Ҳанашә Аҭрышбеи ӡызлани Гагра ишеиқәшәаз: Озқан Чкок ианду лажәабжь еиҭеиҳәеит

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаОзқан Чкок
Озқан Чкок - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа аӡәырҩы иахьа уажәраанӡа имырӡкәа иааргоит шәышықәса ирықәу рҭаацәаратә ажәабжьқәа. Убас иҟоу ажәытә ажәабжьк ҳџьынџьуаҩ Озқан Чкок иҟынтә ианылҵеит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа.

Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа аӡәырҩы иахьа уажәраанӡа еиқәырханы ирымоуп иакымкәа-иҩбамкәа шәышықәса ирықәу рҭаацәаратә жәабжьқәа. Аамҭа цацыԥхьаӡа арҭ ахҭысқәа рышьҭа дырӡуеит, убри аҟнытә алшара ахьынӡаҳамоу аԥхьаҩцәа ишәыдаагалалоит ҳара ҳҟынӡа иааӡо аҭоурыхқәа. Иахьа ишәҳардыруеит Адаԥазар ақалақь иаԥну Балбаллы, аԥсуаа Калдахәара ҳәа изышьҭоу ақыҭаҿы инхо Озқан Чкок ианду Қьезибе Аҭрышԥҳа лҟнытә иҳаҳахьаз, Аԥсны зызқәаҭыԥ нхаз лабду Ҳанашә Аҭрышбеи ӡызлани Гагра ишеиқәшәаз иазку ажәабжь хәыҷык.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ҳанашә Аҭрышба ашәышықәсқәа раԥхьа Аԥсны иӡбахә бзиаӡаны ирдыруазаарын. Аибашьраҿы иааирԥшуаз агәымшәареи афырхаҵареи ирызкны ашәақәагьы аԥырҵахьан. Алеишәа ҷыдеи аҟазшьа џьбареи змаз аԥсуа хаҵа иганахь қәнамгала зхы аазырԥшуаз ихәҭаз дақәиршәон, дахьирхәуан.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Қьезибе Аҭрышп,ҳа
Ҳанашә Аҭрышбеи ӡызлани Гагра ишеиқәшәаз: Озқан Чкок ианду лажәабжь еиҭеиҳәеит - Sputnik Аҧсны
Қьезибе Аҭрышп,ҳа

Ишдыру еиԥш, ажәытәӡан, ажәларқәа жәпакы рҟнеиԥш, ҳара ҳҿгьы ӡызлан илыдҳәалаз ахҭысқәа рацәан. Иҟоуп иҵабыргны илыниахьан зҳәо. Амифқәеи алегендақәеи рыла иаадыруеит ӡызлан даара иԥшӡоу, аха игызмалу аҭыԥҳа шлакәу, лымч уқәхар ушразҟыдахо, мамзаргьы унапаҿы дааугар умаҵ шылуоз. Ажәакала, ӡызлан илықәшәоз иԥсҭазаара аҽаԥсахуан. Ҭырқәтәыла, Балбаллы инхо ҳџьынџьуаҩ Озқан Чкок излаҳзеиҭеиҳәаз ала, ианду лабду Ҳанашә Аҭрышбагьы дыруаӡәкхеит ӡызлан илԥылаз.

Ҭырқәтәылатәи ақыҭа Калиак аҿы инхо Шьаҭԥҳа Леила - Sputnik Аҧсны
Ӡызлан илызку ажәабжь еиҭалҳәоит ҳџьынџьуаҩ Шьаҭԥҳа Леила

"Ҳанашә ишәымҭа данҭагылаз аамҭақәа рзы, иқыҭауаа (ахьӡ ргәалашәом) ӡызлан лбара акәым, лыхьӡ аҳәарагьы иацәшәон, изныкымкәа "амацәаз ахы иҭалыргьежьхьан", ауаа аԥхасҭа рылҭон, иҭалырхон. Ҽнак зны, Ҳанашә ӡызлан лхымҩаԥгашьа анизымычҳа, илзынаицҳаит лбара шиҭаху, лара леиԥш иҟоу "аус еиқәаҵәақәа" зырҿиауа лҭыԥ дшықәиҵо. Ӡызлан ахаҵа иажәақәа ааџьалшьан, "Гагра, ҽынла ауаа аныҟәара иахьацәшәо аҭыԥ аҿы ианыхәлалак днеиааит" ҳәа изыналыцҳаит", - ажәабжь еиҭеиҳәоит Озқан.

"Гагра ҽынла ауаа аныҟәара иахьацәшәо", - ари афраза Гагра сызланхо ала еиҳагьы аинтерес сзаҵалан, "изакәытә ҭыԥузеишь ус иҟаз" ҳәа иџьашьаны сазҵааит, аха Озқан ианду лҟнытә иаҳахьаз ауаа шацәшәоз ауп, мзызс иаҵаз атәы - мап. "Иԥсабаратәым цәырҵрақәак рныруазаргьы ҟаларын" ҳәа ациҵеит акәымзар. Ажәакала, "Гагра ҽынла ауаа аныҟәара иахьацәшәоз", уахынла Ҳанашә даннеи, "ӡызлан, бабаҟоу? Бцәырҵ!", - ҳәа ибжьы ҭыганы ҿааиҭит.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаОзқан Чкок
Ҳанашә Аҭрышбеи ӡызлани Гагра ишеиқәшәаз: Озқан Чкок ианду лажәабжь еиҭеиҳәеит - Sputnik Аҧсны
Озқан Чкок

"Ара сыҟоуп, амҩа уахьынӡаныз уашьҭахь сгылан. Умшәаӡакәа аранӡа уааизар, ари нахыс уҭаацәеи уареи, иузааигәоуи ԥхасҭа шәысҭом, шәгәы рҭынчны шәынха, шәынҵы. Амала угәы еиҭасызҭгьы суиааиуан", - ҳәа иалҳәазаап. Иаргьы иҽирҟәымшәышәын, уи ала еилибакааны, еиқәшаҳаҭхеит. Абас, Ҳанашә Аҭрышбеи ӡызлани Гагра еиқәшәаны еинаалеит.

Русалка и инструктор по подводному плаванию Лучиана Фузетти тренируется на островах Тийкуса в Рио-де-Жанейро, Бразилия - Sputnik Аҧсны
Ӡаҳкәажә, ма ахьы ӡаҳкәажә: ӡыӡлан лхаҿсахьа амифқәа рҿы

"Ҳаныхәыҷқәаз ҳанду лассы-лассы иаҳзеиҭалҳәалон ари ажәабжь. Ӡызлан убас дшәарҭазма ҳәа ҳалақәа ҭырхаха ҳанылҿаԥшуаз, шәара акагьы шәацәымшәан, Ҳанашә ҳҿиххьеит лҳәон", - игәалашәоит амоҭа.

Ҳанашә Аҭрышба амҳаџьырра ҟалаанӡа иԥсҭазаара далҵхьан. Аҵыхәтәантәи аибашьрақәа руак аҟны дҭахоит.

"Ҳанашә Аҭрышба ихаҵара иазкны санду ашәагьы лдыруан. Рыцҳарас иҟалаз уи сара игәнысымкылеит. Амала аҵакы зласгәалашәо ала, Ҳанашә аӷацәа аҳәала ихы анхырҵәагьы, изнапык ала ихы кны, егьи ала аиааира абираҟ шьҭихзаап", - еиҭеиҳәоит Озқан Чкок.

Амҳаџьырра ашықәсқәа раан, Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз Ҳанашә иԥазаҵә Зеқьериа иакәзаап. Аха Османтәи аимпериа имҩаԥнагоз аибашьрақәа руак аан Иемен хабарда дыбжьаӡуеит. Иҭынхоит аԥа Заабыҭи, аԥҳа Қьезибеи. Лара убри лоуп сзыҿцәажәаз Озқан Чкок ианду.

Ари ажәабжь даҽа интереск сызцәырнагеит. "Гагра ҽынла ауаа аныҟәара иахьацәшәо" ҳәа изышьҭаз аҭыԥ арбану?! Агәыӷра сымоуп мышкызны уи амаӡагьы сзаатып ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0