Рудольф Алшәындба Шроматәи аоперациазы: адгьыл аарҳәны иҵадыргылеит

© Foto / Фотоальбом "Аиааира"Шромаҟа амҩа
Шромаҟа амҩа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 2, 1992 шықәса рзы Шроматәи ахырхарҭаҟны иҟаз аҭагылазаашьа игәалаиршәеит ахԥатәи асапиортә-хырӷәӷәарҭатә баталион аиҳабы, Аԥсны Афырхаҵа Рудольф Алшәындба.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гагра араион ахақәиҭтәра ашьҭахь, ишьақәгылеит аԥсуа ар, иаԥҵахеит абаталионқәа. Ҳаибашьцәа раԥхьатәи Аиааира амчи агәыӷреи рнаҭеит аҟнытә, ԥхьаҟатәи ажәыларахь ирыхо иалагеит.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Аибашьҩы: Шроматәи ажәылара ҳаибашьраҿы иалкаатәу хҭысуп

Аҭоурыхтә шәҟәқәа рҿы изларбоу ала, 1992 шықәсазы, абҵара 2 ауха ҳаибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Қырҭҭәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа ирыжәлеит. Ахалшени (иахьатәи ақыҭа Аԥра) аӷа ихырӷәӷәарҭақәа ԥыххааны, адырҩаҽны Шрома аҭарцәра нап адаркуеит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, аӷацәеи дареи рымчқәа еиҟарамызт. Жәаҩыла аԥсуа еибашьцәа рхы зқәырҵаз ақыҭа аанрыжьыр акәхеит. Анаҩс акомандаҟаҵаҩцәа ишәа-иза наҟ-наҟтәи аоперациа аҽазыҟаҵара иалагеит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Мраҭашәаратәи афронт ацәаҳәаҿы, аинрал Сергеи Дбар инапынҵала аԥсуа еибашьцәа рхыхьчаратә хырӷәӷәарҭақәа рышьақәыргылара далагеит амашьынамҩақәеи ацҳақәеи рыргалаҩ, Бзыԥҭатәи аргыларатә механизациатә колонна №20 аиҳабы Рудольф Алшәындба.

© Foto / предоставил Рудольф Алшундба Аԥсны Афырхаҵа Рудольф Алшәындба
Рудольф Алшәындба Шроматәи аоперациазы: адгьыл аарҳәны иҵадыргылеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Рудольф Алшәындба

"Аус ахьызуаз техника ҷыдала ҳаиқәшәан аҟнытә, Славик Хагәышьи, Виктор (Ԥаҟьа) Канџьариеи, Џьамбул Хышбеи, даҽа гәыԥҩыки, рыхьӡ сгәалашәом, саҭамыз, сареи амашьына дуқәа рыла Ԥсахара ақыҭан аихабетонтә аалыҵқәа рыла ахырӷәӷәарҭақәа, аҿҳәара рацәа змаз ахыхьчара-хысратә, амҿнышәаԥшьтә, аихабетонтә ҭыԥқәа ҳаргыло ҳалагеит. Иара убраҟагьы раԥхьатәи ахәра соуит. Уи ашьҭахьгьы изныкымкәа ҳазқәтәаз амашьына дуқәа иреихсхьан", - игәалашәоит аибашьҩы.

«Такие обстоятельства»: Саманба о домашней продукции - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гарри Саманба: ауаа рыфатә ҟазҵо мацара ракәым, рымаҵ зуа гәаҳҭалоит

Ахырӷәӷәарҭақәа рыргылара анаҩс Рудольф Алшәындба напынҵас иман Ԥсахара ақыҭан агаз зҭаз амкьаҭқәа (ацистерна - аред.) руак ԥжәаны, ақырҭцәа ашәара рызцәыргара.

Гагратәи ажәыларатә операциа ашьҭахь, арра бригада аиҳабы Гена Ҷанба, Рудольф Алшәындба командаҟаҵаҩс дызмаз, Заур Аҩӡбеи Славик Ҭарбеи зхылԥшуаз асапиортә-хырӷәӷәарҭатә баталион Аҟәа ахырхарҭахь иааиԥхьоит.
"Ҳҿаԥхьа дҵас иқәгылан Анхәа ақыҭантәи аиҩхаала Шубараҟа амҩа алхра. Аӡынра иазааигәахон аҟнытә, ашьхаҭыԥқәа рҿы асы шьҭалахьан. Абульдозер ала амҩахәасҭақәа ырҭбааны, ирыцқьаны амашьынақәа бжьысратәы иҟаҳҵон. Убрантәи Лиосик Цыгәба икоманда иманы Ахалшени далалараны дыҟан, аӷацәа ргәыԥ ԥырххарц азы", - еиҭеиҳәоит аибашьра аветеран.

Лиосик Цыгәба Ахалшени данҭала, Рудольф Алшәындба иҩызцәа Лиова Аҩардани, Рудик Сыҷынааи, Лиониа Леибеи, Роман Анқәаби, Беслан Канџьариеи, Даур Инаԥҳаи, Дикран Мелитониани, Аик Аивазиани, Вилик Бениеи (иҵегь ыҟан, аха рыхьӡқәа игәалашәом - аред.) иареи ахырӷәӷәарҭақәа рыргылара иалагеит. Адгьыл ҭыжааны мҿыла ишьҭырхуан, аҩада иҳаракымкәа, аганқәа анышә адыҳәҳәало, ааигәара арҭҟәацга ԥжәаргьы, уи аҟара ааха амаиуртә еиԥш. Арҭ аобиектқәа аибашьцәа хыҵакырҭаси, ахәцәа раԥхьатәи амедицинатә цхыраара ахьрырҭашеи ирзынархан.

Рудольф Алшәындба игәыԥ адотқәеи, адзотқәеи, аблиндажқәеи дыргылон, амҩақәа амашьына рнысыртә еиԥш идырҭбаауан Шубара, Ахалшени, Шрома, Каман, "Дачи" ҳәа изышьҭаз аҭыԥ аҿы, убас Ҳабҩықә. Ахыхьчагатә ргыларақәа ақырҭцәа аӡәи-аӡәи зеицымхыраартә аԥынгыла рзыҟарҵон, ҳаибашьцәа ракәзар, амҩа рнаҭон, ԥсеиқәырхагас ирыман.

"Абарҭ ахырӷәӷәарҭатә обиектқәа анҳаргылоз аӷацәа ҳабжьы дҳарҳар ҟаломызт. Иахьынӡаҳалшоз маӡала ҳус ҳаҿын. Ақыҭақәа еимадан азы, џьарак ишьақәыргыланы узцаӡомызт, аргылара амҽхак ырҭбаатәын. Иӡбахә сымҳәарц залшом Колиа Аиба, убас Чита Аиба, ихьӡ хаҭа сгәалашәом. Абульдозер дшақәтәаз Колиа арҭҟәацга иҵаԥжәоит, аха иԥсы еиқәхоит. Шрома аргыларақәа анымҩаԥаагоз, уа иарбан хыԥҽыху иаламҳаз. Атанк ала, абзарбзан ала, агранатаршәгала, ажәакала аӷа имаз абџьар зегьы уахь ирхан. Абарҭ ахысрақәа убриаҟара ҳрышьцалеит, уажәшьҭа аамҭагьы здыруан еиҳа интенсивла ианцоз, убас маҷк акәзаргьы ианеиқәтәоз", - еиҭеиҳәоит аибашьҩы-аргылаҩ.

Ветеран ОВНА Геннадий Гицба - Sputnik Аҧсны
Геннади Гыцба: аибашьрагьы шьцылароуп

Рудольф Алшәындба иазгәеиҭеит Шрома аԥсуаа рнапахьы иааргар, уантәи аҳҭнықалақь алалара шыманшәалахоз. Убри азоуп ақырҭцәа рымчқәа зегьы абри аҭыԥ ишазыркыз. Ақыҭаҿы адгьыл еилырхын, еибгаз нышә ҽыҭк убомызт.

Шрома ақыҭан аԥсуа ар дацәыӡуеит Гена Ҷанба, анаҩс инапынҵақәа наигӡо далагоит Гарри Саманба, аштаб аиҳабыс дыҟан Александр Кьетиа. Аӷацәа аҿагылара рырҭон Адик Цәышбеи, Џьумка Чрыгбеи, Нугзар Долбаиеи зхагылаз уҳәа абаталионқәа жәпакы. Аԥсҭбара рацәа шыҟазгьы, ҳаибашьцәа Шрома рнапаҿы иркын Аҟәатәи ажәылара ҟалаанӡа.

"Шрома ахқәа шаҳхысуаз хәба-фба блиндаж ҟаҳҵеит. Саша Рафеков аекскаватор дақәтәан, дымшәакәа аҳаҭгәынқәа рааигәара ахырӷәӷәарҭақәа рышьақәыргылараҿы аџьабаа ду ибеит. Шрома аекскаватор ала дшааиуаз, арҭҟәацга дахаԥжәеит Лиова Ҭраԥшь. Исгәалашәоит атрофеитә автомат аниԥшаа, шаҟа деигәырӷьоз. Ихы изамырхәакәа ҳҩыза даҳцәыӡит", - иажәабжь иациҵоит аибашьра аветеран.

Сергеи Дбари Султан Сосналиеви рыдҵала, арҭҟәацгақәа рхы иархәаны амҩа ырҭбааны, Ҳабҩықә аибашьыгатә техника хьанҭа халартә еиԥш иҟаҵатәын. Уаҟа итәаз "Баграмиан" ихьӡ зхыз аерман баталион азы. Аҳаракырантәи Цугуровка зымҽхакыз ақырҭуа ир ԥҽтәын уантәи.

Нанҳәа 14, аибашьра алагеижьҭеи шықәсык анҵы аҽны, Рудольф Алшәындба игәыԥ 520-тәи аҳаракырахь амҩа ҟаҵара хдыркәшоны еиԥш, ашарԥазы ацаҟьа дахьҳәазаны данлыбаауаз, ишьапы ахаҳәқәа ианрыбжьашәа, аӷацәа иҵарҵахьаз арҭҟәацга дахаԥжәеит. Убрааҵәҟьа иарма шьапы ишьамхаҟынӡа ицәыӡуеит, егьи аҿы - ишьацәкьарақәа.
Ахәра ӷәӷәа зауз, абульдозер ала, шықәсык аҩнуҵҟа инапхгарала иҟаҵаз амҩақәа рыла зны Каман аблиндаж аҿы днаганы раԥхьатәи ацхыраара ирҭеит, устәи машьынала "Дачи" дыргеит.

Герой Абхазии Эдуард Ажиба - Sputnik Аҧсны
Зыдҵа анагӡара иахьымӡаз аԥшыхәҩы: Едуард Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз

"Вертолиотла зырратә уалԥшьақәа нагӡауа арҭ аҭыԥқәа ирхаԥыруаз Нодар Гьерзмаа, рациала адырра аниоу "Дачи" аҿы Рудольф Алшәындба дыхәны дышьҭоуп ҳәа, диманы Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь дцоит.

"Ашьаанкылага ала сшьапқәа ҿаҳәан, аха зегь акоуп сшьабон. Убасҟан Нодар авертолиот имыртәазҭгьы, сыԥсы еиқәымхаргьы ҟаларын", - иҳәоит иара.

Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы Рудольф Алшәындба ихжәаз ишьапы хырҵәоит, егьи еиқәхарц азы Санкт-Петербургҟа дыргоит. Шықәсыки бжаки аибашьҩы аинвалидттә колиаска дынтәалан, апротез ишьапы ашьцылаанӡа.

1994 шықәсазы, Рудольф Алшәындба командаҟаҵара зиҭоз ахԥатәи асапиортә-ахырӷәӷәарҭатә баталион иаанарԥшыз ҵҩа змам аџьабаазы, атехника ҷыдеи, абџьари неибеиԥшны импыҵакны, аӷацәа аҿагылара ахьриҭоз азы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, аԥсуа ар ркомандаҟаҵаҩ Владислав Арӡынба инапы зҵеиҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0