Аполитикатә бенефис, мамзаргьы анапеинҟьабжьқәа атрышә ахь ииасыр шалшо

© Sputnik / Томас ТхайцукЗрители
Зрители - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа рыламҭалазы Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дазааҭгылоит имҩаԥысыз ари алхратә кампаниа ҷыдарақәас иамаз.

Ҽнак ауп инхаз Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥысырц. Хәажәкыра 22 рышьҭахь Аԥсны акашырра шыҟало уамак агәра зымго сызлареиуоу ала, сгәаанагара сҳәашан.

Аполитикатә ӡыргаратә видеоқәа аԥсуа ԥсҭазаараҿы қәра дукгьы рымам, раԥхьаӡа уи аштабқәа иаԥырҵо иалагеит 2004 шықәса рзы, уаанӡа иҟамызт иальтернативатәу алхрақәа, убри аҟынтә уамак ахы ҳнардыруамызт. Иахьатәи алхратә ӡыргаратә сахьаныҟәақәа ҳгәы ааԥырҵәома ҳҳәо иҟалеит. Ателевизор аҿоукыр - аӡыргара, асоциалтә ҳақәа аауртыр - аӡыргара.

Изиным акгьы ыҟам, аха абраҟа игәасҭеит уаанӡа аӡәгьы ихы иаимырхәоз атенденциақәа цәырҵуа иашалагаз. Иахьатәи аиҭалхратә кампаниаҿы акандидат Леонид Ӡаԥшьба инамыцхәны агитациа злаҟаимҵо ала, исҳәарц сылшоит аӡыргараҿы еиндаҭло Аслан Бжьаниеи Адгәыр Арӡынбеи рыштабқәа роуп ҳәа.

Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара

Авидеоӡыргарақәа рҿы идырцәажәо еиҳарак ирҳәо "ари амҩа иашахь ҳкылигоит, сара игәра згоит, дуаҩ бзиоуп" ауп. Шамаха иаҳбом акандидат ипрограмма аҟынтә цәаҳәак аалхны иахцәажәаны иӡырырго.

Абарҭқәа рыдагьы, асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵуа иалагеит напеинҟьара мацарала еиҿкаау аӡыргара. Урҭ асахьаныҟәақәа рҿы аштабқәа иаадырԥшуеит кәапеишәа уааԥысрала иҭәу азали анапеинҟьабжьқәеи.

Уажәшьҭа идыр, ҳабжьы заҳҭо еиҳа иӷәӷәаны рнапы ззеинырҟьо иоума? Аӡыргаҩцәа еицлабны азал аҿы шаҟаҩ алхыҩцәа тәоу азы ацифрақәа аҵарыҩуеит иқәдыргыло анапеинҟьабжьқәа рыҵаҟа, игәырӷьоит, аибашьра ҳанаиааиз уажәакәушәа.

Адунеи аҿы агәыргьын вирус (акоронавирус) аҽацәыхьчаразы амҩақәа рыԥшаара ианаҿу, аԥҭекақәа рҿы аҿкы аҽацәыхьчаразы асабрадақәа анузымԥшаауа, абыргцәа адәахьы шәдәылымҵын, аҿкы шәкьысыр алшоит ҳәа аиҳабыра абжьгарақәа аныҟарҵо аамҭазы, иаҳбозеи ҳара? Аштабқәа иҳадыргало анапеинҟьаратә ӡыргарақәа иаадырԥшуеит акандидатцәа ақәыԥшцәа инадыркны абыргцәа рҟынӡа еизганы аполитикатә бенефисқәа шымҩаԥырго.

Иззеинаҳҟьозеи ҳнапы? Акоррупциа ҳаиааины, ахархьуаа рсоциалтә ԥсҭазаара шьҭаҳхма? Иалаҳдыраауазеи макьана иалаҳхуа иҟаиҵараны иҟоу? Саҭамыз аха, аибашьра анцоз иҳаԥхьагылаз Владислав Арӡынбагьы арсҟак ҳнапы изеинаҳамҟьацызт. Иарбан политикатә хәмарроу имҩаԥысуа? Азалқәа рҿы еизаны "иӷәгәаны шәнапы еинышәҟьа" ҳәа ҿызҭуа Аԥсны инымхаӡои? Дара ракәӡами абжьааԥны "ҳаиҳабыра ҳрызныҟәгом" зҳәо?

Ахӡыргареи аиҭалхрақәеи: агитациатә аамҭазы гәаанагарақәак - Sputnik Аҧсны
Ахӡыргареи аиҭалхрақәеи: агитациатә аамҭазы гәаанагарақәак

Аштабқәа ирылоу ауаа акырынтә амчраҿы инеины ицахьеит. Иарбан нас алхыҩцәа напеинҟьарыла рхы зыржьо. Аӡыргаратә фото-видео напеинҟьартә сахьақәа рҿы игәаҳҭоит азал аҿы итәоу еиҳарк иаҳбац шракәу. Афанатцәа акандидатцәа ахьцо турнеҵас ирыцуп анапеинҟьарақәа ршоу-программа арџьбаразы, адгылаҩцәа рхыԥхьаӡара шырацәоу аарԥшразы.

Макьана алхрақәа мҩаԥымсыц, макьанагьы еилкаам иаиааиуа акандидат иалихраны иҟоу амҩа, еилкаам азинтә ҳәынҭқарра ашьақәыргылара игәы иҭоу иҭаму. Ус анакәха, избан анапеинҟьарақәа рыла алхыҩцәа рыжәҩа зҭырҟьо? Ари аҩыза аӡыргаратә цәаҳәа иаанарԥшуеит ишыҟам иӡырыргаша хра злоу аполитикатә программақәа, убри аҟынтә анапеинҟьарақәа абжьқәа рнаҭарашәа днарбозар акәхап аштабқәа рҿы қьырала аӡыргаразы усура иргаз.

Аҽаҩра макьана иҭагалам, кәапеишәа иҭәу азалқәа ирыҩнатәоу даҽа ԥыҭраамҭак ашьҭахь, ишыҟарҵалац еиԥш, "аҳәынҭқар дықәгатәуп" ҳәа аиҳабыра рыҩны иаадгыларгьы ауеит. Усҟан иахьатәи анапеинҟьабжьқәа атрышә абжьахьы ииасыргьы алшоит.

Изӡаӡом аӡыргаратә напеинҟьаратә нҵамҭақәа шгәыԥҵәагахаз. Иҳаҩсхьоу аамҭа саԥшны исҳәозар, хәажәкыра 22 рышьҭахь ҳапроблемақәа шмаҷхо азы сгәыӷрақәа рацәам. Анапеинҟьарақәа санрыхәаԥшуа, ажәлар рхы шыржьо сгәы азҩоит. Урҭ уажәы зхы иазырхәо аполитикцәа, знык рҭыԥ аҿы изнеир, анапеинҟьаҩцәа аархадыршҭышт. Ҳхы ҳжьеит азоуп аибашьра ашьҭахьтәи ҳаԥсҭазаараҿы ҽаԥарак аԥара зҳалымшаз.

Дебаты  - Sputnik Аҧсны
Алхра аламҭалазтәи адебатқәа: Аслан Бжьаниеи Адгәыр Арӡынбеи злацәажәоз

P.S. Иаха аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥысуан акандидатцәа злахәыз аполитикатә шоу. Ианалагоз рыхҩык ыҟан. Руаӡәы Леонид Ӡаԥшьба аефир алагамҭазы астудиа аанижьит. Ашьҭахь асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵыз аудиоҳәамҭа ишаҳнарбо ала, адебатқәа рҿы иара даанхар "ицәажәара згәабзиара уашәшәыроу акандидат Бжьаниа ааха инаҭар алшоит" ҳәа иԥхьаӡеит. Адебатқәа рҿы инхаз Арӡынбеи Бжьаниеи сааҭки бжаки инарзынаԥшуа иалацәажәон ииасхьоу аамҭа, уаҵәтәи амш иазыркыз зынӡа имаҷӡоуп. Иҟамызт апрограмматә еиндаҭлара.

Иҟамзар, рхала уи ӡыррымгазар, ус анакәха ицәырырго рымам. Сааҭки бжаки астудиа аҩнуҵҟа ицон урысшәала аҽԥныҳәа еибызҳәоз акандидатцәа реиндаҭала. Иалаҳхуада ҳара? Урыстәыла ахада иакәу, Аԥсны ахада иакәу? Рҩыџьагьы аԥсшәа рдыруеит, аха иахәҭаны ирымԥхьаӡеит зҵаарақәак ракәзаргьы, инагӡаны ҳәынҭқарратә бызшәала алацәажәара. Уи иаанарԥшуеит раԥхьаҟатәи русураҿы аԥсшәа ахархәара шамоуа.

Акы заҵәык, исҳәарц сылшоит акандидатцәа рлексика ишацклаԥшуаз, аҳәынҵәеигәыдҭәалара амҩала ишымцаз. Уигьы акы иаԥсоуп алхравирус аамҭазы.

Аҳәара уадаҩуп турк ала ихыркәшахар алшоит ҳәа Аԥсны ахада иалхрақәа. Хәажәкыра 22 руха раԥхьатәи алҵшәақәа ҳзыԥшызаауеит, ари азҵаара аҭак усҟан ауп ианҳауа.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0