Алхрақәа инадыркны абызшәа апроблема аҟынӡа, ма ишыдыдуа еиԥш, ақәа леиуам

© Sputnik / Томас ТхайцукПодсчет избирательных бюллетеней на выборах президента Абхазии
Подсчет избирательных бюллетеней на выборах президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шықәсык иалагӡаны Sputnik Аԥсны асаити арадиои аҟны ишьҭылхуаз атемақәеи, лкалам иҵыҵуаз анҵамҭақәеи ртәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ҽааныбзиала Sputnik Аԥсны аҭааҩцәа! Есышықәсеиԥш уажәгьы, ишәыдызгалоит ихҳаркәшо ашықәс иалызбаауаа ахәыцрақәа, алкаақәа.

Санқәыԥшыз, ахатә ԥсҭазаареи адәныҟатәи адунеи еиҟәыҭхоушәа збозҭгьы, уажәшьҭа урҭ реиҟәыҭхара иашамшәа збо салагеит. Аԥсҭазаара ԥсҭазаароуп, аҩны разҟыла иҭәны, адәахьы имҩаԥысуа уара иуламкьымсуа, анырра унамҭо ҟалашьа амамзар ҟалап.

Ҳазну адунеи амҩасшьа, аԥсуа ԥсҭазаара џьахаџьафараны излаҟоу ала, адәахьы иго ашыкьбжьы уааигәа иааумышьҭуа аҟазаара аегоизмра иадҳәалазар ҟалап.

Ишԥамҩаси ари ашықәс сара сзы? Сҭаацәараҿы ҭынчразаргьы, иахьеи уахеи ҳазлагыло аԥсҭазаара саԥшны исҳәозар, даара иуадаҩуп аԥсуа ҳәынҭқарраҿы ҭышәынтәалароуп аҳәара. Аибашьра ашьҭахьтәи аблокада ҳанҭакызтәи аԥсҭазаара сазыгьежьуазар, еиҳа гәыӷрала ҳҭәын, уаҵәы ҳаиӷьхап ҳәа ҳхәыцуан. Аицхыраара, аидгылара акыр иӷәӷәан, аблокада иҟаз иахҟьаны асоциалтә ԥсҭазаара ауадаҩра дуқәа шамазгьы. Уи аахыижьҭеи иҵит 27 шықәса. Иҳаԥсаххьеит акырынтә аиҳабыра. Аӡә дцоит, ҽаӡә даауеит, алхрақәа раамҭазы "акоррупциа абашьреи, ажәлар рыбзазара аиӷьтәреи" ирызку аҳәамҭақәа ҳлымҳа шҵырхуагьы, ҳахьынӡааихьо иаҳбо ишсыҵанаҳәо ала, ауаа шоит ҩ-хәҭакны, аҳәынҭқарра амал иалаҭхаџьызи, зҳаи, зҷышьи еиԥшьны инхои.

Ари абжьарак еимактәыс иҟоу, Апарламент аҿы изхәаԥшуаз Аԥсны абиуџьет акәзар, ушьара уқәнарҟьаратәы иҟоуп, избанзар, ажәлар рымаҵ зуша ачынуаа рныҟәгаразы ахарџь рацәа азгәаҭоуп, ажәлар рахь ирхо аҵкыс. Амчрахь анеиразы ари алԥхынрак аполитикатә еиндаҭлара ду цон, иахьанӡагьы урҭ рылҵшәақәа реимак Иреиҳау аӡбарҭаҿы ишьҭоуп. Акы заҵәык, иҟамызт аӡбарҭа ақәлареи, аҳәынҭқарратә хыбрақәа реилаԥыххаареи.

Аицҵақәа рҭыԥ аԥсахра аицҵалыҵ ианыԥшуам - Sputnik Аҧсны
Аицҵақәа рҭыԥ аԥсахра аицҵалыҵ ианыԥшуам, ма митингла акадрқәа шаҳԥсахуа

Иҟалап аԥсуа политикаҿы абри акәзар угәы еиқәызҳәало. Ашықәс шԥамҩаси ҳәа схы саназҵаауа, шықәсык аҩныҵҟа исыҩуаз сколонкақәа роуп сзызхьаԥшуа. Урҭ анҵамҭақәа ирнубаалоит аҭышәынтәалара аасҭа, ажәлар ргәамҵра шеиҳау.

Зегь раԥхьаӡа иргыланы, наџьнатә аахыс сзыргәамҵуа аҳәынҭқарратә бызшәа аҭагылазаашьа аиӷьтәразы лшара дук ҟамлеит. Еиҳа, еиҳа имаҷуп ҳхатәы бызшәа ашьҭыбжь. Мышкызны економикала ҳашьҭыҵыргьы, ҳазлеибадыруа ҳхатәы бызшәа ҳмоуа ҳҟаларгьы алшоит. Абри азҵаатәы акырынтә санҵамҭақәа рҿы ицәырызгеит, иара убас арадио сдырраҭарақәа рҿгьы ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа акыр иҵару зҵаараны иалацәажәеит.

Аҳәынҭқарра абызшәа арҿиаразы аԥара ннахуазаргьы, ашколқәа зегь рҿы абызшәа ддырҵозаргьы, зегь акоуп, ҽаԥарак иԥеит ҳбызшәатә политика сызҳәом. Ачынуаа ракәзар, изҳәо раҵкыс, иззымҳәо еиҳауп. Акыр ауадаҩрақәа снаҭоит арадио ефирқәа рахь исҭаху ауаа ахьысзаамго. Исзаагазом, избанзар, аҳәынҭқарратә бызшәа-аԥсшәа рыздырӡом.

Интервью - Sputnik Аҧсны
Ахьаԥарч изхылҵыз иахәлаџьаџьон

Абри инаҷыданы, ҳара иаҳбарҭоуп аулафахәы азы аус зуа ауаа раагарҭа шылаҟәу. Иааиԥмырҟьаӡакәа иалацәажәоит акоррупциа ҳҳәынҭқарра шыҵнашәаауа, аха уи иабашьуа рҳаидеи ауп иаҳамбо.

Хымԥада, ииасуа ашықәс еиқәароу цәаҳәа мацарала имҩасуам, иҟоуп иқәҿиароу аԥсуа спортсменцәа рықәгыларақәа. Зегь реиҳа схаҿы дынхеит аҭаҷкәымҟьаҩ Игорь Адлеиба аҿар рыбжьара адунеи ачемпион ититул агаразы иқәԥара. WBO аверсиала абҵара 2 рзы Екатеринбург имҩаԥысуаз аиндаҭлараҿы аԥсуа спортсмен акыр иӷәӷәаз Венесуелатәи аспортсмен Эдди Кольменарес RCC Boxing Promotions атурнир аҿы иаԥигоит. Сара уи сахәаԥшуан ишиашоу ицоз аефир ала. Игорь агәаҳәара ду иманы джәылон, аиааирагьы игеит. Ари ныҳәан сара сзы. Ныҳәан избанзар, аԥсуа рԥыс ҳара ҳтәыла ӡыригоит хаҵаҵас, иуаажәлар уи ргәы шышьҭнахуа дазхәыцны. Иара ииааира саргьы исхатәны исыдыскылеит.

Исҳәарц сылшоит акультуратә ԥсҭазаараҿгьы ишмаҷым узыргәырӷьо ахҭысқәа. Сынтәа РУСДРАМ Софокли Еврипиди рмотивқәа рыла иқәнаргылаз "Електра" иснаҭеит агәахәара ду, санҵамҭақәа руакы уигьы иазыскит, иара убас, апоет Таиф Аџьба иҩымҭақәа реизга актәи ашәҟәы адунеи абеит, анаҩсан Аԥсны амилаҭтә банк иҭнажьит апоет 80 шықәса ихыҵра иазкыз аԥсар. Абри инаваргыланы сзеигәырӷьаз акоуп апоет ҟаимаҭ Кьыршьал Чачхалиа иҩымҭақәа реизга ҩ-томкны иахьҳауз.

антикатәи адрама Електра - Sputnik Аҧсны
Ахаҵамԥҳәысреи ашьоуреи: антикатәи адрамеи иахьатәи ҳаԥсҭазаареи "Електра" аҿы

Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы имҩаԥысуа акриминалтә еибашьрақәеи, ауаҩӷьычрақәеи иҳамоу ҳаихьӡарақәа ршьаҟьоит. Исҭахы, исҭахым сколонкақәа рӷьырак урҭ ахҭысқәагьы ирзыскыр акәхеит. Макьаназы, ацәгьоура џьбарақәа рзы аӡбарҭаҿы акәаԥ ргылам, еилкаам ауаа зӷьычуа, аҳҭны қалақь агәаны аҽны шьыбжьон хҩык ҭазырхаз азусҭцәоу.

Абри зегь зхысҳәаауа, сыԥсадгьыл аҩныҵҟа имҩаԥысуа акыр сшьара сықәнарҟьоит, сгәы ҭынчымкәа Анцәа исаҭәеишьаз саамҭа схызгоит. Ус акәзаргьы, сгәы шьҭызхуа иреиуоп аԥхьаҩи, азыӡырҩи ахьсымо, асоциалтә ҳақәеи, иара ҭеллеи ауаа ргәаанагара ахьсарҳәо. Ажурналист амчреи ажәлари рзы цҳакы даҩызоуп, иахьа уи анагӡара шымариамгьы, иҭабуп сҳәоит, сгәаанагара сҳәаратәы Sputnik адаҟьаҿы алшара ахьсымо.

Сыҩнаҭатәи аԥсҭазаара сазыгьежьуазар, сара сандууп, изҳауеит шықәск зхыҵуа смаҭа Иасон, иара убас, ашықәс ҿыц анаҩсан сизыԥшуп аҩбатәи амаҭа. Сыҷкәын аиҳабы ирратә уалԥшьа Гәдоуҭатәи архәҭаҿы инагӡаны дхынҳәит, уажәшьҭа усурҭала деиқәшәандаз ҳәа схәыцуеит.

Ажәакала, сҭаацәараҿы уадаҩра дук ыҟам, ари разҟуп хымԥада, аха исҭахын сыԥсадгьыл аҿы ауаа рзы еиӷьу аԥсҭазаара ыҟазарц.

Стрельба напротив ресторана Сан-Ремо  - Sputnik Аҧсны
Аӡы иаго, аҳәҳәабжь иаҳаӡом, мамзаргьы акриминал аҳра анауа

Ԥхыҷкәын 2019 шықәсаәы даара иԥхаррахеит. Уажәы-уажәы хшыҩла имхәыцуа ҳабнақәа амца рыцрарҵоит. Аԥсны зегь реиҳа аус зуа ҳәа иалыскаауа Аҭагылазаашьа Ҷыдақәа рзы аминистрра аусуҩцәа хацәнымырха абнақәа рырцәара иаҿуп.

Ашықәс ҿыцаз ишакәхалак ԥарак ҳарҳандаз ҳәа ихәыцуа зыԥсы ҭоу аԥсақәа хшьааны аҭиразы аџьармыкь ахь икылыргеит, закәанла уи азы азин шрымамгьы. Хьырхәра рмоурашәа сыҟоуп урҭ аԥсабара хызшьаауа…

Ҽаанбзиала Sputnik Аԥсны аҭааҩцәа, ҽаанбзиала сҩызцәа зегьы. Ишдыру еиԥш, ишыдыдуеиԥш ақәа леиуам рҳәоит, издыруада ашықәс ҿыцаз еимҟьарак ҟалар, ҳажәлар ирхыргахьоу иашьашәалоу аԥсҭазаара бзиа роургьы.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0