Ҳагба Заур Арӡынба изкны: инапы злакыз зегьы агьама аман, аԥсуа цәаҩа ахын

© Foto / Аслан КобахияЗаур Ардзинба
Заур Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зажəеи зуси еимадаз Заур Џьота-иҧа Арӡынба иахьа ихыҵуазаарын 70 шықəса. Игəалашəара лаша аҳаҭыр азы иара дызнысыз иҧсҭазааратə мҩа, иуаҩра, иҟазшьа аҷыдарақəа дырзааҭгылоит иҩыза бзиа, актиор Кьасоу Ҳагба.

Зажəеи зуси еимадаз Заур Џьота-иҧа АрӡынбаСырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҳəынҭқарратəи ауаажəларратəи усзуҩ Заур Џьота-иҧа Арӡынба иҧсҭазаара аҵыхəтəантəи амшқəа рҟынӡа иҧсадгьыли иуаажəлари рымаҵ аура иазикит. Владимиртəи аполитехникатə институт далгеит анџьныр изанааҭ ала. Аус иуан "Аԥснытəи амшынбаӷəаза" директор хадас. Акыр иџьабаа рацəоуп аҧсуа жәлар рмилаҭтə-хақəиҭратə қəҧараҿы. Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҧхьатəи амшқəа инадыркны Заур Арӡынба бџьаршьҭыхла иҧсадгьыл ихьчон, абаталион акомандаҟаҵаҩ ихаҭыҧуаҩыс дыҟан, анаҩс Гəымысҭатəи афронт аршьаҟауаа рыштаб напхгара аиҭон. Аибашьра анеилгагьы Аҧснытəи арбџьарымчқəа аршьаҟауаа рыҟəша ашьақəыргылара аусхк инапы алакын. Аҧсадгьыл ахьчаразы иааирҧшыз афырхаҵаразы ианашьоуп аҳəынтқарратə ҳамҭа "Леон иорден".

Еркәыт Аӡынба - Sputnik Аҧсны
Еркәыт Аӡынба: уԥсадгьыл бзиа иануба, уагәыднаҳәҳәалоит

Зажəа ажəаз, зус иазҟазаз, зыхшыҩ ҵарыз, зхатə принципқəа змаз, аҧсуа ҵасла еибаркыз Заур Џьота-иҧа Арӡынба дзыхьӡашаз иҵегьы ирацəан, иҳəаақəиҵашаз аусқəа акрыҟан, аха ус еиҧш илахьынҵа ицныҟəеит, иаамҭаӡамкəа иҧсҭазаара далҵит. Игəалашəара лаша рыцуп иара хаҭала дыздыруаз, иара убас иӡбахə заҳахьаз, ибзырӡы здыруаз зегьы. Аҧсуа ҳəынҭқарратə драматə театр актиор Кьасоу Ҳагба гəыблыла дигəалаиршəоит иҩыза бзиа.

"Заур иҧсы сакəыхшоуп. Иахьа иҧсы ҭазҭгьы 70 шықәса ихыҵуан. Ари ашықəс Заур изы ауаҩхатəра ҳəа анизуҳəашаз ашықəс акəын, аха дахьымӡеит. Иҧсҭазаараҿы дзыхьӡаз акрыҟоуп, насыҧ змаз уаҩын. Даныхəыҷыз инаркны зегьы дрылукаауа дыҟан. Дызхылҵыз иҭаацəа адгьыл иқəаарыхны зџьабааала зхы ныҟəызгоз ракəын. Џьота иашьцəагьы иаргьы гəараҭак аҿы еицынхон, аҧсуа нхацəа цқьақəа ракəын. Зџьабаала зысасгьы дныҟəызгоз, зҭаацəагьы ныҟəызгоз, заҧсуарагьы, зыуаҩрагьы, абзиагьы, ацəгьагьы еилагӡаны иахьныҟəыргоз ҭаацəаран, амлакра ахьыҟамыз гəараҭан",- ҳəа ҳаиҿцəажəара хациркит Кьасоу Ҳагба.

Зыжəлар рҿы ҳаҭыр ду зқəыз, инапы ианыз аусқəа шьахəла иназыгӡоз, зхыҧша ҕəҕəаз Заур Џьота-иҧа Арӡынба, ихы ҳарамккəа, ибжьы ҭымгакəа ижəлар дрыцхраауан, аибашьра ахəра зыннаҵаз аҭаацəарақəа ҷыдала дырзыҟан, аҧсҭазаара ганрацəала дазнеиуан, аҵыс ашьапы ахьыҧҵəоз идыруан. Аҭаацəара ҧшӡа аҧызҵаз, ахшара бзиа еиҵазааӡаз хаҵан.

"Иҧшəмаҧҳəыс милаҭла дурысуп, аҧсуаа хəыҷык инышьҭаҳҵарц иаҳҭаху аҟазшьақəа шьҭыхны изку, аҧхашьа-ҧхаҵара злоу, зыбжьы ҭыганы имцəажəо ҧҳəызбоуп. Заур иҧҳацəа аҭаацəара иалалахьеит, амаҭацəа, амаҳəцəа хазынақəа имоуп, иҧазаҵə иакəзар акыр дҿырҧшыгоуп. Аҧсуара - ари ауаҩроуп. Заур иаҟара аҭагылазаашьа аҧсҭазаараҿы иаҧызҵада, аха дхамаҧагьаны дыҟамызт",- ҳəа азгəеиҭоит Кьасоу Ҳагба.

Заур Џьота-иҧа Арӡынба аҧсуа жəлар ркультура, рҭоурых, рҟазара акыр дазҿлымҳан, аҧсуа шəҟəқəа, агазеҭқəа, ажурналқəа рыҧхьара бзиа ибон. Акультура аусхк аизырҳара акəзар дацəхьаҵуамызт, акыр адгылара аиҭон.

© Sputnik / Михаил Мордасов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗажəеи зуси еимадаз Заур Џьота-иҧа Арӡынба
Ҳагба Заур Арӡынба изкны: инапы злакыз зегьы агьама аман, аԥсуа цәаҩа ахын - Sputnik Аҧсны
Зажəеи зуси еимадаз Заур Џьота-иҧа Арӡынба

"Ашəҟəқəа ҭижьратəы сиҳəон, атеатр аҟны аспектакльқəа аныҟаҳҵоз ацхыраара ҳаиҭон. Ашəҟəы ҭыҵаанӡа изназгарц саиҳəон. Аредакторцəеи акорректорцəеи шаҧхьахьазгьы агхақəа иҧшаауан, аҧсуа литература даара дазҿлымҳан, ҳашəҟəыҩҩцəа рҩымҭақəа ибзианы идыруан, аҧсуа жəлар рашəақəа бзиа ибон, иҽцəырымгаӡакəа акеҩҳəа иҳəон. Аҧсуа ашəа, аҧсуа доуҳа иахылҵыз ауп, аҧсуа доуҳа еиқəзырхо аҧсуа бызшəоуп",- иҳəеит Ҳагба.

Кьасоу Ҳагба Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатри, изанааҭи, ирольқәеи ртәы

Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра фырхаҵарыла дахысит Заур Арӡынба, уи ашьҭахьгьы ҳажəлар амацəаз ианҭакыз еиҿикааз шьарда ыҟоуп, иҟаиҵаз џьара уанаҧхьоугьы "абриаҟара злаҟаиҵазеи?" - ҳəа иџьаушьаратəы иҟоуп.

"Уахгьы-ҽынгьы ихы аус адиулон, убриаҟара иҧсадгьыли иуаажəлари бзиа ибон, еилых-еилаҵа имамызт. Аполитикатə еибарххарақəа рҿы иҟаз аганқəа зегьы иара бзиа дырбон, ҳаҭыр-пату иқəырҵон, избанзар ихымҩаҧгашьа убас иҟан, аҧсуа хаҵа леишəа иман, иҟаиҵоз зегьы агьама рыман. Аҧсуареи, аламыси , аҭакҧхықəреи, агəыбылреи иара илан. Иҽцəырымгаӡакəа, идмырдырӡакəа, аибашьра ашьҭахь, аветеранцəа, урҭ рҭаацəа ацхыраара зҭахыз шаҟаҩы дырхаҵгылазеи! Ацхыраара зҭахыз ауаҩы ахааназы длаирҟəуамызт, рацəажəашьа дақəшəон, пату рықəиҵон",- ҳәа игəалашəарақəа ҳацеиҩишеит Кьасоу Ҳагба.

Заур Арӡынба идыруан аҧсуаа ҳмалқəа зегьы иреиҳау ауаҩ шиакəыз, ҳадгьыл шакəыз, ҳаҧсҭа, ҳӡы, ҳамшын уҳəа шракəыз. Аполитикатə ҧсҭазаараҿоума, ауаажəларра рҿоума, иҭаацəа рҿоума, зегьынџьара аҧхьа иргылоз аҧсуара акəын.

"Иусқəа зегьы алҵшəа рыман. Хаҭала шаҟа сара дсыгузеи, шаҟа ҳаҧсҭазаара дагузеи Заур еиҧш иҟоу аҧсуа хацәа. Аҧсны Аҳəынҭқарра ахадарахьы икандидатура ықəгылан шықəсык зны, убригьы шаҟа хатəрала , хаҵарыла имҩаҧигазеи, ҳəынҵəеиқəҭəарак ҟамҵакəа. Уаҩык иаҳасаб ала, ҧсыуак иаҳасаб ала, абри адгьыл аҿы егьа ауадаҩрақəа ҟаларгьы, егьа рыцҳара ҟаларгьы, ҳара ҳаиқəзырхо, ҳаҧхьаҟа ҳныҟəызго аидгылароуп, апатуеиқəҵароуп, уи иара илан, иагьныҟəигон",- ҳəа азгəеиҭоит Кьасоу Ҳагба.

Аҧсҭазаараҿы зхатəы шьҭа ааныжьра зылшаз, иуаҩы аамысҭашəаз, зегьы ирнаалоз, зегьы знаалоз иакəын Заур Џьота-иҧа Арӡынба. Иара инапы иҵихыз, ихшыҩ здиҵаз, еихаиҳаз аусқəа шаҳаҭра рҭахӡам, рҿахəы рхала ирҳəоит.

"Иарбан усзаалак, иарбан хырхарҭазаалак иара ихатə знеишьа иман. Акиноқəа аныҟасҵалак исырбон, данахəҧшлак маҷк еиҳа иахьыркьаҿтəыз саиҳəон, абжьгарақəа сиҭон, игəаанагара сеилиркаауан, убас аҟазара иамаз акəама-ҵамарақəа бзианы еиликаауан. Ииашаҵəҟьаны, ашықəсқəа анҵы, абыржəы санахəаҧшуа, ииҳəаз шаҟа ииашааз сгəахəуеит, имыцхəны иҟаз иара иаразнак ала идыруан, ҧаимбарҵас дыҟан",- иҳəеит Кьасоу Ҳагба.

© Аслан КобахияЗаур Ардзинба и Аслан Кобахия
Ҳагба Заур Арӡынба изкны: инапы злакыз зегьы агьама аман, аԥсуа цәаҩа ахын - Sputnik Аҧсны
Заур Ардзинба и Аслан Кобахия

Заур Арӡынба хаҭала дыздыруаз зегьы еицҿакны ирҳəо акоуп: "Дзыҧсоу аҳəара цəгьоуп". Ииашаҵəҟьаны, уи ус шакəу дырҵабыргуеит иара иҭынхаз аусқəа, ииҳəахьаз ажəа.

"70 шықәса қəра маҷуп. Сара издыруеит, 70 зхыҵуаз быргк Дəрыҧшь ақыҭан аҧҳəыс дааиган ҧшьҩык аҧҳацəа иоуит. Заур имҩаҧигоз алеишəа, имҩаҧигоз аҷыдарақəа, ақьабз, иара ихази иҭаацəеи рзы иныҟəигози ижəлари рзы иныҟəигози еиҩшаӡамызт, иакын. Убас ҳаныҟала ауп ҳара аҧхьаҟагьы ҳанеиқəхо. Инапы злакыз зегьы агьама аман, аҧсуа фҩы ахын, ҳара ҳаиқəзырхо аҧсуа доуҳа агьама еснагь иаман",- ҳəа азгəеиҭоит Кьасоу Ҳагба.

Дəрыҧшь ақыҭа иалиааз, зыжəлар рыбзиабара иаҧсахаз, зыҧсадгьыл иаҵеи лашан иазгылаз Заур Џьота-иҧа Арӡынба игəалашəара лаша наунагӡа ҳажəлар ргəаҿы иаанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0