Ишьаарҵәырахаз аизара, ма аԥсуа нхаҩы ихьыӡ шихьчаз

© Sputnik / Юрий Сомов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазская АССР. 100-летние жители села Лыхны Гудаутского района
Абхазская АССР. 100-летние жители села Лыхны Гудаутского района - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа иԥсҭазаара зегьы иагәылганы игоит ихьӡи ихьымӡӷи, урҭ рыхьчаразы иара акы деигӡом, акы дацәшәом. Убас, 1950 шықәсазы аԥсуа нхаҩы ахьымӡӷ изыргаз агыруа хылаԥшҩы иҿы ишьа шиуз аҭоурых ҳзеиҭалҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Сан лдунеи лыԥсахырц акгьы лыгымкәа дычмазаҩны са сҿы дыҟан. Асовет аамҭазы лара дыстахановкан, акыр аџьабаа лбахьан. Сан Мариа Ҷежьиаԥҳа иаҳзеиҭалҳәон аӡҟы дышлымазгьы, "аколхоз ахь усура бҭыҵыр ауп" ҳәа абригадирцәа ԥсҭазаара шлырымҭоз.

137 шықәса зхыҵуа Хьфаф Лашәриаԥҳа аҿар ирымалдоит ҵҩа змам лыԥсҭазааратә ԥышәа - Sputnik Аҧсны
Аамҭа иагаз ақьабзқәа рызхьаара

Сани саби быжьҩык ахшара рхылҵит, усҟантәи азакәанқәа гәымбылџьбаран, уажәтәи аамҭеиԥш, ахшара дзааӡо аҩны атәара азин лымамызт. 1950-тәи ашықәсқәа роуп сара сызлацәажәо. Усҟан аколхоз усқәа ӷьеҩын, хаҵагьы, ԥҳәысгьы аус ддыруан, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа ракәымзи, ируаз абжа еиҭабжагьы рырҭомызт, аколхоз иагон абжеиҳарак. Ҳара ҳрацәаҩымзи, ҳан усура даныргалак ҳанду лакәын ҳазбоз, убри аҟынтә, акыр уи лгәыбылра ҳадын, иахьагьы нанду дааҳгәалашәалоит ҳанааилатәо.

Ҽнак зны, сан ахәыҷқәа руаӡәы санхәа даалҟәыскып лҳәан, аҭаҭын еиҭаҳара дахьцоз дылгазаап. Ахәыҷы дхәыҷыми, еиҭарҳаз аҭаҭынқәа ыҵыркәыкәуа рышьҭа дынхылазаап. Абригадир ари ибаанӡа сан лҩызцәеи лареи ахәыҷ иҵылхыз алеиҭаҳаны иҟарҵазаап. Зегь акоуп сан лыцәгьа зҳәаз дҟалазар акәхап, абригадир лахь лиҭеит "бхәыҷы арахь уаҳа данықәыбгала ԥеиԥш мыждоуп ибоуа" ҳәа, лгәы лҽанҵо. Абри зегь зхысҳәаауа, Сталини Бериеи рхаантәи аамҭақәа цәгьан аԥсуа қыҭақәа рҿы.

Абга  - Sputnik Аҧсны
Абга иақәтәоу: амифи ареалтә ԥсҭазаареи

Абарҭ аамҭа хьанҭақәа ргәалалыршәо далагеит сан адунеи лықәҵымҭазы. Ҽнак иаацәырылгеит уаанӡа ахаан исалымҳәацыз жәабжь кьаҿк. Абарҭ зыӡбахә сымоу ашықәсқәа рзы Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа иаарышьҭуан агырцәа априкреплионцәа (ахылаԥшцәа). Априкреплион захьӡыз ақыҭанхамҩа иахылаԥшуаз, ажәлар аҟарс иҭаку реиԥш аколхоз амаҵ руа иҟазҵашаз иакәын. Сан ишылҳәаз ала, усҟан Кәачара ақыҭаҿ акәын ааигәа-сигәа иҟаз Џьгьарда, Кәтол, Тамшь уҳәа рынхаҩцәа аизара аҳасабала иахьеизыргоз. Ҽнак иҳаԥхьеит лҳәеит Кәачара аизарахь. Уаҟа ақыҭа анапхгара драԥхьагыланы даацәырҵит ахаан ирымбацыз гыруа хаҵак. "Ма ореқ Ражьден …." (Сара Ражьден соуп - аред.) иҳәан, арҭ ақыҭақәа рҿы прикреплионс дшааз, насгьы илеишәа шыцәгьоу, азакәан иқәымныҟәо алаба шырхиҟьаша уҳәа, инароуны ажәлар рцәа иҭазырӡыӡаша ажәахә иҳәазаап.

Ажәакала, "ма ореқ Ражьден" дшаҟьшаҟьо ачаиҭрақәеи, амхырҭақәеи, аҭаҭынҭрақәеи дырхылаԥшуазаарын. Абри аамҭазы Кәачара ақыҭаҿы дынхозаарын нхаҩ шьахәк. Иара аколхоз усқәа рыдагьы аԥсаса имазаарын. Сан уи анхаҩы ихьӡи ижәлеи салҳәагәышьеит, аха исызгәнымкылаӡеит. Игәныскылаз агәымбылџьбара Ражьден ихьӡ ауп. Ҽнак зны абри анхаҩы иџьмақәа ачаиҭра иалалазаап. Ари збаз априкреплион "ма ореқ Ражьден" абӷьааҳәа анхаҩы дишьҭалазаап. Анхаҩгьы харак дыҟамзар акәхарын, иџьма ачаиҭра ишалалаз аниба, илабҷашь аашьҭыхны илцаны аҩныҟа ишкеицоз, агьангьаш Ражьден иҽы дақәтәаны дышнеиуаз, иааиқәшәазаап. "Ааит, уџьмақәа аколхоз иатәу ачаиҭра ишԥалоуҵоз, уаҩԥсҵас ушԥархыламԥши, ма ореқ, Ражьден", - иҳәан, иҟамчала аԥсуа нхаҩы дисзаап. Анхаҩы уи аминуҭ азы ҿымҭӡакәа, ацҳәа мҳәаӡакәа иџьмақәа иаԥцаны аҩныҟа дцазаап. Ари ажәабжь зегьы ираҳагәышьеит, аха усҟан амаҷ уахырҟьаны удырӡыр алшон, априкреплион "иҟауҵаз закәызеи" ҳәаны анхаҩы ихаҵгылодаз?!

амхы - Sputnik Аҧсны
Аӷьычреи ақәычреи, мамзаргьы чеиџьыкала ахьырхәра

Аамҭа цон, Ражьден алаапк еиԥш ақыҭақәа дрылан, ҳазлацәажәоз анхаҩгьы ҿымҭӡакәа дыҟан. Ҿиҭуамызт анхаҩы, аха иаԥсуара иацыз ахамаԥагьара ас иларҟәны, агыруа хылаԥшҩы ашәа ҳәо адунеи дықәынгьы ҟалашьа шамамыз еилкаан. Ари ахҭыс уажәшьҭа ауаа ирхашҭхьеит уҳәаратәы аамҭа бжьысхьан, аха уи ихашҭуамызт заҳаҭыр ладырҟәыз анхаҩы. Ҽаҩраҭагалантәи аколхозтә сезон ахыркәшамҭазы дырҩегьых Кәачара ақыҭан анхаҩцәа злахәыз аизара ду ҟарҵеит, анаҩстәи адҵақәа рырҭарц азы. Сангьы далатәан уи аизара.

"Ақыҭа клуб аҿы акәын аизара ахьыҟаз", - лҳәеит сан. Асценаҿы астол ду ықәгылан, убри иахатәан абригадирцәа, урҭ рыгәҭа аҳҵас зхы збоз априкреплион Ражьден хамаԥагьа дахатәан. Аизара алагара ашәымҭак шагыз, аӡәьы игәиҽанӡамкәа, ашырҳәа заҳәачаԥа кны иааҩналаз анхаҩы Ражьден дааидгылан, ихы ихагылаз наихкәыцәаан дааилгеит. Сан ажәлар гачамкит лҳәеит. Излаԥшыз ишьаарҵәырахаз аизара иаршанхеит анхаҩцәа лҳәеит. Ражьден априкреплион ихыцҟьааз ихгьы аклуб адашьма инықәҳаит, лҳәеит сан.

Иҟалап ари агәра зымго дҟаларгьы, аха сан афантастика иацәыхараз ԥҳәысын, ари ажәабжь лыла иабахьаз, лшьара дықәзырҟьаз, аха ахьӡи-ахьымӡӷи рыхьчара иасимволны лхаҿы инханы исзеиҭалҳәаз ауп. Ражьден дҭазырхаз анхаҩы акыр шықәса иқәырҵан дҭаркит, аӡбарҭаҿы идгылаз ашаҳаҭцәа рыбзоурала ашьра иқәымшәеит. Ашаҳаҭцәа аӡбаҩ иҿаԥхьа ирҳәеит лҳәеит сан "аԥсуа ҟамчыла исра" даара ишхьымӡӷыз.

Абри ахҭыс ашьҭахь, априкреплион зхылоз агыруа милаҭ иаиуаз арҭ ақыҭақәа рахь уаҳа уаҩ даармышьҭит ҳәа илгәалалыршәон сан.

"Ахьӡи ахьымӡӷи раҳаҭыраз априкреплион ихы ихызхыз анхаҩы абахҭа ихганы иҩныҟа ахынҳәра дахьӡеит, аха рацәакгьы изнымҵит", - лҳәеит сан, абри ишьаарҵәырахаз аизара иазкыз лажәабжь хыркәшо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0