Ауаҩы иҩнуҵҟатәи адунеи афотоқәа рҿы избо: афотоҭыхҩы Оксана Григолиаԥҳа лҭоурых

© Foto / Предоставлено Оксаной ГриголияОксана Григолиа
Оксана Григолиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаа зегьы занааҭк-занааҭк рымоуп, аха имаҷҩым уи инаваргыланы ԥсыршьагас, мамзаргьы рдоуҳатә гәынаӡараны ианырзыҟало ахобби. Ишәыдаагалоит занааҭла иҭоурыхҭҵааҩу, 17 шықәса аекскурсиамҩаԥгаҩыс аус зуа, аха зхәыҷаахыс афотоҭыхра бзиа избо Оксана Григолиаԥҳа лҭоурых.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Оксана Григолиаԥҳа даныхәыҷыз лассы-лассы лаб Назим аекскурсиамҩаԥгаҩыси акультуратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкааҩыси аус ахьиуаз Пицунда аԥсшьарҭа ҩны "Литфонд" даҭаауан. Уаҟа Асовет аамҭақәа рзы рыԥсы ршьон СССР еицырдыруаз ашәҟәыҩҩцәа, апоетҵәа, актиорцәа уҳәа. Оксана лаб аамҭа ԥшааны, хатәгәаԥхарала "ауаа дуқәа" рфото ҭихуан. Уи збоз иԥҳа хәыҷгьы аинтерес лызцәырҵуа далагеит.

"Саб идунеи иԥсаххьеит, аха иахьа уажәраанӡа сан иҵәахны илымоуп зқьы рҟынӡа афотоқәа еидызкыло альбомқәа ҩажәа. Урҭ иргәылоуп СССР еицырдыруаз, иаҳҳәозар, аишьцәа ашәҟәыҩҩцәа Ваинераа, апоетесса Белла Ахмадулина уҳәа реиԥш иҟаз, хаҭала саб иҭихыз ауаа рфотоқәа. Исгәалашәоит зны, "Кортик", "Бронзовая птица" ҳәа бзиа избоз арҿиамҭақәа равтор Анатоли Рыбаков "Литфонд" иԥсы ишьоит ҳәа ансаҳа, аибадырреи афото аицҭыхреи шысҭаххаз. Саб сгәахәтәы сахьигӡеит. Усҟантәи аамҭазы уи еиҳаз аҳамҭа ыҟамызт сара сзы. Иара убасҟангьы еилыскааит афото иахылҿиаауаз амчи, адоуҳаи, аҭоурыхи рҵакы. Маҷк ашьҭахь, саргьы, саб ифотоаппарат ала аҭыхрақәа рымҩаԥгара салагоит", - афотоҭыхрахь абзиабара шлызцәырҵыз еиҭалҳәоит Оксана Григолиаԥҳа.
© Foto / Предоставлено Оксаной ГриголияГриголиаԥҳа Оксана лаб Назими лашьеи
Ауаҩы иҩнуҵҟатәи адунеи афотоқәа рҿы избо: афотоҭыхҩы Оксана Григолиаԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Григолиаԥҳа Оксана лаб Назими лашьеи

Оксана раԥхьатәи лфото аҿы дарбоуп ланду. Уи ақьаад ахь ианиалга, уантәи лыбла данхыԥшыла, еилылкааит абраҟагьы аԥсҭазаара шыҟоу. Уимоу ҿыцәаарагьы шақәым.

© Foto / Предоставлено Оксаной ГриголияОксана Григолиаԥҳаи ашәҟәыҩҩы Анатоли Рыбакови
Ауаҩы иҩнуҵҟатәи адунеи афотоқәа рҿы избо: афотоҭыхҩы Оксана Григолиаԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Оксана Григолиаԥҳаи ашәҟәыҩҩы Анатоли Рыбакови

Оксана аҭоурыхҭҵааҩ изанааҭ анлоу, аусура далагоит атуризм ахырхарҭаҿы. Илгәаԥханы лҽазылкуеит аекскурсиақәа рымҩаԥгара. Сынтәа иҵуеит 17 шықәса уи лнапы алакуижьҭеи. Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны лара иҭылххьеит зқьыла афотосахьақәа.

© Foto / Оксана ГриголияАӡиа Риҵа Маҷ
Ауаҩы иҩнуҵҟатәи адунеи афотоқәа рҿы избо: афотоҭыхҩы Оксана Григолиаԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аӡиа Риҵа Маҷ

"Аԥсны кәакьцыԥхьаӡа ахатәы аԥшӡара амоуп. Ашәаԥыџьаԥ, ашьхақәа, аӡиасқәа, аԥстәқәа, аԥсаатәқәа - абарҭқәа зегьы аексурсиақәа мҩаԥызгонаҵы аҭыхрагьы сахьӡоит. Асоциалтә ҳақәа рҟны иӡырганы, акакала срыхцәажәоит. Хымԥада, уи збо азҵаауеит. Аԥсшьаҩцәа ракәзар, ҷыдала абарҭ аҭыԥқәа ирҭаарц иаауеит, ҳауаажәларгьы иаӡәымкәа "иаҳамбац аҭыԥқәа ҳбырдырит, уажәшьҭа лабҿаба ибатәуп" ҳәаны, уахь рымҩа дырхоит", - лҳәоит лара.

© Foto / Оксана ГриголияГагра
Ауаҩы иҩнуҵҟатәи адунеи афотоқәа рҿы избо: афотоҭыхҩы Оксана Григолиаԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Гагра

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Оксана Григолиаԥҳа лусумҭақәа рхырхарҭа лыԥсахит. Дазҿлымҳахо далагеит аԥсуа быргцәа рфото аҭыхра.

© Foto / Оксана ГриголияҬамара Чагәааԥҳа
Ҭамара Чагәааԥҳа - Sputnik Аҧсны
1/3
Ҭамара Чагәааԥҳа
© Foto / Оксана ГриголияМариа Мальцевеи Ҭамара Чагәааԥҳаи
Мариа Мальцевеи Ҭамара Чагәааԥҳаи - Sputnik Аҧсны
2/3
Мариа Мальцевеи Ҭамара Чагәааԥҳаи
© Foto / Оксана ГриголияКәычка Чыкәбарԥҳа
Кәычка Чыкәбарԥҳа - Sputnik Аҧсны
3/3
Кәычка Чыкәбарԥҳа
1/3
Ҭамара Чагәааԥҳа
2/3
Мариа Мальцевеи Ҭамара Чагәааԥҳаи
3/3
Кәычка Чыкәбарԥҳа

"Сара аинтернет аҟны машәыршәа избеит "Абхазия в фокусе" захьӡу афотопроект шаԥҵоу. Уахь цәыббрамзанӡа ирыдыркылоит Аԥсны аԥсабареи, ауаа есыҽнытәи рыбзазареи, хаҭалатәи амилаҭтә хаҿқәеи ахьаарԥшу апроект иалахәхо инапала иҭихуа афотосахьақәа. Макьаназы хҩык абыргцәа рфото сышьҭхьеит, аха уи аҿы саангылом", – лажәа иацылҵоит Оксана.

Афотоҭыхҩы илҳәеит гәҭакыс ишлымоу, насгьы лҟазара ахә зшьо илзааигәоу ауаа ишлабжьарго хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа быргцәа рфотосахьақәа ҭыхны, аконкурс анаҩсгьы хазы альбомны иҭлыжьырц, "уи ҳаԥхьаҟа аҭоурых иазынхоит" ҳәа агәра лыргауа.

Оксана иаҳзеиҭалҳәеит лаб аҿыханҵагьы дшазҟазаз. Уи абаҩхатәра лыԥҳа Александра лахь ииасит. Аҭыԥҳа лнапы иҵыҵхьеит асахьақәа жәаба.

Работа Саиды Пилия - Sputnik Аҧсны
Ахаҳә аԥсы ҭазҵо Саида Ԥлиаԥҳа

Оксана лыԥсҭазаара зегьы аҟазара иадҳәалоуп. Шықәсқәак раԥхьа лыҩны инацәыхарамкәа иаалыртит акаҳуаҭиирҭа адәқьан. Арахь имҩахыҵуа, иаарыхәҳауа адагьыу уи инаҿыхәарцгьы аҭагылазаашьа рзаԥҵоуп. Оксана лысасцәагьы лассы-лассы лфотоқәа ирфырхацәахоит. "Адунеи убас ишоуп, зегьы ахәыцрақәа ҳрылоуп, зны-зынла игәырӷьахәу, ҽазны илахьеиқәҵагоу. Убри аҟнытә ауаа рхаҿқәа иааигәаны ианҭысхуа, рцәаныррақәагьы афото иунарбоит. Ҳамҭас ианрысҭо, "ҳамаӡақәа аабырԥшит" рҳәоит.

Оксана Григолиаԥҳа еиҿылкаарц лгәы иҭоуп аекскурсиамҩаԥгаҩыс аус луеижьҭеи лнапы иҵыҵхьоу афотосахьақәа рцәыргақәҵагьы. Иахьазы иалылԥшаауеит иреиӷьу ҳәа илԥхьаӡо аусумҭақәа. Урҭ макьана рыӡбахә лҳәом, ахәаԥшцәа лыршанхарц лгәы иҭоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0