Ҽаҩраҭагалантәи аныҳәа ахыԥша

© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхнашта
Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лыхнашҭа акыр шықәса иназыныԥшуа аҽаҩра аныҳәа азгәарҭоит. Ари амш аҽны ара еицлабуеит аҽыҩҷкәынцәа, акәашацәа, ашәаҳәаҩцәа, араҟа ргьама убоит аԥсуа чысхкқәа зегьы. Ҭагалантәи абрақьаҭра аныҳәа шымҩаԥгаз азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аибашьра ашьҭахь аԥсуаа аибабара азлаҳацәмаҷхаз ала, ажәлар еидызкыло аныҳәақәа ҳарҿыгәҳәаауа ҳаҟоуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аполитикцәа ажәлар хаз-хазы еидыркыло иалагеит, дасу дзыдгыло аполитик иқәиргыло азҵаатәқәа рыӡбаразы ауп ажәлар ааԥхьарақәа роуа ишалагаз.

Лыхнашҭа имҩаԥысуаз аныҳәа - Sputnik Аҧсны
Аҽаҩра аныҳәа

Жьҭаара 12 рзы имҩаԥыргон Лыхнашҭа ныҳәа. Атрадициа ду змоу ари ашҭа азеиԥш зҵаатәқәа рзы акырынтә ажәлар еиднакылахьеит, хаҭала сара салахәын март 18, 1989 шықәсазы Аԥсны алахьынҵазы аԥсуаа еизаны анапынҵақәа еизганы ихьыԥшыму аҳәынҭқарра аиуразы ианықәгылоз. Усҟан ССР Аԥсны аиҭашьақәыргыларазы имҩаԥгаз аизара иалахәыз ашҭа дҭырҭәааит уҳәаратәы ирацәаҩын. Усҟантәи Лыхнытәи ааԥхьара рнапы аҵарҩит 30 нызқьҩык инареиҳаны. Уи аизара иалахәын Аԥсны ахыи аҵхәеи зегь рҟынтә, амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иадгылоз рӷьырак.

Усҟан Лыхнашҭа еизаз рацәаҩын, избанзар аӡәыкны иҟаз ажәлар азеиԥш идеиақәа ирызхәыцуан. Ҳаззықәԥоз ахьыԥшымра анҳау ашьҭахь, аҩныҵҟатәи аибарххарақәа ҳамҩахырҟьо иалагазаргьы, уажәы Лыхнашҭа имҩаԥысуаз аныҳәа ишьақәнарӷәӷәеит азеиԥш ныҳәақәа ажәлар шеиднакыло.

Угәы иамыхәар алшозма, Гәдоуҭа араион иаҵанакуа ақыҭақәа зегьы раарыхра иалҵшәоу ашәыр, аҩы, еиуеиԥшым ауҭраҭыхқәа уҳәа, дасу рчеиџьыка ахьӡырырго уахәаԥшыр. Ас еиԥш иҟоу аныҳәа аҽны, ажәлар аицәгәышра зынӡагьы рхаҿы иааиуам, аԥсшәа еибырҳәоит, еицәажәоит, иарбан партиоу изыдгыло рхырҿы иагьандырԥшуам. Анхаҩцәа рзыҳәан ари аныҳәа аҵак ҷыда шамоу убоит, ашҭаҿы еивҵрыԥхаа игылаз аҩны хәыҷқәа рҿы қыҭацыԥхьаӡа рчеиџьыка ишақәнагоу ицәырганы, ииасуаз дарбанызаалак "арахь шәымҩахыҵ, ҳчеиџьыка агьама жәба" ҳәа рықәҿырҭуан.

Лыхнашҭа аныҳәаҿы ачеиџьыка ацәыргара адагьы, артистцәа рықәгыларақәеи аспорттә мҩаԥгатәқәеи шыҟазгьы, сҩыза ажурналист Саида Жьиԥҳаи сареи, ажәлар рылсра, ақыҭақәа рхаҭарнакцәа рқьалақәа рҭаара еиҳа еиӷьшьаны- убри ҳамш азаҳкит.

© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхнашта
Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны
1/7
Лыхнашта
© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхнашта
Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны
2/7
Лыхнашта
© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхнашта
Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны
3/7
Лыхнашта
© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхнашта
Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны
4/7
Лыхнашта
© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхнашта
Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны
5/7
Лыхнашта
© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхнашта
Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны
6/7
Лыхнашта
© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхнашта
Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны
7/7
Лыхнашта
1/7
Лыхнашта
2/7
Лыхнашта
3/7
Лыхнашта
4/7
Лыхнашта
5/7
Лыхнашта
6/7
Лыхнашта
7/7
Лыхнашта

Ари аҽны Лыхнашҭа срықәшәеит акыр шықәса исымбац, жәлар рфорум "Аидгылара" ахаҭарнакцәа, анкьа Лыхнашҭа аизара иалахәыз аӡәырҩы. Убла хнакуан ақыҭауаа ицәырыргаз аҽаҩра: аџыш еивҵрыԥхаа иԥаны, аџьанџьыхәа, аҟаб уҳәа, ауаҩы игәы ҭызгаша аалыҵқәа удыршанхон. Абарҭқәа рыдагьы, иԥхеиԥхеиуа ҿыц иҭатәоу аԥсуа ҩы агьама анубалак угәалаҟара шьҭнамхырц алшозма!

Анкьа ишаԥыз еиԥш, араҟа амаҵ руан аԥшәмацәа, хаҭала ақыҭақәа рхадацәа, аҳәса ԥшӡақәа амилаҭ маҭәа рышәҵаны. Хахьымҩахыҵлак сҩызеи сареи рчеиџьыка агьама ҳдырбон, ҳаргьы лафк мҳәакәа ҳрывсуамызт. Қыҭак алкааны аӡбахә аҳәара иашахарым, избанзар, инеибеиԥшны зегь шьахәла рҽазыҟарҵеит, аныҳәа аԥхьа илеиз ақәа маҷк ирԥырхагахазаргьы. Сҩызеи сареи ҳныҟәон, иаҳдыруаз ҳфотоқәа рыцҭыхуа, ишиашоу ицо аефирқәа мҩаԥго. Ари аныҳәа иунаҭо аԥхарра акыр унанагоит, алԥхынрак иҳахҭысыз аполитикатә еилаҩеиласра ҳазхәыцны иаҳҳәозар.

Аконцерт анхыркәшаха ашьҭахь, аныҳәа иалахәыз ҳтәыла ахада Рауль Ҳаџьымба иҩызцәеи иареи қыҭацыԥхьаӡа зегьы ирылсны рчеиџьыка агьама баны, аныҳәаҿа ныркылон.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Аҽаҩра барақьаҭ: Лыхнашҭа имҩаԥыргеит аҿамаҿа аныҳәа

Саидеи сареи ҳақәшәеит Аԥсны ахада зегь реиҳа имаҷны абыжьқәа ахьиоуз Хәаԥаа рахь данымҩахыҵуаз. Абраҟоуп иахьцәырҵуа аԥсуа икультура, егьырахь аҵкысгьы игәырӷьаны иԥылон, афото ицҭырхуан, ҳаргьы уи алаф ахҳәаауа ишиашоу ицо аефир ҟаҳҵон асоциалтә ҳақәа рахь. Уа ҳгәазҭаз атәыла ахада ҳаргьы ифото ҳацҭымхкәа дҳавсуазма, абжьааԥнытәи ицҳауа ҳастатиақәа дырмыԥхьацызшәа аныҳәа иашьашәалаз алафқәагьы ааибаҳҳәеит.

Иахьа ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьа уадаҩуп, анхаҩы дӷархеит рҳәозаргьы, зегь акоуп иубоит аԥсуа нхаҩы инапы еиқәыԥса дыштәам, аҽаҩра дшазрыцҳам, аԥхасҭақәа изҭо ҟалазаргьы, наџьнатә аахыс иҟаз анхаҩратә культура шмыӡыц. Акыр ҳгәы лахҿыхны иаҳхаҳгеит сҩызеи сареи ари амш.

Санҵамҭа ахыркәшамҭаз иазгәасҭарц сҭахуп Лыхнашҭаҿы аԥсуаа инарыдҩыло ишырацәаҩыз атуристцәа, аха избеит дара арахь ныҟәара иаазгоз атуристтә фирмақәа, амҩан ишрарымҳәаз аԥсуа етикет аҷыдарақәа. Атәыла иаҭаауа атурист уара иурдырроуп ахымҩаԥгашьа иацу акәамаҵамақәа, иара изымдыруазаргьы, идугалар идикыло џьысшьоит. Ҽаанбзиала!

Автори аредакциеи ргәаанагара еиқәымшәозар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0