Ҳагԥҳа Муса Шанибов изы: абиԥара ҿа рабдуцәа рҭоурых рдыруазарц иҭахын

© Foto / предоставлено Лили ХагбаМуса Шанибов
Муса Шанибов  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
84 шықәса дшырҭагылаз зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны афырхаҵа, Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рконфедерациа ахадас иҟаз, ҳашьцәа нхыҵаа аибашьраан раара зыбзоуроу ируаӡәку Муса Шанибов дылгәалалыршәоит ибзианы дыздыруаз афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҵарауаҩ, аполитик, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Муса Магомеҭ-иԥа Шанибов диит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликаҿы. Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет даушьҭымҭоуп, Ҟабарда-Балкариатәи ауниверситет аполитологиа акафедра адоцентс дыҟан. 1989 шықәса, нанҳәамзазы Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рассоциациа ахантәаҩыс далхын. 1991 шықәса, абҵарамзазы Кавказ ажәларқәа рконфедерациа ахадас дҟалоит. 1992 шықәса рзы аҟабарда жәлар рконгресс ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Акыр иҭбаан дызнысыз аполитикатәи ауаажәларратәи мҩа, иԥсҭазаара зегьы гәылырҭәаан ижәлар рыбзиабарала, акыр илша рацәан Аԥсни аԥсуа жәлари рзы еиҿикаауаз, хаҭала иара дызлахәыз аусмҩаԥгатәқәа.

Геннадий Аламиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аламиа Муса Шанибов ҳаибашьраҿы илагалазы: Кавказ жәларқәа ршьа ирҿыхеит

"Иҳазгәакьаз ауаҩы Муса Шанибов идунеи ахьиԥсахыз даара гәалсрыла иҳадаҳкылеит. Ишаԥу еиԥш, амилаҭ ирылиаауеит дара рҭоурых аҿы зда ԥсыхәа ыҟам аусқәа реиҿкааразы ҷыдала алшареи агәаҳәареи зауа рхаҭарнакцәа. Убас, ианаҭахха аамҭазы ихи-ихшыҩи илшарақәеи зегьы Аԥсны аиқәырхара иазирхеит ҳаиашьаратә ҟабарда жәлар еицырдыруа рҵеи Муса Шанибов", - ҳәа азгәалҭоит Лили Ҳагԥҳа.

Зҭоурых иазҿлымҳаз, зыжәлар рхьаа зхьааз, рыбзиара згәырӷьараз Муса Шанибов ихшыҩ ҵарын, уи иацназгоз аҿаԥыц иҿан, абиԥарақәа реиҵааӡара дашьҭан.

"Дызхаҭарнакыз Кавказ ажәларқәа ирхыргахьаз бзиаӡаны издыруаз ауаҩ ҟәыш еснагь игәы иҵхон урҭ рԥеиԥш, еиликаауан ирыҵагылоз аҿар рабацәа, рабдуцәа зықәшәақәахьоу ахҭысқәа рдыруазарц шаҭаху. Ҳџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа шықәсқәак шыбжьаз иара иеиԥш ихәыцуаз наиваргыланы еиҿикааит Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рконфедерациа. Ари ахеидкыла имҩаԥнагоз ауснагӡатәқәа ирылҵшәоуп хатәгәаԥхарала Аԥсни аԥсуааи ҳаиқәырхаразы Нхыҵ-Кавказынтәи арԥарцәа раара", - лҳәеит апрофессор Ҳагԥҳа.

© Foto / предоставлено Лили ХагбаМуса Шанибов
Ҳагԥҳа Муса Шанибов изы: абиԥара ҿа рабдуцәа рҭоурых рдыруазарц иҭахын - Sputnik Аҧсны
Муса Шанибов

Кавказ иналукааша аполитик, Аԥсны Афырхаҵа Муса Шанибов Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы ҳажәлар рдоуҳамч шьҭихуан, акзаареи аидгылареи дазыҳәон, Аиааира шаҳгоз агәра игон, избанзар идыруан аиаша ҳшазықәԥоз.

"Изаҳахьоу, избахьоу ҳзы ахаан хашҭра рықәым Муса Шанибов иқәгыларақәа. Иара иоуп ҳаибашьраҿы Гәдоуҭа еиҿкааз Кавказ ажәларқәа рконфедерациа аоперативтә штаб раԥхьатәи ахада. Хаҭала сара усҟан уа аус злазуаз ала, ибзиаӡаны исгәалашәоит, аҭакԥхықәра ахахьы изгаз аштаб имҩаԥнагарны иҟаз аусқәа дышрызхәыцуаз, амҩа ишықәиҵоз. Аԥсҭазаара иҭанаргылаз аибашьрахь ицоз аҷкәынцәа иара иажәа иахаҵгылон. Исгәалашәоит, закәытә нырра бааԥсу ирнаҭаз Шанибов ара Аԥсны ахәра ахьиоуз", - лхәыцрақәа ҳацеиҩылшеит Лили Риза-иԥҳа.

Ауаҩ хатәра Муса Шанибов Аԥсны аибашьра иалагаанӡа иаҳаҭыр акыр ишьҭыҵхьан, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа гәыла-ԥсыла ҳажәлар дрымадан, ргәала игәалан, реихьӡарақәа дреигәырӷьон.

"Еизызгаз аматериалқәа хасырҭәаарц, иҭахаз арԥарцәа рҭаацәарақәа санырҭаауаз урҭ ранацәеи рабацәеи аӡәырҩы исарҳәон ишырзымдыруаз усҟан рыҷкәынцәа ахьцаз. Аха нас аӡәаӡәала, ҩыџьа-ҩыџьала иҭахоны рыԥсыбаҩқәа нарго ианалага, еилыркааит иҟалаз закәыз. "Ииашаны иҟарҵеит уахь иахьнеиз, ҳашьцәа шәоуп, Шанибов амитингқәа рҿы еснагь ус иҳәон, зегьы иара изыӡырҩуан" ҳәа сарҳәалон", - гәыблыла дҳацәажәон аҵарауаҩ.

абызшәадырыҩ Лили Ҳагԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лили Ҳагԥҳа зхатәгәаҧхарала еибашьуаз ирызкны: уалны рҿаԥхьа иҳаду рацәоуп

Лили Ҳагԥҳа, хатәгәаԥхарала Аԥсны иааны иҭахаз аибашьцәа ирзылкыз актәи ашәҟәы аматериалқәа еидкыланы раԥхьаӡа излырбаз Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба иоуп. "Урҭ рыхьӡ мыӡырц азы абас еиԥш иҟоу аусқәа ҳрылагаргьы инагӡаны иаҳзыҟаҵаӡом", - ҳәа леиҳәеит иара.

"Анаҩс урҭ аматериалқәа рысҭеит Муса Шанибови Сулҭан Сосналиеви. Урҭ ргәаанагара сара сзы даара акраҵанакуан. Ргәаҵанӡа инеины иаԥхьан, ахҳәаақәа сзырҩит. Акырынтә имҩаԥысхьаз, хашҭра зқәым ҳаицәажәарақәа сгәаларшәо, сажәа хсыркәшарц ахәҭаны исыԥхьаӡоит Кавказ ажәларқәа, апсуаа убарҭ раԥхьа ҳнаргыланы, ҳԥеиԥш иаргәаҭеиуаз апатриот Муса Шанибов сышәҟәы аԥхьажәаҟны ииҩыз цәаҳәақәак рыла:

"Мы взялись за оружие по велению нашего сознания, ответственности и долга перед своими народами. Наша древняя история, обычаи и традиции дают нам понимание того, что человек приходит в этот мир, прежде всего, для того чтобы защитить подвергаемые наибольшей опасности феномены общественной жизни. Гарантию жизни, добру и гармонии, порядок и стабильность".

© Foto / предоставлено Лили ХагбаМуса Шанибов
Ҳагԥҳа Муса Шанибов изы: абиԥара ҿа рабдуцәа рҭоурых рдыруазарц иҭахын - Sputnik Аҧсны
Муса Шанибов

"Џьанаҭ гыларҭас иоуааит, еиҳа ҳангәаҟуаз аамҭазы ҳаԥсҿыхыҩцәа ираԥхьагылаз ҳашьа, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахаз Муса Шанибов. Хәашьра ақәымзааит уи еиқәирхарц ииҭахыз ҳаигәыцхәра!" - ҳәа лажәа хлыркәшеит Лили Ҳагԥҳа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0