Асы "аныхәшәхаз": Тҟәарчал аӡынтәи атуризм азы гәаанагарақәак

© Foto / Эсма ТодуаТҟәарчалтәи аӡхыҽҽа
Тҟәарчалтәи аӡхыҽҽа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡынтәи атуризм Аԥсны макьанагьы инагӡаны ишьақәыргыланы иҟам. Уи арҿиара изызхьаԥштәу зҵаароуп ҳәа лыԥхьаӡоит уажәааигәа аӡынтәи Тҟәарчал иаҭааз Sputnik Аԥсны аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Аӡынтәи атуризм Аԥсны макьанагьы инагӡаны ишьақәыргылан ишыҟамгьы, игәаумҭар залшом аӡынтәи Аԥсны збар зҭаху аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа ишацло. Насгьы аԥсшьаҩцәа рзы ихадароуп есааира иҿыцу аԥсшьаратә ҭыԥқәа раартра. Убас, иҿыцу аԥсшьаҩцәа рыла зышьцымлац аҭыԥқәа иреиуоуп тҟәарчалтәи ашьхақәеи аӡхыҽҽақәеи, уи иаҵанакуа аҭыԥ ԥшӡарақәеи. Изызӡарызеи, схаҭа Тҟәарчал ииз, изызҳаз шсакәугьы, схазы иаасыртыз, сыла иамбацыз аҭыԥ ԥшӡарақәа маҷым.

Тҟәарчал - Sputnik Аҧсны
Агәыҩбара зцыз аныҟәара: Тҟәарчал сеигәырӷьеит, аха сылаӷырӡгьы аанагеит

Аӡын анҵәамҭахь анеира ишаҿугьы, асы ззын "ихәшәхаз" ауааԥсыра ԥсшьара ҳәа Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭаауеит, иара убас Тҟәарчал иаҵанакуа аҟармаратәи аҭыԥ ԥшӡарақәа. Аҭыԥынхацәа ишазгәарҭо ала, ари аԥшӡара збарц иаауа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны атәылауаа реиԥш, анҭыҵтәи аԥсшьацәагьы, урҭ ишазгәарҭо алагьы, сынтәа Аҟармара иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара акыр еиҳауп ҵыԥх аасҭа.

Сара ари аҭыԥ ахь санхалоз сыла иабеит ахаан Тҟәарчал сыла иамбацыз акы: Аҟармаратәи аӡхыҽҽахьы ицоз амҩа ҳмашьына ықәнаҵы сыла иҵашәеит зыцхеи зҩи цәырганы ахәаахәҭразы иқәгылаз ауаа. Анхацәа гәыӷрак рызцәырҵит мааҭқәак рырҳаразы. Аиҳарак аԥсшьаҩцәа зҭаауа аҭыԥқәа ируакуп аӡхыҽҽа Адау. Араҟа иузаатуа аԥшӡара ажәала аарԥшра уадаҩуп. Ҵаҟатәи аӡхыҽҽа азааигәара игылоуп қьафурҭакгьы, аха аӡын иара аус ауам, амала ишеилаҳкааз ала уи аиқәыршәара иаҿуп ҳаԥхьа аӡын азгьы аус ауртә иҟаларазы.

Аҳауа цқьеи, уаҩы инапы зламкьысыц аԥсабареи, аси – абарҭ роуп арахь аԥсшьаҩцәа хьазырԥшуа. Амала иазгәаҭатәуп ари аҭыԥ ԥшӡарахь инеиуа амҩа акыр ишыуадаҩу, асы анышьҭоу уи еиҳагьы ицәгьоуп, уимоу ашәарҭарагьы ацуп. Ҳара уахь ҳанхалоз амҩа ықәҵаан ишыҟазгьы, иҳаулак ҵаҟатәи аӡхыҽҽаҟынӡа ҳнеит, аҩадатәи ахь ахалара ҳзымгәаӷьит, ҳмашьына шықәҵәраауаз ала.

Иҳәатәуп, ҵаҟатәи аӡхыҽҽахьы ҳаннеиуаз ишаҳԥылаз амҩарыцқьага машьынак. Ҳәарада, аҟармаратәи аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь инеиуа амҩа ҟаҵазар, уи иаҭаауа рхыԥхьаӡара акыр еиҳахоит. Араҟа амҩақәа аныҟала, иаауртыр алшоит иара убас, ашәаҩақәа рыла аныҟәаразы аԥсшьарҭатә ҭыԥ – аригьы аԥсшьаҩцәа хьазырԥшуа иреиуахоит.

Аҭыԥантәи ауаа ишеиҭарҳәо ала, араҟа ргәы иҭоуп, анкьеиԥш, аканаттә мҩақәагьы реиҭашьақәыргылара. Аҳәынҭқарра ари ахырхарҭа аганахьала алшарақәа азыԥшаар, Тҟәарчал аӡынтәи аԥсшьарамшқәа ахьухугаша аҭыԥқәа иреиуахоит.

Аӡынтәи атуризм изызхьаԥштәу зҵаараны иҟоуп Аԥсны. Аԥхын мацара акәым, аӡынгьы ари ахырхарҭала абиуџьет хаҭәааларазы. Хымԥада уи азы имаҷым иҟаҵатәу алагалақәа, аха аҭахра ҟалар, уи злалуршарагьы амҩақәа уԥшаауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0