Ахӡыргареи аиҭалхрақәеи: агитациатә аамҭазы гәаанагарақәак

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАхӡыргареи аиҭалхрақәеи: агитациатә аамҭазы гәаанагарақәак
Ахӡыргареи аиҭалхрақәеи: агитациатә аамҭазы гәаанагарақәак - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изеиԥшроуи акандидатцәа рагитациатә хӡыргаратә аамҭа, алхҩы игәыӷрақәа ҩаԥхьа иҿыхоу мамзаргьы еиҭах ахжьара даҿу? Абарҭ азҵаарақәеи егьырҭи рзы лгәаанагара ҳамалдоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Алхрақәа уажәы-уажәы изламҩаԥысуа ала, насгьы уи-уи рыбжьара ҳаԥсҭазаара арӷьарахь ишымгьежьуа баны, сыгәгьы иаанагомызт алхҩы асҵәҟьа ихы ижьоит ҳәа.

Ҳҭагылоуп апрезидентрахь акандидатцәа рагитациатә хӡыргаратә аамҭа. Еиҳарак зегь убарҭоуп асоциалтә даҟьа Facebook аҿы. Хҩык акандидатцәа ыҟазаргьы, апартиа "Акзаара" иқәнаргылаз Леонид Ӡаԥшьба иштаб инамыцхәны акгьы ҟанаҵом. Аицлабра ахьцо Адгәыр Арӡынбеи Аслан Бжьаниеи рӡыргаратә штабқәа рҿоуп. Ателевизор аҿоукыр - дара, Facebook аауртыр - дара.

СИЗО Дранда. - Sputnik Аҧсны
Ажәлар агәрагара анырцәыӡ, ма ҳбаандаҩцәа абахҭаҿы рҭакра азҵаарақәа

Сара сзы зегь реиҳа иџьашьахәуп, акандидатцәа ақыҭақәа рахь рныҟәарақәа рҟынтәи иҳадыргало авидеонҵамҭақәа. Уаҟа исаҳауа абри аибашьра ааилгазар исаҳауа акәушәа збоит. Аизарҭақәа уааԥсырала кәапеишәа иҭәуп, абжьааԥны шамаха аӡәгьы игәаламшәо анхаҩцәа уажәы акандидатцәа еивасны урҭ рахь ирымоу "агәыбылра" аадырԥшуеит. Анс уҳәаргьы, арс уҳәаргьы, иахьатәи алхратә кампаниаҿы иҿыцу аӡәгьы дыҟам, уаанӡа жәашықәсеи, аҵыхәтәантәи ахәышықәсеи Аԥсны анапхгара знапы ианыз роуп.

Аԥсны ахадацәа анамырхуа, амитингқәа рҿы иҳәацәо агәынамӡара аазыршуа ақыҭауаа уажәы досу дзыдгылоу ибзарӡы иҳәоит. "Уара уоуп Аԥсны ԥхьаҟа агара зылшо, укомандагьы уаргьы ҳшәықәгәыӷуеит", - абри иашьашәалоу атекстқәа аацәырҵуеит аӡыргаратә гәыԥқәа рҿы. Издыруада алхҩы ахжьара дашьцылазар? Дарбану знапхгаратә стиль изымдыруа, дарбану иҿыцны иибаз? Ус аусқәа хазынаны ицозҭгьы, иҭацәрызма аибашьра ашьҭахь аԥсуа қыҭақәа?

Ахӡыргареи аиҭалхрақәеи

Мап, анхаҩцәа дырҩегьых еизоит, аполитикцәа рыхӡыргаратә лексика азыӡырҩразы, дырҩегьых арҽхәара, уаҵәы аԥсҭазааара ҵәҩанҵәыҟа ишышьҭыҵуа иазку ақәгыларақәа.

Ус анакәха, алхҩы дмааԥсаӡац, макьанагьы алхратә кампаниа иацу алаԥшхырԥага агәрагара дазыхиоуп. Зегь реиҳа иџьашьахәуп асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырырго акандидатцәа рфото аҵаҟа ирыҩуа.

Аиҭалхрақәа рызхәыцра, ма амчра анапахьы аагара абизнес план ианеиԥшу - Sputnik Аҧсны
Аиҭалхрақәа рызхәыцра, ма амчра анапахьы аагара абизнес план ианеиԥшу

Акандидатцәа ҳаԥхьаҟа иҟарҵарц ргәы иҭоу рҳәаанӡагьы, Facebook аҿы иҳадыргалон иқәгылараны иҟоу ззыргәахәуаз рфотоқәа. "Ари ҳапрезидент иоуп" рҳәоит џьоукы, "мап, ҳара ҳапрезидент ари иоуп" ҳәа уи аҵаҟа иаацәырҵуеит аоппонентҵәа.

Убри аамҭазы, акандидатцәа рыдгылаҩцәа иалкааны программак ахәҭаҷ еимакны иалацәажәом, досу дзыдгыло дирҽхәоит, мамзаргьы дыздымгыло дирџьоит.

Акандидатцәа иофициалтәу рдаҟьақәа шыҟоу еиԥш, иҟоуп анонимтә ӡыргаратә даҟьақәагьы. Уаҟа аҳәынҵәеиқәҭәара шаҟа уҭаху... Аибашьра анцоз досу дахьыҟаз, анефт аҵхра иадгылоу, ауацәа, аҭынхацәа заҟаҩ акриминал иалоу уҳәа, анонимцәа инеиужьны аус руеит.

Ҳара иаҳмоуит иаахтны иҳагу аибыҳәаразы акультура, анонимтә ԥсҭазаара еиҳа-еиҳа иҵнашәаауа иалагеит аиаша ауаҩы иҿаҿы аҳәара.

Аӡыргара аамҭазы знызаҵәык ҩыџьа акандидатцәа Аслан Бжьаниеи Адгәыр Арӡынбеи абыргцәа рхеилаки дареи еиԥылеит, убри заҵәык угәы арԥхоит. Алхҩы изы еиҳагьы иманшәалахон зегь еицны иныҟәозҭгьы, ус иҟалар, ауаа ҩынтә, хынтә реизгара аҭаххомызт. Ақалақьтә еиԥыларақәеи, акандидатцәа Facebook аҿы аҷакқәа (лаик - Е.К.) рзықәзыргылои азусҭцәоу анализ азууазар, ганкахьала анкьа аҭыԥ зманы амчра алаҭхаџьра иалхәдаахаз, даҽа ганкахьала, ажьырныҳәа мзазы зусура иамырхыз апрезидент иаанда иадызцәылоз роуп еиҳарак активра аазырԥшуа.

Аӡынтәи ареволиуциа ахыԥша, мамзаргьы иахьа иҟаҵатәу уаҵәахьы ианахуго - Sputnik Аҧсны
Аӡынтәи ареволиуциа ахыԥша, мамзаргьы иахьа иҟаҵатәу уаҵәахьы ианахуго

Абарҭқәа анубо, уазымхәыцыр алшом, азалқәа рҿы еизганы идырааԥсо анхаҩцәа аџьабаа зыддырбозеи ҳәа? Асоциалтә ҳақәа рҿы иӡырырго акандидатцәа рыбзарӡы зҳәо шыҟоу еиԥш, иуԥылоит аӡәгьы дызҭахым ауаа. Урҭ иаартны ирыҩуа иаанарԥшуеит, ма алхрақәа рахь ишымнеиуа, мамзаргьы аӡәгьы рыбжьы ширымҭо. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ракәзар, иахьанӡагьы 19-тәи ахәҭаҷ аилыркаақәа аларымгалац, уи азы АКХ ашәҟәы шашьҭызгьы.

Иаҳҳәап, актәи атур аҿы 50% инеиҳаны изауз аӡәгьы дҟамлар, алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы, азакәан 19-тәи ахәҭаҷ даҽазнык ахы ҳнардырыр алшоит. Уи дырҩегьых иарҿиар ауеит аҭыӡшәа.

Алхратә хӡыргаратә риторика акыр ишьахәуп уажәазы, аус злоу аполитикцәа амчраҿ изнеир, еснагь еиԥш, иалызхыз аархаршҭны рхатә интересқәа рыхьчара иаламгар.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0