Аԥсуа мораль акаҳара, мамзаргьы ҳхыхьчара акультура аҽшаԥсахыз

CC0 / / Апҟара
Апҟара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа рзы Кәтолтәи ачара еиуеиԥшым ацәажәарақәа ахылҵит. Ишәыдаагалоит ҳколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ари аҭагылазаашьазы илымоу агәаанагара.
Аԥсуа мораль акаҳара, мамзаргьы ҳхыхьчара акультура аҽшаԥсахыз

Анкьа сара иахьсызҳауаз Кәтол ақыҭа ауаа нагақәа ыҟан, џьара еимактәык ыҟазаргьы, убарҭ рыбжьаҟазон аҭыӡшәа зыбжьаз. Аусгьы мыртутукәа иааилдыргон. Ауаа нагақәа ҳәа сызҿу иаабац нхаҩцәан, ималуаамызт, аха рыхьӡи рыԥшеи рыла ажәлар рҿы ражәа аҵакы аманы иҟан.

амхы - Sputnik Аҧсны
Аӷьычреи ақәычреи, мамзаргьы чеиџьыкала ахьырхәра

Иахьа еиҟарауаарахеит, досу ихы ишҭашәо дныҟәоит, иҿы ишаҭәам дцәажәар ауеит, иара убас, азакәан амчыдара иахҟьаны, ауаа дара реилкаара шыҟоу инашьашәаланы рхы рыхьчоит. Санду лажәа иаланы исаҳахьан "ҿыц ибеиахаз уас Анцәа дсыумҭан" ҳәа. Усҟан исзеилкаауамызт, аха уи маанас иамоу аибашьра ашьҭахь еиҳа сазааиуа салагеит.

Ҳазҭагылоу аамҭазы Кәтол ақыҭан инхо Беслан Аԥҳазоу иԥа ичара иуит. Ачара ашьҭахь уи ачеиџьыка иахатәаз, аԥшәма ирызиамҳәеит, аха, маӡала, рхы цәырымгакәа, асоциалтә ҳақәа ирыларҵеит аишәа архиашьа аазырԥшуа афото-видео нҵамҭақәа. Урҭ асахьақәа иаадырԥшуеит ачареишәаҿы аџьмақәа ӡны, аҵаргәақәа рыҭаны, еивҵрыԥхаа иахьықәгылоу. Иара убас, ахҳәааҟаҵаҩцәа иазгәарҭеит ачараҿы ахархәара рыман "шамаха иуԥымло абнатә ԥстәқәа" ҳәа. Анонимцәа ари аамҵарс рҿы иҭашәо ҳәо аԥшәма аиакәым изырҳәо иалагеит.

 

Анонимцәа реиԥш, зыхьӡ зымҵәахуагьы ахҳәаақәа ҟарҵон, аԥшәма имал ахылҵшьҭра аилкааразы. Зыбз зҿыҵны иҟоу анонимцәа иаацәырыргеит аамҭак аԥхьа Аԥҳазоу изы аинтернет ахархәаҩцәа злацәажәоз "аҽы амгәа иҭаҵаны анаркотикқәа ҳтәылахьы иааигон" ҳәа иҟаз ауҳәансҳәанқәа. Хымԥада, аԥшәма уи агәалс инаҭарын, избанзар уи иашоуп ҳәа амчратә структурақәа ирымҳәеит, ажәакала азакәан иара иахь азҵаарақәа амамызт, "зыбз бааӡоу" анонимцәа ирҳәаз ада.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ахалахьырхәра

Аӡә итәы сыздыруам, аха амал змоу иҵашьыцра сҟазшьам, аха издыруеит амыцхә иахырҟьаны иҟоуҵо ажәлар рыла ишхысло. Ус акәзаргьы, ауаҩы ичара иуит иара имал ахаҿра иашьашәаланы, аха анаҩсан иҟалаз ахҭысқәа ртәы ҳазааҭгылозар, даара ушьара уқәзырҟьо акәны иҟалеит. Ишеилкаахаз ала, сара самыԥхьеит, аха Беслан Хәарцкьиа захьӡу ачара ахҳәаа азиуит рҳәеит, иҟалап аԥшәма игәамԥхоз, ииашамыз аинформациа цәыригазаргьы. Ахҳәаа ҟазҵо дарбанзаалак, ииҳәо аиаша иашьашәаламзар, ма излашьақәирӷәӷәо акгьы имамзар, идыруазароуп уи азы аҭак аҟаҵара шиуалу.

Иахьатәи аԥсуаа аҭак закәанла аҟаҵара ҳахьаҟәыҵыз иахҟьаны, ҭаҷкәымла аицәажәара ҳалагахьеит.

Анаҩсан, асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵыз анҵамҭақәа "агыгшәыгра" амҩа ҳшану ауп иаанарԥшуа, уи аԥсуареи, ахьӡи, ахьымӡӷи рыхьчарахь ус амам. Ԥшьы-хәҩы лабала иааисуа аӡә дрыпҟоит, насҭха игылаз иҭырхуеит авидеоқәеи афотои. Абас иҟоуп иахьатәи ахыхьчаратә культура. Аиакәым зҳәаз аҩны даадәылганы, лабала иааисуа дрыпҟеит, ахәышәтәырҭагьы дҭашәеит.

Исашәҳәа, шәхаҵкы, аԥсуара аԥҟарақәа рыла абас акәызма аиакәым зуз ишизныҟәоз? Иабанӡахаҵароу аӡәы хәҩык иаҳаҭыр ларҟәны, лабахыла иааисуа? Аиакәым иҩызар, азакәан инақәыршәаны апрокурор иахь ашәҟәы уҩыр алымшаӡои? Ас џьмала аишәа зырхио адукат дизышьҭымхуа дыҟазма? Апрокурор дышәҭахымзар, иауан ауаҩы динҵаны аҭамзаара шьҭаҵа ҳәа иаҳәара, иамуӡозар, иаб, иан, иҭынхацәа адырра руҭар ауеит ахара здуҵо иус алацәажәаразы. Аха, аԥшәма апрокурор иахь адҵаалара иҭахымхеит, идунеихәаԥшышьа ишаҵанакуаз ала, Хәарцкьиа ахара наидҵаны, алабаҟьаҩцәа рнапы ианиҵазар акәхап. "Сара иара сизныҟәеит дарбанзаалак ԥсыуа хаҵак ишыҟеиҵарыз. Акы заҵәык, сара уа сыҟазар, уи ауаа ираҳаратәы иҟасҵомызт", - иҳәеит Беслан Аԥҳазоу, ари ахҭыс ахҳәаа ҟаҵо.

Сқыта Кәтол иалҵыз дарбанызаалак ҳаҭыр сызиқәуп, ҳазлацәажәо аҭаацәагьы издыруа роуп, аха ари аҩыза ахҭыс азы сыла хызҩар сҭахым, мзызс иамазаалакгьы, лабала аԥсуа иахьисуа амораль ҳәа ҳзышьҭоу акаҳара иазкызшәа сыҟоуп.

Ишәҭахызаргьы, шәлабақәа шәыманы шәысҭаагәышьа, аха ари ԥсыуарам, хаҵарам, ҳаԥсуа традициақәа ирҿагыло хҭысны сахәаԥшуеит. Санду лажәақәа дырҩегьых иаасгәалашәеит: "Ҿыц ибеиахаз уас Анцәа дсыумҭан".

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0