Адгәыр Какоба: ахыцуаҩхара зҭаху рацәаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТурнир лучников "Афырхы"
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Арккара аминистр Адгәыр Какоба еиҭеиҳәоит ааигәа Аԥсны иаԥҵаз ахыцуаа реилазаара "Афырхы" шышьақәгылази, уи алахәцәа рнапы злаку аусқәеи ртәы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

— Адгәыр Пата-иԥа, ишԥаҟалеи ахыцуаа реилазаара аиҿкаара, насгьы аҿар аспортхкы ҿыц шԥарыдыркылеи?

— Ахыцуаа реилазаара "Афырхы" ҿыц иаԥшьгоу еиҿкаароуп. Ари ахеидкыла еиҿкаан асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа ибзоурала, иахьатәи аамҭазы сара напхгара асҭоит. 2016 шықәса инаркны имҩаԥаҳгоит еиуеиԥшым аицлабрақәа, сынтәа ҩышықәсоуп ашколтә спартакиада апрограммагьы ари аспорт хкы алаҳгалеижьҭеи. Раԥхьа иара амилаҭ хәмаррақәа рыхкык еиԥш иалагалазҭгьы, сынтәа хазы еицлабраны ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаԥаҳгеит. Иаразнак уаҩы игәаиҭартә иҟалеит ахәыҷқәа ахыци ахәымпали ала ахысра аинтерес ду шыркыз. Уи џьашьатәым. Избан акәзар ари жәытәнатә аахысгьы аԥсуаа ирыцәтәымӡамызт, иагьхәмарра хкуп, иагьеибашьыга мыругоп.

Сынтәа имҩаԥгаз ашколхәыҷқәа рыспартакиадаҿы ари аспорт хкы ала Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи аҿар рхы аладырхәит. Ари аспортхкахь ахәыҷқәа азҿлымҳара ду ахьаадырԥшыз азы араионқәа зегьы, Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа анапхгарагьы ҳаиҿкаара даараӡа иргәаԥханы еснагь хшыҩзышьҭра ҳарҭоит, аусеицура иазхиоуп. Акызаҵәык, ахыцуаа реилазаара аҳәынҭқарра анапхгара аганахьала ацхыраара амаӡам, избан акәзар иара ҳхатәы гәаԥхарала иаԥшьаҳгаз уаажәларратә еиҿкаароуп. Ахыцуаа реицлабрақәа реиҿкаара, урҭ рыҽрылархәра агәаҳәара змоу ирықәнагоу зегьы рыла реиқәыршәара макьана иҳалымшац, аха хәыҷы-хәыҷла урҭқәа зегьы ҳнапахьы аагара ҳаҿуп.  Ҳаԥхьаҟа иҟаҳҵаша агәҭакқәагьы маҷымкәа иҳамоуп. Зегь раԥхьаӡагьы иаҳтахуп ахыци ахәымпали еиҳа изцааиуа аҿар ибзианы дырҵара, разыҟаҵара. Аҟәа араион анапхгарагьы ишрылшо ала иҳацхраауеит, аицлабрақәа мҩаԥугар ахьауа адәы ҳарҭеит.

Иахьа ҳазлацәажәо аспорт хкы Аԥсны ибзианы аҿиара аиуеит ҳәа сгәы иаанагоит. Иара ҳҿар аԥсуала рааӡаразы, рыбаҩ арҵәразы, ҳжәытә ҵасқәа рмырӡразы аҵакы ӷәӷәоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ари аидеиа еиҳау аҩаӡарахь ашьҭыхразы, аԥсҭазаара аҳҭарц азы сынтәа иаԥшьаҳгеит еиуеиԥшым араионқәа рышколқәа рҿы аҟаза икласс (мастер-класс — аред.) амҩаԥгара. Раԥхьатәи аҟаза икласс мҩаԥаҳгеит Кондрат Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи алицеи-интернат аҟны.

— Ҳазлацәажәо абџьари ахәмарреи рыхкы ахәыҷрашықәсқәа ирыцрымшәо акоуп.  Хаҭала шәара ахыци ахәымпали рыла ахысра агәбылра анбашәки?

— Ахыци ахәымпали зхәыҷраамҭазы знапала иҟаҵаны иаламхысыц дыҟамзар ҟалап, еиҳаракгьы ақыҭахәыҷқәа. Саргьы схәыҷаахыс исзыинтересын ахҿа ҵәҩанҵәыҟа адәықәҵара, аха абас инарҵауланы снапы аласкып ҳәа сгәы иаанагомызт. Жәашықәса раҟара ҵуеит Баҭал Џьапуеи сареи традициала аԥсуаа иныҟәыргоз ахыци ахәымпали аҟаҵашьа аҵарагьы, алахысрагьы ҳалагеижьҭеи. Уажәшьҭа ҳԥышәагьы ҟәнушьартә иҟам, Урыстәыла адагьы жәларбжьаратәи аицлабрақәагьы изныкымкәа ҳаҽрылаҳархәхьеит. Убас Ҭырқәтәыла Адама ақалақь аҟны имҩаԥысуаз адунеизегьтәи афестиваль аҟны 40 инарзынаԥшуа аҳәынҭқаррақәеи, 700-ҩык ахыцуааи ахьалахәыз аицлабраҿы афинал аҟынӡа анаӡара ҳалшеит.

Ари аспорт хкы еснагь аҽазыҟаҵара аҭахуп. Ҳәарада, иахьатәи сусура уи аҩыза аҭагылазаашьа снаҭаӡом. Аамҭа рацәа ахьаҭаху аҟнытә иахьынӡасҭаху, ҩ-напыкла шырҳәо еиԥш аҽазкыха сымаӡам, аха ҳазлагаз аус хымԥада инагӡатәуп. Иҳақәҿиошәа ҳбоит азы икаҳажьыр ҳҭахӡам. Ҳԥышәа аҿар ирымаҳдар ҳҭахуп. Ари ауаҩы имилаҭтә культура абзиабара илаанаӡоит, ибаҩ арҵәуеит. Спорт хкык аҳасабалагьы иара аолимпитә программа иалоуп аҟнытә аҳаҭыр ӷәӷәоуп. Издыруада ҳазлагаз аус иабзоураны ҳаԥхьаҟа испортсмен духаша иааӡара ҳалшаргьы. Хымԥада, уи ауп ҳара иаҳхықәкы хадоу

— Ирацәаҩума иахьа ахыцуаҩхара зҭаху, насгьы иҟаҵатәуи уи азыҳәа?

— Аилазаара алалара зҭаху рхыԥхьаӡара рацәоуп, иахьа иалоугьы рхыԥхьаӡара маҷӡам. Ҳәарада, ахыцуаҩ хымԥада дзықәныҟәаша аԥҟаррақәа ыҟоуп, хадаратәлагьы дара ашәарҭадара алыршара ауп изыдҳәалоу. Ҳгәыԥ аҽалархәра зҭаху имазар ихәҭоуп ихатәы бџьар, насгьы деилаҳәазароуп аԥсуа маҭәала. Абарҭ ахәҭаҷқәа зегьы зыхшыҩ рзышьҭны аус ҳацура агәаҳәара заууа дарбанызаалак изы ҳара ҳгәашәқәа аартуп.

© Фото : Facebook/Батал ДжапуаАдгәыр Какоба
Адгәыр Какоба: ахыцуаҩхара зҭаху рацәаҩуп - Sputnik Аҧсны
Адгәыр Какоба

— Бџьарла шәеиқәзыршәода?

— Ари абџьар адәқьанаҿгьы иааҳхәоит, аха иара убасгьы ахыци ахәымпали рыҟаҵара даараӡа дазыманшәалоуп асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа. Раԥхьа ари аус ҳаналагоз, ҳәарада, кыр ицәгьан абџьар аԥшаара. Аха иара ҳҭоурыхтә хыҵхырҭақәа ԥшааны, еиуеиԥшым алитература ихы иархәаны, амузеи аҟны иҵәаху ахыци ахәымпали амаҭәахәқәа зегьы еидкыланы, иҭҵааны, ажәытәан ишыҟарҵоз еиԥш иахьа аиҭашьақәыргылара илиршеит. Ахысшьа аҵара зҭаху зегьы рзы акака аҟаҵара уадаҩуп, аха арҵаразы иҳамоу абџьаргьы маҷӡам. Агәаҳәара змоу ҟалар, изладҳарҵаша еснагь иҳаԥшаауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0