Ззанааҭ аԥсҭазаара иаҟарахаз: Зоиа Кәыҵниаԥҳа 80 шықәса лхыҵит

© Foto / Аинар ЧитанааЗоя Квициния
Зоя Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара алауреат, Ҳаҭыр зқәу абиблиотекарь, Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Зоиа Кәыҵниаԥҳа абиблиотека аҟны аус луеижьҭеи 60 шықәса ҵуеит. Урҭ рахьтә 40 шықәса – аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс. Иахьа лара 80 шықәса лхыҵит.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Раԥхьатәи ауаажәларратә библиотека Аҟәа иаатит 1905 шықәсазы. Ари ахҭыс абзоурала Аԥсны егьырҭ акәакьқәа рҿгьы ашәҟәыҵәахырҭақәа реиҿкаара алыршахеит. Урҭ зегьы русура амҩақәҵаразы хәажәкыра 29, 1921 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны иаартхеит Ацентртә Жәлартә библиотека. Абҵара 27, 1998 шықәсазы Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵарала Ареспубликатә библиотека иаиуеит амилаҭтә статус, иагьахьӡхоит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ҳәа.

Амилаҭтә библиотека аҭоурых аҟынтә

Аԥсуа милаҭтә литература арҿиамҭақәа реиԥш адунеизегьтәи алитературагьы еидызкылаз абиблиотека еиуеиԥшым аҭоурыхтә аамҭақәа рзы аусура аҽаԥсахуан, аҭыԥ роуан алагала ҿыцқәа.

Иахьатәи аамҭазы Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аиҭашьақәыргыларатә усқәа рышьҭахь атехнологиа ҿыц ахархәарала аԥхьаҩцәа рымаҵ ауеит. Аусуҩцәа рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп шықәсырацәала еиԥмырҟьаӡакәа аус зухьо ауаа. Урҭ дреиуоуп абиблиотекатәи аҭҵаарадырратәи ус азы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, цәыббрамза 10 рзы 80 шықәса зхыҵыз Кәыҵниаԥҳа Зоиа Мџьыҭ-иԥҳа.

Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара алауреат, ҳаҭыр зқәу абиблиотекарь, Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Зоиа Кәыҵниаԥҳа абиблиотека аҟны аус луеижьҭеи 60 шықәса ҵуеит. Урҭ рахьтә 40 шықәса – аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс. Зоиа Мџьыҭ-иԥҳа излалҳәаз ала аханатә лҽыззылкыз азанааҭ аныжьра знызаҵәыкгьы илҭахымхаӡеит, имаҷымкәа ауадаҩрақәа шцәырҵуазгьы. Раԥхьаӡа инаргыланы, урҭ зыдҳәалаз, ақырҭуа еиҳабыра рҟынтәи иҟаз ақәыӷәӷәарақәа ракәын.

20 шықәса зхыҵуаз Зоиа Кәыҵниаԥҳа абиблиотекахь лааира мариамхеит, лара лажәақәа рыла "дрыдыркылеит, ишырҭахымыз". Аха абиблиотекарь қәыԥш, змаршәа узымкуаз аиҳабыра џьбара аҟнытә илаҳауаз агәынҷыхьажәа хырҩа амҭакәа, ламыс цқьала лус налыгӡон, урҭ рҿаԥхьа ахыларҟәра дақәшаҳаҭхомызт. Аханатә иаалырԥшыз ачҳара ӷәӷәа иабзоураны Зоиа Мџьыҭ-иԥҳа илылшеит аҭагылазаашьа аҽанраалара, иагьазылкит анаҩстәи лыԥсҭазаара зегьы абиблиотекатә усура.

Амилаҭтә библиотека. - Sputnik Аҧсны
Ҷолариа: Амилаҭтә библиотека иаҭахыуп еиуеиԥшым аусзуҩцәа

Зоиа Кәыҵниаԥҳа далгеит Мықәтәи абжьаратә школ. Уи ашьҭахь Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭа дҭалан, ибзиаӡаны лҵара хлыркәшеит. Уи иабзоурахеит, анаҩс, Ленинградтәи акультуратә ҵараиурҭахь ԥышәарада дахьрыдыркылаз. Хәышықәса рышьҭахь Кәыҵниаԥҳа Урыстәыла лҵара хыркәшаны, Ареспубликатә библитекаҿы аусура далагоит, абиблиотекарь иаҳасабала.

1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, аԥсуаа рҭоурых аҵшәааразы, ақырҭқәа раԥхьаӡа инаргыланы ирбылит Д.Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рнаукаҭҵааратә институт (1999 шықәса раахыс – Аԥсуаҭҵааратә институт). Уи ашьҭахь артиллериала акырынтә еихсит И. Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотекагьы. Абылра иамҽханакит абонемент, апериодика, атәым бызшәақәа рыла алитература, аԥхьарҭатә зал иаҵанакуаз ашәҟәытә фонд, акаталогтә система. Аха абиблиотека ааха анарҭаз аҽны амцарцәара инеиз, ааигәа-сигәа инхоз аԥсуаа рыбзоурала еиқәырхаз аматериалгьы ҟалеит.

Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, Зоиа Мџьыҭ-иԥҳа абиблиотека аиҭашьақәыргылара аус аҟны хәы змаӡам алагала ҟалҵеит. Иара иазгәеиҭеит абиблиотекаҟны хыԥхьаӡара рацәала аус зуа афондқәа реиҿкаарагьы лара шлакәу изыбзоурахаз.

"Амилаҭтә библиотека аҿиараҿы иҟан еиуеиԥшым аетапқәа. Уи аҭоурых аԥхьарҭатә зал ала иалагазар, иахьа иара иамоуп Амилаҭтә статус. 60 шықәса раахыс абиблиотека знысыз аҭоурыхтә мҩа аҟны Зоиа Мџьыҭ-иԥҳа лусура еиԥымҟьаӡеит, аиҿкааратә усқәа мҩаԥызгоз зегьы раԥхьа дгылан. Лара ҟазак, еиҿкааҩык иаҳасабала илымаз аҟыбаҩ ганрацәала аарԥшра лыллыршеит: аҭҵаарадырра иадҳәалоу азҵаарақәа рҟны, аметодикатә хархәагақәа раԥҵараҿы, ҟәша цыԥхьаӡа иахәҭоу аспецифика иқәныҟәаны аус ауртә аҟаҵараҿы уҳәа. Иахьагьы гәацԥыҳәарала лыԥсҭазаара зегьы ззылкыз азанааҭ дацәхьаҵуам, аус лыцызуа аҿаргьы аҿырԥштәы бзиа рылҭоит", - иҳәеит Борис Ҷолариа.

Асовет Еидгыла анеилаҳа, Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотека, егьырҭ асоветтә библиотекақәа реиԥш иамаз аклассификациа ԥсахтәхеит. Усҟан, абиблиотека анапхгара жәларбжьаратәи астандартқәа рахь аиасра рыӡбан, 11 шәықәса инарзынаԥшуа зқәырӡтәхаз аклассификациа ҿыц шьақәдыргылеит. Имариамыз ари аус хьанҭагьы анагӡара знапы алакыз дреиуан Зоиа Мџьыҭ-иԥҳа Кәыҵниаԥҳа.

Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Сариа Ԥлиаԥҳа: ашәҟәыԥхьара аҵас аԥсы ҭоуп

Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәа иазгәарҭоит Зоиа Мџьыҭ-иԥҳа аус лыцура кыр ишырзымариоу, дарбанызаалак иахь азнеишь ахьылдыруа иабзоураны. Дара ражәақәа рыла лара илымоу адыррақәа, лԥышәа ду ианакәзаалакгьы рыцеиҩшара дазхиоуп, уи аангьы аӡәы диеиҳаны лхы лыԥхьаӡаӡом, азнагашьа лҽақәлыршәоит.

"Ҳәарада, уаҩык иаҳасабала аҟазшьа бзиа ахьлымоу ауп изыбзоуроу 60 шықәса раахыс еиԥмырҟьакәа аколлектив аҟны аусура ахьлылшогьы. Лара дызламетодисту ала лассы-лассы лыцхыраара, лабжьгара, лгәаанагара ҳазааҭгылоит, изакәызаалакгьы ӡбашьас иаҭатәу лдыруеит. Убри аангьы, аӡәы џьаракала гхак ицәыҟалаӡаргьы, ихы иқәмыкшакәа иеиллыркаауеит ииашаны ишыҟаҵатәу. Ас еиԥш зегьы рнаалара зылшо маҷҩуп, уи зыбзоуроу лҟәыӷареи лҟазшьа аҷыдареи роуп ҳәа сгәы иаанагоит", - иазгәалҭеит 25 шықәса инарзынаԥшуа Зоиа Мџьыҭ-иԥҳа аус лыцзухьо Ламзира Шьынқәба.

Абиблиотекатәи аҭҵаарадырратәи ус азы Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, 60 шықәса инеиԥмырҟьаӡакәа аус зухьо Зоиа Мџьыҭ-иԥҳа Кәыҵниаԥҳа 80 шықәса лхыҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0