлар ражәа еснагь иалоу, "аклассика иаклассиканы" ирылаҵәаз жәеинраалоуп "Аԥсаратәи абаашқәа".

Заҟа иссирузеи Рушьбеи Смыр ибзиабаратә лирика. Аамҭатә еизшәарақәа змам, аепохақәа рҽыԥсахра иацәымшәо заҟа цәаҳәа хьыршәыгәқәагьы агәылоузеи:

"Саанхарымашь ҩаԥхьа абас,

Мыш лашарак абла схымкәа.

Бқьышә ҟәымшәышәқәа рцынхәрас,

Ақәа хымкәа, ақәа хымкәа". 

Рушьбеи Смыр иажәеинраала "Аԥсуа бираҟқәа" даԥхьоит Аԥсны Жәлар рартист Ҭемраз Чамагәуа>>

Апоет, аиҭагаҩ Денис Чачхалиа Рушьбеи Смыр аԥсуа литература иазынижьыз ишьҭамҭа аҷыдара дахцәажәо, иҳәеит иара ипоезиа ииашаҵәҟьаны ажәлар ишеицыртәу.

Симра, Рушьбеи Смыр, Ельвира Арсалиа - Sputnik Аҧсны
Рушьбеи Смыр: Аԥсны аԥшӡара бџьарла еиқәҳархеит – хшыҩла ихьчатәуп

"Аԥсуа поезиа абзиабаҩцәа ибзиаӡаны ирдыруа Рушьбеи Смыр иажәеинраалақәа жәпакы кыр шықәса уажәаԥхьа автор ихаҭа данаԥхьоз саҳахьан. Заԥхьаҟа ипоет духараны иҟаз арҿиаҩы раԥхьатәи иаԥҵамҭақәа сахьырхаану, урҭ иара иҿаԥыц аҟнытә сахьырзыӡырҩхьаз насыԥ дууп сара сзыҳәа. Атермин "Жәлар рпоет" ҳара ҳаамҭазы маҷк иажәхьазаргьы ҟалоит, аха Рушьбеи Смыр ихаҿра ишанаало еиԥш, ҳаамҭазтәи даҽа поетк инаалаӡом ҳәа сгәы иаанагоит", - иазгәеиҭеит Денис Чачхалиа.

Аԥсуа шықәсынҵыра ажәытә еилкаара алагьы, змилаҭ литератураҿы макьана зажәа зҳәашаз апоет иаҳасабалагьы Рушьбеи Смыр зааӡа иԥсҭазаара далҵит. Иҩымкәа инхеит ибаҩхатәра иариишаз хыԥхьаӡара рацәала ацәаҳәақәа, иҳәамкәа инхеит зегьы рзы имҩақәҵагахоз ихшыҩҵакқәа. Аха зегьакоуп, апоет иҭынхазгьы, ҳәарада ишьардаӡоуп. Уи аҟынӡа анаӡаразы ԥыҭҩык ҳзы шәыԥсҭазааракгьы маҷцәахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0